Зыҧсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еиба­шьра аҟны Аиааира сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ахыҵуеит.  Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага аҧсадгьыл ахьчаразы аӡәк иеиҧш игылеит Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан гәыҩбара ыҟаӡамызт аиааира шыргоз азы. Избан акәзар, ирыхьчон рыҧсадгьыл, рыҩны, рҭаацәа.

«Аиаша агәрагара ҳаибашьцәа доуҳамч дук рнаҭон», – иҳәоит Аҧсны Афырхаҵа Шамиль Аӡынба. Иара аибашьра ианалагаз ихыҵуан ҩажәи ҩба шықәса. Иҭаацәеи иареи Аҧсныҟа нхараҳәа иааит аибашьра алагара шықәсқәак шагыз, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаба шықәса рзы иара дҭалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аиуристә факультет. Арҧыс арра дахысхьан аҟынтә ҧышәак иман. Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны лакҩакрак ҟаимҵаӡеит, иаргьы иашьцәа ҩыџьагьы аҧсадгьыл ахьчара анаҭахха аӡәк еиҧш инагылеит. Шамиль деибашьуан акәылӡтәы техника дақәтәаны. «Баҭымынтәи Аҧсныҟа нхараҳәа ҳаиасыижьҭе уамак ҵуамызт, араҟа издыруаз аӡәык-ҩыџьак ракәын, убри аҟынтә аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы Рафаель Амҧари сареи ҳанеиқәшәа сеигәырҕьеит. Иара аспорт дадҳәалан, сара ауниверситеттә гәыҧ азы ашьапылампыл сасуан, уаантәи ҳаибадыруан. Уинахыс иареи сареи ҳаизааигәахеит, ҳаиҩызара иахьа уажәраанӡагьы иҕәҕәоуп», – иҳәоит аветеран.

Август ҩажәи ҧшьба рзы Шамиль Аӡынба акулӡтәы техника дақәдыртәоит, атәы здырқәозгьы ыҟан, ҳәарада, аха дара еиҵан, аиҳараҩык уаанӡа БМП амҧынгьы имнеицызт. «Анаҩс, ҳаналашьцыла, ҳафатә-ҳажәтә зегьы ҳмашьына иҭоуп ҳәа   алаф ҳҳәон», – игәаларишәоит Шамиль Аӡынба.

Аҧсны Афырхацәа Ҭемыр Занҭариеи Шамиль Аӡынбеи еицеибашьуан. Аибашьра иалагаанӡа Ҭемыр далан агвардиа. «Аибашьра ишалагаз атәы Владислав Арӡынба ателехәаҧшрала дықәгыланы ианҳалаиҳәа иаразнак абџьар агаразы Ачадараҟа, агвардиа ахьыҟаз сцеит, аха уаҟа абџьар зегьы ршахьан, сара исмоуӡеит. Аха, зегьы акоуп исыҧшааит, Гәдоуҭа иршақәоз руак рымысхын сцеит еибашьра», – иҳәоит Ҭемыр Занҭариа. Иара дрылахәын Ацҳа ҟаҧшь аҟны раҧхьатәи аиҿахысрақәа, Ҭемыр дназлаз гәыҧҩык аибашь­цәа уаантәи ииаргоит атанктә баталион ахь. Зхы аӡыргара бзиа изымбо, зфырхаҵара алацәажәара иацәыҧхашьо аҧсадгьыл ахьчаҩцәа иреиоуп атанкистцәа. Аибашьра еибашьроуп, амца ацәаҳәаҿы иҟоу изы иаҳа иахьеиҕьу, иахьеицәоу ҳәа ыҟамзар акәхап, аха акәылӡтәы техника иақәтәаны иеибашьуа ртәы зынӡа даҽакуп. Аихаӡа аҩныҵҟа иҭатәаны аибашьра гәаҕьыуацәоуп, иацу ашәарҭарагьы маҷӡам. Акәылӡтәы техника аҭатәара мацара акәӡам, аибашьра ахаҭа агәаҕьра ду аҭахәуп. Ус имариаӡам иҭурҟьо ахы ауаҩы иааханы дшашьуа адырра ҳәа азгәаиҭоит афырхаҵа.

«Марттәи ажәылара ашьҭахь атанктә баталион шан ҩ-гәыҧкны. Бригаданы ишаны, атактикатә гәыҧқәа рыла еихшаны аибашьра еиҳа алҵшәа аанагоит ҳәа иҧхьаӡоуп. Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла аргьы ус ауп ишеибашьуа. Ҳаибашьцәа ацхыраара раҳҭон, аибашьра амцаҿы акәылӡтәы техника ароль дууп. Автомат ала, апулемиот ала уахьазымиааиуаз БМП цхыраагӡа дуун. Иҳацәҭахаз аибашьцәа рацәаҩуп, урҭ иахьагьы ҳала ихгылоуп, иҳәоит Шамиль Аӡынба. 

Шамиль Аӡынба игәалашәоит аибашьра раҧхьатәи амзақәа рзы аҧсуа ган иамаз акәылӡтәы техника ахыҧхьаӡара шаҟа имаҷыз. Атанкқәа ракәзар, зынӡа иҟаӡамызт. Раҧхьатәи атанк ақырҭқәа ирымхын Турбаза, Ацҳа ҟаҧшь аҟны. Аибашьра цонаҵы аҕацәа ирымырхуаз акәылӡтәы техника хыҧхьаӡарала еиҳа-еиҳа еиҳахон. Урҭ ирықәтәаз рыбжьара атанктә архәҭақәа рҿы арра иахысуаз реиҧш, атанк атәы зынӡа иззымдыруазгьы ыҟан. Аибашьцәа ирылшеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны атанк арныҟәцашьеи, алахысшьеи аҵара. Џьаҧҳанылагьы еиқәшәаӡамызт, дара иҵәыҧсны иҟаз атанк абзарбзанқәа акапсуль рҭырхуан, анаҩс ирҧшшаны еиҭаҭаҵаны иалахысырц азы. Ииультәи ажәылараҿы ауп Шамиль Аӡынбагьы Ҭемыр Занҭариагьы ахәра ҕәҕәақәа ахьроуз. Аибашьцәа еиҭарҳәоит ргәалашәарақәа, урҭ еиҳаракгьы ирывыршьааз рҩызцәа ирызкуп. Ҭемыр ахәра ҕәҕәа аниоуз аҽны ивыршьааит иҩызцәагьы. «Ҩ-сааҭк еиҳаны аибашьцәа Шамиль Аӡынбеи Малхаз Хагбеи сҭыгара иаҿын, – иҳәоит афырхаҵа Ҭемыр Занҭариа. – Сыршьыз џьыршьон, сыҧсыбаҩ акәын иргоз, аха Афон саннарга сыҧсахәага шҭаз еилыркааит. Аҧҟаҩы Славик Аргәын иҧсы схоуп, иара иоуп сеиқәзырхаз».

Ииультәи ажәылара ауп изыбзоуроу анаҩс иаагаз аиааира, – рҳәоит аибашьцәа. Дара ргәаанагарала ииуль мзазы излагаз аоперациа сентиабр мзазы ихыркәшан. Ииультәи ажәылара алҵшәақәа агәра удыргон аамҭа кьаҿк иалагӡаны аибашьра шхыркәшахо, аҕа уажәшьҭаҵәҟьа акгьы шизыҟамҵо. Аҧсны Афырхаҵа Шамиль Аӡынба ахәышәтәырҭаҿы дыхәны дышьҭан Аҟәа ахы ианақәиҭха.

– Ҩымш рыла аашәҩык хәны инаргеит ахәышәтәырҭахь, ҳаибашьцәа рнырҵәара иаҿын. Иара ҳара ҳгәыҧ аҿы знык ала жәеизаҩык ршьит. Гәыма ақыҭан ҳаҟан, аҭынчра ҟалеит ҳәа ҳнаитәеит, дуосы иус даҿын, аӡәы крифон, даҽаӡәы абџьар ирыцқьон, ҳгәаҳҽанӡамкәан иҳаларыжьит артҟәацга. Жәеизаҩык ҳаибашьцәа ҭахеит усҟан, ихәыз рацәаҩын. Хыхь иаанхаз атехника албаагаразы ауаа ҳазхаӡомызт убри аҟара ҳмаҷҩын. Сара исықәшәеит атанк ақәтәара. Избан акәзар, аамҭак шааҟалаз иаҳҵон архысшьагьы, аныҟәцашьагьы. Ҳазыхиан, џьара акы аҕа иҳазимхыр, ҳалеибашьыртәеиҧш ҳаҟан, – иҳәоит Аҧсны Афырхаҵа.

Аибашьцәа еиҭарҳәаша рымоуп, арҭ ажәабжь гәыҭшьаагақәа зегьы Аҧсны аҭоурых иахәҭакуп. Аветеранцәа рырцәажәара ус имариаӡам, дара реибашьратә мҩа алкаатәуп ҳәа ирыҧхьаӡаӡом. Ирывыршьааз рҩызцәа рылымкаа арҭ аҭоурыхқәа реиҭаҳәара рхы ахырбаауеит. Иазгәарҭоит иагьа ааха ҕәҕәа рыманы аибашьра иалҵзаргьы, ишҭоу рыҧсы, иахьа зхы иақәиҭу, зхьаҧшымра азхаҵоу Аҧсны ишынхо.

Ахәра бааҧс анаҩс, Аҧсны Афырхаҵа Ҭемыр Занҭариа ҿыц аныҟәашьа иҵон, уи мариамызт аибашьҩы изы. Аныҟәашьа мацара аҟәӡам ҿыц аҧсҭазаашьа сҵон иҳәоит иара. Аибашьцәа ражәақәа рыла, аҭынч ҧсҭазаара – абри акәын дара ззеибашьуаз, рҩызцәа рхы зқәырҵоз. Аветеранцәа ирҳәоит ирҭахәу акызаҵәык шакәу, еиҵагыло абиҧарақәа рабацәа рфырхаҵара атәы рхадмыршҭырц, еиҷаҳаларц зықьҩыла Аҧсны аҧацәа рыҧсҭазаара ахҭынҵаны ҩажәи жәаба шықәса раҧхьа иаагаз ахақәиҭра.


Елана Лашәриаҧҳа

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me