Усеиԥш дыҟоуп арҿиаҩы

 

Ирҳәахьеит, ажәа азҟазаҵәҟьа ирҿиамҭақәа гәахәарала урыҧхьарц азы ихаҭара узымдыруазар еиҕьуп ҳәа.

Сара, хаҭала, насыҧ дук сыманы схы сыҧхьаӡоит, Аҧсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, аҵарауаҩ, академик Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа иааигәаны дахьыздыруа азы. Акыр шықәса ҵуеит уи напхгара зиҭо Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Аҧсуаҭҵааратә институт алитературатә ҟәшеи сахьрылахәу анаҩсангьы, исусурҭа хаданы иахьыҟоу. Ҿыц еиҭашьақәыргыланы иаҧиҵаз, акыршықәса раахыс аҭыҵра иаҿу, алитературатә газеҭ «Еҵәаџьаа» аредакциа акәзар, уахь аҩналара – аҩныҟа снеиуазар исзаҩызоуп. Ажәакала, аамҭала, сыҷкәынра аамҭазы, абацәак исзырҩызаз Анатоли Возбеи Алықьса Џьениеи рдоуҳамч шсыцыз еиҧш, иахьа сара исыцуп Мушьни Лашәриа идоуҳамчгьы.

Иҟан аамҭақәак, ауаа иаҳа агәбылра, аихаҵгылара, апатуеиқәҵара анрымаз, ахатәрақәа ианраамҭаз. Иахьа акалашәа иҟалеит аҧсҭазаара ахәшьарас иамоу. Ауаҩ малла дзырбеиауа, аха доуҳала дыҧсыҽызтәуа, иҧынҵа днахыҳәҳәаны ахаранаҧшра далхәдызтәаауа акапитализм, мамзаргьы аџьармыкьатә економика ҳәа изышьҭоу аамҭа ҳанҭагылоу, Анцәа иџьшьарала, еиқәханы иҟоуп Мушьни Лашәриа иеиҧшу ахатәрақәа, уаҵәтәи аҧеиҧш блаҵарыла, хшыҩеилкаарыла иахәаҧшуа ауаа. Аҧааимбартәарҭа ауаҩытәҩса дшаднаҧхьало еиҧш, урҭ ауаа «раҳҭынра агәашә» аҭалара саҭәашьоушәа схы збо сҟазҵаз драҧхьагылоуп Мушьни Лашәриа. Урҭ, насыҧ зманы ишоу, уи анасыҧ ауаагьы ирзызшо нцәахшарақәоуп. Аамҭала Сократ имҳәахьеи: «Мыцрак, ҟьашьрак злам агәҭахәыцрақәа ирылхны ахаҿсахьақәа аҧызҵо, зыхшыҩ акырӡа иҵару иоуп насыҧ змоу» ҳәа.

Сҩызцәа аӡәырҩы реиҧш, саргьы сшыхәыҷӡаз, саҿамхаӡакәа инеиҧшьны аҧхьара саналага инаркны, ашәҟәыҧхьара мыцхәы ихҭакны исыман. Акыс, агаз лампа зыҧсахыз афымцалашара анҳау ашьҭахь, згәырҕьара ҳәаадаз ахәыҷқәа ацәара хьаас иҳамазма, амшныҟәа иаҳзаҩызан аҵхныҟәагьы. Ашколтә программа иаҵанакуаз аҩымҭақәа рнаҩс ҳзыҧхьашаз ашәҟәқәа аҩны иабаҳамаз, аха сызҭаз Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ азааигәара игылаз, ашәҟәырацәа еидызкылоз абиблиотека иазалхыз ахыбра лаҟә ашҟа лассы-лассы сымҩахыҵуан. Илҩааны изгон сзыҧхьарц исҭахыз ашәҟәқәа, аиҳарак ажәеинраалақәа зныз. Абас, маҷ-маҷ саанахәеит аҧсуа литературатә цәқәырҧа, алҵшьагьы сымам ҧсраҽнынӡагьы. Абарҭқәа зхысҳәаауа, аҧсыуа поетк, шәҟәыҩҩык дарбанызаалак сара сзы иҧшьоу аӡә иакәны сышихәаҧшуазгьы, иҟан иаҳа бзиа избаз, лассы-лассы зҩымҭақәа реиҭаҧхьара сгәы ахымшәоз арҿиаҩцәа. Убарҭ дыруӡәкын, анаҩс – сҭәымҭеи, уи иашьҭанеиуаз имариамыз ашықәсқәеи рзы рҵаҩык, иашьа еиҳабык дысзиҩызаха, сырҿиаратә дунеии уи зыҧшьыз схатә ҧсҭазаареи рхәышҭаарамца мыхьшәашәарц азы еснагь кәаш мҿык азызыҧшаауа Мушьни Лашәриа.

Сара салаланы рыхцәажәара салагом Мушьни Лашәриа иахьа уажәраанӡа иаҧиҵахьоу, аҧсуа литература жанр рацәала изырбеиахьоу, аклассикатә ҩаӡараҿы ихаланы иҭышәынтәалахьоу иҩымҭақәа, иагьсыл­шаӡом. Урҭ иаҧсаҵәҟьаны ахәшьара рырҭахьеит Аҧснытәи алитератураҭҵааҩцәа реиҧш, Урыстәыла зегь аҟны еицырдыруа аҵарауаагьы. Иара Урыстәылатәи апоетцәа хатәрақәа (иара иҩызцәа) ракәзар, заҟа жәеинраала лыҧшаах изыркхьеи. Иара ибзоурала заҟаҩгьы Аҧсны иаҭаахьеи, заҟаҩгьы аурыс ҧхьаҩы иҿаҧхьа ҳӡырыргахьоузеи. Абарҭқәа зхысҳәаауа, сгәы лымкаала иалнахыз апоет раҧхьатәи ишәҟәы «Игарҵыз ажәа» инаркны (уи анҭыҵыз сара фышықәса ракәын исхыҵуаз, аха санызҳа, схала ашәҟәқәа рыҧшаара, раахәара саналага самыҧхьакәа исаҩсыжьуазма) иахьа уажәраанӡа иҭижьхьоу ипоезиатә рҿиамҭақәеи иеиҭагақәеи убриаҟара игәныскылахьеит, сара истәушәа исзааигәахахьеит, схаҭа сырҿиамҭақәа рҟны сицәҕьычқәахьоушәа аҟынӡа агәаанагара соуртә еиҧш. Ишҧа нас, абаҩхатәра иашаҵәҟьа змоу, аҧсҭазаара блаҵарыла иалаҧшуа, зҵарадырреи зынаҧшааҧшратә ҳәаақәеи акырӡа иҭбаау апоет уидимхаларц залшаӡом, уара даараӡа иуҭаххаргьы, знык уи ипоезиа агьама хаа анук нахыс унаиҧырҵны џьаргьы цашьак умаӡам. Саргьы акырынтә схы азҵаара асҭахьан, уи ирҿиамҭақәа абри аҟара бзиа исзырбаз амч ахьынтәаауа здырырц азы, аха сызҵаара ҭакда инханы иҟан ааигәанӡа. Ааигәа ҳәа сзышьҭоу, шықәсқәак раҧхьа аҭыҵра иалагаз, хә-томкны иҟоу, иҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи реизга, «Аизга» ҳәа зеиҧш хыс измоу, актәи атом аҧхьажәа ҳасабла иара иациҵаз астатиа (иара снысымҩа иазку нҵамҭақәак ҳәа шазиҳәазгьы) «Аҧсҭазаареи апоезиеи» аҟны абзацк ала аҭак ҟаиҵеит акраамҭа сызмырҭынчуаз азҵаара: «Маҷ-маҷ сара сзы хадара злоу акакәны иҟало иалагеит ажәеинраалаҿ иаасырҧшуа ахҭыс, аҳәатәы зыхҳәаау «ажәабжь» («алирикатә ситуациа») схахьы аиагара, уи ала алирикатә лагамҭа еиҳа исызгәакьан, исзааигәан аҟаҵара, «сара» ҳәа иҟоу аформа еиҳа инарҭбаан ахархәара.

Ирацәан ари иараӡоз, аҭакҧхықәра иуднаҵоз – ажәа аус адулараҿ, агьама ҳарак аарҧшраҿ, ҳәатәыс исымаз ацәыргараҿ изласыцхраауаз, аха ишәарҭан даҽакгьы – ҳәатәы аныҟам ацәажәара, иҟам-ианым аӡбара, аҧшаара, иухымсыц, узымблыц ухысхьоушәа, уабылхьоушәа аҧхьаҩцәа дырбара уҳәа апоезиа иацәтәыму, аҧхьаҩ зыгәра имго аҽхырцәажәарахь аиасра…»

Аҧснытәи аӡиасқәеи аӡиақәеи ирызкны заҟа жәеинраала шьахә аҧырҵахьоузеи аҧсуа поетцәа, заҟа ашәа хаақәагьы рзаҧҵозеи. Урҭ зегьы џьарак иааизганы ҿыц блала еиҭарыҧхьазар, агәахәара ду уззырҵысуа ацәаҳәақәа ирылҷҷаауеит Мушьни Лашәриа Кәыдры аӡиас иахҳәааны иаҧиҵахьоу ажәеинраала «Кәыдры». Апоет ари аӡиас иазиҳәоит «цлаб дызмам» ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, иаҳҳәап, ацлабра уадаҩми нахьхьи Аҧснытәи ашьха қыҭа ҧшӡа, аамҭала жәларык зҭанхоз, Ҧсҳәы ақыҭеи, уи иаҿыкәыршоу ашьха ҧагьақәеи ирыбжьахәмаруа, ирыбжьашәаҳәо, зхьышьҭра иҭаршәны уахи-ҽни аанҿасрак амаӡамкәа амшынахь иццакны иаауа Бзыҧ аӡиас, аха Кәыдры аӡиас цлаб дамаҵәҟьаӡам. Цлаб дызлаиурызеи, Аҧсны иагәҭылсазар, аҭоурых дуӡӡақәа ирхаанызар, Урыстәылаа гәадурас ирымоу, аҕба дуқәа зҭаӡсауа рӡиас Волга аасҭа Кәыдры аццакыра иабзоураны амшын иаҳа аӡыцқьа аланагалоит ҳәа аҧсабараҭҵааҩцәа иазгәарҭахьазар…

Ари ажәеинраала лымкаала аӡбахә сҳәарц зысҭаххаз убри азоуп, автор уи иазикыз ацәаҳәақәа иара иахь ииазгар сҭаххеит, агхагьы сыхьуам ҳәа сыҟоуп. Цлаб дызмам иҳәеит. Цлаб дрымоума иацгьы, иахьагьы, уаҵәгьы аҧсуа сахьаркыратә литература зырбеиауа ҳлитераторцәа хатәрақәа рыбжьара. Цлаб димоума: Ш.Русҭавели – «Абжьас цәа зшәу», А.Пушкин – «Евгени Онегин», М.Лермонтов – «Мцыри», Џь.Баирон – «Шилонтәи атҟәа», Г.Лонгфелло – «Гаиавата изку ашәа», Ш.Петефи – «Ҧхьаҟа Мадиараа», абашкирцәа ҧсра зқәым репос «Урал-Баҭыр» уҳәа реиҧш иҟоу ашедеврқәа, хкы рацәала адунеи аклассикцәа аӡәырҩы ражәеинраала лыҧшаахқәа аҧсышәала ахьхьаҳәа рырцәажәара аус аҟны. Цлаб димоума «Аҿатә уасиаҭ» аиҭагара аус аҟны. Цлаб димоума, зеиҧш ҳҭоурых аҟны иҟамлацыз, Москва, Кремль азалқәа руак аҟны, аҧсуала деиқәычаҧа деилаҳәаны, аҧсышәала «Евгени Онегин» ацыҧҵәаха данаҧхьоз, усҟантәи Урыстәыла Апрезидент Дмитри Медведев: «сара аҧсшәа шысзымдыруагьы исахьаркны узыҧхьоз ацәаҳәақәа реилкаара сылшеит» ҳәа иҳәартә инагара аҟны.

Ҳара аҧсуаа ҳзы даараӡа игәадуроуп ҳпоет ду Мушьни Лашәриа ирҿиамҭақәа иахьа Аҧсны зегьы аҟны еиҧш, згьама акырӡа иҳараку Урыстәыла зегь аҟынгьы азхаҵара ду ахьрымоу. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә премиа, Алеқсандр Пушкин ихьӡ зху амедал, А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылатәи апремиа, Вадим Кожинов ихьӡ зху ажурнал «Наш современник» алитературатә премиа, Ацқьацәа Кирилли Мифодии рыхьӡ зху Апатриархатә литературатә премиа уҳәа уи ианашьахара ус баша уаҭахыла иҟалаз акы акәым. Арҭ рҩызцәа апремиақәа риуразы абаҩхатәреи аџьабаа рацәеи иааицрымшәо еицызароуп. Иара абраҟагьы цлабк иҧшаара уадаҩхеит.

Нас, агәабзиареи, ақәранҵыреи, ҧхьаҟа аҩымҭа ҿыцқәа раҧҵараҿы ицхыраагӡа дуӡӡоу агәаҳәареи угымхара аҟынгьы цлаб думоуааит, ҳашәаҳәаҩ, ҳбызшәа аихаҳаҩы, ҳсахьаркыратә литература аӡыргаҩ Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа!


Енвер Ажьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me