Еицакра зқәым Даур иажәа

Ицоит аамҭа. Иџьбароуп уи алеишәа. Иҕәҕәоуп ахыҧша. Еиндаҭлоит, иҧибашәоит Аҭоурыхи, Аамҭеи, Ауаҩи! Аамҭа ажәытә баҳчааӡаҩ бзиа иеиҧш, еилна­хуеит аҩеи-аӡеи, еилнаргоит агәаҕь зызҭоу – изызҭам, здацқәа ҕәҕәоу – здацқәа уашәшәыроу. Убас ауп алитературеи аҟазареи рҭоурыхаҿгьы. Иҟоуп иаҧсоу-иаҧсам еилзырго ижәҩантәу амчқәа, набыцра зқәым аобиективтә рҿиаратә ҧҟарақәа.

Даур Занҭариа збаҩхатәреи, зинтеллекти, зырҿиаратә хыҭҳәааи еибакапануа, насгьы урҭ ирыцназго агәаҕьра зманы аҧсуа литературеи аурыс литературеи рышҟа имҩахыҵыз шәҟәыҩҩуп. Уи дҿарымҳәеит, дыриааит еилаҕьахьаз атрадициатә канонқәа, иаҧиҵеит даҽак иаламҩашьо ихатәы сахьаркыратә стиль, ихатә дунеи. «Сара иаҧысҵоит ҳаамҭазтәи аепос…» – абас иҳәаақәиҵон ашәҟәыҩҩы иалихыз амҩа.

  «Гений нации самым слабым, отсталым формам национальной жизни придает самый цветущий вид» – иҩуеит Фазиль Искандер.  Даур, иара Фазиль иеиҧш, аҧсуа сахьаркыратә хәыцшьа амҽхаки, аҧсуа бызшәа ҳәаак змаӡам алшарақәеи, аурыс литературатә традициатә ҧышәа амчи еибакапаныртә рхархәара аганахьала кырӡа ҧхьаҟа днаскьеит. Аха Фазиль ишазгәеиҭо еиҧш, зны-зынла, Даур иажәабжьқәеи иромани рҿы дзызхьаҧшуа абзазаратә сценақәа, уимоу, ауҳәансҳәан фантасмагориақәа, абри аҟара азҿлымҳара рыҭатәызма, иабаимҧыхьашәеи ҳәа агәыҩбара анузцәырыргогьы ыҟоуп. Аха нас асахьаркыратә контекст иагәыласаны, иагәылыҷҷаауа, иршанхагаха, убла ианаахгылалакь ауп ианеилукаауа, ашәҟәыҩҩ иҟыбаҩ, иинтуициа ишармацәысуа.

Шьала-дала, доуҳала, дацҧашәла иаҧсыуоу, аха урыс бызшәала иаҧҵоу рҩымҭа ссирқәа ирыбзоураны ҳаҧсуа бзазара аниуансқәа адунеи иадырыртә иҟазҵаз урҭ ашәҟәыҩҩцәа реиҿаргылара хаҭала сара сазыразым. Даҽакы иамусуп – урҭ, Фазили Даури, стильла, хәыцшьала, сахьаркыратә проблематикала реиҿырҧшра.

Д. Занҭариа ҳабла зышьцылашәа, ҳнапсыргәыҵа ианушәа иаабалоз абжьааҧнытәи аҧсуа ҧсҭазаареи ҳаамҭазтәи афольклори инарҵауланы ирылибааит цқьа ҳазлаҭҵаамыз ҳдунеи­хәаҧшра, ҳмилаҭтә ҟазшьа, З.Фреид «гәынхәҵысҭалатәи адунеи» ҳәа дзышьҭаз ҳхәыцшьа аҷыдарақәак. Даур иссиршәа еинираалеит, ахьтәы цҳа рыбжьеиҵеит амифи аҵабырги, аҭоурыхтә факт абызшәа хьшәашәа мҽыҕи, иара ихатә хәыцшьа аметафоризми.  Абри астильтә хырхарҭаҿы аҽышьақәрыҕәҕәара аганахьала ашәҟәыҩҩы аҽҟьарҭа ду инаҭеит аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭа, рлаф, риумор иаҵаз аҧсихологиатә ҵаулара хаҭала иара иаҵибаауаз, асахьаркыратә ҧсҭазаазаара ҿыц зиҭаз аҟазшьа. Даур иажәабжьқәеи, иповестқәеи, иромани рфабулатә еиҿыбаашьа шьахәла ирныҧшхьан урҭ аҧсышәала иҩны, акьыҧхь ахь ианцәыригоз аамҭазгьы.

Д. Занҭариа ипроза ашәшьыра иҵамхеит уи илирика. Иара ихатә ҧсҭазааратә драма, илахьынҵа, идунеидкылашьа нарҵауланы ианыҧшуеит. Иажәеинраалақәа рҿы аҧсуа доуҳатә проблематика адунеитә лирика ицәырнаго ауаҩышәаратә-ҧсихологиатә зҵаарақәа иаарыдҩыло ишьҭыхыуп. Даур илирикатә фырхаҵа игәҭацәажәарақәа, лоунытә иқәыҧсычҳарақәа аҭоурыхтә гәалашәара еиҧш иҵаулоуп, гәаҟреиааӡаби зхызгаз, аамҭа ахынҭа-ҩынҭа иалсны иахьанӡа иааз ауаҩы имонолог иашьашәалоуп, иақәҿнаҭуеит.

70–80-тәи ашықәсқәа раан апоет иаҧиҵахьаз алирикатә рҿиамҭақәа иаҳа аромантикатә цәаҩа рныҧшуан, аха урҭ рҟынгьы дубоит Даур: зырҿиаратә индивидуалра ҩашьара ақәмыз, збаҩхатәра мшынҵас еилацәқәырҧоз, зпоезиатә мацәысеимҟьарақәа згәаҵа иҭалашоз.

Сгәанала, аурыс поет Евгени Реин даараӡа иманшәаланы аҳәашьа дақәшәеит Даур ихаҭареи ирҿиареи еиҟәыҭхашьа рызымҭо аҟаз­шьақәа ртәы: «Даур Зантария – один из самых одаренных людей, встреченных мною в жизни. Мягкий, доброжелательный, милый, он был открыт всему талантливому и в русской, и в абхазской литературе».

Д.Занҭариа ирҿиара аҳаракыра-кьышәкьышәрақәа ируакны иҟалеит ароман «Золотое колесо». Уи иналкааны иазгәарҭо цәырҵрахеит ҳаамҭазтәи аҧсуеи аурыси романистикаҿы. Ароманаҿ ауаажәларратә хҭысқәеи ауаатәыҩса рыҩныҵҟатәи рдунеии ашәҟәыҩҩы агәыр аҵа икылыршәаны иааирҧшуеит. Даҽа стилистикатә-хаҭабзиаратә гәылыршәашьак аиуеит араҟа апрозаик игротеск, ипритчатә хәыцшьа аманера.

Ароман аиҿыбаашьаҿы ҳаамҭазтәи апроблемақәа реиҿыхарсҭақәа егьа мифологизациатә ҟазшьала иаарҧшызаргьы, уи аӡыхь цқьеиҧш иагәылсуеит ақыҭеи ақалақьи рфольклор ҿыц иарҿио, иарцыхцыхуа ахәыцрақәа. Насгьы иазгәаҭатәуп даҽакгьы. Д. Занҭариа ипрозатә ҧҵамҭақәа реиҳарак аҧсышәала ишҩугьы, урҭ урыс бызшәала ианҭыҵ, рыдраматә ҵаҵҕәы ҩашьара ақәымкәа, ҧсыуа колоритла ишеи­баркыз иаанхеит.

80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭаз Даур Москватәи алитературатә ҧсҭазаараҿы дцәырҵит аснобизм злаҽны иҟаз, зыхьӡ иаҵаҽырбоз литераторцәақәак ршьара иқәҟьауа, москватәи профессионалтә ҟазацәақәак ракәзар –  еицакра зқәым истили исахьаркыратә хәыцшьа ҷыдалеи иршанхауа. Аурыс литература аклассик Андреи Битов машәыршақә имҳәеит Даур «илахьынҵа адунеитә мчхара ду аҩаӡарахь дышьҭнахыр алшон» ҳәа.

Д.Занҭариа ибаҩхатәра ҕәҕәала итәырҧссахьан апрозаҿ еиҧш алирикаҿ, апублицистикаҿ, асахьаркыратә еиҭагара ажанр аҿы. Даур ипублицистикатә статиақәа рҿы ишьҭихуаз атемақәа иагьа еиуеиҧшымзаргьы, урҭ рцәыргараҿы аҧыжәара аиҭон асахьаркыратә ган. Џьоукы-џьоукы ишрыхьло еиҧш акыр ицәыҵәахьоу, иныҟәырцахьоу агазеҭтә клишеқәа рҟынӡа илаирҟәуамызт иажәа, иҳәоу. Иҭбаан идунеихәаҧшра, хаҭала дугозар Даур хәыцшьала, мҽхакыла дфилософын. Араҟа еилаҵәон иара имилаҭтә дунеидкылашьеи ҳәаа ҭшәақәак ирзымкуаз иинтеллекти.

Ашәҟәыҩҩы, алитератураҭҵааҩы Марина Москвина астудентцәа данырҧылауаз ирабжьылгон Селинджери, Бредбери, Ковали, Екзиупери, Сароиани, Воннегути рҩымҭақәа реиҧш, ирызҿлымҳазарц Даур Занҭариа иаҧҵамҭа ссирқәагьы.

Сынтәа Даур Занҭариа диижьҭеи 70 ш. ҵит. Иара ихьӡ зхыу Аҟәатәи Ацентр аҧшьгаҩы, анапхгаҩы Циза Гәымҧҳа илыбзоураны ҧшь-бызшәак рыла иҭыҵраны иҟоуп аповест “Енџьы-Ҳаным” (аҧсышәала, урысшәала, англыз бызшәала, ҭырқәшәала). Уи аҭыжьра иадгылеит аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа, иара убас Р.Бганба, А.Џьапуа. Ари аповест англыз бызшәахь еиҭеигеит Џьорџь Хьиуит, аҭырқәшәахь– Ҳаири Қәҭарба.

Ажурнал “Дружба народов” 2023 ш. актәи аномер ианылеит Д.Занҭариа изкыу Марина Москвина лессе.

Ашәҟәыҩҩы ихьӡ зхыу Ацентр аҿы имҩаҧысит Даур Занҭариа изкыз жәларбжьаратәи алитературатә еиндаҭлара иалахәыз арҿиаҩцәа рҩымҭақәа ралкаара. Ари традициак иаҩызахеит.

Иҭыжьуп (аҧсышәалеи урысшәалеи) Д.Занҭариа илирика ахьыршәыгәқәа реизга “Аҷныш”. Ф.Искандер ихьӡ зхыу Аҟәатәи аурыс драматә театр аҿы иқәдыргылеит аповест “Енџьы-Ҳаным” иалхыу амоноспектакль. Арежиссиор – Мариа Романова.  Ароль хада налыгӡоит актриса Анна Гиурегиан.

Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазын Аҟәа, Тамшь имҩаҧысит ашәҟәыҩҩ ду ииубилеи иазкны аиҧыларақәа. Урҭ рыҽрыладырхәит Аҧсны анҭыҵынтә иааз асасцәагьы.

Даур Занҭариа ирҿиареи ибаҩхатәреи ирызкыу астатиақәа рцикл аҧылҵеит ажурналист, аинформациатә еиҿкаара “Спутник Абхазия” аусзуҩы Елеонора Кәаҕәаниа-ҧҳа. Аурыс поет, акультуролог Игор Сид аинтернет иҭеиҵеит Даур Занҭариеи Максимилиан Волошини ргеопоетикатә еиқәҿыҭрақәа ирызкыу аҭҵаамҭа. Индиа (хинди бызшәала) ицәырҵит хазы игоу Даур ирҿиамҭақәа. Уи иӡбахәала игәалашәарақәа икьыҧхьит акритик Леонид Бахнов. Аҧсуа телехәаҧшраҿы иддырбахьеит Д.Занҭариа изкыу Екатерина Бебиаҧҳа лдырраҭара. Уи иалахәу дыруаӡәкыуп еицырдыруа аурыс критик Наталиа Иванова.

Абасала, аҧсуа милаҭтә доуҳатә хыҵхырҭақәа рҟынтә адунеитә сахьаркыратә ҧшаарақәа ркаҵәара ашҟа зхатәы мҩахәасҭа, зхатәы шьхацамҩа ылхны инеиуаз шәҟәыҩҩын Д. Занҭариа. Ибаҩхатәра ҵкар рацәала аҽанцәырнагашаз, аҧсуа тематика, аҧсуа доуҳатә феномен иҵегь мҽхакы ҭбаала Аҧсны аҳәаақәа ианырҭигашаз аамҭазы еиҧҟьеит уи иҧсҭазаара. Аха иара ирҿиара ҩашьара зқәым аҭыҧ ылнахит ҳмилаҭтә литературатә дунеи аҿы еиҧш, ҳаамҭазтәи аурыс сахьаркыратә культураҿгьы. Уи ҳаҧхьаҟа иҵегь азҿлымҳара шаиуа азын гәыҩбарак сымам.

Владимир Занҭариаакадемик


  • Даур Занҭариа

Адгәыр Инал-иҧа игәалашәара иазкны....

Араш амҵан стәоуп,

Уаҩ дысзыҧшӡам...

Уаҩы сигәалашәом, –

Абар шьҭа хәлбыҽхоуп,

Ираҳаҭуп сгәы акалашәа...

Аҳауа–цәаакы

Ҭынчра ҟәандак алаҭәоуп,

Хәылҧы-еҵәа

                 унапы нахьурсыртә

Ажәҩангьы лаҟәӡоуп...

Иҟамшәа еибашьрак,

Кьыс амамшәа сыҩны...

Араш амҵан стәоуп,

Зны иштәазеиҧш

Сара саҧхьагьы

Џьоукы...

Аӡиасгьы ҵысӡом...

Аамҭагь чкәаҳауеит...

Исхыҵуеит ҩынҩажәа...

Азхәыцра хьанҭахеит...

Исымоузеи ҳәатәыс?

Ашықәсқәагьы цап...

Араш амҵан сара исзымҳәаз

Сышьҭахь иааиуа

Ирҳәап...


Аҵх

Иҳәаадоуп, иҵаулоуп

                 аҵх аҳаблаҿы уаха,

Ҭынчрак иамҽхакыуп зегьы

                          – ауразоуроу.

Алашыбжьқәа хароуп.

         Арҵу – бжьы ааигәоуп...

Аха сгәы зырҭынчуа

      жәҩантәи схәышҭаароуп...

Сцәа-сжьы хьанҭахеит.

                  Аха сгәы ҧыруеит!

Сгәы-џьбара, уабаццакуеи,

                        уҭра ааныжьны?

Имцызаарын зегьы.

     Абар уажә сгәы ҧшаауеит...

Ажәақәак нарықәыххуеит

                 уажә сқьышәқәагь...

Асар Рымҩаҿы унаӡашт

                         лассы– сыҧсы,

Уа иугәыдуҳәҳәалап

         игәхьааугоз рынаурқәа...

Нас ҽа дунеик уналаӡҩап

                                       лассы,

Наҟ инаухаршҭ уҩны,

                         угәарҧ, уусқәа!

Арахь дхынҳәышам шьҭа,

Жәҩангәашәҧхьараҿ даанхеит -

Еснагь зыҩныҟа игәарлалоз

                                сабдугьы...

 (Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Владимир Занҭариа)

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me