Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьра иаӡрыжәыз

Леон иорден занашьоу, аишьцәа реиҧш еибабо ҩыџьа аигәылацәа – Роман Ануеи Руслан Аҩӡбеи реибашьратә мҩа акыр иҭбаауп. Аха зхы-зыҧсы иамеигӡакәан, хаҵарыла зыҧ­садгьыл зыхьчоз аибашьра аветеранцәа аӡәырҩы реиҧш, зыӡбахә ҳамоу Тамшьаа рҵеицәагьы ахӡыргареи, аибашьратә хҭысқәа ргәалар­шәареи, реиҭаҳәареи зцәаҩам роуп.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, арҭ аҩыџьа, рҩызцәеи дареи ирыхҭысыз шмаҷымгьы, иахьа уажәраанӡа аибашьра атема алацәажәара рҽацәхьаркуан, аха зегь ҿҳәарак-ҿҳәарак рымазаап, ҳара аҩыџьагь ҳаиҿцәажәара рақәыршаҳаҭра ҳҽазаҳшәеит, иагьазаагеит.

Ҳаиҿцәажәараан, раҧхьа ацәа­жәара хациркит, усҟантәи «згәы ацҳафырра» уажәгьы изныҧшуаз, Руслан иеиҳа қәрала иеиҵбу Роман Ануа. Уи ҳаиҿцәажәара ахы инаркны аҵыхәанӡа гәаҧсахеибакрыла, ҳаҕацәа рахь имоу агәаҕ еихымсыҕьуа «ипеи-пеиуа» игәаҵаҿ еилашуа, иара уажәгьы аибашьра амца ашыра далагылазшәа акәын ахҭысқәа зегь ҳабла ихгылартә еиҧш ишаҳзеиҭеиҳәоз.

Роман Ануа иажәақәа рыла, уи аибашьра ҟалаанӡа, 17 шықәса шихыҵуаз, иқәра иашаны имҳәаӡакәан арра дцоит Ачадара еиҿкааз 8-тәи Аполк ашҟа. Анаҩс, игәыла, Аҧсны Афырхаҵа Аслан Занҭариа «Катран» захьӡыз «Аҧсуа гвардиа» Бабышьра ианеиҿикаа, уахь диаигоит.

Роман шықәсыбжак аҟара аррамаҵзура дахысхьан, еиуеиҧшым абџьар хкқәа рхархәашьагьы рҵара дахьӡахьан аибашьра иалагаанӡа.

– Қырҭтәыла арбџьар мчқәа Аҧсны ианақәлаз аҽны, «Аҧсуа гвардиа» аиҳабы Аслан Занҭариа архәҭаҿы дыҟамызт, уи архәҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡоз Ҭемыр (Џыџ) Чагәаа иакәын иҟаз. Сосо Ахалаиа еиҳабыс дызмаз ақырҭцәа ргәыҧ рхырҕәҕәарҭа ахьеиҿкаази «Аҧсуа гвардиа» ахырҕәҕәарҭеи 800 метра ракәын ирыбжьаз, абинокль ала ҳахьыҧшуаз иаабон «рхымҩаҧгашьа бзиарак ишазҳәамыз, «еилаҩ-еиласуа» ак шдырҿиоз». Ҳаргьы агәҽанызаара ҳаман, азыҟаҵара аганахьалагьы ҳхәыдамызт, абџьар, аџьаҧҳаны уҳәа рылагьы ҳаиқәшәан, аха еимга-еимцарак ала, ишаабоз «акрокодилқәа» халан, абомбақәа ркажьра, рыҧжәара иалагеит. Ус рациала иҳарҳәеит аибашьра ишалагаз. Уи акәхеит, 28- ҩык бџьарла ҳаиқәных ҳҽеибыҭаны, ҳдәықәлеит Аҟәаҟа ҳхы рханы амшын агаҿала. Сара х-абџьарк срыҵан. Хәбаҟа километра ҳнеихьан еиҧш, ахәыҷбаҳча ааигәара аҕацәа ҳакәшеит, уи аҭыҧаҿы асааҭ акы еиҧш аиҿа­хысра иалагаз хәылбаҽханӡа ҳаиҿахысуан. Агранатомиотқәа рыла ҳреихсуа ҧыҭҩык ақырҭцәа нҳарҵәеит, аха ҧхьаҟацашьа ыҟамызт иҳакәшахьан аҟнытә. Еицыз аџьықәреирҭа ҳҽалаҳаҧсеит, ҧыҭрак ашьҭахь ауҭраҭых ахьыҟаз уҭрак аҟны ҳаҽрыцәӡаны ҳаҧшын. Зынӡа ҳаҕацәа рааигәа ҳаҟан, иахьцозиахьаауаз, иҟарҵоз зегь аабон, дара ҳахьцаз рзеилымкааит, иахьҳашьҭаларыз рыздыруамызт. Ҳара ахәлара ҳазыҧшын, ишаахәлаз еиҧш, алашьцара ҳҽалакны ҳдәықәлеит шьҭахьҟа. Рациала иҳарҳәеит, акатер шаҳзаарышьҭуаз, аха амшын аҿықә ҳаҕацәа шакәшахьаз ангәаҳҭа, ҩаҧхьа шьҭахьҟа ҳхьаҵит. Ақырҭцәа ҳкатер аихсра иалагеит, аха уи иақәтәаз ирылшеит ахынҳәра.

Агәыҧ ҳҽаҳшеит, Џыџ Чагәаа 10-ҩык аибашьцәа иманы ҧшыхәра иахьцаз ихнымҳәит, ҳара командирда ҳанхеит. Кәыдры аӡы иртәын, уи аҧан злацәгьоу ала, Дулиа захьӡыз, қәрала иҳаиҳабны иҳацыз, аӡы аҧангьы бзианы издыруаз ибзоурала ҳгәыҧ еицыз, аӡы «ҳшьапқәа шықәнарҟьоз» аха иахьшәарҭамыз аҭыҧқәа ахьаҳирбаз ала аӡиас арра ҳалшеит. Аха Кәыдры иагеит, ҳара ҳаҧхьа ируаз, аӡы аҧан ззымдыруаз, «Аҧсуа гвардиаҿы» аррамаҵзура иахысуаз 7-ҩык.

Аӡы ҳаныр ашьҭахь, ҧыҭрак ҳаҧсы еиҭаҳкит Аӡҩыбжьа ҧсыуа ҭаацәарак аҟны, даара ҳааҧса-ҳкараха ҳаҟан. Амала, еицәыӡны иҟаз 28-ҩык зегьы кьыс ҳамамкәан ҳаиқәшәеит, ҳаибаҧшааит.

Тамшь амҩаду ақырҭцәа иркын, аха ҳара ҳтәқәа Ҭоумышь ацҳа ҧыржәахьан, фырхаҵарыла еибашьуан. Ҳгәыҧгьы Тамшь амҩаду азааигәара инеит. Аибашьра ахәбатәи-афбатәи амш азы «Ануаа-рхәы» ҳхалеит. Сара сҭаацәа аҩны иахымызт, ҳгәылацәа аӡәырҩы рыҩнқәа реиҧш, ҳаргьы ҳаҩны-ҳгәара рбылхьан ҳаҕацәа.

Роман еиҭеиҳәоз ахҭыс ашьҭахь, Руслан Аҩӡба ихы ӡырымго иажәа дналагеит:

– Аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы, Тамшьаа ҳаидызкылоз, напхгара ҳазҭоз Владимир Ануа иакәын. Ахыхьчара акәын ҳазҿыз усҟан, аманалқәа ыҵаҳҵон, ҧшыхәра ҳцон, ҳаҕа имазихӡыз гәаҳҭон, нас ҳжәылон, аха абџьарла ҳаиқәшәа­мызт, 4-автомат заҵәык ракәын иҳамаз, ҳамчқәа ҕәҕәамызт. Зҽазыҟаҵаны иҟаз ақәылаҩцәеи ҳареи ҳамчқәа шеиҟарамызгьы ҳхьаҵуамызт, ҳаҕацәа ҳаҽраҳҭомызт. Еиҳарак ҳара иаҳҿагыланы еибашьуаз қыҭак аҿы иҳацынхоз, класск, школк аҿы аҵара ҳацызҵоз «ҳҩызцәа», «ҳақәлацәа» ракәын. Ҳаргьы урҭ ҳарзышәарыцон, ахәлара ҳҽалакны, досу рыҩнқәа рҿы ҳнеины, иаадәылганы акәын ҳшьа шаауаз. Ҳәарада, аибашьра аҧышәагьы ҳамамызт раҧхьа, аха ҩымз-хымз раҟара ҳанеибашь ҳашьцылеит, аибашьра аҧышәагьы ҳарҳаит, абџьаргьы – «атрофеи» ақырҭцәа рыцәгара ҳалагеит, Гәдоуҭантәгьы иаҳзаарышьҭуан.

Ҳаиҿцәажәараан аибашьра аветеран Руслан Аҩӡба иазгәеиҭеит, Мраҭашәаратәи афронт аҿы иахьабалак аҭагылазаашьа шыуада­ҩызгьы, хаҭала, Тамшьаа рзы еиҳагьы ишеицәаз.

«Роман иашьа еиҳабы, Леон иорден занашьоу, Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳаракгьы занаршьаз, аха мап ацәызкыз, аибашьраан иоуз ахәра ҕәҕәақәа ирыхҟьаны уи ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз Беслан Ануеи сареи ҳаиҩызцәан, класск аҿы аҵара еицаҳҵон. Владимир Ануа раҧхьатәи амшқәа рзы напхгара ҳаиҭон, аха анаҩс, 40-50-ҩык еидызкылоз Тамшьаа ҳгәыҧ шан ҩ-гәыҧкны: 25-ҩык   командаҟаҵаҩыс дҳаман Аиааира амш аҽнынӡа агәымшәареи ахаҵареи згымыз Беслан Ануа, сара уи ихаҭыҧуаҩыс. Егьи агәыҧ командирс дыҟан Леон иорден занашьоу Демур Цыцбаа.  Еиҳаби еиҵби аишьцәа: Беслани Романи аибашьраҿы иаадырҧшыз агәаҕьреи алшареи еиҭаҳәашьа рымам» – ҳәа дҳацәажәон Руслан Аҩӡба.

Уи иажәақәа рҵакы харҭәаауа, «Беслан џьарак ҳиртәаӡомызт, Тамшь еснагь ажәыларақәа мҩаҧаагон. Ҳаҩнқәа блын, ҳахылартә иҟамызт, ҳҭаацәа ракәзар, дареи ҳареи ҳаиҟәыганы ҳаҟан, саб Грышьеи ҳгәыла Сулико Габелаиеи аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы ҳаҕацәа ирымпыҵашәеит, (иахь уажәраанӡа хабарда ибжьаӡны иҟоуп), аха «Ануаа рхәы» аанаҳмыжьӡеит, ахырҕәҕәарҭақәа ҟаҳҵон, иҳарҕәҕәон, имҩаҧаагоз аҧшыхәрақәа ирыбзоураны, уи аамҭазыҵәҟьа 70 процент рҟынӡа иаҳҿагылаз «ҳгәылацәа бзиақәа» ракәын, урҭ ҭҟәаны иаагон. Ануаа рхәы аҳаракыра зны ҳаҕацәа иҳамырхуан, зны ҳара ирцәаагон, акырынтә дареи ҳареи «еимаадахьан». Аха есааира ҳамчқәа еибаҳҭон, иҩбаҳтәуан, ақырҭцәа амҩаду аҟны изымныҟәо ацҳақәа ҧаҳжәон, аихамҩагьы аҧжәара ҳалшеит, аҕа аҧсгаха иаҳҭомызт» – иҳәеит Роман Ануа.

Уи аамҭазы, Роман даҽа хҭыск игәалашәан аиҭаҳәара дналагеит.

–  Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳарак иаҧсахаз аишьцәа Аслани Зазеи Занҭариаа ахаҵа гәы зызҭаҵәҟьаз, ахы иаҿагылоз ҧхьагылаҩцәан. Урҭ рфырхаҵара ҳгәы арҕәҕәон, иагьҿырҧшыган реиҵбацәа ҳзы. Заза итапанча кны аҧхьа дгылан, (уи хазы атапанчагьы ныҟәигон). Пулемиотла деихсны «Ми-8 ҳәа изышьҭоу авертолиот ҧижәахьан, иара убас Гәдоуҭантәи авертолиот ҧжәагақәа иаҳзааргоз рыла акымкәан «крокодил» ҳәа изышьҭоу авертолиотқәа ҧыржәахьан аишьцәа.

Аибашьра аветеранцәа ҳаиҿцәажәараан, аӡәи-аӡәи хеибарҭәаауа, аӡә иеиҭеиҳәоз ахҭыс егьи игәалашәозгьы ацҵо иҳацәажәон.

Урҭ ражәақәа рыла, Тамшьаа ргәыҧ «Отряд быстрого реагирования» – ҳәа иашьҭан. Ажәылара ахьымҩаҧысуаз, ацхыраара ахьаҭахыз Мраҭашәаратәи афронт ахи-аҵыхәеи зегь рҟны шама­хам­зар аҧ­хьа игылан.

Зны Лабра ҩымз ахырҕәҕәарҭаҿы иҟан, даҽазны Џьгьарда, нас Кәтол… Ақыҭақәа: Кәачара, Аҭара уҳәа рхақәиҭтәразы имҩаҧгаз ажәыла­рақәа ирылахәын.

Романи Руслани алаф ахҳәаауа иргәаладыршәон, ақырҭцәеи дареи шеиқәҿырҭуаз, еибырҳәоз ажәақәа. Урҭ ражәақәа рыла, ақырҭцәа «когда закончится ваш амгьал» – ҳәа рызҿырҭуан, уи аҭакс ҳара ҳтәқәа «ваш хлеб, когда закончится» – рҳәон.

«Ажәылара ҳанцоз, «иахьа ача ҳфоит» – ҳәа алаф ҳҳәон. Лассы-лассы, ажәыларақәа раан, зҭыҧ иахаҳцоз ақырҭцәа ирцәынхоз ача шаҳҿаҵахәхоз заа иаадыруан.  Мрагыларатәи афронт аҟны, аибашьраан ача ҳалхәдаан аҟнытә, ҳаилаҳауан. Уи дырны «ҳхәы нрыжьуан ҳаҕацәагьы» – иҳацәажәон аибашьра аветеранцәа аӡәи-аӡәи хеибарҭәаауа, аӡәы ииҳәо ҽаӡәы иацҵауа.

Анаҩс, игәалашәаз аибашьратә хҭыск аиҭаҳәара дналагеит Руслан Аҩӡба:

– Ҳгәыҧ ацхырааразы «Кәакәаа рхәы» ахақәиҭ­тәразы Аҭараҟа ҳрышьҭит. Ақырҭцәа ачаирҭа иалаҳҟәаҟәеит. Аха аибашьра ҧсыҭбарада изыҟалом, ҳгәыҧ иалаз, иахьа Гәылрыҧшьтәи абжьаратә школ зыхьӡ аху Даур Бигәаа дҳацәҭахеит. Ҳгәыҧ хаҭәаауан есааира егьырҭ ақыҭақәа рҟнытәгьы аибашьцәа рыла. Иҟан ҳгәыҧ ахыҧшазы ҳара ҳахь ииасуазгьы. Тамшьаа ҳгәыҧ аҿы иҳацеибашьуан Бедиаа рыҷкәынцәагьы. Ари ажәылараан иҳалшеит ақырҭцәа ркомандир Геловани зыжәлаз иҭҟәара. Уи данызба дыздырит, хаҭала, Аџьажә ду ҳара ҳтәқәеи ақырҭуа ҭҟәацәеи анеиҭнаҳаҧсахлоз, уахьынтә иааз дрыцны дызбахьан.  Дшыздырыз анысҳәа, иара дшәаны мап акра далагеит «Биҷо, мы просто как две капли похо­жи» – ҳәа ихы ирзаӡомызт. Аха имцҳәара акгьы имыхәеит, ибҕа сықәыртәаны Тамшьынтәи Кәтолынӡа сигахьан…

Ҳгәылацәа, милаҭла иақырҭуаз Анатоли Ӡоцениӡе ҩыџьа иҧацәа: Џьони Елгәыџьеи иваргыланы ҳара дҳадгыланы деибашьуан. Иҧа еиҵбы 18 шықәса ирҭагылаз Елгәыџьа дҭахеит, аиҳабы Џьон ахәра ҕәҕәа иоуит аиба­шьраан.  Ақырҭуа жәла змоу, аха иаҧсуоу Рудик Ҵереҭелии Анатоли Ӡоцениӡеии маҳәи абхәындеи роуп. Урҭ аибашьраан ҳаҕацәа ирымпыҵашәеит, даарагьы идыргәаҟит, руаӡәк милаҭла дахьақырҭуази егьи ақырҭуа жәла ахьимази ирхырҟьаны ирзааргаз еиҭаҳәашьа амам. Урҭ назлаз аҧсуа еибашьцәеи ақырҭуа ҭҟәацәеи анеиҭнырыҧсахлоз ауп Гелованигьы данызбаз. Ҳҩызцәа ишрызныҟәаз ашьҭахь уи иқәнагоз рацәан, аха ҳхы иаҳзаҭәамшьеит…

«Аибашьраан 17 шықәса зхыҵуаз арҧыс Роман абџьаршьҭыхла аҕа иҿагылара амчи-алшеи шәызҭеи, ишәылзыршеи?» – ҳәа азҵаара аниаҳҭа, дааччан, «аибашьраҿы 18 схыҵит – иҳәеит.

«Ҳаҧсадгьыл хьчатәын, уи аҕа дықәцатәын. Зегь раҧхьаӡагьы иаҳахьчоз ҳаҩнаҭақәа, ҳҭаацәарақәа ракәын. Усҟан, сара аҧсадгьыл ахьчараз сымгылар, егьи дымцар еиқәзырходаз ҳџьынџь?!

Ҳәарада, аибашьра ҳашьцылаанӡа иаҳцәыуадаҩын.  «Агәыз-гәызҳәа», ана-ара аснариадқәа анкаҳауа, иантҟәацуа, адунеи зегь амца анакуа, ахқәа «аҿыв-сывҳәа» ианувҟьо, ула ишабо уҩызцәа анувыршьаауа, аиашазы, аҕа меигӡарахда иҭирҟьоз еиуеиҧшым атехника абжьы мацарагьы ачҳара уадаҩын. Аха уаҩы дызшьцымло ыҟам, нас «ҳалашыҩкит», Аиааирахь амҩа ада, даҽа хәыцрак ҳамамызт», – дҳацәажәон Роман Ануа.

«Ҳгәыҧ – Цегереи Ахалдабеи рҽырзеимамдарц Тамшь амҩаду аанкылара дҵас иҳаман. Аиааира мчыбжьык акәын усҟан иагыз. Тамшь апост азааигәара ҳадҵа шынаҳагӡоз ахәрақәа ҳауит Адгәыр Занҭариеи сареи. Анаҩс, хымз инарзынаҧшуа Тҟәарчалтәи агоспиталь аҟны сышьҭан, Аиааира амш ахәшәтәырҭаҿы саҧылеит», – иҳәан Руслан иажәа аахир­кәшон еиҧш, Роман Аиааира аламҭа­лазтәи даҽа хҭыск аиҭаҳәара дналагеит:

– Ақырҭцәа икажьны ицаз «аград» 18-ҩык аибашь­цәа ҳақә­тәаны Агәыдаа ҳашнеиуаз, ҳаҧшызар 4-ҩык амҩа ашлагбаум аркны иадтәалоуп.  

Дара ҳақырҭцәаз шџьыршьаз еиҧш, ҳаргьы иаҧсуааз џьышьа, Беслан амашьына ныҟәцаҩ ивараҿы дахьақәтәаз «Аиааира шәыдаҳныҳәалоит» – ҳәа ибжьы наиргеит, уи акәхеит, архәҭак наҟ адәы иқәызгьы «ахҭа ҳҭакны» ихысуа ҳара ҳахь рҿаархеит. Сара, хыхь амашьына аҟнытәи сыҧан, абарбал садтәаланы амашьына аҵаҟала ҳгәыҧ рганахьала раҧхьатәи ахысра хацсыркит. Х-ҩык Џьгьардаа рыҷкәынцәа уа иҭадырхеит. Џьумбер Ануеи, Реваз Хвитиеи, сареи кьыс ҳамамкәан ҳаанхеит, егьырҭ зегьы 5-6 хы иреиҵаны аӡәы имаахеит. Сашьа Беслан 14 хы иқәшәеит, ахы ахьиламыз ҭыҧк узыҧшаауамызт, деиқәхоит ҳәагьы ҳаҟамызт, аха Анцәа имчала деиқәхеит усҟан, аибашьра ашьҭахь ахәра ҕәҕәақәа имаз ирыхҟьаны иҧсҭазаара далҵит.

Усҟан ҳгәыла Рудик Ҵереҭели 3-4 ахәра шимаз амашьына хыхьынтә даныҧа, ишьапқәа ахәра рыман (хаҭала, уаҩы шәпак злаиакәыз ала), ишьапқәа дрызнымкылеит, абаҩқәа ылҳәҳәо илҵит, инап­қәагьы ахәрақәа рыман. Ахьаҵра анҳақәшәа, сара Рудик дныжьны сзымцеит, даара дхьанҭан, Рудик цәгьала дырҳәазо, аамҭакалагьы схысуа абнахь дылазгалеит. 8-сааҭк сидтәалан, дызлаҿасҳәоз, ма ахьаартәага хәшәы ҳәа акгьы ҳамамызт, ашьа «илаҩрны» ишцоз, дгәаҟуа дышьҭаҵаны дсыман. Иҧсы илымшәшәарц, сымаҭәақәа ҧжәаны ирбааӡаны иҿысшьуан, иқәсҵон. Ахәра шимазгьы змахәҿа ҕәҕәаз Рудик «снапы ҭарс» икны, дсыҳәон «сшьы» – ҳәа, дымгәаҟырц азы. Аха сара абџьар снаханы ишьҭасҵон, уаанӡа инапы мнаӡарц азы. Даара ҳгәаҟит, аха шьҭа Аиааира ҳара иаҳтәхахьан, иҳашьҭаланы иааиз атанк ҳаҧсы иаҧшәмахеит.

Леон иорден занашьоу Роман Ануа иахьа Тамшь ақыҭа аибашьра аветеранцәа Рхеилак деиҳабуп. Уи Аиааира амш даҧылеит Егры аҳәааҿы. Ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит, Аҟәа даара игәхьааганы, ҳалаҧшындаз ҳәа ишыҟаз иҩызцәеи иареи. «Аиааира ахҧатәи амш аҽны БТР ҳақәтәаны Аҟәа ҳааит, ачагьы ҳфеит, уи гәхьааганы ҳаҟан», – иҳәеит дыччо.

Романи Руслани аибашьра ашьҭахьгьы ахырҕәҕәарҭахь иныҟәон, рҩызцәа аибашьцәа аӡәырҩы реиҧш.

Аигәылацәа ҩыџьа, аибашьра аветеранцәа ҳаиҿцәажәара хыркәшо, рхы ӡырымго ирҳәоз акы акәын. «30 шықәса иаҳам­ҳәацыз ҳшәырҳәеит! Ҳара ахьыӡ азы ҳаибашьуамызт, амедали аордени ҳрышьҭамызт. Хықәкыс иҳамаз ҳаҧсадгьыл ахьчара, ҳхәышҭаарақәа, ҳаҩнаҭақәа реиқәырхара акәын. Аҧхьаҟагьы ҳгәы ззыҳәо, иахьа еиқәырханы иҳамоу ацәымӡра ауп.

Руслан Аҩӡба 4-ҩык ахшара драбуп, ихатә ҩыза Џьулетта Багаҭелиа-ҧҳа 5-шықәса раҧхьа диҧхеит, ихшара еиҳабацәа Инали Ланеи иреиҳау аҵараиурҭақәа хдыркәшахьеит, рхы рбартә иҟоуп, аха еициз Аинари Алани макьана ихәыҷқәоуп, ашкол иҭоуп, урҭ анрагьы абрагьы рызуа, ихы дахамыш­шаакәан иааӡоит аибашьра аветеран.

Аиашазы, зыҧсадгьыл зыхьчоз афырхацәа ахаангьы рхы ӡырыргаӡом, аха ҳара иаҳуалуп урҭ рҿаҧхьа ахырхәара, рыхьӡ аӡыргара, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ракәзар, ргәалар­шәара амырӡра, анаунагӡатәра.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me