Урҭ роуп дызлыҵыз ргәаҵаҿы иаанхо, наӡаӡа ирхамышҭуа. Аԥсуа жәлар ражәаԥҟа ссир ишаҳәо ала, «Аҽы ԥсыр - адәы азынхоит, ауаҩы дыԥсыр - иажәеи иуси иҭынхоит». Изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Нелли Кәыҷыр-иԥҳа Ашәԥҳа лгәалашәара есқьынгьы алахьеиқәҵареи агәхьааи сызцәырнагоит. Уи харҭәаашьа змам цәыӡ дууп лҩызцәеи лҭынхацәеи рзы адагьы Аԥсны аметодикатә ҭҵаарадырреи аҵарауси знапы алаку рызгьы. Доуҳала акыр исзааигәаз, зҵареи зыхшыҩи хеибарҭәаауаз, уаҩышьалеи цәаҩалеи ибеиаз, акыр шықәса инеиԥынкыланы аус сыцызуаз сҩыза бзиа лзы ажәақәак рҳәара, сара уалны исыдуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Зыԥсҭазара зегьы аҵареи, ааӡареи, аҭҵаареи иазызкыз, ахӡыргара ҟазшьас измамыз, зхатә џьабаала инхоз, Аԥсны еицырдыруаз аҵарауаҩ, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Ашәԥҳа Нелли Кәыҷыр-иԥҳа диижьҭеи апрель 14, 2023 шықәсазы 85 шықәса ҵит.
Нелли Кәыҷыр-иԥҳа лҩызцәеи лҭынхацәеи зегьы рҿы Аллачка ҳәа зарҳәоз, арҵаҩы изанааҭ алхра лара лзы машәыршақә иҟамлеит. Нелли даныхәыҷӡаз инаркны ҿырԥштәыс дылзыҟалеит лаб иаҳәшьа Ҷоҷа Ашәԥҳа. Ҷоҷа Ашәԥҳа усҟантәи аамҭазы Аԥсны еицырдыруаз, Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз рҵаҩын. Ас еиԥш ахьӡ ҳарак занаршьахьаз усҟантәи аамҭазы аԥсуаа рҟынтәи акыр рхыԥхьаӡара маҷын.
Уи, ҳәарас иаҭахузеи, Нелли лзы иҿырԥштәы бзиан, лзанааҭ алхраҿгьы ицхыраагӡахеит. Нелли Кәыҷыр-иԥҳа Ӷәадатәи абжьаратә школ ибзиаӡаны даналга, 1957 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа. Нелли гәыблыла лассы-лассы илгәалалыршәон ари аҵараиурҭаҿы аус зуаз, арҵаҩы изанааҭ ала аԥсуа ҿар разыҟаҵараҿы, зылшамҭақәа ҳаракыз, зыхьӡ-зыԥша Аԥсны иахыҵәахьаз аҵарауаа нагақәа, аметодистцәа: П.С. Шьаҟрыл, Л.Б. Кациа-Ҭарба, П.Ҳ. Аӡынба, Т.Е. Конџьариа уҳәа убас егь.
Нелли рҵаҩык, методистк иаҳасабала лышьақәгылараҿы урҭ ирылшаз шмаҷмыз азгәалҭон акырынтә. Нелли арҵаҩратә ҵараиурҭа ибзиаӡаны даналга ашьҭахь, лҵара иацылҵеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны иаартыз афилологиатә факультет аҿы. 1962 шықәсазы иреиҳау аҵараиурҭа далгеит адиплом ҟаԥшьыла. Убри ашықәс инаркны ихацлыркит лырҵаҩратә усура. Уи аус луан аԥсуа бызшәеи алитературеи Ӷәадатәи Калдахәаратәи абжьаратә школқәа рҿы рҵаҩыс. 1980-тәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны аԥсуа бызшәа арҵара аурыс школқәа рҿы ианалагалаха, Аҟәатәи 14-тәи абжьаратә школ аҿы аԥсуа бызшәа длырҵон. 1971 шықәсазы Нелли Кәыҷыр- иԥҳа арҵаҩраҿы иаалырԥшыз алҵшәа ҳаракқәа азгәаҭаны, даарыԥхьеит Аԥснытәи арҵаҩцәа рквалификациа аизырҳара иазкыз аинститут ахь методистс, анаҩс алагарҭатә классқәа рзы аметодикатә кабинет еиҳабыс дҟаҵан. Быжьшықәса аус луит ари аинститут аҿы. Араҟа Нелли лԥышәеи лдырреи акыр еизҳаит, методистк иаҳасабала дшьақәгылеит. Аԥсуа школқәа рҿы ахатәы бызшәа азнагара иадҳәалоу аметодикатә цхыраара алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа ирылҭо далагеит, урҭ лԥышәа рымалдон, дрыцхраауан. Убасҟан иҭыҵуа иалагеит Нелли раԥхьатәи лыҭҵааратә статиақәа алагарҭатә классқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵара аметодика иазкны.
1977 шықәсазы Аԥсны иаадыртит И. Гогебашвили ихьӡ зхыз Апедагогикатә институт Аԥснытәи аҟәша. Нелли лдыррақәеи лԥышәеи азгәаҭаны иаарласны диагахеит ари аҟәшахьы алагарҭатә классқәа рзы аҭҵаарадырратә усзуҩыс. Нелли Кәыҷыр-иԥҳа уамашәа ибзианы еилалыгӡон Апедагогикатә институт аҿы лыҭҵаарадырратә усуреи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәа адоцент иштат аҿы лусуреи. Нелли ауниверситет ахь рҵаҩыс даарыԥхьаанӡагьыы данысхьан қәҿиарала ибеиаз лырҵаҩратә мҩа, илоухьан теориалагьы, практикалагьы зда ыҟамыз аԥышәа.
1984 шықәсазы Қарҭ ақалақь, Апедагогикатә институт аҿы аспирантура даналга ашьҭахь, қәҿиарала илыхьчеит акандидаттә диссертациа «Аԥсуа бызшәа аҩышьаԥҟара арҵара аметодика» атемала.
1997 шықәсазы Апедагогикатә институт Аԥснытәи аҟәша ашьаҭала ишьақәыргылан Апедагогикатә ҭҵарадыррақәа ринститут. Уи аинститут иахьа лыхьӡ ахуп еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, аметодист Н.Ҳ. Аӡынба. Араҟа Нелли Ашәԥҳа аус луан лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа, алагарҭатә классқәа рзы арҵага-методикатә цхырагӡақәа раԥҵаҩцәа напхгара рзылуан.
Иазгәаҭатәуп, Нелли лкандидаттә диссертациа даара ахә ҳаракны ишыршьаз Қарҭтәи адиссертациатә хеилак иалахәыз аҵарауаа. Уи аӡбахә акыраамҭа ирхамышҭуа иалацәажәон Нелли аҵара ахьылҵоз Қарҭтәи Апедагогикатә институт аҿы. Аоппонентс длыман еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, апофессор Б.Г. Ҭарба.
Нелли Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәа дзырҵоз рҵаҩык иаҳасабала аусура даналага раԥхьатәи амшқәа инадыркны (убасҟан абызшәа зларҵашаз цхыраагӡак ахьыҟамыз азы), лнапы алыркит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа (азанааҭқәа) рзы апрограммақәеи арҵага шәҟәқәеи аус рыдулара. Хара имгакәа акьыԥхь рбеит (иҭыҵит) абиологиа-географиатә, афизика-математикатә, агронџьныртә факультетқәа ирызкыз Нелли Ашәԥҳа лырҵагатә цхыраагӡақәеи, арҵага шәҟәқәеи.
1991 шықәсазы раԥхьаӡа акәны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь аҵаразы Ҭырқәтәылантәи иаҳзааит ҳдиаспора рыхшара 22-ҩык аҿар. Урҭ ауниверситет еиуеиԥшым афакультетқәа ирҭалаанӡа иазыҟаҵатәын шықәсык, аԥсуеи аурыси абызшәақәа дырҵатәын, иахыжьтәын шықәсыктәи абызшәатә зыҟаҵаратә курс. Иазгәаҭатәуп, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ирзымдыруаз ҩ-бызшәак реицдырҵара аҭакԥхықәра зцыз аус анагӡара даара ишыуадаҩыз. Лырҵаҩратә ԥышәеи лзанааҭтә зыҟаҵареи хшыҩзышьҭра рзуны, ауниверситет анапхгара аԥсуа бызшәа рҵаҩыс зегь раԥхьаӡа зыхьӡ рҳәаз Нелли Кәыҷыр-иԥҳа лоуп. Илыдырҵоз аус хьанҭа иамаз аҵакы аҵыхәанынӡа еилкааны ишлымазгьы, мап лзацәымкит, дақәшаҳаҭхеит, избанзар ари аус лара лзы иԥшьоу акы акәны дахәаԥшуан. Усҟантәи аамҭазы аԥсуа бызшәа ззымдыруа ирҵаразы цхыраагӡак ахьыҟамыз аҟынтә, Н.Кәыҷыр-иԥҳа иаарласны напы алыркит ҳдиаспора аԥсуа бызшәа зларҵашаз иҷыдоу апрограммеи арҵага шәҟәи рыҩра. Уи ашәҟәы акьыԥхь абеит 1997 шықәсазы.
Нелли авторцәа дыруаӡәкуп аԥсуа бызшәа аинтенсивтә курс ала арҵара иазку ашәҟәгьы.
1994 шықәсазы Нелли Кәыҷыр-иԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа акафедра адоцент ҳәа ахьӡ лыхҵан.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы еиҿкаау арҵаҩцәа рҵарадырра аизырҳара Ацентр аҿы иааиԥмырҟьаӡакәан имҩаԥыргоз акурсқәеи, асеминарқәеи, атренингқәеи дрылахәын. Арҵаҩцәа акыр дырзааигәан, ирыгыз лдыруан, урҭ ирызналгоз аматериал есқьынагьы аамҭа аҭахрақәа ирықәшәо еиҿылкаауан.
Нелли Кәыҷыр-иԥҳа акыр аамҭа аус здылулоз лдоктортә диссертациа «Аԥсуа бызшәеи алитературатә ԥхьареи аамҭак ала реицҵара» (интегрированное обучение) захьӡыз лыҭҵааратә усумҭа ахыркәшамҭахь ианнеи, илыӡбит адоктортә диссертациа ахьчара ахаҭыԥан монографианы иҭлыжьырц. Аха рыцҳарас иҟалаз, – уи дахьымӡеит… Маҷӡак акәын илыгыз.
Н. Кәыҷыр-иԥҳа напхгара рзылуан афилологиатә факультет иаԥсыуам ашкол ахырхарҭала астудентцәа рдипломтәи ркурстәи усумҭақәа.
Нелли Кәыҷыр-иԥҳа иаҳзаанлыжьит хыԥхьаӡара рацәала аметодикатә усумҭақәа, амонографиақәа, арҵага шәҟәқәа, ацхыраагӡқәа, астатиақәа. Ҳәарас иаҭахузеи, урҭ хәы змаӡам малуп аҵарауааи, аметодистцәеи, аспирантцәеи, ҳауниверситет апедагогикатәи афилологиатәи факультетқәа рҿы аҵара зҵо астудентцәеи рзы.
Нелли Кәыҷыр-иԥҳа лиубилеи инамаданы, 2022/23-тәи аҵарашыкәс азы, аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашкол азанааҭ ахырхарҭала адипломтә усумҭақәа зыҩуаз аушьҭымҭацәа рҟынтәи аӡәы, Сима Ашԥҳа ахьчара иазлырхиеит «Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, аметодист Нелли Кәыҷыр-иԥҳа Ашәԥҳа лметодикатә лагала алагарҭатә классқәа рҿы» захьӡу атемала (анапхгаҩы: апрофессор Ажьиба А.Ш.). Ҳаԥхьаҟагьы ари аус иацҵалатәуп ҳәа агәаанагара сымоуп, аҭҵаарадырра знапы алакуи аҿари ҳҵарауааи реимадареи абиԥарақәа реиқәҿыҭреи, иҳацәцахьо рџьабаа ахамышҭразы русумҭақәа рӡыргареи рхархәареи қәкыс иҟаҵаны.
Нелли лылшамҭақәа ахә ҳаракны иршьахьан, иазгәарҭахьан Аԥсны аиҳабырагьы. Аԥсны иреиӷьу аметодист ҳәа далкаан 2006 шықәсазы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьӡ лыхҵан 2016 шықәсазы. Иреиҳау аҵараиурҭа зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ланаршьахьан 2018 шықәсазы. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса лымч-лылша зегьы азылкит аԥсуа бызшәа акафедра №2. Араҟа Нелли ибзианы, еиҟараны илыцааиуан ҩ-хырхырҭак рыла аԥсуа бызшәа арҵара. Актәи ахырхарҭа – ари аԥсуа бызшәа ззымдыруа, мамзаргьы аелементартә ҩаӡара иаҵанакуа астудентцәа дырҵароуп. Аҩбатәи ахырхарҭа – аԥсуа бызшәа бзианы издыруа, астудентцәа аҵара ахьырҵо азанааҭқәа ирыдҳәаланы, рпрофессионалтә бызшәа (аԥсышәала) арҿиароуп ҵакыс иамоу. Ҳәарада, Нелли Кәыҷыр-иԥҳа урҭ астудентцәа рзы раԥхьатәи апрограммақәеи арҵага шәҟәқәеи аԥызҵаз дреиоуп. Аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасабала дырҵараҿы астудентцәа рмотивациа ҳаразкшаз, ахатәы бызшәа агәыблра рылазааӡашаз, итрадициатәу аметодқәа инарываргыланы аҿыцаԥшьгарақәа (аҿыцлагаларақәа) лхы иалырхәон, аамҭа ҿыц иақәшәо ахәыцшьа лыман. Нелли аус лыцызуаз лҩызцәа зегьы бзиа деицырбон. Аҿар лааигәара аҟазаара ныҳәак ирзаҩызан, избанзар Нелли уамашәа лҟазшьа бзиан, алафҳәара дазҟазан, аԥсҭазаара позитивла дазнеиуан. Аҿаргьы уи лыԥсҭазааратә позициа рныруан, гәык-ԥсыкала ирыдыркылон. Ацхыраара ахьырҭахыз, лусқәа зегьы зымҩа инышьҭаҵаны, аамҭа рзылаԥшаауан. Рызҵаарақәа зегьы ихаҭәааны рҭак ҟалҵон. Акафедраҿы аус лыцызуаз зегьы гәык- ԥсыкала дырзыҟан, лԥышәа рымалдон, иаҳаракгьы ҿыц аусура иалагаз аҿар. Нелли бзиа илбон аҿар рыгәҭа аҟазаара, уи лыԥсҭазаара иацнаҵон лыԥсы еиԥш бзиа илбон дызҿыз лус, аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәак еиԥш арҵара. «Сыԥсы ахьынӡаҭо, мышкгьы аҩны сзаангылом» - лҳәон Нелли лажәа иалаҵаны. Уи ус егьыҟалеит 2021 шықәсазы, атәылақәа зегьы зымҽхазкыз аҿкы чымазара бааԥсы, ларгьы дзацәымцеит. Мчыбжьык иалагӡаны, лыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит.
Макьана иӷәӷәаз, зхи зыхшыҩи еимадаз, зусура ԥкымыз ауаҩы лаша, аҵарауаҩ ду, зегьы бзиа еицаҳбоз, ҳаҭыр зқәаҳҵоз ҳҩыза бзиа, илаамҭаӡамкәа лыԥсҭазаара далҵит.
Аха аамҭа ҳзаангылом, уи ԥхьаҟа ицоит, ирызҳауеит абиԥара ҿыцқәа.
Ҳгәы иалоуп, ҳҩыза бзиа, Нелли Ашәԥҳа, иахьа ҳааигәара дахьыҟам, дахьҳалагылам.
Сара агәра ганы сыҟоуп, Нелли (Аллачка) лгәалашәара есқьынагьы лҩызцәеи, лҭынхацәеи, дыззааԥсоз аҵарадырра знапы алаку зегьы ргәаҵаҿы дшаанхо, дшырхамышҭуа.
Альдона АЖЬИБА,
апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор,
апрофессор