Амш кыдҵәон. Иааихыккеит. Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа агәҭаҿы хәыҷи-дуи еизон. Р. Дасаниа ихьӡ зху акультуратә Хан афырхаҵаратә ашәақәа ҩныҩуан. Лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы Ешыра ақыҭан диит. Иҧсы ҭаны дыҟазҭгьы, 78 шықәса ихыҵуан. Убри инамаданы, Гәдоуҭа араион иқәынхози, ауаажәларратә,  апатриоттә хеилакқәа злахәыз аиҧылара мҩаҧган.

Арӡынба Владислав Григори-иҧа зажәеи зуси еимадаз, ажәлар бзиа еицырбоз, аӡи-амцеи ҳрылзгаз… Ҳаҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, зыбжьы Кавказ ашьхақәа ирхыҩыз, ахааназ мраҵас хыхьынтә иаҳхаҧхо фырхаҵоуп.

Гәдоуҭа имҩаҧысуаз алитература-музыкатә композициа «Даҳгәалашәоит» ахьӡын. Иара изкыз ажәеинраалақәа ирыҧхьеит: Рафида Аргәын­ҧҳа, Ариана Барцыц­ҧҳа, Садиа Аргәынҧҳа,  Гьаргь Цымцба, Дана Хәыбуа­ҧҳа, Афиата Ажьиҧҳа, Софиа Кәакәсқьыр­ҧҳа, Анелиа Агәымаа, Сандра Папба …

Иара убас Аҧсны еицырдыруа ансамбль «Аҧсны – 67»  ашәаҳәаҩцәа ҟазақәа: Артур Лакрба, Сати Какәбаа, Мана, Саида Цымцба, Анатоли Алҭеиба, Денис Ҳагба акәашаратә ансамбль «Адац».

Аҭоурыхҭҵааҩы Руслан Гәажәба игәалаиршәеит Владислав Григори-иҧеи иареи ирыдҳәалаз ахҭысқәа.

Владислав Григори-иҧа Арӡынба иҕә­ҕәареи, иҟәышреи, иҧсадгьыл ахь имаз абзиабареи ҳаиқәнархеит. Дхатәран, илаҧшҳәаа ҭбаан. Иҟалап, ҳҧеиҧш иара инапаҿы, усҟантәи аамҭазы иҟамлазҭгьы иахьа ҳахьыҟазаауаз. Иара иааигәа иҟаз, ивагылаз ауаа рҟынтә ианысҵахьоу аҧхьаҩцәа  ирдыруазарц абраҟа иаазгоит.

Ҭырқәтәыла Аҧснынтә цҳаражәҳәаҩыс иҟоу Ибрагим Аҩӡба бжьышықәса Владислав Арӡынба иҟны еиҿкааз аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзураҿы дыҟан.

– Владислав, – иҳәеит Ибрагим Аҩӡба, – исҳәар сылшоит аҧсшьара мшы иара изы ишыҟамыз. Уи изы зегьы раҧхьа игылаз аҳәынҭқарратә усқәа ракәын. Аха убри иахаршәаланы сааҭқәак аниоуаз даара бзиа ибон ауҭраҿы аусура, аӡахәеилыхра, ашәырқәа рхылаҧшра, реиҭаҳара. Хҭыск шәасҳәоит, аџьырмыкьаҿы аџьымшьы алаҵатәы ааихәеит. Аҩны ҳаннеи иҽааиҭеикын, ус иҳәеит: – Ибрагим, уажәы уареи сареи ари аџьымшьы ыҵаҳҵоит, – иҳәан ауҭрахьы иҿынеихеит. Ацәаҳәақәа алидеит, нас  аџьымшьы  еицыҵаҳҵеит. Ҳаналга, ус сеиҳәеит: – Ари уара узы иаасхәеит, уаргьы аҩны илоуҵарц сҭахуп, нас ианаалак, еиҳа зтәы еиҕьхо гәаҳҭап… Сара исиҭаз ыҵасҵеит, Владислав Григори-иҧа иҟны саннеилак, иаразнак сцаны игәасҭон иџьымшьқәа шыҟалаз. Аамҭа анца, убас иара иҿы иҧшӡаны иааит. Сара иласҵаз, иааз маҷхеит. Ацәаҳәақәагьы ииашаны исзыҟамҵазар акәхап – иҧшӡамхеит… Иџьымшьы аназҳа, сара стәы аниба, ииашаны ишыҵасымҵаз еиликааит. Урҭ аарҳәны ишыҵаз аниба, изхара дыччеит…

Владислав Григори-иҧа Арӡынба агәаҕьра ду иман. Убри инамаданы аибашьра цонаҵы ицыз Ӡаҧшьиҧа Леонид еиҭеиҳәаз хҭыск шәыдызгалоит.

– Уи игәаҕьреи ихаҵареи еснагь иааҧшуан. Сызлацәажәо Москва, Кремль, цәыб­бра хҧа, 1992 шықәсазы аиҿцәажәарақәа анцозтәи ахҭыс атәоуп. Ельцин, Шеварднаӡе, Арӡынба реицәажәара ашьҭахь, аҧсшьара анрырҭа, ауадаҿы раҧхьа Коков дааит. Даниба, Владислав иаанкылара уадаҩын. Ддәылицеит. Уи ашьҭахь Галазов иҧа дицны днеит. Урҭ ираҳази, ирбази алацәажәара цәгьоуп. Ишьапы дықәмыргылаӡакәа ддәылигеит. Шәазхәыц, Кремль ахыбраҿы дымшәа-дмырҳа ииҭахыз, ишиҭахыз изҳәоз, Владислав закәытә гәаҕьыз имаз…

Владислав Арӡынба аиҧыларақәа имҩаҧигоз зегьы ҭоурыхтә еиҧыларақәан. Леонид Ӡаҧшь урҭ рахьтә имаҷымкәан игәалаиршәеит: – Адлер аиҧылара ыҟан. Еснагь Владислав акы изырур ҳәа ацәшәа ҳаман. Уаҟа, Владислав дырҕьычыр шырҭахыз аинформациа ҳауит.  Иасон Бганбагьы, Гемберг Арӡынбагьы, саргьы ҳаицуп. Аиҿцәажәара еиҵыҵит, ихәлеит. Ҳанцоз ҳверталиот Пицунда ахахьала «атепловушка» агәыдырҵеит, аха ҳацәцеит. Уахь ҳаныҧыруаз, ааҩык аурысцәа аверталиот иҭатәан. Амҩа ҳанықәлоз, арахь ҳанаауаз, акомандир Владислав дааидгылан, ус иҳәеит: – Иҳаццар зҭаху ыҟоуп. Иҟалома? – ҳәа. – Изҭаху ақәтәааит, – иҳәеит Владислав. Аҩныҵҟа ҳанҭала, Владислав данынарылаҧш, ак шыҟаз ицәа иалашәеит. Исахҭан ҧараҭра итапанча зҭаз ишьамхы иқәиҵан, инапы нақәиҵеит. Гемберги иареи еиватәан. Иасон ашьҭахь дгылан, сара Владислав сихагылан. Ҳанцоз 25 минуҭ рыла ҳнеит. Ҳанаауз ҳаҧырра аамҭа рацәахеит. Иҭатәаз зегьы жәафҩык ыҟан.

– Леониа, иубома шаҟа ҳҧыруа? – ҳәа Владислав дҵааит. Иасон сыбжьы иқәсыргеит:

– Артҟәацгақәа шаҟа умои? – ҳәа. – Ҩба сымоуп.

– Арҭ алахшақәа, Гәдоуҭаҟа акәӡам ҳахьырго! – иҳәеит Владислав. Убри аамҭазы акапитан акабина дааҭыҵын, ашә амыркӡакәа, иҭатәаз рышҟа днеит, сара аҧырҩы ишҟа сыҩналеит… Убасҟан Владислав дҳахьчеит…

Аибашьра цонаҵы сааҭыбжакгьы Владислав Григори-иҧа даанзмыжьыз Ӡаҧшьба Леонид ачарҳәаҩцәеи ацәгьаҳәацәеи шырацәаз азгәеиҭеит. Далацәажәеит Гәдоуҭа ақалақь абомбақәа аналарыжьуаз ахҭыс.

Владислав Арӡынба дызҭатәалоз амашьына дҭартәаны даҳгеит. Акырӡа ҳанынаскьа, диаагеит «Волга 21» ахь. Аӡәгьы изымдыруаз аҭыҧаҿы дыҟан. Иара иҭыҧқәа лассы-лассы иҳаҧсахуан. Ус ҧшьҭыҧк ҳаман. Хҧа ҳәа акәын зегьы ишырдыруаз, аҧшьбатәи иареи сареи ҳакәын издыруаз. Абомбақәа анкаҳауаз аӡәгьы изымдыруаз аҭыҧаҿы дыҟан. Абомбақәа иара дахьынхалоз аҧсшьарҭа ҩны «Черноморец» Иасон Бганба иуадақәа ахьыҟази, уаҟа Владислав аангылара ахьиқәшәаз ҭыҧын. Убас ацәгьаҳәацәа маҷӡамызт…

Владислав Арӡынба иҿцәажәахьаз, дызбахьаз, иқәгыларақәа ирылатәахьаз ирдыруеит уи дзакәытә напхгаҩыз. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа шыуадаҩызгьы, усҟан идҵала, ицхыраарала раҧхьаӡа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи Гәдоуҭа ақалақь аҟны иаартын. Иара иҧсы шҭаз ихьӡ зху ауада ааҳартит. Иаҳҭахын, аҳәарагьы ҟаҳҵеит ахыбра ихьӡ ахаҳҵарц. Иаарџьбараны ишиҭахымз иҳәеит. Аамҭа анца, иара иабжьгарала Сергеи Платон-иҧа Дбар ихьӡ ахаҳҵарц ажәалагала ҟаиҵеит. Иахьа амузеи С.П. Дбар ихьӡ ахуп.

Владислав амузеи иџьабаа шадыз еиҧш, имаҷымкәан аҭоурых аҿы акрызҵазкуа аекспонатқәа рыла ихаирҭәаауан. Аҳәынҭқарра данахагылазгьы, уи ашьҭахьгьы еснагь илаҧш хаа ахын.

Лаҵарамза 15, Аҟәа ихадоу ацәыргақәҵатә зал аҟны Владислав Арӡынба ифотоцәыргақәҵа «Аҧсны, Аҳәынҭқарра, Арӡынба» захьӡыз еиҿкаан. Иалахәын Аҧсны анапх­гара, аиҳабыра, ауаажәларра.


Гугуца Џьыкырба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me