Аиашазы, зыӡбахә ҳамоу аӡахәа аҭоурых ду амоуп, убри аҟнытә иаҳҭаххеит уи аҭоурых нарҭбааны аилкаараз Ҳаири Қәҭарба иҿцәажәара. Ҳаири иҩны ашҭахь уанымҩахыҵуа шәҭылеи шәырлеи иҭалаҳау абаҳча уагәылсны ауп ушнеиуа, уи убриаҟара иҧшӡоуп, игәазырҳагоуп, уаҩ илаҧш ахьирхара изымдыруа. Ҳаири иажәақәа рыла, уи ибаҳча аҟны ирызҳауеит, шамахамзар, Аҧсны изызҳауа, ианаало ашәырқәеи аҵиаашәҭқәеи. Хаҭала, 200 инареиҳаны Ҳаири ибаҳча аҟны изызҳауа ашәыр хкқәа рхыҧхьаӡара аҟны иҟоуп 7-8 сорт рыла ишоу ашәыр хкқәагьы.
Ҳаири ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит ибаҳчаҿы еиуеиҧшым аца хкқәа ишрызҳауа, иапониатәи абҳәа инаркны, ажь, аҳа, атама, абиа, афеихуа уҳәа дреиҷаҳаны ишиааӡо, ашәырқәа реихаҳарагьы дшазҟазоу. Уи ибаҳча ашәыр ҵлақәа рыла ишбеиоу еиҧш, ашәҭ ҵиаақәа рылагьы еинҭәылоуп. Нап рыдкыланы иааӡоит еиуеиҧшым аҵиаашәҭқәа.
Ҳаиҿцәажәараан иаҳзеиҭеиҳәеит Аҧсны араионқәеи ақыҭақәеи шамахамзар, зегь рҟнытә ашәырқәеи аҵиаашәҭқәеи шааигаз. Уи иажәақәа рыла, аҧслыш – Галынтәи иааганы еиҭеиҳаит, анарцис – Ҵабалынтәи, гортензиа ҳәа изышьҭоу ашәҭ акәзар, Ҭырқәтәыла иара дахьынхоз Акаҧантәи иааигеит.
Ҳаиҿцәажәараан Ҳаири иҳаилиркааит еихаҳау ашәырҵла иҿало ашәыр еиҳа ишҟәазхо, иагьшыхаахо. Хаҭала, ашәҭҵла «Магнолиа» ҳәа изышьҭоу, ашҭа иахьҭагылаз ҳалаҧш нақәшәеит, сара азныказ исыцәҩашьан, «ашымҳа еихаҳа аума?»– ҳәа сиазҵааит, абыҕьқәа џарџаруа анап адкылашьа анызба исыцәҩашьаны, Ҳаири, «ари «Магнолиа» ҳәа изышьҭоу ашәҭ ауп, еихаҳауп, ишыббо иазҳаит, иҵлахеит. Иара иамоуп ахатә ҷыдара, ианеихауҳалак хышықәса рыла ишәҭуеит, еихаҳамзар – жәаҩа шықәса ишәҭӡом» – иҳәеит магнолиа ашымҳа ҳәа ахьӡ ахьасҭаз игәы рацәак ишнанамгаз убаратәы.
Асымпыл, гортензиа, агәил уҳәа ашәҭ ҧшӡақәа аҭиразы ишимоу азгәаҭо, Ҳаири ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иҳәеит, хаҭала, ашәыр зҭахәу хәыда-ҧсада ажәла ҧашәдыркыртә аҭагылазаашьа шриҭо.
Хаҭала, Ҳаири иахь ҳамҩахыҵра мзызс иамаз аӡахәажәла акәзар, ҩ-шьаҭак ҳамҭас иҳазирхиахьан иҟаҳҵаз аҳәарала. Аха, иаҳзымдыруаз даҽа ҳамҭакгьы ациҵеит аҧшәма – уи агәил шәҭы ашьаҭа акәын. Аха, сара «аҧсымҭәра» шысцәаҩам аарҧшуа, насгьы аҭиразы ишимаз анеилыскаа, аҳамҭа мап ацәыскит, изымгарцгьы салагеит. Ҳаири «аҳамҭа аӡә мап ацәикуа ббахьоума?» - иҳәеит дыччо. Ҳәарада, анаҩс иҭабуп ҳәаны, аҳамҭа адкылара ада даҽа мҩак ыҟамызт!
Сара баша аҳамҭа адкылараҿы мацара сзаангыломызт ҳәарада, ҩ-уск еиласыгӡон, сзанааҭ изласыднаҵоз ала сныҟәар акәын…
Ҳаирии ҳареи ҳаиҿцәажәара аҽарҭбааит, уи иахь сымҩаҧызгоз сашьа Хьрыҧсгьы, ҳзызнеиз аӡахәажәла аҭоурых аинтерес изцәырҵын, сызҵаарақәа сымакны Ҳаири иахь аҭира далагеит, иҟаиҵоз аҭакқәагьы даара зҿлымҳарала дазыӡырҩуан. Ус аӡахәажәла аҭоурых ҳзеиҭаҳәо, Ҳаири иажәа дналагеит:
– Сабду Маҳмаҭқьери иаб Базала атәым жәҩан аҵаҟа даннеи, нхарҭас илихыз адгьыл аҟны (анаҩс, уи ақыҭа Акаҧа ҳәа изыхьӡырҵаз) аҩны иргылаанӡа, Аҧснынтәи иигаз аӡахәажәла еиҭеиҳазаап. Саныхәыҷыз уи аӡахәа аҧсы ҭан, аха иажәӡаны иҟан. Саб Ҳааиҭи амахәқәа каҿаны ҳамхаҟны игылаз амжәеиқәаҵәа иаҟәниҵеит. Амжәа иақәу аӡахәа иҿало ажь еиҳа ихаахоит ҳәа ирыҧхьаӡон. Исгәалашәоит, ҳаныхәыҷқәаз амжәеиқәаҵәеи уи иақәыз аӡахәа иҿалоз ажь хааи шаҳфалоз.
Аха, иахьа 90 шықәса ирҭагылоу сан – Бебеқ Аҩӡ-ҧҳа, 35 шықәса раҧхьа амжәеиқәаҵәа иақәыз аӡахәа махәқәа каҿаны аџь ҵлак ашьапаҿы иҵалҵеит. Уаҟа иазҳан аҵла ду иақәлеит…
8 шықәса раҧхьа аџь ҵла иақәыз аӡахәа амахәқәа 7 , абанка аӡы ҭаҭәаны, иҭаргыланы Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иаазгеит, ишаазгаз еиҧшгьы еиҭасҳаит. 7 шьаҭак рахьтә, 3 рҧашә ркит. 150 шықәса раҧхьа излыҵыз адгьыл гәхьааганы иҟазар ҟаларын, ирласны иазҳаит, саргьы рымахәқәа каҿаны 200 цыра аиҭаҳатә сырхиеит…
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, Ҳаири ҳиазҵааит аҭоурых ду змоу, 150 шықәса зхыҵуа, амҳаџьырра зыхганы ҩаҧхьа, зхьышьҭрахь ахынҳәра зқәашьхаз ажәытә аҧсуа ӡахәа-жәла иахьӡузеи? – ҳәа, Ҳаири ҳазҵаара аҭак ҟаҵо, иазгәеиҭеит еиқәхаз иабдуцәа рӡахәажәла ахьӡ шеиқәымхаз, ишизымдыруа ала илахь хәыҷык иааиқәҵаны, сара уи аамҭазы али-ҧси рыбжьара сааиҧхьхәыцаан, «шәгәы иалымсуазар, исышәҭаз аӡахәажәла аҧашә аунашьҭыр, Ҳаири Қәҭарба иӡахәажәла ҳәа ахьӡысҵоит!» – сҳәеит. Ишызбоз, Ҳаири ихы-иҿы ааихаччеит, «ибзиоуп» ҳәагьы нациҵеит! Издыруада, шықәсқәак рыла Ҳаири Қәҭарба иӡахәажәла аҧашә ҕәҕәахар, Аҧсны ахы-аҵыхәа зегьы иахьӡаргьы!
Алиса Гәажә-ҧҳа