Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зымҽхак ҭбааз аҟаза ду

Аҧсуа культуреи аҟазареи иналукааша рхаҭарнак, Аҧсны еиҧш, анҭыҵгьы зыхьӡ еицырдыруа, имҩашьауа зышьҭа аанзыжьыз Нелли Ешба диижьҭеи 95 ш. ҵит.

1928 ш. рзы Очамчыра ақалақь аҟны ииз Нелли Ражден-иҧҳа Ешба лҭаацәа 1930-тәи ашықәсқәа раан Аҟәаҟа ииасит.

Лаб Ражден Дуҭу-иҧеи лан Лидиа Порфири-иҧҳа Аланиеи аекономист изанааҭ рыман. Ражден Ешба аҧсуа қыҭа Агәыбедиа диит, аамсҭа хылҵшьҭра деиуан. Аҟәатәи арҧарцәа ргимназиа даналга Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет аҟны аҵара иҵон. Аҧсныҟа даныхынҳә Очамчыра аа-шықәса аус иуит, уи ашьҭахь ауп Аҟәаҟа даниас. 30-тәи ашықәсқәа раан ахәаахәҭратә еидҵарақәа руак деиҳабын, нас – Аҧсны акурортқәа напхгара риҭон. 1936 ш. рзы харада ахара идҵаны дхырҵоит Архангельсктәи аобласт ахь. Алагер аҟнытә дхынҳәит 1940 ш. рзы. Аҧсны еиуеиҧшым анапхгаратә маҵзурақәа дырхагылан. Иҧсҭазаара далҵит 1973 ш. рзы, иҧшәмаҧҳәысгьы уи ашықәс азы лдунеи лыҧсахит.

Ражден Ешба Аҧсны зыхьӡ еицырдыруаз уаҩын. Кирови иареи ҷыдала еибадыруан, убри аҟнытә Н.Лакоба идҵала 1935 ш. рзы дизцахьан.

Нелли Ешба аҧшьбатәи акласс аҟынӡа Очамчыратәи 2-тәи аурыс школ дҭан, уи нахыс Аҟәатәи3-тәи аҭыҧҳацәа ршкол далгеит. Дшыхәыҷыз атеатр дазҿлымҳан, ашкол аҟны еиуеиҧшым ақәыргыламҭақәа дрылахәын. Атеатртә институт аҭалара лҭахын, аха лаб дазыразы­мхеит. Убас, 1951 ш. рзы Москватәи аиуристтә институт дҭалеит. Лҵара аныхлыркәша Аҟәатәи аиуристтә консультациаҿы аус луан. Аха, 1954 ш. аҭаацәара далалеит. Қарҭҟа диасыр акәхеит. Уаҟагьы уи лзанааҭ ала лусура иацылҵеит. Изӡатәузеи, ҳазшаз ахшара лразҟы далеимҵеит...

Аамҭақәак рышьҭахь арежиссиор изанааҭ лҽазылкуеит, дагьҭалоит Қарҭтәи атеатртә институт арежиссиортә факультет. 1962 ш. рзы адиплом ҟаҧшь лыманы лҵара хлыркәшоит.  Адиплом лоуаанӡа аҧхьа иқәлыргылеит Д.Гәлиа ипеса «Анаурқәа». Адиплом лыхьчеит П.Когоут ипиеса «Абас иҟоу абзиабара» ала, иқәыргылан Аҧсуа театр аҟны. Аинститут данҭаз Ленинградтәи атеатр анапхгаҩы Г.А.Товстоногов дуӡӡа иҟны ҩышықәса апрактика дахысуан, иҿылҵаазгьы рацәоуп.

С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа театр арежиссиор хадас аусура даналага хышықәса рыла аспектакльқәа жәаба ықәлыргылеит.

Ахәшьара бзиа зауз аспектакльқәа маҷӡам, урҭ ируакуп Н.Ҭарҧҳа лпиеса ала иқәлыргылаз «Ашәа аҧҵара мариам».

1963 ш. рзы Н.Ешба аҧсуа театр аанлыжьыр акәхеит, ицәырҵыз аҳәоуеиқәымшәарақәа ирыхҟьаны. Убри ашықәс аан стажировка Ленинградҟа дцеит. Г.А.Товстоногов аус ицура аҧышәа бзиа лнаҭеит. Астажировка ашьҭахь Грибоедов ихьӡ зху Қарҭтәи аурыс театр ахь дрыдыркылеит. 1964-1968 шш. раан лусурала ҟазаҵас еиҳагьы дшьақәгылеит,  лықәыргыламҭақәа қәҿиарала имҩаҧысуан.

1968 ш. рзы акәзар, Аҧсны анапхгара иҟарҵаз аҳәарала, ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны Аҧсуа театр адиректорси арежиссиор хадаси аусура даауеит.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Аҧсуа театр ахьӡ-аҧша шьҭыҵит, ахәаҧшцәа ирызҳауан. Аҧхьа иқәлыргылеит Б.Шьынқәба иҩымҭа иалхыз «Ахра ашәа», даара­ӡагьы иргәаҧхеит. 1973 ш. рзынӡа Н.Ешба Аҧсуа театр аҟны иқәлыргылеит аспектак­льқәа: Ф.Шиллер иҩымҭа «Дон Карлос», А.Гогәуа – «Амш-уаара», Е.Шварц – «Аҳәынҭқар ҟьантаз», Л.Украинка – «Абна амаӡа», Н.Островски – «Асҭыҧҳа», А.Володин – «Аеҳә­шь­еиҳабы», Д.Жоткиев – «Венера  леилаҳәара», М.Баџьиев – «Адуель», Р.Џьопуа – «Хьымкәа­раса», З.Канониди-Морина – «Аҽа-ҧа Џьамхәыхә», И.Папасқьыр – «Аҧҳәыс лыпату».  Атеатр арепертуар хадырҭәаауан егьырҭ арежиссиорцәагьы:  Шә. Ҧачалиа, Д.Кәартаа, М.Мархолиа.

Н. Ешба иқәлыргылаз Л.Украинка лпиеса иалхыз аспектакль, СССР ажә­ларқәа рдраматургиеи ртеатртә ҟазареи Зегьеидгылоутәи афестиваль аҟны Адиплом аҩбатәи аҩаӡара иаҧсахеит. Актәи – Товстоногов иқәиргылаз аспектакль «Ҳанума».

Н.Ешба лыбзоурала Аҧсуа театр аҭоурых ианылеит 1971 ш. Киев имҩаҧнагаз агострольқәа, 1972 ш. – Днепропетровск, Николаев, 1973 ш. – Москва.

Аҧсуа театр азы Москватәи агастрольқәа ҧышәара дуны иҟалеит, қәҿиаралагьы иахысит. Акьыҧхь аҟны атеатр аҭҵааҩцәа ибзианы ахә ршьеит.

Иахаану иргәалашәоит 60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 70-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы Аҧсуа театр ахҧша. Иргәалашәоит ахәаҧшцәа ражәеицааирақәа: «Нелли Ешба лтеатр», «Нелли Ешба лхаан», избанзар усҟан атеатр иреиҳау аҩаӡарахь ихалгалеит, еицырдырит.

Арежиссиор илгәала­лыршәон: Аҧсуа театр Москватәи агост­рольқәа рышьҭахь Еиду Америкатәи Аштат­қәа рахь инарыҧхьараны иҟан. Афиша иахьӡхон – «Ақәрарацәа нызҵуа ртәыла аҟнытә атеатр», иазгәаҭан иара убас абыргцәа рансамбль «Нарҭааи» «Шьараҭыни» рнаҧхьара. Аха агәҭакқәа зегьы шьақәҟьеит, Н.Ешба даҽаз­ныкгьы атеатр ааныжьны дцар акәхеит. 1973 ш. ааҧхьара иақәдыргәыҕхьаз Аҧсуа театр ахаҭыҧан, 1975 ш. Америкаҟа ицоит Қарҭаа (Р.Стуруа итеатр).

Н.Ешба Москваҟа усура диасит. Урыстәыла акультура аминистрра Атеатртә еилазаара ала еиуеиҧшым ақалақьқәа (Орџьеникиӡе, Барнаул, Риазан, Смаленск, Кемерово уҳәа) рҟны аспектакльқәа ықәлыргылон.

1974 ш. акәзар, Н.Ешба Астрахантәи аобласттә театр адиректори арежиссиор хадаси дарҭоит. Араҟа аус луит хышықәса. Қәҿиара дула имҩаҧысуан Ф.Шиллер, Л.Украинка, А.Островски, Кальдерон, В.Шукшин уҳәа рпиесақәа рыла иқәыргылаз. 1970 ш. рзы Астрахантәи атеатр Аҧсны агастрольқәа мҩаҧнагеит. Уи ала ишьақәлырҕәҕәеит арежиссиор аусура шлылшо.

1977 ш. Н.Ешба Москваҟа диаргарц ажәа лнырҵеит акультура аминистрра аҟнытә. Астрахантәи атеатр ааныжьны Москваҟа дцоит, аха убри аамҭазы Аминистрраҿы акадртә еиҭакрақәа ҟалеит, ажәа илырҭахьазгьы ус иаанхеит. Ишакәхалакгьы арежиссиор лгәы калмыжьит. Даҽа ҧышәарак дахысыр акәхеит. Урыстәыла ақалақьқәа дырҭаауан, амастер-классқәа мҩаҧылгон, алекциақәа дрыҧхьон, илеигәырҕьаны дрыдыркылон. Егьырҭ аидгылатә республикақәа рахьгьы дцалон.

Н.Ешба ҽазныкгьы лыҽҧылшәар лҭаххеит. 1988 ш. рзы, Москва, жәлар ртеатр ахаҭыҧан атеатр-студиа «Время» аҧылҵеит. Артистцәа еидылкылеит, 1996 ш. август 22 рзы ашәҟәы иҭагаланы аршаҳаҭгагьы лоуит. Ҩ-напыкла аус луан, лспектакльқәа рахь ахәаҧшцәа неиуан, ажәакала, рхатә ахәаҧшцәа рыман. 1999 ш. Астраханҟа агастрольқәагьы рыман. Дахьырдыруаз ақалақь аҟны оумашәа ирыдыркылеит. Акьыҧхь аҟны ибзианы ирыхцәажәеит.

Арежиссиор Урыстәыла атеатртә ҧсҭазаара далагылан, илдыруаз, дыздыруаз рацәаҩын, ҳаҭыр дугьы лықәын, еиуеиҧшым аиҧыларақәа рахь днарыҧхьон.

Ус, 1973 ш. лаби лани рыҧсҭазаара ианалҵ еиҧшҵәҟьа, даараӡа лгәы лзырхьыз ахҭыс ҟалеит. Қырҭтәылантәи иааз ақәылаҩцәа лыжәлар ықәырхырц ианаҧшьырга, лара ҭынч дызтәарымызт. Иаразнак аҳәамҭа ҟалҵеит «Қырҭтәылатәи ССР аҟазара зҽаҧсазтәыз аусзуҩ» ҳәа илыхҵаз ахьӡ мап шацәылкуа ала. Уи аӡбахә усҟан агазеҭ «Правда» ианылеит.

Аибашьраан аурыс интеллигенциа рыҩнуҵҟа еиуеиҧшым аиқәшәарақәа рҟны дықәгылон, ауаа аиаша рызналгон. Усҟан акультура аминистрс иҟаз Нодар Ҷанба дицны аҟазара аусзуҩцәа рыҩнуҵҟа лгәаанагара рыцеи­ҩылшон.

Аибашьра ашьҭахь Нелли Ражден-иҧҳа Аҧсныҟа дааит, лыблала илбеит ҳтәыла иаиуз ааха ду, луаажәлар дрылаҧшит.

Н.Ешба дрзыгәдун Аҧсны иахаҭарнакцәаны аҟазара ду ахь зшьаҿа еихызгоз Хьыбла Герзмаа, Алиса Гыцба реиҧш еиуеиҧшым асценақәа рҟны иқәгылоз.

Аҟаза ду лгәаанагарала азанааҭ­ырыҩцәа Аҧсны иалҵны имцалароуп ҳәа дазхәыцуан. Урҭ еснагь рыҧсадгьыл аҟны ихәарҭоу аусқәа реиҿкаара шрылшоз лдыруан. Акультура иааиҧмырҟьаӡакәа ирҿиа­латәу усхкны илыҧхьаӡон. Акадрқәа реиҵааӡара дахӡыӡаауан.

Нелли Ражден-иҧҳа Ешба аҧсуа ҳәсақәа рахьтә раҧхьатәи дукатын, раҧхьатәи театртә режиссиорын. СССР атеатртә усзуҩцәа Реидгыла аусбарҭа далан (1977-1978), 1963 шықәса инаркны – Зегьеидгылоутәи атеатртә еилазаара далан, ауаажәларратә усура ду мҩаҧылгон. Иланашьан Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара.

Лыҧсадгьыли лыуаажәлари рзы даҽа ҳамҭак ҟалҵеит аҵыхәтәан, Нелли Ешба 2009 ш. рзы аҧсуа театр аҟны иқәлыргылеит Д.Чачхалиа иҩымҭа иалхыз аспектакль «Али-беи».

Аҧсуа милаҭтә ҟазара, инеидкыланы акультура аҿиара аҭоурых аҟны ахьӡ лаша зҭынхаз Нелли Ешба лыҧсҭазаара далҵит 2015 ш. март 13 рзы. Аха, мҩаҽнеиҧш, иҟоуп лыхьӡ, лхыҧша.


В.Аҧҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me