Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿ

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара изаамҭанытәыз аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан азҵаара хадақәа жәиҧшьи ацхыраагӡақәа хәбеи. Аҧхьатәи азҵаара азкын 2022 шықәсаз­тәи ахықәкытә программа «Адемографиа аизырҳаразы» анагӡаразы аҳасабрба ашьақәырҕәҕәара. Уи атәы дазааҭгылеит Аҧсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.

Ари апрограмма хықәкыс иамоуп ахҧатәи, ма анаҩстәи ахәыҷы иираан аҭаацәа шәнызқь мааҭ рызшәара. Уи иажәақәа рыла, апрограмма аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ахәыҷы данилак анаҩс, фымз ирҭагӡаны Аҧсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрраҿ арзаҳал алаҵатәуп. Аминистр излеиҳәаз ала, ари апро­грамма афинанстә цхыраара анаҭоит Аҧсны арепатриациатә фонд.

Иара убас Руслан Аџьба дазааҭгылеит Аҧсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра ишымҩаҧнагаз еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа ари апро­грамма иашаҳәоз еиҧш. 2022-тәи ашықәс азы ирыдыркылеит 363 арзаҳал, ацхы­раара роуит 362-ҩык, урҭ рхыҧхьаӡараҿ х-ҭаацәарак ироуит ҩышә-ҩышә нызқь мааҭ, избанзар ҩыџьала еицииз ахәыҷқәа ыҟан. Зынӡаск ииз ахәыҷқәа рхыҧхьаӡараҿ иҟан аҷкәынцәа 193-ҩык, аӡҕабцәа – 172-ҩык. Ари апрограмма иазоужьын 50 миллион мааҭ, ииз ахәыҷқәа ирзыршәаз ахарџь иартәеит 36,5 миллион мааҭ.

Анаҩстәи азҵаара азкын аҳәынҭқарратә программа «Анхарҭа-2022» анагӡашьа ашьақәырҕәҕәара. Ари апрограмма аҧҟарақәа инарықәыршәаны 2021-2022-тәи ашықәсқәа ирылагӡаны аусмҩаҧгатәқәа нагӡан, егьрықәхарџьын 120 миллион мааҭ. Урҭ рахьтә 155 ҭаацәара афиннанстә цхыраара рыҭан анхарҭа аахәаразы. Афинанстә цхыраара зоуз рхыҧхьаӡараҿ иҟан Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа, аҭаацәара рацәа, аинвалид дызмоу, мамзаргьы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зҭаацәа ҭахаз, иара убас зҭаацәа хабарда ибжьаӡыз. Иахьа­тәи ҳаамҭазы анхарҭақәа роухьеит 139 ҭаацәара. Иазгәаҭатәуп анхарҭа ҭыҧқәа шалырхыз Гагра араион аҟны – 5 - ҭаацәарак, Гәдоуҭа араион – 8 - ҭаацәарак, Аҟәа араион – 6-ҭаацәарак, Аҟәа ақалақь аҿы – 93-ҭаацәара, Гәылрыҧшь –12, Очамчыра –11, Тҟәарчал – 4. Ари апрограмма иақәыршәаны арзаҳал алазҵо изыҧҵәоуп 100 нызқь мааҭ, иара убас егьырҭ иҭаацәагьы, зынӡаск аҭаацәара ирзыҧҵәоу миллионк иахымсуазар оуп.  Аҭаацәара нхарҭа ҭыҧла реиқәыршәаразы изхьымӡаз, ҳазну ашықәс азы ирыҭахоит. Иахьатәи ҳаамҭазы ф-ҭаацәарак ирырҭахьеит анхарҭа ҭыҧқәа, ааҭаацәарак ирымаӡам, избанзар рхала рынхарҭатә ҭыҧқәа ирышьҭоуп, урҭгьы ирыҭахоит егьырҭ реиҧш афинанстә цхыраара.

Анаҩстәи азҵаара азкын аҳәынҭқарратә программа «Анхарҭа 2023-2025» ашықәсқәа рзтәи анагӡаразы аиҿкааратә комиссиа аилазаара ашьақәырҕәҕәара. Ари акомиссиа напхгара аиҭоит Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пуставалов, иара убас гәыҧҩык аминистрцәеи адепутатцәеи. Иазгәаҭатәуп ари апрограмма хы-шықәса рыҩныҵҟа аусура шазгәаҭоу. Афинанстә цхыраара акәзар, арҭ ашықәсқәа рзтәи апрограммаҿы еиҳа еиҳахеит. Уи анагӡара иазоужьхоит 160 миллион мааҭ.

Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿ иазыӡ­бан зхатәгәаҧхарала Донецк еибашьуаз, хаҵарыла иҭахаз Дмитри Торгашов иаб ацхыраара иҭара. Уи изшәахоит миллионк мааҭк.

Зхатәгәаҧхарала Донецк еибашьуаз, хаҵарыла иҭахаз  Адамыр Лагәлаа, ихәыҷқәа жәаа шықәса рхыҵаанӡа есымза жәаба-жәаба нызқь мааҭ рзыршәалоит.  Зхатәгәаҧхарала Донецк еибашьуаз, иҭахаз Бесик Липартиа иаб афинанстә цхыраара ирҭарц азыӡбан.

Анаҩстәи азҵаара азкын Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа» 2022 шықәсазы асахьаркыратәи егьи алитературеи рҭыжьра азы аҳәынҭқарратә дҵа аплан анагӡаразы аҳасабрба ашьақәырҕәҕәара. Иҳаҩсыз ашықәс азы планла ирыдыз 420 бҕьыц рҟынтәи, иҭрыжьхьеит – 321 бҕьыц, изхьымӡаз, алшара роур, ари ашықәсан иркьыҧхьуеит. Сынтәагьы ирыдуп планла 420 бҕьыц. Иркьыҧхьраны иҟоу рсиа аҿы иҟоуп ахәыҷқәа рзы иҭрыжьуа ҩ-шәҟәык «Аҧсуа лакәқәа» аҧсышәалеи урысшәалеи асахьақәа ацҵаны. Асахьақәа еиқәиршәоит Адгәыр Ӡиӡариа. Сынтәатәи аплан иалаҵахоит Д.Гәлиа иҩымҭақәа ркьыҧхьра, избанзар ҳазҭало ашықәс азы Д. Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵуеит.

Ишьақәырҕәҕәаз апланқәа рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп Аҧсны абызшәатә политиказы аусбарҭа аусура аплангьы. Иазгәаҭатәуп, аплан аҟны иарбоу зегь раҧхьаӡа ишгылоу аҧсуа бызшәа ззымдыруа рзы ирццаку акурсқәа рымҩаҧгара. Аҧсшәа дырҵаразы ҧшьымз ҿҳәарас иаҭаны. Арҭ акурсқәа рҟны рхы иадырхәо арҵагатә цхыраагӡа аус адулара иаҿуп аҵарауаа, абызшәадырҩцәа, аметодистцәа.  Акурсқәа даара хәарҭара роуеит Аҧсны атәылауаҩра заурц зҭаху, аҧышәарақәа зҭиуа рзгьы. Ҧшьымз азымхошәа рбар, ирылшоит даҽа ҩымз ацҵара. Ҳаҧхьаҟа ргәы иҭоуп Аҧсны раионцыҧхьаӡа акурсқәа рымҩаҧ­гара аиҿ­каареи. Иара убас аус адулара иаҿуп аофициалтә документациа аҧсшәахь аиагара.

Аминистцәа Реилазаараҿы ирзааҭгылан егьырҭ азҵаарақәагьы.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me