Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иабаԥшаатәу ахдырра ахәшә?

Абарҭ амшқәа рзы Лыхнашҭа иқәгылоу ажәытә ҭәаҵла ду аиқәырхаразы Китаинтәи ахәшә ааргеит. Иахьзеи?

Апрель 5, иааилабыџхьан, аҭаацәа аҩны ианааилатәо ззырҳәо аамҭазы Лыхнашҭа иқәыҩуан былтәыла аус зуа ахәархь абжьы. Иахьа анхамҩа-анҵымҩаҿы уи зку рацәаҩуп. Абжьы заҳауазгьы, аҭәаҵла ду аԥҟара иаҿуп ҳәа агәҩара рхахьгьы ааишьас иа­мааз. Ариабжьарак, ашҭа ду аҟны аусурақәа мҩаԥысуан – иааигәахоит Аиааира ду амш.

Адырҩаҽны амассатә ин­формациа ахархәагақәа рҿы еихырхаанӡа, абызкаҭаҳаиԥш адунеи иахыҵәахьоу асоциалтә ҳақәа рыла еилкаахеит шьоукы аҭәаҵла ду иакәшаны ихырҵәарц шырҭахыз. Ҳаԥсабара шәаԥыџьаԥ хкыла иҭалаҳауп – ага инаркны ашьхақәа рҟынӡа, избан аҭәаҵла ду, 150 шықәса рҟынӡа инеихьоу, залырхыз? Мҿыс, маҭәахәыс иҭахызар – аҵлақәа маҷума!

Лыхнашҭагьы, аҭәаҵлагьы зхаану аҭоурыхтә хҭысқәа рацәоуп, зегьы ҳзеиқәыԥхьаӡом, аха иалаҳкаап: 1826 шықәсазы Лыхнытәи ақәгылара, амҳаџьырра, аҳцәа раҳҭынра ду аҩнуҵҟа имҩаԥысуаз аԥсҭазаара, ахынҭа-ҩынҭарақәа, ажәабатәи ашәышықәсақәа раахыс Лыхнытәи ауахәама асаркьалбжьқәа, «Кьа­разаа» рҽышьапхыцшьҭыбжьқәа, арахь ҳааскьозар – 1980-тәи ашықәсқәа раан, аԥсуа жәлар иҿаҟәаз рзинқәа рырхынҳәразы, 130-ҩык «Аԥсуа шәҟәы» знапы аҵазҩыз рыхьчаразы, ҩажәижәаба нызқьҩык злахәыз Аԥсны жәлар реизара ду, Ҳџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Кавказ ажәларқәа Рконфедера­циа ахаҭарнакцәа, Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа злахәыз, абри аҭәаҵла амҵан, амитинг аҟны Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владис­лав Григори-иԥа Арӡынба иб­жьы ҿаца… Ҳәарас иаҭахузеи, ари ашҭеи аҭәаҵлеи ирбахьан агәырӷьарақәа, аныҳәамшқәа, аҽырыҩра дуқәа, жәлар рҵасқәа рыла еибаркыз, ақьабзтә ҟазшьа змаз ахәмаррақәа. Иабеит Аиаа­ирагьы!

Аԥсны иҟоуп ҩ-ҭыԥк: илахьынҵаӡбагоу аамҭақәа раан рхы ахь­дырхо – Лыхнашҭеи Мықәашҭеи.

Апрель 6 ашьжьымҭан, ари ахҭыс ҿаасҭа ҳәашьак амамкәа згәы знархьыз ауаа ҩаԥхьа Лыхнашҭахь, ҳҭоурыхтә гәалашәара иахаҭарнаку аҭәаҵлахь рхы дырхеит иҟалаз иақәыӡбарц, измааноузеи, ҵакыс иамоузеи ҳәа еизҵаарц.

Изгәаӷьыда, зхаҿы ицәырҵда, насгьы ҵаҵӷәыс иамоузеи абри ахҭыс, усеиԥш аԥшьызгаз иха­ла дыҟазма, аԥсҭазаара игәы ахшәаны, ма ихы инапаҿы иҟамкәа абри аҩыза ашьаҿа еи­хигама? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳазыԥшуп азинхьчаратә усбарҭақәа рҟнытә.

Лыхнашҭахь инеит Аԥсны анапхгара, аиҳабыра, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аекологцәа, аԥсабарахьчаҩцәа.

– Зегьы ирдыруеит ари аҭыԥ – Лыхнашҭа иамоу аҵакы. Иҟалаз ацәгьоура хьанҭа атеррористтә ақт иадукылар ҟалоит, ари прово­кациоуп. Амчратә усбарҭақәа зе­гьы рхаҭарнакцәа иахьа ара иҟоуп, урҭ аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭаҿ иҟаҵоу ахәымгара аилыргареи уи ҟазҵаз реилка­ареи рзы анапынҵақәа рыҭоуп. Ҳара ари ахҭыс бааԥс азы ажәабжь иаха иҳаҳаит. Уажәы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ари аҵла аиқәырхаразы. Ацәгьоура ҟазҵаз хымԥада ақәнага иақәыршәахароуп, – иҳәеит уи аҽны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа еи­заз рахь ихы нарханы.

– Аԥсны аныхақәа рхаҭарнакцәа, ацәгьоуцәеи, урҭ ҳҭоурых ианымҵуа ианырҵаз ашәахсҭеи иақәыӡбеит… Уи ашҭа ԥшьа иқәҭәахьоу алаӷырӡи, ажәлар рымчи, рдоуҳаи ирзымхәыцкәан ацәгьаус аҟаҵара згәаӷьыз, иара ашҭеи аҵлеи ирымоу амчи адоуҳаи дцәырыргоит, – лҳәеит ауаажәларратә усзуҩ, ажурналист Гугуца Џьыкырба.

Аекологцәа, аботаникцәа уҳәа рхы неиларкит ари аҵла аиқәырхаразы. Асеиԥш иақәымшәацызт. Ауаҩы дызхәышәтәуа иус ҽакуп, ачымазаҩ ихьуа еиҭеиҳәоит. Аҵла аҿы зцәажәом, аха аԥсы ахоуп, ахьаа амоуп, арахь иа­хьыз азеиҭаҳәом… Иарбанзаалак ашәаԥыџьаԥ аԥсы злаҭоу адацқәа адгьыл иалрыцәцәаауа афатәи аӡи рыла ауп. Арахь аҭәаҵла икамҳазаргьы, иаакәыршаны, иҵауланы иԥҟоуп. Аихаҳаҩцәа, аҵарауаа ирыӡбеит амахәҭа ҿақәа рыла ахҵәарсҭа еиԥыршьырц. Ус иагьыҟарҵеит, аҵла еиқәхоу-еиқәымхоу рзымдыруа.

Ари ахҭыс атәы раҳаит Аԥсны ауҭраҭыхаарыхра знапалаку, ара аус зуа акитаицәа. Дара ртәылаҿы иҟазаап абас ахәра зауа аҵиаа злархәышәтәуа амаҭәашьар.

Аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа амассатә информациа ахархәагақәа ириҭаз аинтервиу аҟны Китаинтәи ҷыдала иаагаз ахәшәи аҵла аиқәырхареи рга­нахьала ицәырҵыз агәыӷрақәа дырзааҭгылеит.

– Даара иҽеим, ҳазқәымгәыӷуаз ахҭыс аныҟала, аҵла аиқәырхаразы ҳшәыцхраауеит ҳәа ажәа ҳнырҵеит аамҭала ара инхо, арԥхарҭақәа рҿы ауҭраҭыхқәа рааӡара иаҿу акитаицәа. Дара ртәала абас ааха зырҭо аҵлақәа еиқәдырхозаап маҭәашьар ҷыдала. Мап ҳкуазма, уаҩы ишим­бац ҳаигәырӷьеит.

Дара ртәылахь мобилтә ҭелла иасны, насгьы уа иҟазаап уи аҩыза аинститут, амаҭәашьар ҿарҵеит, Москваҟа иаарышьҭыртә иҟарҵеит. Уантә дырцәақәак рыла, иҳаҩсыз амҽышаҽны Аԥсныҟа иа­аргеит литрак-литрак зкуа ҩажәижәаба инарзынаԥшуа ацәыкәбарлашьҭыгақәа (урҭ асахьаҿы ижәбоит).

– Аспециалистцәа аҵла ашьапаҿы акылҵәарсҭақәа ҟаҵаны, ҷыдала агәырқәа рыла ацәыкәбарлашьҭыгақәа ирҭоу ахәшә аҵиаа иалалартә иҟаҵоуп. Уи мчыбжьык иазхоит, иҵегьы ҳауеит ҳәа ҳақәгәыӷуеит, – иҳәеит иара.

Шьҭа зегьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаззыԥшу алҵшәақәа роуп.

Ҩаԥхьа ҳазымхәыцырц залшом ари ахҭыс. Аҵла аԥхасҭа анамҭеит дронк, ԥсы зхам ҳаирԥланк. Ауаҩы инапала иҟаиҵеит. Дар­банзаалак деимырхха дыр­куп ҩ-мчык: ацәгьеи абзиеи, даҽакала иуҳәозар, ашкәакәеи аиқәаҵәеи. Аиқәаҵәа аиааира анагалак – иакәым ахь дкылна­гоит. Ари зызкыз ҳара ҳмилаҭтә хдырреи, ҳҭоурыхтә гәалашәареи, ҳдоуҳамчқәеи рдацԥашә аҵхра акәын.

Апрель 11 азы абри ацәгьоура ҟарҵеит ҳәа гәҩарас ишьҭыхны иаанкылан аишьцәа Ираклии Да­ури Багаҭелиаа. Даур доушьҭын ухы иашаны имҩаԥгала ҳәа абжьагажәа иаҳәаны.

Аҵыхәтәа шыҟало ҳаздыруам. Ҳҭәаҵла ду иахагылоуп агәырхәшәқәа. Урҭ ԥшаауп Китаи. Аха иаҳҭахуп даҽакгьы – ҳахдырра ахәшә. Уи абаҳаԥшаауеи?


Борис ҚАЏЬИА

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me