Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

ҲШАҦСУААУ ҲААНХАРАЗЫ

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еи­башьра аветеран Ерқан Қәҭарба диит Ҭырқәтәылан, Диузџье ақалақь аҟны. Иаб Бурҳан иҭаацәараҿы ирызҳауан хҩык ахшара: аиҳабы Ерҳан, агәыбжьанытә Ерқан, аиҵбы – раҳәшьазаҵә Зуҳаль.

Ерқан Диузџье ашкол данал­га аргыларатә институт дҭалоит. Даныҩеидас нахыс идыруан хылҵшьҭрала дшаҧсуоу, иабдуцәа Аҧснынтә Ҭырқәтәылаҟа ишах­газ. Уи аҭоурых еиҳагьы еили­каауан акультуратә хеидкылахь аныҟәара даналага инаркны.

1989 шықәсазы, ҽнак «Амш агәеисбжьы» зыхьӡыз апрограм­ма ателехәаҧшра аҟны дшахәаҧшуаз ибеит-иаҳаит Аҧсны, Аҟәа, аиҳабыра рыҩны ашҭаҿы ажәлар реизара, насгьы ақырҭқәеи аҧсуааи реидысларақәа рыӡбахә. Усҟан Аҧсны ауаажәларра- политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩхазгьы, иаарласны аиҿагыларақәа аанкылан. Уи ажәабжь адунеи аҟны ишрылаҩыз еиҧш, Ҭыр қ ә т ә ы л а н г ь ы и р а ҳ а и т.

Аҿар ахьеиқәшәоз лассы-лас­сы урҭ ахҭысқәа ирылацәажәон. Ерқан убри нахыс Аҧсныҟа сцоит ҳәа игәы иҭеикхьан.

1991 шықәсазы Кандид Ҭарба Ҭырқәтәылаҟа инаҧхьара иабзо­ураны Адаҧазар еиҿикааз аҿар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ» иалаз гәыҧҩык Аҧсныҟа ицоит ҳәа иаҳаит Ерқан. Оқҭаи Чкотуа уҳәа аҷкәынцәа дрыҳәан иар­гьы авиза издырхиеит. Абасала Ерқан Аҧсныҟа дааит. Иҩызцәа г ә ы ҧ ҩ ы к и и а р е и 2 1 - ҩ ы к Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә уни­верситет аҽазыҟаҵаратә ҟәша иҭалоит. Ерқан ииӡбыз дахьхәны дыҟамызт.

А д ы р ҩ а ш ы қ ә с а н , а ҧ х ы н рҵараҿы аҧсшьарақәа анроу, Ерқан иҩызцәа дрыцны Ҭырқәтәылаҟа дцеит. Аха, уа иҟанаҵы уахгьы-ҽынгьы изызхәыцуаз, рыбла ихгылаз Аҧсны акәын.

Аҵара ашықәс ҿыц рҽаздыр х и о н . Ҩ ы м ч ы б ж ь а р ы л а ҩаҧхьа Аҧсныҟа амҩа иқәларц азыӡбаны ирыман. Аха, рацәак мырҵыкәа, Ерқан Диузџьетәи аҧсуаа ркультуратә хеидкылаҿы дшыҟаз иаҳаит игәыҭшьаагаз ажәабжь – 1992 ш. ав­густ жәиҧшь рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар абџьарла еиқәных Аҧсны ишақәлаз. Диузџье, Адаҧазар уҳәа аҧсуаа реизарақәа, аибашьра аанкыларазы рықәгыларақәа дрылахәын Ерқан. Игәы иалан август ҩеижәихәба рзы Аҧсадгьыл ахьчаразы Аҧсныҟа идәықәлаз раҧхьатәи агәыҧ да­хьызрыцмааз. Авиза лассы изеиқәмыршәеит. Аха дук мырҵыкәа Аҧсны адгыларазы Сҭампыл еиҿкаахаз акомитет иҟанаҵаз ац­хыраарала авиза издырхиеит.

26-ҩык еицны Аҧсныҟа раара Гагра ахы ианақәиҭыртәыз аамҭа иақәшәеит. Урҭ реиҳараҩык Диузџье еиуаз ракәын, иҟан А д а ҧ а з а р и н х о з а ӡ ә ы к-ҩыџьакгьы. Аҭагылазаашьа еилкааны, ақырҭқәа хыҧхьаӡарала акыр иреиҵаз ажәлар абџьарла ирықәлеит ҳәа заҳаз ҩыџьа аҭырқәцәагьы рыцааит. Азныказы Гәдоуҭа, аҧсшьарҭа «Черноморец» аҟны иҩнарҵеит. Аҧсныҟа иа а х ь а з р а ҧ х ь а т ә и а г ә ы ҧ ашьҭахь – ари аҩбатәи агәыҧ акәын. Ерқан иҩызцәеи иареи дук мҵыцкәа Гаграҟа ииасит, аибашьцәа ргәыҧқәа руак иалалеит, уа аҽазыҟаҵарақәа ирхысуан.

Ҽнак, Аҧсны Ахада иахь иуҧхьоит ҳәа адырра ирҭеит Ерқан. Иҽааибиҭан Гәдоуҭаҟа дцеит. Уаҟа Ахада иҵанакуаз агәыҧ ҷыда еиҿикаауан Кавказ Аҭрышба, аиҭагаҩ диҭахын. Азны­казы иҽааникылазаргьы, идыр­галаз аус дақәшаҳаҭхеит. Уи на­хыс агәыҧ ҷыда аҟны еиҭагаҩыс дыҟан. Аха аамҭақәак рышьҭахь Ерқан ҩаҧхьа иҩызцәа рахь дхынҳәит. Гагратәи абаталион далалеит. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа иахьаҭахыз игылан, адҵа ахьроуаз ицон. Амала Ерқан ихашҭӡомызт, абџьар ахьазымхоз иахҟьаны, раҧхьаӡа ажәылара ианцоз абџьар шимамыз, рҩызак иавто­мат иаҵаз аҳәызба аҵхны ишаа­никылаз. Ҵабыргны, ианвартәи ажәылара иара изы раҧхьатәи ҧышәаран. Уи нахыс, рацәак бжьымсит, автомат ирҭеит, еиҳа ихы дақәгәыҕуа дҟалеит.

Март 15-16 рзтәи ажәылараан акәзар, Ерқан дызлаз Шамиль игәыҧ Гәымсҭа аҩадатәи ацҳа аҟынӡа инаӡеит, аха аӡиас ирымсӡеит. Ироуз адҵа инақәыршәаны уа рҽааныркылеит. Аҭагылазаашьа ус ишьақәгылеит. Ҧыҭрак ашьҭахь рышьҭахьҟа ихынҳәит.

Ааҧынразы, Ерқан дыз­лаз агәыҧ аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргон, агәыҧ ҷыда ҳәа изышьҭоу ашҟагьы ииаргеит. Адҵа злароуз ала, Аҟәа араион иахьаҵанакуа Цугуровка ашь­ха ихалатәын, егьрылдыршеит. Ҩаха-ҩымш рҭыҧқәа аанкы­ланы итәан. Уи нахыс, адҵа ан­роу уантә илбааит. Амала уахь амҩа иқәлаанӡа Владислав Григори-иҧа дышәҧылар иҭахуп ҳәа рарҳәан, дахьыҟаз инеит изықәтәаз ар рмашьынақәа рыла. Ерқан иахьеиҧш ибла ихгылоуп урҭ ахҭысқәа.

«В.Г. Арӡынба адырра ирҭан амашьынақәа ахьгы­лаз днеит аруаа ицны. Кавказ Аҭрышбагьы уа дыҟан. Акомандирцәа драцәажәон. «Адҵа анагӡара шмариамгьы, шәгәы еиҭамҧароуп, даараӡа агәҽанызаарагьы шәымазароуп» ҳәа дҳалабжьон. Дахьҳалаҧшуаз ибла сыҵашәазаарын. Уаанӡа иб­зианы ҳаибадыруан. К. Аҭрышба ила адырра сиҭеит, амашьына сылбаарц. Аха сара сҩызцәа аа­ныжьны сзымылбааит. «Саҭамыз, сҩызцәа срылҵны џьаргьы сызцом», ҳәа аҭак наисҭеит. Акомандаҟаҵаҩ хада игәаимҭар ауамызт Кавказ исыдигалаз шсыд­сымкылаз. Сҭагылазаашьа еили­каазар акәхап, иамеимкит. Аха иубартә иҟан уи ихы-иҿы ахьаа зцыз лахьеиқәрак шнықәлаз. Сар­гьы, мап ахьацәыскыз ҧхасшьан, схы ласырҟәит. Усҟан даҽакала ахымҩаҧгара сылшарымызт. Иаргьы уи азоуп изсыдимцалаз ҳәа сгәы иаанагоит. Абас дҳахӡыӡаауан зегьы, еиҳаракгьы адиа­спора аҟнытә Аҧсадгьыл ахьчара иааз арҧарцәа. Аибашьцәа дан­рылабжьа ҳзықәтәаз амашьынақәа рҿынархеит».

Аибашьра иамадоу ахҭысқәа рахьтә Аҧсадгьыл ахьчаҩ игәалашәарақәа рацәазаргьы, игәыҭшьаагоу рылацәажәара ицәыхьанҭоуп, избанзар урҭ аҧсҭбарақәа рыцуп.

1993 шықәсазы, ишдыру еиҧш, аҧхын зымҽхак ҭбааз раҧхьатәи ажәыларақәа аанкылан. Аибашь­ра аинрааларахь ахы дырхарц аҧшьган. Убри аамҭазы Шамиль аамҭала Нхыҵ-Кавказҟа дцеит. Абаталион анапхгараҿы дыҟан аштаб аиҳабы Ҭемур Жанаа. Ерқан дызлаз абаталион аҟны даннеи Шамиль дцахьан.

Гагратәи абаталион аҟнытә Ерқан иҩызцәа Гагратәи агар­низон ахь ииасхьан, иаргьы уахь ихы ирхеит. Хаҭала иара игәыҧ аиҳабыс дыҟан Славик Чхинџьериа (ашьҭахь – ашьхақәа рга­нахьала Аҟәа уахьалало, Гәыма – ацҳа ашьапаҿы дҭахеит).

Аҩынтәраан зымҽхак ҭбааз ажәыларақәа хацыркын Аҟәа иахагылоу ахәқәа рҟнытә аҕа иқәцаразы. Ажәыларақәа рҿы ақәҿиарақәа аазырҧшуаз аҧсуа еибашьцәа ргәыҧқәа руак далан Ерқан Қәҭарба. Сентиабр 20 рзы Аҟәа иахагылоу ахәы ҳаракқәа руак ала илбаауан ргәыҧ. Раҧхьа ахәы ихалазгьы иреиуан.

Ерқан дызлаз агәыҧ Гәыма (Шрома) ақыҭа ала ахәқәа рҟынтә илбаауан аҕа дыҧхьацауа. Аҭагылазаашьа даара иуадаҩын, ашьхараҿы аибашьра зламари­амыз ала. Абар, Ерқан ишигәалашәо:

«Аиҿахысрақәа раан ҳгәыҧ аҟнытә аҧхьа ирхәит Ерсын Чқәа, Усама Гьечба, нас Омар Цәышба. Саргьы ақырҭқәа гранатаршәгала ианхыс аҧҽыхақәа рыла схәын. Убасҟаноуп Баҳадыр Абаҕба ишьапаҿы ҕәҕәала ахәра аниоуз. Хыхь, иҩаскьаганы Усама дыхәны дышьҭан. Амш аилашәшәрахь ахы анарха агәыҧқәа руак еиҳабыз, Аҧсны еиуаз Валери Чкок ацхырааразы иҿааихеит ишшәарҭазгьы. Амҩа дшықәыз ахы иқәшәеит, уи ацхыраара шиоузгьы дырзеиқәмырхеит. Ақырҭқәа ахьынтәхысуаз 50 метра еиҳамызт, ихысуан ауп, – рхаҭақәа ҳара ҳахь изнеиӡомызт. Ахәра зауз ҳаҧсы шҭаз реиҳәахьан, ихаҭа дышхәызгьы зхы рцәызгаз Зураб Џьынџьал, уаҳа ажәабжь аӡәгьы издыруамызт. Ҳацхраара рҽазыршәон, аха иауаны ҳәа иҟамызт. Алашьцара ианалага, еиҳа ианааҭынчраха, Баҳадыр дҳәазаны мацара маҷк ҵаҟа дылбаарц иӡбеит – дахьышьҭаз аҭыҧ даара иманшәаламызт, ақәылаҩцәа дырбарҭан. Дыш­неиуаз аҕацәа дгәарҭеит, иа­хьиеихсуаз даҽа быжь-хык ила­леит. Ҳҩызцәа алашьцара рхы иархәаны убасҟан ацхырааразы анеира рылшеит. Аҧхьа Баҳадыр далыргеит, урҭ ражәала – иҧсы шҭаз еилҳаргеит, ашьҭахь Ома­ри сареи ҳалыргеит. Ҳахҩыкгьы машьынала Афон-Ҿыц ахәшәтәырҭаҿ ҳнаргеит. Уантә Омар Гаграҟа дрышьҭит. Баҳадыри сареи хаз-хазы ауадақәа рҿы ҳашьҭарҵеит. Ҳахәраҭыҧқәа ҧырҟеит. Адырҩаҽны, ашьыжь изласаҳаз ала, Баҳадыр иоуз ахәра изхымгакәа иразҟы кьаҿхеит. Дҳаҧхеит агәаҕьра ду злаз, абаа ду еиҧш ҳзықәгәыҕуаз ҳҩыза бзиа».

Ерқан ихаҭагьы ҧыҭрак ашьҭахь Гаграҟа диаргеит, мызкы ахәышәтәырҭаҿ дышьҭан. Абасала, Аиа­аира амш дахьаҧылаз Гагратәи ахәышәтәырҭаҿ ауп. Арадио ала ираҳаит Аҧсны Арбџьар Мчқәа Егры аҳәааҿы Аҧсны абираҟ ша­хадыргылаз. Уи еиҳау агәырҕьара иҧсҭазаараҿы иҟамлацызт. Зе­гьы еидырныҳәалон. Уи нахыс, ахәышәтәырҭа заа иаанижьит, аҳақьымцәа азин ширымҭозгьы. Ерқан иахьагьы даараӡа игәы да­лоуп Баҳадыр дахьрыҧхаз.

Аиааира ашьҭахьгьы Аҧсны иахнагоз ауадаҩрақәа игәы кар­мыжьит Ерқан. Амалахазгьы игәы иҭеимкыцызт иҧсадгьтыл ааныжь­ра, ихазы уи лакҩакрада ииӡбхьаз акәын. Иажәа ишалеиҵоз еиҧш, аибашьраан амчқәа зегьы зызкыз, хықәкы хадас иҟаз аҕа иқәцара акәын. Ҳажәлар иаадырҧшыз аид­гылара иабзоурахеит Аиааира. Уи ашьҭахь акәзар, еиҳагьы иуадаҩыз усны иҟалеит аҳәынҭқарра ашьапы ақәыргылара, аекономика арҿиара амҩа анылара. Ҩаҧхьа аидгылара ду аарҧштәын, аҭынч ҧсҭазаара шьақәыргылатәын. Ахшыҩеилаҵареи аидгылареи раамҭазы, аекономикатә блокада инаркны акыр аҧынгылақәа цәырҵуан. Урҭ зегьы ириааины ҧхьаҟа ицалар акәын атәыла анапхгареи ажәлари.

Ерқан игәалашәоит, аибашь­ра ашьҭахь даараӡа ахныҟәгара шыцәгьаз. Аха аибашьраҿ иа­иааиз ажәлар ргәы карыжьыр ҟаломызт. Зыҧсадгьыл аҟны иа­анхаз иҩызцәеи иареи еиҳагьы ахьанҭарақәа шырныруазгьы.

Зразҟы зыҧсадгьыл иадызҳәалахьаз Ерқан, Ҭырқәтәылаҟа днаб­жьысзаргьы, ҩаҧхьа Аҧсныҟа дхынҳәит. 1996 ш. Аҧсны Ахада иҟны аус зуаз аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рымадаразы акомис­сиа аиҳабы Оқтаи Чкотуа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь депутатс даналырх, иҭыҧан амаҵура дахадыргылеит Ерқан. 1998 ш. акәзар , Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еи­лакы ҳәа хазы ианышьақәгыла, ах а н т ә а ҩ ы и х а ҭ ы ҧ у а ҩ ы с дшьақәдырҕәҕәоит. Араҟа инеи­закны ҩеижәихҧа шықәса аус иуит.

Ерқан 2006 ш. дыҩнрахеит. Абасала даҽа аҧсуа ҭаацәарак аҧҵахеит – Аҟәатәи аҧҳәызба Фатима Қьец-ҧҳаи иареи рыҧсҭазаара еиларҵеит. Иахьа хҩык ах­шара рааӡоит: Сабина Н.А. Лако­ба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа ршкол ажәабатәи акласс аҟны аҵара лҵоит, Милана – абыжьбатәи акласс, реиҵбы – ахаҵарҧыс Аи­нар актәи акласс аҟны дтәоуп. Аба­сала, рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны еиҵагылоит Қәҭараа рабиҧара ҿыц. Уи ала Ерқан игәҭакқәа руак наӡеит, дагьазгәдууп.

«Аҧсны азхаҵара ашьҭахь ҳажәлар еиҳагьы рҽеидкыланы аизҳара амҩа иацырҵартә аҭагылазаашьа роуит. Аибашьра ҟалаанӡа еиҧш, аибашьраангьы ҳхьаақәа еиҧшын, ақырҭқәа ҳархәаҽырц иашьҭан, аха ҳаидгылара еиҳагьы иҕәҕәахеит, Аиааирахь ҳкылнагеит. Ҳажәлар рдоуҳамч ҳаиқәнархеит. Аҳәаанырцәтәи аҧсуа диаспорақәагьы рыбҕа еиҵнахит, рмилаҭ хдырра шьҭнахит, рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихьаҧшуа иалагеит. Ҳажәлар рдоуҳамч аҳәынҭқарра арҿиара ианазктәхагьы, хьысҳарак аарҧштәымызт. Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, аҳәынҭқарра иаҭахыз аусқәа реиҿкаараан, рыӡбараан ауаажәларраҿы ахьаақәагьы цәырҵуа иалагеит. Урҭ агәынамӡарақәа цәырҵуан. Изыхҟьазгьы, сгәаанагарала, аекономика иа­цыз апроблемақәа роуп. Аха урҭ риааиразы аҽеидкылара ацынхәрас, аҽеиҟәыҭхара ҟало иалагеит. Ахақәиҭра анҳау, ҳхатә ҳынҭқарра анышьақәыргылатәха, иазаауа ҳзымдыруашәа зны-зынла аҭагылазаашьақха ҟалалон», – игәаанагара ҳацеиҩишон Ерқан.

Абри ахшыҩҵак ианҵауа аи­башьра аветеран иазгәеиҭеит: «Ахеиқәырхареи аибашьраҿы аиааиреи анҳалша, уи ашьҭахь апроблемақәа рхала иӡбахоз џьаҳшьозар ҟаларын. Убарҭқәа зегьы ажәлар рҧыза ижәҩа иқәҳаит. Инагӡатәыз зегьы аӡәи- ҩыџьеи рыла мацара иҟалозшәа иахәаҧшуан. Аибашьраан еиҧш, Аҧсны Ахада зегьы илаҧш рхызар акәын, аханатә еиҧш ижәлар рзы ихы деигӡомызт. Зыжәлар аныӡаара иалызгаз аҧыза аҭынчраангьы игәҭакы хада дацәхьаҵуамызт. Зным­зар зны Аҧсны ахьҧшымра азхаҵара аамҭа шааиуаз агәра игон. Уажәы-уажәы аҭагылазаашьа ҵарны иаақәгылон, ашәарҭара еснагь иҟан, аҕа дшаҵахазгьы уи дзанышәомызт. Ажәакала, ажәлар ҭынч инхартә- инҵыртә аамҭа ҭышәынтәаламызт. Абарҭқәа зегьы аҿиара иаҧышьклаҳәуан. Аибашьраан Аиааи­ра згаз ажәлари урҭ рҵеицәа фырхацәеи аҭынчраангьы Аиа­аира аус ишахәҭаз иацырҵартә и з ы ҟ а л о м ы з т. А и з х ә ы ц р е и , ахшыҩеилаҵареи, амчқәа реид­кылареи аҧхьаҟагьы ианаҭахха, ахеиқәырхара аҵакы ацәыӡуашәа иҟалеит. Даҽа ганкала – аҕа мышкгьы игәҭакы хәымгақәа др ы ц ә х ь а ҵ у а м ы з т ( и а ­х ь а уажәраанӡагьы убас дааиу­еит, иҽирхиоит, имч иазирҳауеит). Ҳара ҳаҽҳарҭынчызшәа ҳҟалеит», – абасала Ерқан игәҭахәыцрақәа ургәылархалоит.

Ҵабыргны, аҧышәарақәа раамҭа миасыцызт (иахьа­гьы амҩа ҳанымҵыц). Иҟалап а з ҵ а а т ә қ ә а з е г ь ы рх а л а иӡбахозшәа ҳрыхәаҧшуазҭгьы, Ерқан уи зыхҟьаз иреиуаны дахәаҧшуеит харҭәаашьа змам зҵаатәык. Абар, игәаанагара: «Зхыҧхьаӡара рацәам амилаҭ ҳзы аибашьра зегьрыла ааха дуны иҟалеит. Иахьурхалак­гьы, даараӡа ацәыӡ дуқәа ро­уит ҳажәлар, уааҧсыралагьы, доуҳалагьы. Иузышьақәмыргыло, иузхамырҭәаауа акәны иаанхеит абиҧарак аибашьра иахьалаӡыз. Аҧсҭбарақәа рыдагьы, усҟан уреигәырҕьартә, даараӡагьы урықәгәыҕыртә еиҵагылаз аҿар шьақәнаҟьеит, џьоукы хымхәақәаны, џьоукы ргәабзиара уашәшәыраны иаанхеит. Ас ала уанахәаҧшуа – абиҧарак рыҿиарагьы ашьара иқәнаҟьеит, ари адемографиагьы ҕәҕәала иа­хьысит.

Даҽакгьы. Аибашьра ҟалаанӡа ҳажәлар еиқәырханы иаар­гоз аҧсуа идеологиа есааира иҧсыҽхоит, изыхҟьозаалакгьы уи ҳажәлар руасхыр уашәшәыранатәуеит».

Аҭагылазаашьа ахырхарҭа иаша ылнахыртә иҟаҵатәу аганахьала­гьы абас дазхәыцуеит аибашьра аветеран.

«Аидгылареи, аихаҵгылареи, аг ә р е и б а г а р е и р и д ео л о г и а шьақәгылар аҧсуарагьы, ҳхатәы бызшәагьы еиқәхоит, аҧсҭазаара б з и а г ь ы р з ы ҧ ш ы з а а у е и т ҳажәлар. Амала урҭ рымаҵ зуша, зааҧсара адызҵауа ибзианы иазыҟаҵоу ауаа адҧхьалалатәуп. Усҟан аполитикагьы, аекономи­кагьы, акультурагьы, аҧсуарагьы рхьышьҭра ианылоит. Ахатә инте­рес аасҭа ажәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа зыхьчо, ирхаҵгыло еидкылахар – ҳхы еиқәҳархоит. Амҩа иаша ҳахымҟьакәа ҧхьаҟа ҳцалароуп. Аҿар бзиа ҳамоуп, урҭ рымчи рдырреи аҳәынҭқарреи ажәлари рныҟәгара иазкхаро­уп, ҳмилаҭ рдоуҳа иацныҟәауа. Х ы ҧ х ь а ӡ а р а л а а ҿ и а р а шаҭахугьы, ишацәхьаҵтәымгьы, акрызҵазкуа – ҳажәлар рдоуҳа ырӡтәым. Убри ауп Аиааира ага­разы амч ҳазҭазгьы. Ахаангьы аҧызацәа раамҭа ҳәа изыҟамлац, егьзыҟалом. Амилаҭ интереси аҧыжәара зҭатәуи ҳаамҭазы аҳәынҭқарра ада изыҟалом. Уи ауп мыруга хадас иҟоу. Зегьы аҳәынҭқарратә знеишьа ала иӡбахалароуп, аҳәынҭқарратә хәыцрагьы ацны.

Ҳ ш а ҧ с у а а у ҳ а а н х а р а з ы , ҳажәлари, ҳҳәынҭқарреи, ҳдоуҳаи реиқәырхаразы аидеологиа зцу амилаҭтә идеиа ауп ҳаиқәзырхо, иаҳцәыӡуагьы, зҽызыҧсахуагьы шьақәзыргыло.

Ҳазшаз сиҳәоит, абџьарла Аҧсны ахьчара, аиқәырхара ҳалшазар, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара аҿырҧшы ала ҳҧеиҧш ахьчарагьы ҳалшааит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еи­башьраан игоу Аиааира 30 шықәса анахыҵуа аламҭалаз Ерқан Қәҭарба гәыкала ирыдиныҳәалоит аибашьра аветеранцәа, ҳажәлар зегьы. Аиааира изахьымӡаз, уи ашьҭахь ираамҭамкәа зыҧсҭазаара иалҵхьоу Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа иара изы ахаангьы хашҭра рықәым.

«Аҧсны иамоу ахақәиҭреи ахьҧшымреи наунагӡа ҳажәлар ираҭәашьазааит, аҭынчра рыгымза­аит, аҧеиҧш бзиа рзыҧшызааит. Аҧеиҧш бзиа акәзар, ҳнапы иакуп, уи иазааҧсалатәуп. Аид­гылареи амчқәа реидкылареи ҳҳәынҭқарра аҿиара иазкызаа­ит», – абас иажәа хиркәшеит Леон иорден занашьоу аибашьра авете­ран Ерқан Қәҭарба.


В. АҦҲАЗОУ

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me