Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

ҲААМҬААЦӘЫМЗА

 

Астудентцәа рыҧсҭазаара иалагылаз, урҭ рыгәҭыха зыгәҭыхаз, ргәырҩа рыцеиҩызшоз, ргәырҕьара ирыцалагылаз, Владимир Платон-иҧа Анқәаб дыҟазҭгьы 95 шықәса ихыҵуан. Заҧсуара зегьы раҧхьа изыргылоз, иуаҩ иашаз, абаҩхатәра ду аҧсабара иланаҵаз иҽылаҳәан, иҽаҭан, алитерату­ра амҩа ҭбаа ду ахь дкылнагеит. ААУ аҭыӡқәа рҿы ҭабара зқәымыз арҿиаратә кружок адацқәа еса­аира иҕәҕәахон, аҽеиҵнахуан. Зыбла ҷыц еиҧш уи зыхьчоз, иҵәатәы шьаҟаны иаҵагылаз, Аҧсны анҭыҵгьы ирдыруаз апоет Владимир Анқәаб, еснагь астудентцәа рыгәҭа дгылан. Уи иажәа иазыӡырҩуаз, иацныцҟәоз астудентцәа рацәаҩын. Иламыс, иҵарадырра, ицқьара, ипатриотизм, акаҭа еиҧш истудентцәа ирыкәшон, еилыркаауан, иацныҟәон.

Иажәақәаҳгәаҵаҿ мҩахәасҭаҵас иқәҵоуп ,

Шәҿаҧхьаашәҭқәахы рхәошәа збоит  .

Ҳаамҭаацәымза – ҳиаша, ҳдунеи ,

Ҳгәыҕрақәа ргәыҕра – ҳаҧсадгьыл аҵеи .

Саида Д Е Л Б А

Сара раҧхьаӡа Владимир Пла­тон иҧа 1978 ш. рзы Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҟны астудентцәа иманы даннеи дыз­беит. Уаҟа астудентцәеи аҵаҩцәеи аиҧылара ҳаман. Имҩаҧган угәы иҭымҵәоз аиҧылара. Ахәылҧаз ашьҭахь, Аҟәатәи арҵаҩратә институт ахь снаҧхьан. Уаҟа еиҿкааз алитературатә кружок салахәылан.

Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ саналга аинститут сзымҭалаӡеит. Адырҩашықәсан иаартын ААУ. Уи аҭалара шыцәгьахаз еилыскаау­ан, уахь сцарцгьы сҽазысымкит. Усҟан Мгәыӡырхәа аколнхараҿы акьыҧхьҩы даҭахын, убраҟа ау­сура салагеит. Владимир Платон-иҧа сахьыҟаз сиҧшааит, арзаҳал аласҵарц сыдиҵеит. Арзаҳал аласҵеит, ауниверситет раҧхьаӡатәи астудентцәа сыруаӡәкхеит.

Владимир Анқәаб актәи акурс инаркны алекциақәа дҳазрыҧхьон. Есымша ҳаудиториаҿы астудентцәа дҳалубаауан… Исгәалашәом, сара уи дҳацымкәан атеатр ахь ҳанцоз, еиҧыларак ҳаналахәымз, хәылҧазык анеиҿаҳамкаауаз… Усҟантәи аамҭазы ихатәы камера иман. Акружок имҩаҧнагози иҟаҳҵози ҭихуан. 1981 ш. ҳакружок иалахәыз Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа, амҩадуқәа рҟны акыдҩылақәа аҧсышәала иахьанымз еизаагон. Уи хымз инарзынаҧшуа аус ада­аулон. Нас зегьы ҳнапқәа аҵаҩны Аҧснытәи обком ахь ишьҭын. Владимир Платон-иҧа анысҳәо, иансаҳауа, мамзаргьы иҩымҭак санаҧхьо, зегьы раҧхьа иргылан сыбла иаах­гылоит, ҳастудентра ашықәсқәа раан, зегьы ирылҳәҳәо ирылагылаз ҳарҵаҩ ду ихаҿсахьа. Урҭ ашықәсқәа ирыдҳәалоу хҭыск аҧхьаҩцәа ир­дыруазарц, исгәаласыршәоит. Иара зегьы раҧхьа гәыла-ҧсыла даҧсуан. Уи ашьҭахь акәын ианиргылоз арҿиара, аусура…

Ауниверситет аҟны имҩаҧысуан апартиатә еизара. Уаҟа иқәгылар зылшоз апартиа иа­лаз ракәын. Владимир Платон-иҧа ицхыраарала аизараҿы азҵаара хадақәаны рықәыргылара ӡбан: астуденттә билеҭқәа, азшьатә шәҟәқәа, иара убас раҧхьаӡатәи ауниверситет аусзуҩцәа ражәахәқәа зныз «Тру­ды»… рҿы аҧсуа бызшәа зынӡа ишарбам. Хыхь еиқәыҧхьаӡоу зегьы қырҭшәалеи урысшәалеи еиқәыршәан. Аҧсуаа аунивер­ситет аҟны аус зуаз хәҭак ирды­руан, иқәҳаргылоз азҵаарақәа, иақәшаҳаҭхеит: Алеко Гәарамиа, Алықьса Папасқьыр, Олег Да­мениа, Иаков Гәбаз. Арҭ ишыр­дыруа, иагьшадгылауа Влади­мир Платон-иҧа иҳаиҳәеит. Ақҭтә зал ҭәын. Апрезидиум ахь инашьҭын астудентцәа рыхьӡала ақәгылара азин ҟарҵарц, сыхьӡи сыжәлеи, ақәреи анҵаны. Аиза­ра мҩаҧиган акадрқәа рыҟәша аиҳабы Ҭолордава.

Аизара анҵәамҭазы ажәа сырҭеит. Акафедраҿы саннеи, итәаз шырацәаз анызба, азны­казы исцәыуадаҩхеит ацәажәара… Азал аҿы иҟаз Влади­мир Платон-иҧа (иара апартиа далаӡамызт), зегьы даарылсын, акафедра ааигәара дааит! – Баҧхьа, бымшәан, ара ҳаҟоуп! – иҳәан, уа ааигәа даангылеит. Иа­хьагьы исгәалашәаӡом сшаҧхьаз. Иара урыс бызшәала иҩын… Уаҟа ишьҭыхыз азҵаарақәа иара илаҧш рхын. Аҵыхәтәан сзыҧхьоз саналга, Владимир Платон-иҧа, ихы-иҿы ихала­шо дысҧылеит. Урҭ азҵаарақәа иқәҳаргылаз рымӡбар ҟалаӡом, – шәгәы кашәмыжьын ҳәа даацәажәеит. Дарбанзаалакь, дахьыҟазаалакь ижәлар рҭоурых, рлахьынҵа дазхәыцуазароуп, уи илшо ҟаиҵозароуп. Иахьатәи а и з а р а ҿ ы и ш ь ҭ ы ш ә х ы з азҵаарақәа аҧсуаа ҳаҧсҭазаараҿы акы зҵазкуа зҵаарақәоуп…

Ихҭыс дуӡӡахеит 1980 ш. хәажәкыра ҧшьба рзы Асо­вет мчра ашьақәыргылара амш азгәаҭара. Есышықәса астудентцәа хыбрак аҟны ҳаизон. Уи ашықәсан аныҳәа аҩаҧгара мап ҳцәыркит. Иаахтны иҳақәмақаруа аҟынӡа, ҳаизаны хәажәкыра ҧшьба азгәаҳамҭарц рҳәеит. – Аӡәгьы азин имам шәара аиҧылара еиҿышәкааз аиҧҟьара, шәара шәымшәан, сара уа снеиуеит, – ҳәа ҳаиҳәеит Вла­димир Платон-иҧа.

Аиҧылара даара аинте­рес аҵаны имҩаҧысуан. Аре­сторан «Москва» иҩныҩуан ирҳәоз ашәақәа, икәашон, ажәеинраалақәа ирыҧхьон… Аиҧыларахь иааҧхьаз арҵаҩцәа еихьышәшәа-еиҧышәшәа иааит. Аӡәызаҵәык Владимир Платон- иҧа ишәҭаху иахьышәҭаху ҳәа дҳадгылан, дҳалагылан. Астуденттә еилазаара иҟанаҵаз аҳәарала, ари ахәылҧаз Вла­димир Платон-иҧа имҩаҧигон. Уи уаҟа еиҭеиҳәон, астудентцәа иргәалаиршәоз аҧсуа ҭоурыхтә мшқәеи арыцхәқәеи зегьы иры­цын анапеинҟьабжьқәа. Ус, акы­раама цахьан еиҧш, аресторан «Москва» аиҧылара аиҿкаара азин ҳазымҭоз рҵаҩцәақәак злаз агәыҧ ааҩналеит. Астудентцәа з е г ь ы а д ру ҳ ә а В л а д и м и р Платон-иҧа даарыгәҭыларкит. Амикрофон зкыз ҳпоет ду иб­жьы астудентцәа инаҳалаҩит: – Ҳаҧсуа жәлари астудентцәеи ирыдныҳәаларц ҳауниверситет арҵаҩцәа рхаҭарнакцәа ааит… Уи иажәақәа «идырҧхашьазар» акәхап, адныҳәалара ныҟарҵан, «рус» ылымҵуашәа анырба аре­сторан ҧшьаала индәылҵит. Уи аамҭазы ақырҭуа жәлар ирыдызцәылоз лекторцәақәак рцәажәарақәеи рхымҩаҧгашьақәеи ахааназ иаҳхамышҭуа ҳгәаҵаҿы иаанхеит.

И а а ӡ а м ҭ а ц ә а а и ҳ а р а ҩ ы к иҳалаиааӡаз апатриотизмра, имыцәаӡо, имкьаҭаӡо ҳгәаҵаҿы иаанхеит. Иара ихаҿсахьа икәиц мцаны наӡаӡа иҳацзаауеит. Усҟан астудентцәа рҿы еиҿкааз аҧсуа литературатә кружок алахәылацәа иаҳирбаз, ҳазниҵаз аиаша мҩа есааира иҭбаахоит.

Афырхаҵара аазырҧшуа ахацәа роуп. Уи ифырхаҵара ифырхаҵам ал а ц ә а ж ә а ш ь а и м а м . Ау а ҩ иашаҳәа зыжәлари зыҧсадгьыли рзы иҟоу рлахьынҵа кьаҿуп. Урҭ рыжәлар ишрыхӡыӡаауа мацара рыҧсҭазаара иалҵуеит.

Лассы-лассы ихьӡ ҳҿакуп. Аҧсуаа ирызкыз азҵаарақәа рҿы иқәгыларақәеи ихьамҵрақәеи хашҭра рықәымкәан иаанхоит. 130-ҩык аҧсуаа рнапы зҵарҩыз ашәҟәгьы инапы аҵаҩын.

ААУ раҧхьаӡатәи аушьҭымҭацәа гәыҧҩык иҟаҳҵаз аҳәара ала, ААУ аректор Алеко Алықьса- иҧа ауниверситет аҟны ихьӡ зху акабинет аартразы ашәҟәы иааҩыз хьаҳәа-ҧаҳәада дадгы­леит. Акабинет ашьақәыргылареи аиҭарҿиареи Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ифонд ала еиҿкаан.

– Аҧсны иахаҧоу аҧҭақәа аахҳәазар, аҧсуала аҧсуа ҭаацәарақәа ааӡазар, амшын нырцә иҟоу ҳашьцәа рыҧсадгьыл ахь ирхынҳәызар, сара агәра зго­ит Ҳаҧсадгьыл Аҧсны аҧсы ише­ивнаго, ашәҭыкакаҷра, аизҳара амҩа ишаныло, – иҳәон Владимир Анқәаб.

Еснагь хьаас иман Аҧсны аҧеиҧш. Ибжьы неиҵых далацәажәон, Аҧсны Қырҭтәыла иаламкәа, ахы иақәиҭны аҟазаара. Уи игәаҳәара зқьҩыла аҵеицәа рыҧсы ақәҵаны, ахақәиҭра азааргеит. Ҳаибашьцәа ираҧхьагылаз, хшыҩла, дыррала адунеи ҳазырдырыз Владислав Арӡынба ибзоураны.

Апоет дахьиз, иахьизҳаз иқыҭа Хәаҧ абжьаратә школ ихьӡ ахуп. Уи ирҿиареи иуси ипатриотиз­ми хәашьра ақәымкәан иаан­хеит. Уи арҵабыргуеит ААУ аҟны ихьӡ зху акабинет имҩаҧнаго аиҧыларақәа. Уи аиҳабы Ахра Анқәаб есааира акабинет аусура аҳәаақәа ирҭбаауеит.

Владимир Анқәаб иажәақәа, игәымшәара, иҕәҕәара ҳшьа-ҳда иалоуп. Апоет, аҵарауаҩ ихьӡ ҳара ҳзы игәадуроуп! Уи ҳаамҭа иацәымзоуп.


Гугуца ЏЬЫКЫРБА

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me