Ирацәаҩуп аибашьра атемала ацәажәара мап ацәызкуа, џьоукы рзы уи хьанҭоуп, ахәра ртытыгоуп, аҽа џьоукы ахӡыргара иашьҭам. Ишыҟазаалак, ҳара и а ҳ у а л ҧ ш ьоу п ҳф ы рх а ц ә а рырцәажәара, рыхҭысқәа ҭҵааны акьыҧхь азныжьра.
Ҳара ҳиқәшәеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ансамбль иалахәу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳаракы зҽаҧсазтәыз Нур Қажь-иҧа Аиба.
Ҳҵеицәа иашақәа зегь реиҧш иаргьы ихәҭаак алоуп сынтәа 30 шықәса зхыҵуа ҳиааира ду!
Нур Қажь-иҧа Аиба шьҭрала Оҭҳара ақыҭа датәуп. Абжьаратә ҵара даналга ашьҭахь дахысуан аррамаҵзура Мурманск. 1979 шықәса рзы далалеит Уасил Царгәыш напхгара зиҭоз ашәаҳәареи акәшареи Аҧснытәи рҳәынҭқарратә ансамбль. Абар сынтәа 42 шықәса ҵуеит аҟазара ду амҩа данужьҭеи. «Адунеи ахи аҵыхәеи иахысит Нур Аиба балетмеистрс аус ахьиуа анасамбль артистцәа.
Уи игәаларшәо абалетмеистер иҳәоит: «Акыр атәым ҳәынҭқаррақәа ҳакәшахьеит абри аамҭа иҭагӡаны, ҳара агастрольқәа ҳаман: Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла, Африка, Мексика, Германиа. Аҳҭны-қалақь Афина агастрольқәа ҳаман ҳшыҟаз ауп Аҧсны ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ишалагаз. Хәнызқьҩык инарзынаҧшуа ахәаҧшцәа рыла иҭәыз азал ду аҟны ақәгылара ҳаҽшазыҟаҳҵоз, ауаҧс ҧҳәызбак дааины иҳалҳәеит ари ажәабжь хлымӡаах. Аиҳабы иҳәеит аконцерт мҩаҧгатәуп ҳәа. Ҳгәы ҭызшьаауаз ажәабжь шҳаҳазгьы аконцерт хацыркын минуҭктәи аҿымҭрала. Уи иаанарҧшуан хә- миллионҩык зқәынхо Қырҭтәыла 100 нызқьҩык ауааҧсыра ахьықәнхо Аҧсны аҿаҧхьа иаанарҧшыз агрессиа. Аамҭа мгакәа Аҧсныҟа амҩа ҳақәлеит. Кьерч ҳааит, апаром ҳақәтәеит, уаҟа ҳара иҳақәшәеит 150- ҩык инареиҳаны аказакцәа, ҳанеибадырқәа ирҳәеит дара Аҧсныҟа иҳацхраарц ишцо. Ус Шәачанӡа ҳааӡеит, уантәи агуманитар чашыла зларгоз аҕбала Гәдоуҭаҟа ҳаӡхыҵит.
Сҩызцәеи сареи ҳхатәы харџьала автоматқәа ааҳхәеит. Ҳалалеит Ренат Қарчаа еиҿикааз Аҟәатәи аҩбатәи амотохысратә баталион.
Иаҳҭахын хаҭала узлахәыз ажәыларақәа рҟнытә угәалашәарақәак:
– Раҧхьатәи ажәылара сызлахәыз, ианвар 20 рзтәи ажәылара ауп, Гәымсҭа ацҳаҟынӡа ҳааит, дсыцын Бено Адлеиба, илҵшәадахаз жәылароуп, ҳалҵит Аҩадатәи Ешыра ала. Уи ашьҭахь командирс дсыман Вова Кәакәасқьыр.
Салахәын иара убас зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз ажәылара, март 15-16 рзтәи. Ҳара ҳцәырҵит асаркьа ҳәа иахьашьҭоу, Вовеи сареи уа ҳаицәыӡит, нас уи ашьҭахь дыхәны далыргеит.
Ҳара «Зелёный дом» ҳәа изышьҭоу аҿынӡа ҳнаӡеит, ирацәаҩны ҳҩызцәа ҭахеит, сгәалашәараҿы еснагь иҟоуп ақәыҧшӡақәа ҩыџьа, 17 шықәса ирҭымсыцыз Анқәаб ҷкәынаки Немальцеви, рыхьӡқәа сыздыруам, урҭ иҟарҵоз, ргәымшәараз Аҧсны Афырхаҵара рыҭатәуп, убраҟа иҭахагәышьеит...
Март 18 рзы ахьаҵра ҳақәшәеит, аимадарала адырра ҳарҭеит шәхьамҵыр ҟалом ҳәа, убасҟан уантәи алҵра ус имариамызт, дҳацхрааит, иҧсы ҳхоуп ҳәа ҳҳәар ауеит Авҭандил Гарцкиа. Сара уантәи далызгеит ҳҩыза Гена Амҷба, ишьапы хәын, асаркьа аҟынтәи дызгеит, аӡы дсыманы сҭалеит, цас иауазшәа Гәымсҭа хыш-хыҵәо илеиуан, аха анцәа имҭаны исылшеит иеиқәырхара, иахьагьы ҧшӡала дыҟоуп.
Уи ашьҭахь, сара сааҧшит Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿы, салашыҩкны сыҟамзи, аконтузиа сымазаарын.
Д ы с г ә а л а с ы р ш ә а р с ҭ а х у п ҷыдала, убра иҳацыз, милаҭла иақырҭуаз амедиаҳәшьа Ира Гоцериӡе. Лара аиаша гәаҭаны аҧсуаа дҳадгылеит, иҳақәлаз амилаҭ хаха дырҿагылеит. Лара шьҭрала Гагра датәын. Ақырҭцәа Гагра рнапаҿы ианыҟаз ргыгшәыгра лара ҩнаҭала илхьысит. Лгәаҵаҿы иҿыхаз рцәымҕра ҳәаак амамызт.
Аҩнаҿы ҳаныҟаз ихәны иҟаз ҳаибашьцәа аӡәырҩы дрыхәеит, ақырҭуак дыхәны днаҳгеит, амалахазгьы иааигәа дымнеит. Нас излаҳаҳаз ала ларгьы цәгьаҧсышьала дҭархан. Аха лымч ҭанаҵы аиаша иазықәҧоз аҧсуаа дҳадгылон, лыхгьы ақәылҵеит ҳара ҳиаша.
Нури Аиба иахьа аус иуеи т и ҟ а з а р а а х ь ы ӡ р ы ж әх а з , Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ансамбль аколлектив аҟны.
«Мышкы иадамхаргьы абџьар шьҭыхны ажәылара ицаз – зегьы фырхацәоуп», ҳәа иҩуан аҧсуа журналист нага Борис Ҭыжәба, Аҧсны ахақәиҭра азаазгаз ҳфырхацәа дрыхцәажәо. Доусы игәы ззыбылуа изанааҭ дазааҧсартә анцәа аамҭа ҟаиҵааит ҳ-Аҧсны дгьылаҿ. Уаҳа иҳамбааит аибашьра.
Наира САБЕКИА