Нырбеи Мраҭашәаратәи афронт аҟны деибашьуан. Ҧсеиҭакра ҳәа ахырҕәҕәарҭа аҟнытә аҩны данаалоз, лассы-лассы «сара сҭахар, схаҭыҧан еибашьра бара бца» – ҳәа сеиҳәалон, аха сара усҟан, «иуҳәо закәызеи, уи сара исылшома?»– ҳәа аҭак исҭон.
– Сашьа Нырбеи иҭахара ашьҭахь, «ашәара» исымаз сыхҟьеит, ҳаҕацәа рахь исымаз агәаҕ сгәаҵаҿ еилашуан, уи исеиҳәоз ажәақәагьы схы «иҭагьежьуан…» Сашьа декабр 26 рзы Ҭоумышь аҳабла ахақәиҭтәраан дҭахеит. Ахымш аҽны, декабр 29 рзы иҧсыбаҩ анышә ианамаҳда аухаҵәҟьа, сани саби сныркыларц даара рыҽшыршәазгьы, сыхшара ҩыџьа Ҳаџьараҭи Алиаси ааныжьны сашьа ишьа ауразы еибашьра сцеит,– дҳацәажәон аибашьра аветеран.
Ҳаиҿцәажәараан Иамзи Қапба иаҳзеиҭалҳәеит, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу лашьа Нырбеи данҭахоз, ҿыц ииз ихәыҷы лбара дшахьымӡаз. Иара иҧсыбаҩ рыманы иқыҭа гәакьа Арасаӡыхьҟа амҩа ианықәыз аамҭазы «дҭыҧҳахозар Оксана лыхьӡышәҵа» – ҳәа ззиҳәахьаз, ҿыц аҧсҭазаара зауз асаби Оксанагьы Тҟәарчалтәи ахшараиурҭахьтә лаб иҩныҟа амҩа дрыманы иқәын. Ажәакала, «Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп» шырҳәо еиҧш, Қапаа ргәараҭа аҟны ҽнак азы агәырҕьареи агәырҩеи еиқәшәеит. Иҿахҵәеит ҧсҭазаарак… Иит ҧсҭазаарак…
Ахырҕәҕәарҭаҿы лнеиреи леибашьратә мҩа шхацыркхази дазааҭгыло, Иамзи лажәа дналагеит.
– Маҟҿаҳәаранӡа асы шьҭан, Баслахәаа ргәыҧ сақәшәеит,командаҟаҵаҩыс дыҟан Даур Қирҭаӡе (ашьҭахь дҭахеит). Аухаҵәҟьа ажәылара ицон, саргьы срыццеит. Ҳәарада, аибашьра сымбацызт, сашьцыламызт, азныказгьы иҟасҵо сақәымшәеит. Раҧхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы сеиҵахомызт, агәыр аҟаҵашьа уҳәа амедиаҳәшьа лзанааҭ шсымамызгьы, урҭ саарываҟәыло раҧхьатәи ацхыраара аҟаҵара сылшон. Аха автомат уиаҟара саманшәаламызт, уигьы сдырбеит, нас хәыҷ-хәыҷы рацәак мырҵыкәан сашьцылеит, ахархәашьа сҵеит.
Ажәылара ҳашнеиуаз, «Адунеи зегь лашеит». Сара исзымбатәбараха, ари закәызеи?- ҳәа санҵаа аибашьҩы Питка Зыхәба (ус иаҳҳәон, ашәҟәы дшану сгәалашәом), «ари зениткоуп»-ҳәа аҭак сиҭеит. Анаҩс сеиқәирхарц ӡбаны, сыршәны аҭабиа сынҭаижьит.
Иамзи лажәақәа рыла, ҧыҭрак ашьҭахь, Баслахәаа ргәыҧ аҟнытәи диасит Леон иорден занашьоу Гиви Ҵулукиа ҧызас дызмаз Ҭоумышьаа ргәыҧ ахь.
Кәтол ақыҭан, Ҭоумышь аҳаблаҿы, Валикәа Мшьелиа иҩнаҭаҿы ахырҕәҕәарҭа ҳаман.
Ҭоумышьаа ргәыҧ аҟны ирацәаҩын Арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа. Даур Аргәын(дҭахеит), Руслан Қапба (Валикәа-иҧа) сқыҭантәи аибашьцәа срыгәҭылакны, «башьа данҭаха нахыс бышҧаауаз»-ҳәа исыхӡыӡаауа, исхылаҧшуан.
– Ари агәыҧ аҟны еибашьуан, сҩызцәа амедиаҳәшьцәа : Аҧсны Афырхаҵа Раиса Ҕәынџьиа-ҧҳа, иӡыз авертолиот зхәыҷы дызманы иҭаз Асида Агр-ҧҳа, аибашьраан зыҧсҭазаара иалҵыз Наира Гамгиа-ҧҳа – лҳәеит Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран, хаҭала, амедиаҳәшьцәа еиҿамсуаз шҭыҧҳацәоу наҵшьны иазгәаҭо.
Иамзи Қапба шамахамзар, ажәыларақәа зегьы дрылахәын. Уи ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, лгәаламшәо ахҭысқәа шырацәоу. Аха илгәалашәоз ахҭысқәагьы акык-ҩбак дырзааҭгылеит.
– Кындыҕ ақыҭа ахақәиҭтәразы ажәыларақәа акырынтә имҩаҧаагахьан, аха уи ус имариамызт. Зны ҳхьамҵыр ада ҧсыхәа ҳауамызт, даҽазных аҕа дыҧхьаҳцон. Аҵыхәтәаны иааулак уи ахақәиҭтәра ҳалшеит, аха дҳацәҭахеит аибашьҩы гәымшәа Робик Габниа.
Иамзи, аибашьҩы Робик Габниа иҭахара атәы анылгәалалыршәа, луанытә даақәыҧсычҳаит. Анаҩс ҧыҭрак ашьҭахь аҩбатәи ахҭыс аиҭаҳәарахь дниасит.
– Аӡҩыбжьа аҳаблақәа руак, усҟан Ахалдаба зыхьӡыз, ахақәиҭтәразы ажәылараан, аҕацәа ҳгәарымҭартә труба дук ҳцәыҵатәан Раиса Ҕәынџьиа-ҧҳаи сареи. Иаҳцәыхарамкәан ҳҩызцәа еибашьцәагьы рхы ҧхьакны, аҕа имариа иазыҧшын. Ус, ҳшыҧшуаз, Раисеи сареи, аҕа атанк агәыцә ҳақәкны ишикыз гәаҳҭеит. Уи аамҭазы, аџьықәреиҭрагьы 300-ҩык инарзынаҧшуа «ашышкамс» еиҧш, аршьаҟауаа рацәаҩны ҳара ҳахь рхы рханы ишааиуаз аабеит. Азныказы ҳхаҿы иааиз «ҳрыҭҟәар» – ҳәа ауп. Уи аамҭазы, сҩыза амедиаҳәшьа Раиса Ҕәынџьиа-ҧҳа «ҳаҧсы шҭоу ҳаҕацәа рнапаҵаҟа ҳҟалар аҵкыс, еиҕьоуп ҳхала ҳхы аагәаҕьыр, «бааи иҳамоу артҟәацга ала ҳаҽҧаҳжәап» – ҳәа сабжьалгеит.
Аха, сара «мап, зны баангыл, иҟало аабап», – сҳәеит. Уи акәхеит, «Аџьма имҧсыша амаҵә азылаҟәуеит» ҳәа згәыцә ҳақәкыз атанк еибамгеит, ҳаибашьцәа «ашышкамсгьы» ршьаҟьеит, ҳаргьы ҳаиқәхеит. Џьара аанда ахьыҳаракыз ихыҵтәын, џьара адгьыл ушьҭаиааны уҳәазар акәын. Сара сышәага маҷын аҟнытә, аҳаракыра ахыҵра сцәыуадаҩын еснагь, исыцхрааны сыхрыжьуан. Раиса лоура наӡан, уи еиҳа илзымариан.
Ҳазцеибашьуаз аҷкәынцәа акыр злаз, иарбан уадаҩразаалак алҵра зылшаз ракәын. Исгәалашәоит, Арасаӡыхьтәи арҧыс Зураб (Бақа) Ахсалба данырхә, Игор Ломиеи Шьалуа Гәырцкаиеи алҵлақәа рымахәқәа хҵәаны, алабақәа еидыҧсаланы, иҧаны ахәы дызнырҵоз ҟаҵаны, дышьҭыхны Аҭара агәынӡа дшааргаз. Ахәы иҵаланы дахьыргоз Раисеи сареи ҳрыцын. Аха ҳҩызцәеи ҳареи ҳаицәыӡит. Шьҭахьҟа ҳаныхынҳәуаз, шьоукы амшын аҿықәахь иагеит, даҽа шьоукы ақыҭа агәахьы рхы дырхеит.
Раисеи сареи ҳашнеиуаз дәеиужьк ҳнадгылеит, бзиашәа, быргк даҳҧылан, аминақәа шыҵаз ҳаиҳәеит. Ҳахьцо ҳзымдыруа, амҩа ҳацәыхҟьаны, ҳҩызцәеи ҳареи ҳшеишьҭаз, аҵыхәтәаны ҳаибаҧшааит.
Аҟәа ахақәиҭтәраан акәзар, Елыр ацҳа аҟны аиҿахысра ҕәҕәа аныҟала, ахәра зауз х-ҩык аибашьцәа лыманы Аҟәаҟа амҩа дшықәыз азгәаҭо, Иамзи «амҩа ҳшықәыз ахәра ҕәҕәа змаз абазақәа иреиуаз, зхатәгәаҧхарала еибашьуаз ҳашьа иҧсҭазаара далҵит. Егьырҭ иаанхаз ҩыџьа ахәцәа Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭа аҟны инаагеит. Уи аамҭазы сҩызцәа еибашьцәа Егрыҟа амҩа иқәын, сара урҭ рыхьӡашьа сымамызт», – лҳәеит лҩызцәа дрыцны Егрынӡа дахьзынамӡаз лгәы иаланы.
Иамзи дызцеибашьуаз аӡәырҩы дрызгәыдуны, Аҧсны Афырхаҵа Мираб Кьышьмариа, Владимир Ануа, Аҧсны Афырхаҵа Дима Кациа (аибашьра ашьҭахь дҭахеит). Адамыр Бганба, Гиви Ҵулукиа, Робик Габниа-(дҭахеит), Роман Ҳаџьым (излак иабаӡом аибашьраан иоуз ахәра иахҟьаны), рыӡбахә ҳалҳәеит. Урҭ аибашьра адәаҿы агәымшәареи афырхаҵареи шаадырҧшуаз азгәалҭеит.
Иамзи Қапба аибашьра ашьҭахьгьы, Лаҭа аҭарцәра далахәын. Иахьа ар рҟны аус луеит, аррамаҵзура дадҳәалоуп. Арасаӡыхь ақыҭа Еизара адепутатс далхуп, ҩыџьа арҧарцәа дрануп, ирызҳауеит ҩыџьа лмаҭацәа. Ажәакала, 63 шықәса дшырҭагылоугьы амчи алшареи аарҧшуа, лыҧсадгьыл амаҵ азылуеит. Лыҧсадгьыли лыжәлари аамҭа бзиа рзыҧшызар лҭахәуп. Ларгьы уи дахыбаамзааит.
Алиса Гәажә-ҧҳа