«Цлаб дыззымдыруа…»

Ицоит иқәҳа аанҿасра змам аамҭа. Ашықәсқәа неиуеит еиҧхеибаҵа. Ари адгьыл аҿы, досу ицуп иара еиҳа изааигәоу ахаҿса­хьақәа, ҵҩа змаӡам агәалашәарақәа. Дасу илигаз амҩа – иара ихатәуп. Ари амҩаҿы иара изы ихада­роу: илшаз, илымшаз, хықәкыс имаз…

Аҧсҭазаараҿы ауаҩы дҭахкаам. Дзықәгылоу адгьыл иара изгәакьоуп, анык леиҧш уи иҵгәоит, иҧхьоит ҧхьаҟа. Уи дрымадоуп иааикәыр­шаны иҟоу, ҧсы зхоу зегьы.

Ауаҩы анысҳәах, ара зыӡбахә

 сымоу арҿиаҩы иоуп!

Арҿиаҩы – зыжәлар

                             рымаҵ зуа…

Арҿиаҩы – зыжәлар

                             рҿахәы зҳәо…

Арҿиаҩы – ааҧсара

                             ззымдырӡо…

Арҿиаҩы – зыеҵәахә

                             кыдымшәаӡо!

Ҳара, аҧсуа жәлар, анцәа ихазы иҵәахны имаз адгьыл зиҭаз – насыҧ змоу жәларуп. Анцәа идгьыл иқәынирхаз ажәлар – иуникалтәу рзуҳәар ҟалоит, зегь рыла…

Ҳара ҳазлаҽхәаша рацәоуп: ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа рыдагьы, уаҧсҵәык ада иҟам ажәлар Дырмит иеиҧш иҟаз дахьҳаз­кашәаз. Уи мышьҭа­бзиала, ганрацәала ихациркыз аҧсуа сахьаҩыраҿы, хыхь ажәҩан аҿы икыду аеҵәақәа реиҧш еикәаҕҕа еиҵагылеит – ҳаҧсуа поетцәа, ҳаҧсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы…

Хаҭала, сыззааиуа, ҳпоетцәа-ҳшаеҵәақәа ирылагылоу, иахьа аҕьараҳәа апоезиа амаҵ азызуа, Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит.

Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа, аҧсуа қыҭа-ҧшӡа Кәтол ииз, аҧсуа ҭаацәара-ҧшӡа иааӡаз, аҧсуа поезиа ашҭа ирҧшӡеит, ирҭбааит ҳҳәар агха ҳахьуам. Уи раҧхьаӡатәи ишәҟәы «Игарҵыз ашәа» инаркны, иахьа аҭыжьра иазырхиоу «Быҕькаҧсантәи ацәаҳәақәа» рҟынӡа, аамҭа рацәа мҵыцзаргьы, ҧхьаҩык иаҳасаб ала ҳазхыҽ­хәаша аҩымҭа ссирқәа – Колхидатәи ахьтәы уасцәа иалаҧсоу ахьы-црышқәа реиҧш, акыр ыҟоуп…

 Акыр ҵхи-мши, дмыцәа-дымтәа, ҧхӡашала иршахьеит арҿиаҩы.

Зегь рыла арҽхәаҧхьыӡқәа ирылаҟоу, уара думырҽхәаргьы, урҭ, Мушьни Лашәриа инапы иҵыҵыз иҩымҭақәа рҿахәы, рыбзырӡы рхала ирҳәахьеит – рҽхәаҩы дырҭахӡам. Мушьни иҩымҭа лыҧша­ахқәеи иеиҭагамҭа ссирқәеи рыла Аҧсны мацара акәымкәа, нхыҵ-аахыҵ, урыстәыла уҳәа, ихьыӡ адунеи иахы­ҵәахьеит. Иааҧса­рақәагьы рыхә ҳаракны иршьахьеит аӡәырҩы…

Аха уанӡа… Мушьни Лашәриа иажәеинраалақәа руак аҿы иара ихаҭа ишиҳәо еиҧш:

 

«…Сааишьаҿ исгәалашәаз ыҟоуп,

Исыҕрысхьеи заҟантә сеиҩҵәаны!..

Аха сыҩбжакгьы ныҟәон,

Сынхон сеибганы – сыбзаны!»

 (Агазеҭ «Еҵәаџьаа», Ианвар-февраль, 2023, №154).

 

Абарҭ ацәаҳәақәа рыда уаҳа даҽа цәаҳәак уамыҧхьаргьы, арҿиаҩы дызнысыз амҩа ккаӡа убла ихгылоит. Уи ихианы-ичаҧаны иҟаз амҩа данымызт. Ижәлар рыгәҭаны дыҟан: рхьаа ихьаан, ргәырҕьа игәыр­ҕьан, иҧсадгьыл алахьынҵа илахьынҵан. Ишыне­и­баку, ижәлар рыҧсҭазаара – ржәытә-рҿатә дрыла­хәын, дрылахәуп иахьагьы.

Арҿиаҩы, аиҭагаҩы, алитера­тура­ҭҵааҩы илаҧшҳәаа ҭбаауп. Инапы иҵыҵыз иарбанзаалакгьы аџыр еиҧш ихьанҭоуп, еилаҧахуп. Асахьаркра атәы акәзар, шьоукы-шьоукы ишрыхьуа еиҧш, адәахьтәи аҧшӡара дыхнаҧаацәом, амцхә ихиркуам, аформазы мацара цәаҳәакгьы ааигом. Урҭ зегьы, ауасҭа бзиа инапы иҵигазшәа, иахьырҭыҧу игылоуп. Адгьыл иаҟәыҭхам…

Ааҧсара ззымдыруа арҿиаҩы, Мушьни Лашәриа раҧхьаӡатәи ицәаҳәақәа инадыркны иахьа уажәраанӡагьы, аҳәатәы рацәаны имоуп, аҧхьаҩ дрыдрыҧхьалоит. Идунеи уалаирхәуеит:

 

…Ашәак сгәаҵа иҭаҩуеит,

Илахҿыхуп сгәаҳәа,

 Сыҩтәы шааиц иааиуеит,

Жәҩанынтә ахьхьа-хьхьаҳәа…

(Агазеҭ «Еҵәаџьаа», «Абыргра». Ианвар-февраль 2023, №154).

 

Сара, ара хықәкыс исымам М. Лашәриа инапы иҵыҵхьоу ипоезиа зегьы ахцәажәара, аилыргара, уи зусу акритикцәа, алитера­тураҭҵааҩцәа роуп (ҳәарада, урҭ рылаҧш иҵыргахьоу маҷым). Аха ҧхьаҩык, апоезиа абзиа­баҩык иаҳасаб ала, ааскьаӡа иҭыҵыз агазеҭ «Еҵәаџьаа» аҟны икьыҧхьыз ажәеинраала ҿыцқәа сырзааҭгылоит ауп.

Иҳәатәуп, 85 шықәса зхыҵыз апоет, ихшыҩ аҵрышьа, ихәыцра – иааикәы­ршаны иҟоу, иибо-иаҳауа уҳәа идкылашьа уанры­зхәыцуа, иџьоумшьар залшом. Иубоит зыӡбахә сымоу апоет иааиҧмырҟьаӡакәа ихы аус шадиуло, илаҧшҳәаа шыҭбаау, ҭабара зқәым аҵеџь ҵаула еиҧш, нҵәара зқәым адырра ҵаулақәа шимоу, исылсыршахьоу рацәоуп ҳәа, игәы рҭынчны иҿи-инапи еикәаҧсаны дыштәам. Уи ус шакәу, иажәеи­нраала ҿыцқәа еилыкка иудырбоит. Иаагап ҿырҧштәыс «Кәыдры» захьӡу ажәеин­раала:

 

Умҩасуеит, сӡиас,

              Аҧсынтәыла агәаны,

Иара уамҕоуп ираӡынҧсароу

                             маҟаны.

Уааишьа уааишьаз, уццакы,

                             уеиха, уҧры,

Ӡараҭкәыцәаа, цлаб

             дыззымдыруа Кәыдры.

 

Абра иаазгаз ажәеинраала аҧшьцәаҳәак иргәылоу амета­форақәа, аиҿырҧ­шрақәа урыд­дырхалоит: «…Иара уамҕоуп ираӡынҧсароу маҟаны…»... «Ӡараҭкәыцәаа, цлаб дыззымдыруа Кәыдры» – Ишҧассиру! Автор зсахьа ҭихуа аӡиас Кәыдры заҟа исахьаркузеи, заҟагьы ихшыҩҵакқәа гәылыршәоузеи! Анаҩс, ажәеинраала аладахьы, аҧхьаҩ дагәылаихалоит уи аӡиас акәшамыкәша, нырцә-аарцә уҳәа, ажәытә-аҿатә иахнагахьоу аҧсҭазаара:

Узхааным џьара акрыҟоума ара?

Аҧсҳа идгьыл, аҧсҳа иаҳра, ҳаҿиара.

Амҳаџьырра: аҭацәра, ақәҵра – ахлымӡаах,

Иулшозар, ҳанеибгазтәи амш усзаах.

 

Сга аҧсилаа – ҳабацәа раҳҭынрахьы,

Ҳаҵәҩан ахьарсыз уаҵәтәи ҳамҩа, ҳамш иатәны,

Исзыхты, ирыҧсҭазаашьаз есҽны,

Снаг, рҽышькыл саныргыла  знымзар зны.

 

Иугәалашәома арантә дышцоз  иацтәи ҳаҕа,

Уӡыгәҭа иҽҭажьны, убна дахо, дынҵәаха,

Уаҟара уцлон, умшаҧ ыҟан, умбатәын,

Уи амш ухашҭны иҟаларыма, ҳиааира иатәын!

 

Арҭ ахкуплетк рҟны еиҿыбаауп ажәытә-аҿатә – ҩ-епохак. Ганкахьала автор игәхьаауп, ажәытә иабацәа, урҭ рабацәа зхааныз аҧсҭазаара, урҭ ирхыргаз аџьамы­ҕәацәгьара, арыцҳара, ахҵәара-ахыҧсаара… Ааскьатәи акәзар – ақырҭуа-аҧсуа еибашьра. Аргама, ҩаҧхьа, ҳаблаҿы иааиртә иҟаиҵоит аибашьра аҵыхә­тәантәи амшқәа рзы Кәыдры ахықәан ҳаибашьцәа-ҳфырхацәа ирхыргаз, урҭ злагылаз ашьаӡа-гәаӡа… Уи амш еиқәаҵәақәа ахааназ хашҭшьа шрымам иарҳәоит аҧхьаҩ.

 

…Умҩасуеит, сӡиас,

 Аҧсынтәыла агәаны,

Иара уамҕоуп  иразынҧсароу маҟаны!

 

Ара иаазгаз жәеинраалак ацыҧ­­ҵәахақәа сыррацәа­­заргьы ҟалап, аха срывсны сзымцеит. Уи моу, азнык азы ишеибгоу иаазгарц сҭаххеит. Аиашазы, убриаҟара амхылдыз еиҧш сыртәы­ртәит. Зыӡбахә сымоу ари ажәеинраала («Кәыдры») – лыҧ­шаахуп! Автор иаҧиҵахьоу, иреиҕьӡоу егьырҭ иҩымҭақәа ирхыҧхьа­ӡалатәуп, џьара акала урҭ ирыҵахо иҟаӡам.

Сгәанала, Мушьни Лашәриа иеизга ҿыц аҭыжьра иазырхиоу «Быҕькаҧсантәи ацәаҳәақәа» иҭыҵны ианыҟала, уи ҳамҭа бзиахоит аҧхьара бзиа избо зегьы рзы… Аха уанӡа, даҽа ҩбаҟа ажәа…

Дарбан рҿиаҩызаалак изы ирҿиамҭақәа – иара ихаҿсахьоуп. Иара ихаҭа дузымдыруазаргьы, иҩымҭақәа иуарҳәоит дзеиҧшра уаҩу, зҿы аус умоу, уи икапан.

«…никак нельзя поверить в то, что малоразвитый, отсталый человек с ограниченным кругозором сможет написать сколько-нибудь значительное поэтическое произведение, если даже от природы ему и даны известные стихотворные способности. Он не сможет написать именно в силу своей ограниченности, в силу бедности своего внутреннего мира. Ему не с чем предстать перед читателем, нечего «выложить» перед ним, нечего сказать ему» (М. Исаковский. «О поэтическом мастерстве». Советский писатель. Москва – 1953. стр. 37). Абас ауп… Иаармарианы иуҳәозар: иҭацәу ауаҩы – ҳәатәгьы имам.

Мушьни Лашәриа итемақәа ҭбаауп: аҧсадгьыл абзиабара, ахақәиҭраз ақәҧара, амилаҭ рбызшәа, аиҩызара, аҧшӡара уҳәа жәпакы. Автор иҩымҭақәа (дзызхьаҧшуа иарбан темазаалак) рҟны иубоит аҵабырг: иара дызлахәу, мамзаргьы ибзианы иидыруа. Урҭ ихшыҩ­ҵакқәа гәылыршәоуп. Ибызшәа акәзар – ашьха ӡыхь еиҧш ицқьоуп, ахьхьахьхьаҳәа ицәажәоит. Дзыхцәажәо иарбан­заалак исахьаркуп, ижәар ҭбаауп, зцәа зхырххьоу ацәаҳәақәа рыла угәы ҧиҵәом. Аҧсҭазаара иацу аҟыба-ӡыбарақәа иаргьы ихьысуеит: ауаҩымра, аҧаршеи­рақәа ныҟәызго иаартны дрықәыӡбоит. Иаагозар ҿырҧштәыс, Сталин изку ажәеинраала:

 

Сталин ихаҧхьон, игәнаҳа ихырхуан

Аурыс уахәама аҧшьаҩцәа:

Идгьылтә ҧсҭазаара, инысымҩа ҿыхуа,

Иашьапкуан, иҳәон Анцәа…

 

Мамзаргьы:

 

…Ашьа икаиҭәахьо-ииухьо?

  Саҭамыз иҳәама,

Иҳақәиҭу иҿаҧхьа дахьхәны?

Мап, ус аиҧш егьыҟам, даҕан ауахәама,

Дықәуп миллион уаа рыхны…

 

Арҭ ацәаҳәақәа равтор ибзиа­ӡаны идыруеит аҳақ закәу. Иҳақәиҭу ицәтәыму дақәыӡбоит. Бла иамбо, аха ауаҩы даны­ҧслак иҧсы иахҭысуа – жәҩантә ҧсҭазаараҿтәи «ахҿыхра», «аҽрыц­қьарҭа» ҳәа ак шыҟоу аҟара гәынхә­ҵысҭала еиликаауеит. Рыгәра игоит. Аҧсҭа­заара иацу аҵмаҳәҳәарахқәа, аиҵаҟәа­ҟәарақәа, агыгшәыгра уҳәа ныҟәызго ауаа дрықәыӡбоит, иаартны дырҿагылоит…

 

…Аиааира абираҟқәа,

  афырхаҵара аорден,

Ахьтәы иаҵәа аркуп ишҧаҟны…

 

Абарҭ ацәаҳәақәа рыла автор ииҳәарц ииҭаху – зегь шуаароу ауп… Иахьа амчраҿы иҟоу, дарбанзаалак, ауаатәыҩса рҿаҧхьа ауаҩра шныҟәгатәу деилиркаауеит. Ауаҩы дуаҩны дҟазҵо: аиашара, ақьиара, агәбылра шракәу ҳазирхәыцуеит.

Ари адунеи наӡаӡа аӡәгьы имоуӡац. Уҧсы анҭоу уҿаҿы ирзымҳәаз, уанҧслак ирҳәоит…

Абра, сажәа хыркәшо, «Аҧшӡара» иазкны ажәақәак:

 

…Аҧшӡара, Иҳақәиҭу иишаз,

Уара уагьакуп, уагьыҩбоуп.

Аханатә иурҿиаз, уара иулшаз

Имраҧҽыхан иарбоуп!

 

Аҧшӡареи аҟәыҕареи анеицу –

Иӡсоит ауаҩ иҕба хара!

Урылахәын сажәеи са суси,

Сышушьҭаз сажәит са сшажәра.

 

Зыҕба хара иӡсо арҿиаҩы, Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа иҧсҭазаареи ирҿиареи зегьы ааизакны рыхә ушьозар, – аҳаракыра бзиа избо ашьауардын еиҧш, иҕәҕәаҟацаӡа, зӡышра ирыҵаҽырбо игылоу Ерцахә ашьха ду ҧшьаала дазааигәахоит...

Зажәеи-зуси еимадоу, ауаҩ нага, шьардаамҭа анцәа уҳаги­мыжьааит!


Заира Ҭҳаиҵыкә

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me