Ахаақәа рџьармыкьа – 2023

Мшаҧымза 12 рзы асасааирҭа «Интер-Сухум» аҟны имҩаҧысит Иҧшьоу Мшаҧы аламҭалазтәи «Ахаақәа рџьармыкьа» захьӡыз ацәыргақәҵа. Ахәаахәҭратә-ааглыхратә палата аӡыргаратә усбарҭа аспециалист Валериа Ӡкәуа излаҳалҳәаз ала,иара раҧхьаӡакәны еиҿкаан 2013 шықәсазы конкурс ҳасабла,аха анаҩс аџьармыкьахь ииаган. Аамҭак азы апандемиатә коронавирустә чымазара иахҟьаны иаанкылан ари аџьармыкьа аиҿкаара,аха уи анаҧыхха иацҵан урҭ русура. Ас еиҧш аусмҩаҧгатә аиҿкаара рабзоуроуп Аҧснытәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата.

Ацәыргақәҵа рхы алады­рхәыр ауеит Аҧсны иқәынхо, агәаҳәара змоу зегьы, дара рхатәы чыс иҟарҵо аӡыргара. Сынтәа «Ахаақәа рџьар­мыкьа» рхы аладырхәит 38-ҩык. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟан Иҧшьоу Мшаҧы аламҭалазтәи ачыс хкқәа, еиуеиҧшым ачарыц хкқәа,акакан лыхқәа, ақалмышь, аџьынџьыхәа уҳәа ирацәаны. Иара убас ахаақәа рыдагьы, араҟа иуҧылон Анцәахаҵаратә ныхачаҧақәа, аџьарқәа зныз ашәҟәы хәыҷқәа, улаҧш иҵамшәар ауамызт, ааҧынраз ицәырҵуа еиуеиҧшым ашәҭ хкқәа.

Ари аџьармыкьа зҽалазырхәыз дреиуоуп Асҭанда Џьынџьал-ҧҳа. Уи иӡырылгон ашоколад мацарала иҟаҵоу амшаҧы иақәшәо ахаақәа. Лара излаҳалҳәаз ала, ари аусхк лнапы алакуижьҭеи аашықәсаҟа ҵуеит. Аҧхьаӡа даналагоз, аҩны ус баша еиуеиҧшым аелектронтә ҳақәа рҿы дҭалан дахәаҧшуан,анаҩс илгәаҧхеит, аха ахы аус адулара аҭаххеит,избанзар ус унадыххылан, ари аҩыза атехнологиала аусура цәгьоуп. Иазгәалҭеит лусураҿы адунеи зегьы иреиҕьӡоу ҳәа ирыҧхьаӡо Бельгиатәи ашоколад лхы ишалырхәо. Уи еиҳа агьама хаауп,насгьы аус адуларагьы еиҳа имариоуп ҳәа азгәалҭоит. Лара хәышықәса аахижьҭеи ари аџьармыкьа лхы алалырхәуеит. Насгьы Мшаҧы иазку анаплыхқәа рыдагьы,иҟалҵоит Ашықәс ҿыц иашьашәалоу аҳамҭақәа ахаақәа ирылхны,март ааба иадҳәалан иблахкыгоу ашәҭ шьыҵәрақәа,ус акагьы ианадҳәаламгьы иҟалҵоит еиуеиҧшым ахаатә хкқәа. Илымоуп лхатә саит.

Иара убас иӡыргаз иреиуан Милана Жьи-ҧҳа еиуеиҧшым лчарыцтә лыхымҭақәа. Лара дышқәҧшугьы лхатәы чаӡырҭа лымоуп,иара убас еиуеиҧшым ахаатә лыхқәа ахьыҟарҵо,уи адагьы илымоуп афабрикатбжақәа ахьыҭрыжьуа. Лхаҿы ари аҩыза ахықәкы ааит,лаҳәшьцәеи лареи ҧсшьара ҳәа Питерҟа ианцаз,ачаахәара ҳәа ачаӡырҭахь имҩахыҵуеит. Иаархәо ача аилазаашьа даара илгәаҧхоит Милана. Анаҩс, излаҳалҳәаз ала,аҩны имаҷны ача аӡра далагоит, хыҧхьаӡара маҷла адәқьанқәа рҿы рызнагара лҽазы­л­куеит. Аха аамҭа цацҧхьаӡа, лнаплых ача – илӡуаз аазхәоз ахәаахәҭыҩцәа рхыҧ­хьаӡара азҳауа иалагеит. Хыҧхьаӡара рацәала ача лӡырц азы маругала деиқәшәамызт. Уи афинанстә цхыраара аҭаххеит. Аха аелект­ронтә ҳаҧы дышҭаз, лылаҧш иҵашәоит алаҳәара, еиуеиҧшым апроект­қәа рынагӡараҿы афинанстә цхыраара шыҟарҵо. Милана лхы алалырхәеит ари аинвес­тициатә программа, уаҟа иланар­шьоит аҧхьахә. Уи алагьы лара лгәазыҳәара налыгӡоит. Уи ашьҭахь,шықәсык ааҵуаны иаалыртуеит лхатәы чаӡырҭа. Лхы алалыр­хәхьеит ақыҭанхамҩа Аминистрра имҩаҧнагаз апроектқәа руак, уаҟагьы иланаршьоит аҧхьахә. Лара есышы­қәса лхы алалры­хуеит ари аӡыргара.

Иара убас ҳлыҿцәажәеит ҩажәи хәба шықәса раахижьҭеи аџьынџьыхәа аҟаҵара знапы алаку Мадина Ашә-ҧҳа. Лара иазгәалҭеит, аџьын­џьыхәа ҩ-хкыкны ишыҟалҵо, араса лыхи, акакан лыхи рыла. Уи адагьы уи зҭылшьуа ажь иалҵуа аӡи аҧсуа шылеи шракәу. Араҟа иӡырылгон аџьын­џьыхәа адагьы, ақалмышь, ақалмышь рҩа, еиуеиҧшым акаканлыхқәа. Иланаршьахьеит лусуразы аҧхьахә.

Ари «Ахаақәа рџьармыкьахь» иааҧхьан исасцәаны Урыстәыла ачаӡырҭақәеи акондитерцәеи «Роспик» ахада Иури Кацнельсони, уи ихаҭыҧуаҩ Елена Беизеровеи. Ари аӡыргара аиҿкааҩцәа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа иаҧырҵаз аҧҟарала иҟан ҩ-номинациак. Актәи аҳамҭа зегь раасҭа еиҕьны ирхианы иҟаҵоу,ахәаҧшцәа далырхәуан раҳа ргәы иақәшәоз, ахьӡ анҵаны аурна иҭарҵон, убас ахәаҧшцәа еиҳа аҧыжәара арҭеит ахаалых ҟаҵарҭа «Викториа». Аҩбатәи, «Иреиҕьу амшаҧытә кулич» ҳәа Ахәаахәҭара-ааглыхратә палата ахьӡала аҳамҭа ҷыда иалкааны иранашьан ачаӡырҭа «Колос». Иара убас, иазгәаҭатәуп ахаатә лыхқәа рыҟаҵарҭа «Кусай эклер» аиҳабы Евгениа Галкина лыхьӡала, аҳамҭас Бельгиатәи ашоколад шлылҭаз акондитер Ианина Шьакаиа.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me