Ачаа рымцахә еиқәуп…

Ҳаҧсадгьыл Аҧсны аҭоурых иагәыҵаҵәаху, иҳәам, ицәыргам, иаартым ахҭысқәеи арыцхәқәеи рацәаӡоуп. С. Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьын­џьтәылатә еибашьра Аҳәынҭ­қарратә музеи ацәыргақәҵатә зал аҟны иаартын «Ажәытә аҧсуаа аҳцәа Ачаа рхылҵ­шьҭрақәа рфотасахьақәа рцәыргақәҵа» зыхьӡыз. Ацәыр­га­қәҵаҿы 125 патреҭ ыҟоуп. Аҧсны ахы-аҵыхәа иахьы­ҟазаалак еидкылан.Аинформациеи апатреҭқәеи еизыргеит Ачба Лиа Енвер-иҧҳаи, Ачба Алинеи. 2014 шықәсазы Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иӡырган.

Ачҧҳа Лиа занааҭла дҳақьымын. Аҧсны аибашьра ианалага, Гәымсҭатәи афронтаҿ аибашьцәа дынрылагылеит. Аҧсуа жәлар аиааира аныргоз, Аиааира абираҟ иаҵагылаз дрыгә­ҭылакын. Леон иорден ланашьан. 52 ш. дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит.

Аҭоурых ду змоу Ачаа рфото­сахьақәа рцәыргақәҵа аартуа, Ачба Алина иазгәа­лҭеит: – Ачаа ҳаиа­шьара анкьа акырӡа иҭбаан, ирацәаҩын. Нхыҵи-Аахыҵи инхон. Аҧсны анҭы­ҵгьы, Ачаа иахьа аҧсуа жәлар ахьыҟоу зехьынџьара инхоит: Ҭырқәтәыла, Сириа, Иор­даниа, Европа, Америка уҳәа…Иара убасгьы Ачаа Нхыҵ-Кавказ ашәуааи ачерқьесқәеи реилан­харҭақәа рҿы иҟоуп. Ачаа ирашьцәоуп ашәуаарҿ инхо Лоуаа, уи агәра ҳнар­гоит абжьуаа рҿы иҟоу ақыҭа Ҷлоу ахьӡ­гьы, уи иаҳәо Ачба Лоу ҳәа акәхап…

1952 ш. азы аҵарауаҩ, аетнограф Царбеи Бжьаниа даара акрызҵазкуаз анҵамҭа ҟаиҵеит. Уи абас аҳәоит: Гыртәылатәи аҳ Адиани Ачачбеи реибашьра аан Адиан Абжьуаа рыдгьылҵакыра инапаҿы иааигеит. Усҟан Абжьуаа рыдгьылқәа Ҷлоутәи Ачаа ракәын знапаҿы иҟаз, Адиан Абжьуатәи адгьылқәа инапаҿы ианааига Гыртәыла иалеиҵеит. Абас ианыҟала, Ачбақәа рыуа­ажәлар рыманы Нхыҵ-Кавказ рашьцәа Лоуаа рахь ихыҵны ицеит.Ачаа рыжәлаҵәҟьа Лоу Алоу ауп…

Ашықәс рацәа шцахьоугьы,Ачба Жана иҟазара иахьагьы ирдыруеит, иалацәажәоит. Ачба Жана 1846 шықәсазы Аҷандара ақыҭан диит. Уи дшыхәыҷыз амашәыр иахҟьаны длашәхеит. Ихәышәтәразы иан даара аџьабаа лбеит, аха акгьы имыхәеит, – 1984 ш. азы игәалаиршәон Қьаамын Мхонџьиа, - изларҳәаз ала,Мадара адәы аҟны аизарақәа аныҟаз, уахь дыргон. Дышнеи-неиуаз аҧхьарца ҟазарыла иаирҳәо далагеит. Усҟантәи аамҭазы 1900 ш. апринц Ольденбурски асасцәа Урыстәылантә иҭан. Уахь Жана Ачба днаҧхьан. Ачба Баҭа диманы дцеит. Убри аиҧылараҿы иҟаз аӡәы аскрипка аирҳәон. Жана аҭырџьман ила аҳәара ҟаиҵеит еиҭаирҳәарц. Аурыс еиҭаирҳәеит. Нас иҧхьарца аашьҭыхны, асас ишаирҳәоз еиҧшҵәҟьа иҧхьар­цала иаирҳәеит. Жана аҟазара дуӡӡа злаз хаҭаран…

Иара 70 ш. дшыр­ҭагылаз иҧсҭазаара далҵит, – иҳәеит усҟан Қьаамын Мхонџьиа… Иахьагьы аҧсуаа ражәаҿы иаанхеит Жана изы ирҳәоз: – Жана Ачба иҧхьарца уанылар аҵкьыс уҽу­шьыр иаҳа еиҕьуп, ҳәа.

Ачаа рҭоурыхқәа уртәыртәуан,удырхәыцуан, аҭоу­рыхтә ӡеиба­фара уаланагалон.

Ачба Алхас Аҷандараа рыҭауад, аныҟәарақәа даара бзиа избоз, зыжәлар ирзааигәаз, ирывагылаз уаҩы хатәран. Аҳәаанырцәынтә даныхынҳәлак Аҷандараа зегьы еизаны, иҩны итәаны изыӡыр­ҩуан. Иара иибаз, иаҳаз рзеиҭеиҳәон. Ачаа рыҩны Ду аҟны ацәымзақәа аркны шаанӡа итәан. Идгьылқәа анхацәа ириҭон. Ацхыраара зҭахыз дрыцхраауан.Дызланхоз зегьы дырзааигәан.

Актәи аурыс револиуциа (1906-1907) аан, Аҧсны аилаҩын­трақәа цон. Ақыҭақәа ирылаланы анхацәа дыршәон, ирҭахыз рыларыгӡарц иалагон. Усҟан Ҧаҕәаак (дагыруан) Аҟәантә Аҷандара даашьҭын. Иара драҧхьа­гыланы анхацәа еизыргеит. Ихарам­кәан ӡҭачык ахьыҟаз аҳәынҵәа иларцалеит, нас уаҟа ирықәымчны иладыртәеит… Нестор Лакоба изааигәаз Гәынба Қтыт иҟны Аҷандарантә аӡәы дцаны иҟаз арыцҳара,аргәаҟра атәы иеиҳәеит. Қтыт, Аҷандараа рыҭауад Ачба Алхас дыҧшааны иҟаз иеиҳәеит. Сааҭқәак рыҩнуҵҟала Алхас Ачба зыжәлар бзиа избоз, ирықә­мақаруа ирхагылаз Ҧаҕәаа ақыҭа далицеит. Уи нахыс анхаҩыжәлар рааигәа аӡәгьы днеиӡомызт.

Ачба Баҭа Аҳмаҭ-иҧа иаамсҭа­шәареи, иуаҩреи, иламыси иахьагьы гәадурала иргәаладыршәоит. Уи адагьы ирхамшҭуа рхаҿы иаанхаз ҭоурыхуп Аҧсны иааны иҟаз аҵарауаҩ Марр дицны ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәеи аҭоурыхи шеизигоз. Имаҷымкәан аҩырақәагьы ҟаҵаны иман. Ашықәс еиқәа­ҵәақәа Аҧсны ианахаҧа (1937-1940) Ачба Баҭа идгьылҵакыраҿы инапҩымҭақәа зегьы еидкыланы имцәаакырц акы илаҳәаны, анышә еиҭеит. Уи ашьҭахь: Баҭагьы, Ҭамшьыгәгьы, Зосҳангьы,Кәыҷагьы амш еиқәа­ҵәақәа ирылаӡит… Ачба Баҭа иус анырӡбоз 93ш. ихыҵуан. Иусӡбраҿы Баҭа 10 шықәса шиқәҵоу рыла­рҳәеит. Уаҟа аӡбаҩцәа, ус реиҳәеит: – Сара ақәра ду нысҵеит. Ари ашықәс сызҭысӡом ҳәа исыҧхьаӡон. Асовет мчра иҭабуп ҳәа асҳәоит, даҽа жәа-шықәса ахьыс­зац­наҵаз ҳәа.

Аиҧылараҿы дықәгылеит, Ачаа рҭоурыхқәа маҷымкәан издыруа, иазҿлымҳау Габуниа Џьума. Иқәгылара хыркәшо,иазгәеиҭеит: – Аҧсни Қырҭтәылеи аҽыбҕа­ҟазара зҽаҧсазтәыз Ачба Далаҭбеи Ардашьын-иҧа 15 шықәса инеиҧы­нкыланы, Қарҭ аҽыбҕаҟазацәа рчем­пионат аҟны актәи аҭыҧ ааникылон. Иара 25 шықәса аҽтәы спорт зыҟаҵаҩык иаҳасабала дахагылан. Илиршаз рацәаӡоуп. Аҽыбҕаҟазацәа имаҷҩымкәан иааӡеит. Уи еихь­ӡара дуун.

Ацәыргақәҵа иалахәызи, Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыҧуаҩ Аҩӡба Валера Расим-иҧа иҭабуп ҳәа реиҳәеит: – Ачаа, – иҳәеит иара, ашы­қәсқәа шцахьоугьы, урҭ рыхьӡ,рыжәла, рҭоурых хашҭра акәымкәан аҧсуа жәлар ирҭынхоит. Жана Ачба еицырдыруаз аҧхьар­царҳәаҩы ацәажәа­рақәа цоит Аҷандара иҧсыбаҩ амамшәа. Сара ауаа хатәрақәа Аҷандараа иаанрыжьыз ражәақәа рыла инышәынҭра ахьыҟоу аҭыҧаҿы ауп дахьжу… Ачаа Аҧсны мацара акәым адунеи иадыруа рацәаҩуп.

Аҧсны еицырдыруа аҳақьым Ачба Лиова Ачаа рҭоурыхқәа еиҭаҳәо, еиҿызкааз иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ацәыргақәҵа зегьы иалыҷ­ҷаауан 100 шықәса еиҳаны изхыҵуа Ачаа рыхнышьра. Иааҭгылан иахәа­ҧшуан, ргәаҵаҿ имыцәаӡо хьаак аҽцәырнагон. Ачаа рымцахә шеиқәу, ишеи­қәзаауа днардыррац аҭахызшәа, иршаҳаҭ­ганы рыбла ихгылан.

Аиҧылараҿы зыҧсадгьыл ахь зҭаацәа зманы Нхыҵ-Кавказынтә ихынҳәыз Аслан Лоуи, Иорда­ниантә Лоуаа Раади Ракани Хан-иҧацәа напеин­ҟьарыла ирыдыр­кылеит. Адаракәац ахааназ ишаанхо, Ачаа рхәышҭаара амцахә есааира аҽшеиҵ­нахуа агәра аагеит.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me