Август 14 рыцхә еиқәаҵәаны наӡаӡа ианхалоит аҧсуа жәлар рҭоурых. Зхы ҩышьҭхны, зыбҕа ааиҵыхны зҿахәы зҳәарц зхатә ус зхала изыӡбырц инақәызкыз аҧсуа жәлар ргәы рҽанӡамкәа, иагьазыҟаҵамкәа дрықәлеит аҕа хәымга. Еимгеимцарак иалагӡаны, ахаҵа гәы зызҭаз, аҧсуа шьа злаз шәага-зага змаӡам аламыс змаз зегьы аӡәк иеиҧш рхы дырхеит Аҟәаҟа аҕа хәымга иаанкылараз.

Мышқәак рышьҭахь урҭ ирывагылеит ҳашьцәа – нхыҵи-аахыҵи рҟынтәи.

Ашьыбжьон, аҧсуа телехәа­ҧшра ажәабжь хлымӡаах – аҕа хәымга Аҧсны абжа далсны Аҟәа дшаала­гылаз анаҳәа, аҩны дыҟамызт аб Тониа. Сааҭ­қәак рышьҭахь дкылҟьа даакылсит, ишәары­цага шәақь аашьҭхны иуазыруа зашҭа иҭаз иҧшәма Зоиа гәыр­ҕә­ҕәага ажәақәак налаҳәан, ашҭа дынҭҟьеит.

Дсакасанҵаны амҩан дааиҧыр­галеит иҧа еиҵбы Наур…

Раҧхьаҟа аҧсра, раҧхьаӡатәи игәҭшьаагаз аҳәҳәабжь ааҭыҩит Бзыҧ ақыҭа Асҧа аҳабла инхо Агрба Тониа игәараҭа. Ани аби рызхара ирзымааӡацыз, рызхара ирзымбацыз рыҷкән еиҵбы «ҳажәҧа» ҳәа изыхлафуаз, хаҵала дҭахеит Аҟәа Ацҳа ҟаҧшь азаа­игәара.

Наур – ҧшралеи сахьалеи жәҩык ирылукаауаз ҟазшьалеи ламыслеи иҿырҧшыгаз, агәы ҭбаа зызҭаз, ацхыраараз еснагь ихиаз, зыбла гәкқәа еснагь иччоз, ашәаҳәареи акәашареи мыцхәы изцааиуаз, аспорт аганахьгьы ихәдамыз иакәын. Наур игәҭакқәа рацәан, ихәыцрақәа ҭбаан, иҭахын аррамаҵура анихи­галакь иҵара иациҵарц, иаб игәараҭа еихеиҳарц… Ани аби гәаныла изеигәырҕьоз рыҷкәын Наур 18 шықәса заҵәык роуп ихыҵ. Аҧсҭазаараҿ акы заҵәык Наур дахьӡеит – зегь ирыцку ахаҵара – Аҧса­дгьыл гәышҧыла ахьчара!

Наур иашьеиҳаб Даур дҭаацәа­ран, Пицунда дынхон. Иҩызцәа, иқәлацәа ахьцо, иаргьы дышцо иан илеиҳәарц Асҧа аҳабла даныҩхалоз аамҭазоуп Наургьы ашҭа данаа­ҭаргала. Уи акәхеит аби аҧеиҳаби Наур аҵыхә­тәантәи имҩа днықәҵаны август 18 рзы гәырҩала иҭәыз рашҭа инҭыҵит.

– Даур! Срыцҳауп сара, – дааҕзит ан, аха, шәымцан, – лымҳәеит.

Аиҳәшьцәа Фаиеи Фатимеи ҕьаҵәы-ҕьа­ҵәуан: «Ҳаб даҳзы­хьча иаҳзы­нхаз ҳашьа­заҵә Даур» ҳәа.

11 мзы еивагылан еибашьуан аби аҧеи. Ирацәоуп урҭ ирылшаз афырха­­ҵарақәа, Гагра, Цандрыҧшь, Гьечрыҧшь рхақәиҭ­тәраз иқәҧоз афырхацәа ираҧхьагылан. Гагра ахы ианақә­иҭыртә ашьҭахь, абна зҽазҭаз ашәанцәа рҭыҩра рыҭцараҿы шаҟа хаҵара рылдыр­шазеи аби аҧеи! Ирыхьчон Ҧсоутәи аҳәаа акраамҭа, нас урҭ злаз агәҧ ииаргоит Гәмысҭатәи афронт ахь, устәи урҭ ииаган Шроматәи ахырхарҭахь. Аби аҧеи ирылахәын ажәыла­рақәа зегьы. Иаадырҧшыз ахаҵарақәа ртәы рҳәозар акәхап ҳаҧхьаҟа уи хықәкыла изусу ауаа.

Аха иамуит еиҭах ан лгәҕырҭа илзынхаз лыҷкәынгьы ивымсит аҕа ихымҭа…

Аҳаҭгәын аҿынтә иуҿаҧшуеит аишьцәа рпатреҭқәа. Урҭ рлакҭа цқьақәа ирҳәоит: «Шәаҳмырҧ­хашьеит ҳани ҳаби. Илашәмы­рҟәын шәхқәа. Ахаҵа дзиуа ахаҵаразоуп. Шәҽашәымҭан агәырҩа». Игәжәажәо зыҷкәынцәа рҳаҭгәын иавагьежьуа ан лҿаҧхьа рхы ладыр­ҟәуеит Бзыҧ иахагылоу ашьха ҧагьақәа. Аб дцәажәоит ҭынч. Уи зегь реиҳа игәы изырхьуа, дызмырҭынчуа иҷкәын Даур игәы иҭаз дахьахьымӡаз ауп. Даур даара дарҟәаҟуан Аҟәанӡа анеира. Уи дазгәышьуан иашьа Наур дахьрышьыз аҭыҧ – «Ацҳа ҟаҧшь аҕа хәымга дықәцаны, дыцҟьа-шәҟьа ишьҭаҵара. Аҵыхәтәантәи Даур иажәақәа ан рыцҳа лгәы иҭыҵран иҟоума: «Сан! Аиааира усгьы ҳара иаҳтәуп! Аҧсны зегьы анҭаҳарцәлакь, Егрынтә шьапыла саауеит, Аҧсны Абираҟ – Аиааира абираҟ шыску. Уи Наур инышәырҭра иахасыргылоит…»

Мап! Афырхаҵара аҵкьыс изаиааиуам агәырҩа. Ихы шьҭихуеит аб. Дрызгәдууп иҧацәа – Аҧсны Афырхацәа зхы ҧхьазымкыз зҽызымҵәахыз зегь иреиҳау, иҧшьоу аус Аҧсадгьыл ахьчара зылшаз Наури Даури.

– Сыҧсы ҭанаҵы исылшо зегь ҟасҵоит иҭахаз ҳаҷкәынцәа рыгәҭакы анагӡаразы! – иҳәоит аб Тониа. Дахьеибашьуа агәыҧ зегьы «Дед» ҳәа зарҳәо Агрба Тониа ихыҵуеит 65 шықәса.

Зыҧсадгьыл азы зхы иамеигӡаз, згәы мыҭрысыз, уи ахьчара зылшаз рыхьӡ ҧса ақәлом наунагӡа!


А.Барцыц-ҧҳа

«Аҧсны», №35. 1993 ш.  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me