Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Уажәшьҭан санаауа Аҟәаҟа шәызгоит»

«Уажәшьҭан санаауа Аҟәаҟа шәызгоит иҳәан, иҿынеихеит. Сыбла дхыҧшылаӡомызт, ажәылара дцараны дыҟан, аха уи ашәарҭара аҵаӡам ҳәа агәра сиргон», – абас лажәа хацлыркит Аџьынџьтәылатә еибашьра марттәи ажәылараан иҭахаз, абаҩхатәра ҳаракы злаз, атеатр ҧсыс изхаз, гәыла-ҧсыла амаҵ азызуаз Руслан Лагәлаа иҧшәмаҧҳәыс Наира Сабекиа-ҧҳа.

Усҟантәи аамҭазы Руслан идыруан дахьцоз ажәылара аҟынтәи дыхнымҳәыр шалшоз. Наира лакәзар, ацәа­лашәара лоуит ари реиҧылара шҵыхәтәантәихоз азы. «Ажәа ҧшӡақәа рҳәара мариоуп, аха, аҧсҭазаараҿы ус иҟам, дандәықәлаҵәҟьа умцан уршьуеит ҳәа сааҕьаҵәыҕьаҵәит. Иара, шықәсыкгьы зхымҵыцыз ҳаҷкәын хәыҷы даашьҭихын, сара сыршьыргьы, абри иаҧхьаҟа иҧсҭазаара бзиахоит иҳәан дындәылҵит дымхьаҧшкәа», – лҳәеит Наира лылаҕырӡ хаҟәҟәало.

Аҧсны аҕа хәымга дақәлаанӡа Руслан Лагәлаа, ишырҳәо еиҧш, аныҳәаҩ ихы идиныҳәало дыҟан. Аҭаацәара ду иалҵыз, Арасаӡыхь ақыҭа иааӡаз арҧыс абжьаратә ашкол даналга ашьҭахь, иҵара иациҵоит иреиҳау аҵараиурҭаҿ, афилологиатә факультет аҟны. Аррамаҵура ихигоит. Убри инаҷы­дангьы иҧсеиҧш бзиа иибоз атеатр аҟны иҟазара ааирҧшуан. Иара убасгьы, усҟантәи аамҭазы «Аҧсны­ргылара» аҿар адрыҧхьалон, анаҩсан ауадақәа рыҭаразы. Руслан абраҟагьы аус иуан. Зыҧсҭазаара еилазҵаз Наиреи иареи ирааӡон хҩык ахшара. Аиҵыбӡа ҧшьымз ракәын ихыҵуаз аибашьра ианалагоз.

Аҧсны аибашьра ишалагаз заҳаз Руслан иҭаацәа рҟны дныдгыланы Наира илеиҳәеит ашәарҭара ҕәҕәа шыҟоу, ахәыҷқәагьы ларгьы рдокументқәа еизганы ирхианы илымазарц, дара усҟан инхон Аҳабла ҿыц аҟны, рыҩны аҧсуаа рыҩны ҳәа иашьҭан. Ус анакәха, аҕа хәымга зегьы раҧхьаӡа дахьнеиуаз аҩнқәа ируакын.

Руслан данцоз агәыла ҧҳәыс лҟны дныдгыланы длыҳәеит, уигьы ахәыҷы ҧшқақәа лыман, шәара џьаракыр шәцозар сыҧшәмаҧҳәысгьы схәыҷқәагьы нышәмыжьын ҳәа. Арҭ амшқәа лгәаларшәо, Наира илҳәоит аибашьра ианалагаз амш аҽны лхәыҷқәа злеиҭалкшаз маҭәақәак аашьҭыхны агәыла ҧҳәыси лареи рыҩны шаан­рыжьыз. Ауха урҭ ҧхьеит Аҳабла ҿыц инацәыхарамкәа ҩнык аҟны. Уаҟа дара реиҧш зхәыҷқәа зманы инеиз аҳәсақәагьы ыҟан.  Ари аҵх лгәаларшәо Наира иазгәалҭоит Аҧсны ахьчара иазгылаз, аибашьраҿы иҭахаз Лолита Ҕәынџьиа-ҧҳа лабџьар лыманы аухантәарак аҩны дакәшо ахәыҷқәеи аҳәсеи шылыхьчоз.

Аҵх цәгьаҧсышьала ирхыргеит. Ацәылашара адәы ианаақәлоз аламҭалазы ҧҳәыс быргк дааит «ирласны  шәҽеидышәкыл, Аҳабла ҿыц аҟны инхо аҳәсеи ахәыҷқәеи абыргцәеи зегьы Аҟәа алҵра иаҿуп»,– ҳәа. Иҟалҵагәышьоз Наира, лыҧшқацәа лыманы зегьы ахьцоз ларгьы дцар акәхеит. Лыҧшәма Руслан иакәзар, ихабар ҳәа акгьы лыздыруамызт.

Руслан Аҳабла ҿыц аҟны инхоз аҧсуа ҷкәынцәагьы иаргьы рҽеидкыланы игылан «Ветерок» аҟны. Анаҩс урҭ ииасыр акәхеит Гәымсҭа нырцәҟа. Ахырҕәҕәарҭа ааныркылеит Ешыра.  Убасҟан ргәыҧгьы хьӡыс иарҭеит «Ветерок». Агәыҧ раҧхьатәи командирс даман Рауль Бигәаа. Руслан ари агәыҧ аҟны ицҟан иҧсы еиҧш бзиа иибоз иҩызцәа гәакьақәа Едуард Касланӡиа, Борис Инаҧшьба, Борис Џьопуа. Абарҭ аиҩызцәа рахьынтә деиқәхеит Борис Џьопуа. Уи аибашьра далҵит даара ааха ҕәҕәа иманы. Екатерина Бебиа лышәҟәы «Аибашьра иҧнашәаз афырхацәа» зыхьӡу аҟны ҳаҧхьоит арҭ аиҩызцәа гәакьақәа абҵас ирзыҟаз, даргьы «ҳаб» ҳәа зарҳәоз Шьалуа Гыцба иҿцәажәара. Уи уҟа иҳәоит иара ихатәы ҷкәын дыши­мамыз, аха абарҭ ахацәарҧар рзы «Шьалуа иҷкәынцәа» ҳәа анырҳәалак, иара изы ишжәҩангәашәҧхьараз.

Руслан Лагәлаа дызлаз агәыҧ «Ветерок» Ешыра ахырҕәҕәарҭақәа рҟны аҭабиа иҭатәан. Ҭабиак аҟны ицҟан Едик Касланӡиеи Борис Џьопуеи. Урҭ рыхҩык бџьарк акәын ирымаз. Уи автомат зтәыз Руслан иакәын. Иҟан мчыбжьыла изыҧсахуа дры­мамкәа аҭабиаҿ ианаанхозгьы.

Ҩымз инарзынаҧшуа Руслан иҭаацәа рхабар издыруамызт. Анаҩсан еиликааит урҭ Маиҟәаҧ ақалақь аҟны ишыҟаз. Урҭ уа рыҟазаара иалагӡаны Руслан ҩынтә роуп иҭаацәа рыбла данҭаҧшыз.

Аҩынтәраан  иҭаацәа рбара ҳәа данцоз ажәыларазы иҷыдоу агәыҧ асиахь иҽаниҵахьан. Уи агәыҧ иаҵанакуаз зегьы ибзиаӡаны иаадыруеит. Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы март 15-16 арыцхәқәа аанхоит игәыхьны. Абарҭ амшқәа рзы Аҧснытәи архәҭақәа рҽазыршәоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра. Аха рыцҳарас иҟалаз, уи ажәылара лҵшәадахоит. Арҭ амшқәа рзы иҭахеит 222-ҩык ҳҵеицәа, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык. Абри ашьаарҵәыратә жәылараан дҭахоит Руслан Лагәлаагьы. Иара убасгьы уи ицҭахоит иҩызцәа гәакьақәа Едик Касланӡиеи Борис Инаҧшьбеи.

Марттәи ажәыларазы иарбаз аплан инақәыршәаны, амотохысратә архәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ҭыҧқәак рыҟны рыҽдырҕәҕәар акәын, жәҩанлеи мшынлеи ироураны иҟаз ацхыраара залмыршахеит. Изыхҟьазаалакгьы, Аҟәа ахақәиҭтәразы иҷыдоу асиа зҽанҵаны жәылара ицаз ҳҵеицәа рахьынтә ихынҳәыз еиҳа имаҷыҩхеит, ихнымҳәыз раасҭа. Руслан Лагәлаа иакәзар, иҧшәма ҧҳәыс ишылҳәо ала, урҭ ргәыҧ аҟынтәи шәаџьҳәаҩыкгьы даанымхеит.

Наира илдыруан ажәылара шыҟалаз. Урҭ Маиҟәаҧ иахьыҟаз ажәабжь раҳауан. Зны аҧсуаа Аҟәа амацәаз иҭаркит ҳәа ажәабжьны иаарылҩит. Наира леиҧш зыҧшқацәа зманы уа иҟаз егьырҭ аҳәсақәагьы ргәырҕьара ҳәаа амамызт. «Аха усҟан ҳара ҳтәқәа ракәзаарын амацәаз иҭакыз…», – лҳәоит Наира лылаҕырӡ рыцқьо. Лара ажәабжь ҳәа акгьы еилкааны илыздыруамызт, дыгәжәажәон. Уахык дахьынашьҭалаз илбоит аҧхыӡ. Руслан алақәа дырфан Ареспуб­ликатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп ҳәа. Ари аҧхыӡ Наира даара даргәаҭеит. Уи акәхеит, лабхәында длышьҭаланы Маиҟәаҧ днеит. Дымхынҳәӡеит, иҧсы ҭоу иҭаму ҳаздыруам иҳәеит. Иҟалҵагәшьоз Наира, лхәыҷы аиҵбы даашьҭыхны дааит Гәдоуҭаҟа, ҩыџьа лхәыҷқәа уаҟа иааныжьны. Наира илгәалалыршәоит ахәыҷқәа рбараҿы даараӡа ацхыраара ду шлырҭоз Ашәаа рҭаацәара. Урҭ роуп егьырҭ лхәыҷқәа ҩыџьа збоз, лара Гәдоуҭаҟа лабхәында дицны данааз.

Абринахыс Руслан иҭаацәара ҵааҧшаауа идәықәын, џьара ихабарк раҳауазар ҳәа. Руслан иаб иакәзар, уахгьы-ҽынгьы ииҳәоз акакәын: «сыҷкәын ибаҩ саур, иҧсы ҭоушәа збон».

Аҧсуаа ҳҟны ирҳәоит «имгәыҕкәа иҧсхьада» ҳәа. Агәыҕра рыман Руслан иҭаацәара, агәыҕра лыман Наирагьы, иҧсы ҭаны дыҟазар ҳәа. Ус дышгәыҕуаз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеит. Еилкаахеит марттәи ажәылараан иҭахаз ҳарҧарацәа анышә иахьамадаз аҭыҧ. Ноиабр мза, 1993 шықәсазы Ареспубликатә хәышәтәырҭа авараҿы ижыз ҳаҷкәынцәа рыҧсыбаҩқәа анырҧшаауаз Руслан Лагәла иҧсыбаҩгьы рыҧшааит. Фымз шыҵхьазгьы уи дудырратәы дыҟан. Абар Наира илбаз лыҧхыӡгьы. Руслан алақәа дырфан Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп…

Руслан Лагәлаа иаб, иҧа ибаҩ аниоу, иҧсы ҭаны дибазшәа дгәырҕьон. Усҟан ирҧшааз ҳарҧарцәа анышә иамардон рыҧсы  зыхҭнырҵаз рықалақь Аҟәа агәаны, иахьа Ахьӡ-Аҧша апарк ахьыҟоу. Аха аб иҭаххеит уи иҷкәын инышәнап ҟаларц дахьиз-дахьааӡаз иқыҭа гәакьа Арасаӡыхь ақыҭан.

Аҧсуара зегьы раҧхьа изыргылоз, аҩыза изы зыҧсы ҭызхуаз, ҧсуа ламысла иааӡаз Руслан Шьаликәа-иԥа Лагәлаа ианашьоуп Леон иорден. Аибашьра анеибашьраха хымҧада ауаа ҭахоит. Зегьы еибганы уи амца шыра изалҵуам. Аха дышҭахаҵәҟьо дырны, иҷыдоу асиа «смертник» зҽанҵаны жәылара ицаз, уи дфырхаҵоуп иагьиқәнагоуп ианашьазарц ахьӡ ҳаракы – Аҧсны Афырхаҵа. Руслан Лагәла иҷыду асиа иҽананиҵоз уи хымҧада дрызхәыцуан ихшара, иҧсадгьыл, иуаажәлар. Иҩызцәеи иареи уи асиахь зҽанызҵаз, аҧсҭазаара рҭахымкәан акәӡам ишыҟарҵаз, урҭ аҧхьаҟа Аҧсынра еизҳарц, еиҵыҵырҵ, еиҵагыло аҿар рыдгьыл аҿы иаҧшәамацәаны иҟаларц азоуп рхы изамеигӡаз. Убри ҳмырӡуа Анцәа иҟаиҵааит!


Шарида Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me