Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Охәреи иаӡрыжәыз

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра мҵысыцызт, аха аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын. Убри аҟнытә, Аҧсны анапхгара рықәҵарала аус ауан «Ауааҧсыра рхымҩаҧгашьа ҷыда арежим». Уи аҧҟара  ақәныҟәаразы, иаҭахын аиҿкааратә усура. Аҧсны азинхьчаратә усбарҭақәа апориадок ахылаҧшразы имҩаҧыргоз аусураҿы ирывагылон, ацхыраара рырҭон аҩнуҵҟатәи архәҭақәа  рполк аруаагьы. Аҧсны мрагыларатәи ахәҭаҿы, Охәреитәи арратә гарнизон аҟны аррамаҵура иахысуази амилициа аусзуҩцәеи еилахәны Охәреии Гәдааи ахырҕәҕәарҭақәа еиҿкааны апостқәа ҟаҵаны амҩаду аҟны имҩасуаз амашьынақәа аанкыланы игәарҭон. Очамчыратәи ачаи фабрика, ача зауад, араион Ахадара уҳәа акрызҵазкуаз аҭыҧқәа ирхылаҧшуан. Аӡиасқәа Аалӡгеи Мықәи ирхыз ацҳақәа ракәзар, ақырҭқәа алаҕәым рыҵаҵаны ишрымаз гәарҭахьан, ашәарҭара аҧдырҟәҟәаахьан. Еилкаан урҭ ацҳақәа ҧыржәарц ргәы ишҭаз. Уи нахыс ацҳақәагьы рылаҧш рхын.

Охәреитәи апост аҟны еснагь агәҽанызаара аҭахын. Избан акәзар, Қырҭтәылантә Егры аҳәаа иахысны Аҧсны иалалон еиуеиҧшым агәыҧқәа, урҭ рахьтә иҟан абџьарла еиқәныхызгьы. Амашьынақәа раанкылараан шәыблак ухазар акәын. Еиҳарак рхашәа хы рымбо рҽыҟарҵон «Мхедриони» еиуаз. Урҭ анаара игәарҭахьан, рыӡбахәгьы раҳахьан.

Охәреитәи агарнизон аиҳабы, акапитан Хәыхәыт Бганба инапаҵаҟа иҟаз иҩызцәеи иареи рзы аҭагылазаашьа ҷыда ахылаҧшра мариамызт, аха руалҧшьа нарыгӡон. Зныкымкәа абџьарла еиқәныхыз зҭатәаз амашьынақәа ааныркылахьан, рабџьарқәагьы рымырххьан. Хә.Бганба дзықәгәыҕуаз раҧхьа игылаз иреиуан Гиви   Ҭуқиа, Шьаруан Леҧсаиа, Рустем Цәышба.

Арратә гарнизон аҟны амаҵ зуаз Аҧсны аҵеицәа рнапынҵа аҭакҧхықәра ду ацын. Урҭ зегьы еидызкылоз Аҧсадгьыл абзиабара акәын. Охәреи акәша-мыкәша иналаршә-ааларшә ахысыбжьқәа галон. Ар рымаҭәа рышәӡамкәа абџьар зкыз агәыҧқәа аҭагылазаашьа дыруадаҩуан. Ақырҭқәа рхымҩаҧгашьа ауаажәларра-политикатә ҭагыла­заашьа еицәанатәуан. Қырҭтәылантә Аҧсныҟа иаауаз агәыҧқәа ирыхҟьаны ана-ара аҭыҧ змаз аидыххыларақәа, аиҿагыларақәа аҭынчра ашәарҭара иҭадыргылон. Қырҭтәыла аҩнуҵҟагьы аҭагылазаашьа ҭышәынтәаламызт. Ари акырӡа иаҧырхаган Аҧсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа. Ахҭысқәа рыҿиашьа шьақәнарҕәҕәон Аҧсны ақырҭқәеи аҧсуааи реиҿагыларахь ишкылнагоз. Қырҭтәыла аҭагылазаашьа еиҳагьы иҽеимызт, ақырҭқәа рыҩнуҵҟа ашьа каҭәахьан, мчыла дахырҳәахьан раҧхьатәи рхада Гамсахурдиа. Қырҭтәыла аамҭалатәи амчра анапаҿы иҟалахьан Е.Шеварднаӡе еиҳабыс дзауз Аҳәынҭсовет. Гамсахурдиа данахырҳәа ашьҭахь, уи идгылаҩцәа ирышьҭазшәа аҽыҵгақәа ҧшааны, зинк ылымхӡакәа, ишаарымҧыхьашәоз Аҧсныҟа рҿаархон архәҭа «Мхедриони» иалаз. Убасала ауп 1992 ш. август 14 рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аҧсны ишалалаз абџьарла еиқәных аибашьыгатә техника иацны. Иаалырҟьаны излаҧшьыргаз ала, ҿагыларак рымаӡамкәа Галнӡа иааит, уантә амҩаду ианыршәланы Очамчыраҟа амҩа иқәлеит. Ус, Охәреинтәи ахырҕәҕәарҭаҿынӡа иааӡеит. Апост аиҳабы Гиви Ҭурқиа иҩызцәеи иареи руалҧшьа нарыгӡон. Ианынаҧш игәарҭеит аруаа рыла иҭәыз автобус «Икарус», уи иашьҭагылан аибашьыга атанкқәа хҧа, агаубица зыцраҳәаз БТР. Охәреи апост рҽаназааигәартә иаангылеит. Автобус иҭаз аруаа рҧыза ихьчаҩцәа ицны амашьына дынҭыҵын апост иахылаҧшуаз днарыдгылеит. «Дарбан араҟа еиҳабыс иҟоу?» – дҵааит иаразнак. «Сара соуп», – иҳәан Гиви Ҭурқиа аҭак наииҭеит. «Сара Чакветаӡе соуп, адҵа  сымоуп, ҳаиасроуп», – инациҵеит уи. «Шәаҳзоужьӡом, ус еиҧш акгьы ҳаздырӡом, дыррак ҳамаӡам, насгьы ҳкомандир дыҟаӡам, дааиуеит», – иаразнак инапынҵа инақәыршәаны ҿааиҭит Гиви. «Ус анакәха, ҳааҧшуеит», – иҳәеит Чакветаӡе.

Дук мырҵыкәа автобус иҭаз аруаа ҭыҵит. Цәгьарак ргәы иҭаӡамшәа, аамысҭашәала рхы мҩаҧыргон, ҭынч ирацәажәон.

Ус, иаалырҟьаны «зегьы шәабџьар шьҭашәҵа» ҳәа рыбжьы дыргеит, насгьы гәҽан­ҵагас хыхь ихысит. Насҭха игылаз Шьаруан Леԥсаиеи Џьадон Қәҭелиеи ракәзаргьы, инақәырццакны хыхь ирханы рабџьар ҭдырҟьеит. Џьадан али-ҧси рыбжьара ирымаз ркәылӡы машьына дынҭалеит, ахысра иаззырхиозгьы днишьҭалеит. Ирхыкны ахысра иалагеит. Ақырҭқәа руаӡәк акәылӡы машьына аҧхьа асаркьа ахьамоу иақәкны дхысит, хәба-фба хы ақәшәеит, насгьы уи ихысыз уахь иҿынаихоит дхаланы аграната ҭаижьырц. Аха уи аамҭазы ркомандир адҵа ииҭеит ишьҭахьҟа дхынҳәырц. Нас  иҽааникылеит.

Убри аамҭа иалагӡаны ақырҭқәа ҩ-гәыҧк рыҽшаны апост иакәшеит. Наҟ-ааҟ иааиҿагылеит. Акыр еиҿыхон, аха ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа урҭ рымч рықәхомызт, насгьы ирыкәшаны амацәаз иҭаркхьан. Убри аҟнытә, рабџьар шьҭарымҵар амуит.

Аҽны Охәреитәи апост иахылаҧшуаз зегьы рытҟәеит. Иаарласны  инарыдыххылаз Хәыхәыт Бганба иҩызцәеи иареи ааныркылеит. Хара имгакәа, аҭагылазаашьа аилкааразы Охәреи инеиз Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Михаил Гәыргәлиа иакәзаргьы, дааныркылт. Усҟан ақырҭқәа зҭатәаз автобусқәа хәба-фба еицрыхәхәа игылахьан. Аибашьыга техникеи автобусқәеи  рыла иаауаз ақырҭуа қәылаҩцәа 500-ҩык  иреиҵамызт.

Охәреи иртҟәаз зегьы автобус инҭартәаны Гал инаргеит. Аамҭа жәаҩа рыбжа аҟынӡа инеихьан. Гал араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша анапаҵаҟа иҟаз аамҭалатәи ауада иҩнаркит, М.Гәыргәлиа хазы даҽа уадак ахь диарегит.

Аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара иалагылаз Хә.Бганба (иҧсҭазаара далҵит – 2012 ш. март 21 рзы) Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа, 1992 ш. ианвар инаркны Аҧсны аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аҟны иуалҧшьа наигӡон, аҧхьа авзвод акомандирс дыҟан, ашьҭахь – арота акомандирс. Уи нахыс ауп Охәреитәи арратә гарнизон аиҳабыс даниаргаз.

Август 18 рзы, ҳаруаа ахьҭакыз ахылаҧшцәа ирыҳәеит адәахьы идәылыргарц, ҧшак нарҿадырсырц. Мап рцәырымкит. Адәахьы иандәылырга, акыр инаҧшааҧшит аха ибналартә  аҭагылазаашьа ыҟамызт. Ҧыҭрак ашьҭахь ҩаҧхьа инаганы инҭаркит. (Рыхшыҩ еилаҵаны абналара ҟазшьас иарҭашаз иазхәыцуан, ргәы рҭынчны итәамызт).

Ахәылҧаз амилициа иреиуаз аӡәы Хәыхәыт иҩызцәа днарылиган араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩ иахь днеигеит. Уаҟа дыҟан абаандаҩцәа рҭакырҭа аиҳабгьы. Иҿахәы иҿырхырц иаҧшьыргеит, аха ирыхәоз акгьы анырмаҳа, уахь дназгаз дырхынҳәны иҩызцәа ахьҭакыз дигеит. Амҩан уи диҳәеит, аҩнуҵҟа акырӡа иахьшоураз аҟнытә, ауыха адәахьы иаанрыжьырц, аха дазыразымхеит, амала акоридор ахь идәылыргеит.  

Аҷкәынцәа зынӡа 27-ҩык еицын. Акоридор ахь иандәылырга, гәыҧ-гәыҧла рыҽшаны иаатәеит. Аҷаҧшьаҩ акоридор дыбжьы­ҧшны ибарҭан, иахьеилатәаз, илаҧш рхын. Ус, ашьшьыҳәа аӡәаӡәала аҧенџьыр змаз  ауадахь аҩналара аҧшьыргеит. Аҧенџьыр аартны аихатәы лаба хҵәахак аҵаргыланы, идымҵакәа иаанрыжьит. Ауыха, ахылаҧшҩы дхырҟәысуа дыштәаз, ацәа данҭанагала инақәыршәаны, ҵхыбжьон аҧенџьыр ала икылсны ибналеит. Амҩан џьарак еибаҧшааит ашарҧаз, асааҭ ҧшьба рзы. Ақалақь авокзал ахь рхы рханы инеиуан. Аихамҩаҿ ианнеи, уи ианыланы рҿынархеит. Аҵх еилгамызт, адәахьы ақәа леиуан. Шьапыла мацара Аҽгәаранӡа иааӡахьан. Ишыбналаз гәазҭаз рҽеибаркны ирышьҭалахьазаарын. Амҩан игәазҭаз хаҵак рыцәгьа иҳәазаарын, рышьҭа  ихыланы иаауан.

Бабасыр аӡиас ахықәан амилициа аусзуҩцәа рыкәшеит. Абналара иахьӡаз аӡәык-ҩыџьак ракәымзар, зегьы шеицыз уаанӡа иахьҭакыз Гал инаргеит. Изцәыбналаз ахылаҧшцәа дара ахьҭакыз аҭыҵаҿ иҭаркхьан инаганы,  урҭ инарыцҭаркит.

Очамчыра араион Ахадара аиҳабы М.Гәыргәлиа днарыц­ҵаны атҟәацәа  Қәҭешьҟа идәықәырҵеит (араион ахада уантә Қарҭҟа дрышьҭит). Қәҭешь иахьнаргаз 56-мшы иҭакын. Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа Гагра ахы ианақәи­ҭыртә ашьҭахь, октиабр 8 рзы Қәҭешь иҭакыз арҧарцәа Гагра аҭарцәраан иртҟәаз ақырҭцәа гәыҧҩыки дареи еиҭнырыҧсахт. Қәҭешьнтәи Бамбора иҟаз аурысқәа рырратә ҳаиртә баҕәазаҿ инаргеит. Абасала, аџьамыҕәа рыхганы, рцәеи-рыбаҩи еикәыршаны рыдгьыл гәакьа ршьапы нықәдыргылеит.

Хә.Бганба иҩызцәа реиҧш, аамҭак азы ахәышәтәырҭаҿ игәабзиара шьақәиргылон. Хара имгакәа ишьара дықәлеит. Рацәак мырҵыкәа иҩызцәа гәыҧҩык ицны Гәымсҭатәи ахырҕә­ҕәарҭахь дцеит. Аҧсадгьыл ахьчаҩ иеибашь­ратә мҩа иациҵон.

Охәреи иаӡрыжәхьаз Хә.Бганба иаарласны  Аҩада-Ешыратәи аҩбатәи абаталион аштаб аиҳабыс  дрышьҭуеит. Хәымш  ракәын иҵхьаз, уантә аамҭала Гәдоуҭаҟа диаргоит. И. Иаганови иареи рнапы ианырҵоит ҕбала Очамчыраҟа ицараны иҟаз амшын десант разырхиара. Ҩымш ирыла­гӡаны Очамчыраа рыҷкәынцәа 82-ҩык асиа рҽанырҵеит.

И. Иаганов ԥызас дызмаз ҳаибашьцәа Гәдоуҭантә ҕбала амҩа иқәлеит октиабр 26 рзы. Очамчыраҟа амҩа ишықәыз амшын ацәқәырҧа ҵысит, аҕба иҭаз рыҧсҭазаарагьы ашәарҭара инҭагылеит. Аҕба ҕәҕәала амшын иаҟьон. Досу изы ҧышәара духеит ари аҵх. Ирулакгьы, машәыр рмыхькәа Гәдоуҭаҟа игьежьит.

Аҧсадгьыл ахьчаҩ Хә.Бганба иеибашьра амҩа даараӡа ишлакьуазгьы, аҧхьа иргылон Аҧсни аҧсуа жәлари рлахьынҵа. Ноиабр инаркны декабр 14 рзынӡа Мрагыларатәи афронт аҟны дыҟан, 1993  ш. ианвар инаркны апрельнӡа – Аҧсны атәылахьчара аминистрра аштаб аҟны. Март 15-16 рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара далахәын. Инысымҩа аҟны изларбоу ала, 1993 ш. маи 5 рзы атәылахьчара аминистр идҵала ҩаҧхьа Мрагыларатәи афронт ахь дышьҭын аминистрра ахаҭарнак иаҳасабала, архәҭақәа рықәҧара аҳәаақәҵаразы. Тамшьтәи амшын десант аӡхыҵра убрахь иналаҵаны, акомандаҟаҵара еиҿнакаауаз ажәыларақәа рплан аиқәыршәара далахәын. Хаҭала далахәын Кәачара, Тамшь, Ануаархәы уҳәа рҟны ажәыларақәа, Кәыдры ацҳаҿы ақәылаҩцәа раанкылара. 1993 ш. ииун инаркны Мрагыларатәи архәҭақәа рхыхьчара акомитет ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡон. Аиааира ашьҭахьгьы Хә.Бганба акраамҭа армаҭәа ишәимхӡеит. 1995 ш. маи нахыс акәзар, арезерв аҟны иҟаз Аҟәатәи актәи абригада акомандирс дыҟан, аподполковник ичын иман. 1994  ш. рзы ианаршьеит Леон иорден. 1996-2004 ш.ш. раан Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы ихаҭыҧуаҩс аус иуан.

Иаамҭамкәа зыҧсҭазаара ҿахҵәаз Аҧсадгьыл ахьчаҩ, апатриот Хәыхәыт Бганба изы Аҧсны Аџьын­џьтәылатә еибашьра раҧхьатәи амш, раҧхьатәи асааҭқәа инадыркны ахы акит иеибашьра амҩа. Ега мыҟәмабара ихигазаргьы, Аиааира амш даҧылеит. Иара изы уи ҳәаак змаӡамыз гәырҕьаран. Аҧсҭазаараҿы, аибашьраан еиҧш, уи ашьҭахьгьы ижәлар ринтересқәа рыхьчараҿы дгылан, хьаҳәхьачарак ҟамҵаӡакәа дагьазааҧсон. Амала лассы-лассы ихы-иҿы лахьеиқәрак иамҽханакуан, уи зызкыз аибашьраан ивагылаз, зхы иамеигӡоз, аха Аиааира амш изахьымӡаз иҩызцәа, иқәлацәа ракәын. Урҭ рыҟамзаара хьааигон, аҧсҭазаарагьы ихы ахибаауан. Аха ихы даиааины, аханатә ишиҟазшьаз еиҧш, аҕьараҳәа иуаажәлар дрылагылан, ламысла иҧсадгьыл амаҵ иуан. Уи, мшаҽнеиҧш, иреиҳау уалҧшьаны иҧхьаӡон. Аибашьра ашьҭахь аӡәырҩы рлахьынҵа ишалаз еиҧш, акыр заа идунеи иҧсахит. Изааигәаз, дыздыруаз даараӡа гәалсра дула ирыдыркылеит. Аха иҿымцәааит Хәыхәыт Бганба ихәышҭаара, ирызҳауеит ихшара. 2014 ш. рзы акәзар, игәалашәара аҳаҭыр азы дахьынхоз Ачадара ақыҭа амҩақәа руак ихьӡ ахҵоуп.


В.Аҧҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me