Ажәеи ашәеи анхеибарҭәаауа

Акыр шықәса раахыс ахәаҧшцәа  ибзианы дыр­дыруеит аоператә шәа­ҳәаҩы изанааҭ змоу, арҵаҩы, ааӡаҩ, аиҭагаҩ, Аҧсны жәлар рартист Борис Амҷба. Февраль 17 рзы уи 85  ш. ихыҵра аиубилеи агәалаҟара бзиа иманы даҧылеит. Аханатә еиҧш, аҟазара амаҵ азызуа ашәаҳәаҩ ирҿиаратә мҩа мҽхакы ҭбаала еиларсуп.

Б.Амҷба диит 1938  ш. рзы Очамчыра араион Ҕәада ақыҭан. Абжьаратә ҵара анхиркәша, 1962 ш. рзы   дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҧсуа-англыз ҟәша. Аамҭакала Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿы авокалтә ҟазара дахысуан.

1967 ш. Б.Амҷба игәҭакы наӡеит, аопереи абалети Қарҭтәи ртеатр даднакылеит. Абасала идыррақәа хаирҭәаауан. Данқәыҧшыз инаркны аҟазарахь ишьҭикаахьаз абзиабара есааира ихы агәрагара инаҭон. Иҵара ашықәсқәа раан аоператә аҧҵамҭақәа рҟны еиуеи­ҧшым апартиақәа наигӡон, урҭ иреиуоуп Махаз – аопера  «Даиси» аҟны, Ленски – аопера «Евгени Онегин», «Травиата».

Иреиҳау аҵара хыркәшаны Аҟәаҟа даныхынҳә ахкы­нагӡаҩыс аусура далагеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.  Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо аконцертқәа дрылахәны дықәгылон, иара убас атәыла анҭыҵгьы Б.Амҷба инаигӡоз ашәақәа  рымҽхак ҭбаан, адунеи аҟны еицырдыруа акомпозиторцәа Бах, Пуччини, Верди, Гендель, Чаиковски раҧҵамҭақәа – ариақәа, насгьы Шуберт, Брамс,  Глинка, Даргомыжски рромансқәа, иара убас аҧсуа  композиторцәа И.Лакрба, Р.Гәымба, К.Ченгелиа, Т.Аџьапуа, В.Царгәыш раҧсуа ашәақәа. Ирҿиараҿы аҭыҧ ҷыда ааныркылоит аҧсуа жәлар  рашәақәагьы.  Ашәаҳәаҩ қәҿиара дула инаигӡахьоу рахь иҧхьаӡоуп М.Лакрба илибретто иалхыз Д.Шведов имузыкала иқәыргылаз аопера «Аламыс» аҟны ароль хадақәа ируаку Сеид ипартиа.  Иазгәаҭатәуп алибретто аурыс бызшәа аҟнытә аҧсшәахь ишеиҭеигаз Б.Амҷба ихаҭа.

1975  ш. рзы Б.Амҷба ихҵан «Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. 1986  ш. рзы акәзар, аҟазара аусхк аҟны иааи­рҧшыз аихьӡарақәа ҳасаб рзуны «Аҧсны жәлар рартист» ҳәа ахьӡ ихҵан. 2008 ш. рзы ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден  ахҧатәи аҩаӡара.

1994 ш. Б.Амҷба Р.Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩыс дҟарҵоит. 2001-2011 шықәсқәа раан афилармониа аиҳабыси асахьа­ркыратә напхгаҩыси дыҟан. Ашәаҳәаҩ иааҧсара адуп жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи  зҽаҧсазтәыз аҳәынҭқарратә ансамбль, араҟа  уи ахкынагӡаҩыс дыҟан, ҟазара ҳаракыла аҧсуа ашәақәа  рынагӡаҩ иакәны дырдыруеит.

Б.Амҷба раҧхьатәи аҧсуа оператә шәа­ҳәа­ҩцәа дыруаӡәкуп. 1974-1977  шықәсқәа рзы акәзар, аопереи абалети Қарҭтәи ртеатр аҟны ахкынагӡаҩыс дыҟан. 1976 ш. инаркны 1992 ш. рзынӡа еиуеиҧшым аамҭақәа раан В.Царгәыш напхгара зиҭоз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз аҳәынҭқарратә ансамбль далахәны агастрольқәа мҩаҧнагеит: Польша, Германиа, Чехословакиа, Шьамтәыла, Бырзентәыла, Ефиопиа, Танзаниа, Мозамбик, Мексика, Франциа, Ҭырқәтәыла.

Б. Амҷба ианаамҭаз иахәҭаз азыҟаҵара бзиа иоуит. Хымҧада, уи иабзоурахеит алитература иазхьаҧшра. Аҧсуа ашәақәа ражәақәа жәпакы авторс дрымоуп. Ашәаҳәаҩ дырдыруеит иара убас  еиҭагаҩны. Хазы шәҟәқәаны иҭыҵхьеит англыз бызшәа ахьтә аҧсшәахь  еиҭеигаз Е.Воинич ироман  «Ашхырцәаҕь», У. Шеқспир – «Асонетқәа» (1979), У.Шекспир – «Ҳамлет даниатәи апринц» (2011), 2008 ш. рзы иҭыжьын еиқәиршәаз «Афразеологиатә жәар», иара убас «Англыз-аҧсуа еицәажәага», («Англыз-аурыс-аҧсуа еицәажәага» (2001).

Ҳәара аҭахума, Б.Амҷба ихьӡ иадҳәалоуп раҧхьаӡа иргыланы аопера иаҵанакуа ашәаҳәаратә ҟазара ҳтәылаҿы ашьақәгылара, уи нахыс – иҽыззиклакгьы  ҟазара ҳаракыла дазнеиуан, иагьицааиуан. Убри азоуп еснагь еиҵагыло абиҧарақәа рзы еснагь дыз­ҿырҧшыгоу. Иаргьы, иҟазшьа ишалоу еиҧш, идырреи иҧышәеи рыгирхом, дааӡаҩуп, дымҩақәҵаҩуп. Аҟазара мшаҽнеиҧш иҧсҭазаараҿы ихадоу  аҭыҧ аан­накылоит.


В.Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me