Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Наунагӡа зышьҭа нзыжьыз

Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит  «Аҽы ҧсыр  адәы аҭынхоит, ауаҩы – иажәа».

Аиашазы, ҳазну ари адунеи – уаароуп, уи  ахааназгьы  наунагӡа аӡәгьы ирҭаӡом. Аха ауаҩы идунеи аниҧсахлак ашьҭахь, инижьыз адунеи аҟны ишьҭра аныжьра зегьы ирылшом…

Ахьӡ-Аҧша аорден III аҩаӡареи Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡи занашьаз, арҵаҩы, ааӡаҩ, еиуеиҧшым аҭакзыҧхықәыз аҭыҧқәа еидызбалахьаз, хаҭала, аамҭаказы Аҧсны аҵара аминистрс иҟаз, анаҩс, уи ихаҭыҧуаҩыс. Ҷыдала, аҿар рааӡареи урҭ рдыррақәа реизырҳареи ирызҿлымҳаз, зҧышәа рымаздоз, заамҭагьы иамеигӡоз, зыҧсҭазаара зегьы аҵара, аҵарадырра аиҕьтәра аизырҳара иазкыз  Иуана Саӡба (Асаӡба) иахьа дыҟазҭгьы ихыҵуазаарын 80 шықәса, аха уи иааигәаны дыздыруаз, ҳаҭырла изыҟаз, иҩызцәа, игәакьацәа аус ицызуаз, аҵара зирҵоз зегьы  ргәалашәараҟны дынхеит, зажәеи зуси  еимадаз уаҩны, хәы змам аҭынха нзыжьыз рҵаҩ дуны.

«Иуана Саӡба ихаҧ­шьгарала 1979 шықәсазы  зҭыҵра еиҿкаахаз, редактор хадасгьы дызмаз аҭҵаарадырра-педагогикатә журнал «Ашколи аҧсҭазаареи» аҟны, иреиҳау аҵара сшалгаз еиҧш, 1981  шықәсазы аусура салагеит, уижьҭеи 40 шықәса инарзынаҧшуа иҵуеит. Иуана Саӡба инапаҵаҟа аус зуаз аӡәырҩы реиҧш ҿыҕә­ҕәала исҳәар  сылшоит, насыҧ змаз аӡә сакәын ҳәа, ус еиҧш аразҟы Анцәа иахьсаҭәеишьаз азы.

Уи иана­ҭахызгьы даара  дыџьбаран, аха зус даара ибзианы, инамыцхәынгьы издыруаз, зыҿҵаа мариаз, аус зцура маншәалаз,  иарбан зҵааразаалак аҭак аҟаҵара зылшоз, иазыхиаз, еснагь ҳзыдҵаалоз, здырра ҵаулаз, зылаҧшҳәаа ҭбааз, зҧышәа ҳамаздоз ҳарҵаҩ ду иакәын. Уи изанааҭ инаҷыдангьы, егьырҭ амаҭәарқәагьы изеиҧшны идыруан, идыр­рақәа ҵаулан. Хаҭала, сара дыррак сыманы сҟалазар, Иуана Саӡба иоуп изыбзоуроу», – абас дҳацәажәон акыршықәса инеи­ҧынкылан Иуана Саӡба инапхгараҟны аус зуаз, иахьа уи иус иацызҵо аҭҵаарадырра-педагогикатә журнал «Ашколи аҧсҭазаареи» аредактор хада Лиалиа Чамагәуа-ҧҳа.

«Иуана Саӡба занааҭла дматематикын, аха аҧсуа бызшәа даара иҵауланы идыруан. Изанааҭи аҧсуа бызшәеи рдырра ҵаула ирыбзоуроуп хықәкыла иҧсҭазаара зегь зызкыз, – актәи акласс инаркны аҧшьбатәи акласс аҟынӡа, аиҵбыратә классқәа ирыҵаркуаз аматематика – амаҭәар аҧсышәала аиқәыршәареи аурыс бызшәахьтә аҧсшәахь еиҭаганы арҵага  шәҟәқәа рҭыжьра» ҳәа наҵшьны иазгәалҭеит Лиалиа Чамагәуа-ҧҳа ҳаиҿцәажәараан. Анаҩс, уи иазгәалҭеит, Иуана Саӡба арҵага шәҟәқәа инарҷыдангьы, хыҧхьаӡара рацәала аметодикатә цхыраагӡақәа шеиқәиршәахьаз, иагьшеиҭеигахьаз.

Аҭҵаарадырра-педагогикатә журнал «Ашколи аҧсҭазаареи» аҧсуа аҟәша аредактор Марина Тәан-ҧҳа, Иуана Саӡба аус ицызуаз иҩызцәа лассы-лассы иажәеи иуси шыргәалашәо, «Иуана дыҟазар игәаҧхарызу, иахиҳәаарызеи?» ҳәа ианазхәыцуа шыҟоу, уи цәалажьыла дышрылагыламгьы, инапхгара аамҭа хьааганы иӡбахә шырҳәо, игәалашәара шрыцу азгәаҭо, «Аҵарауаҩ нага, ган рацәала аҵара змаз, «ходячая энциклопедия» ҳәа заҳҳәоз Иуана Саӡба «асааҭ бзиа» аусушьа еиҧш акәын иусушьа  шыҟаз. Ахаан аусура дагханы сгәалашәом, инапхгараҿы аус зуазгьы агхар иуӡомызт. Аусураҿы дыџьбаран, алеишәа еиқәырханы иман, аха аҧсҭазаараҿы даҳҩызан.

Уи абык иеиҧш даҳхагылан, зегьы хшыҩзышьҭра риҭон, инапхгараҿы аусура,  хаҭала сара сзы даара инасыҧ дууп, иахьа ак здыруа сыҟазар изыбзоуроу Иуана Саӡба иоуп.

Аколлектив аҿы аҵарадырра аизырҳара, ҭакҧхықәрала аусура азнеира инаҷыданы иҳалаиааӡеит аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭы­реиқәҵара. Уи инапхгараҿы аус анаауаз ҳажәеи ҳуси  акын, ус ауп иахьагьы» – лҳәеит уи.

«1972 шықәса раахыс, Ашәҟәҭыжьырҭаҿы аус анызуаз, Аҧсны аҵара Аминистррахь усура сиасаанӡагьы дыздыруан Иуана Саӡба. Уи иҧсҭазаара зегьы зызкыз арҵага шәҟәқәеи амето­дикатә цхыраагӡақәеи рҭыжьразы лассы-лассы аус ахьызуаз ашәҟәҭыжьырҭахь дымҩахыҵлон. Аха, напхгаҩык, уаҩык иаҳасабала иааигәаны дыздырыртә аҭа­гылазаашьа  соуит 2000  шықәса инаркны, Аҧсны аҵара Аминистррахь аусура саналага. Аиашазы, уи ашәҟәҭыжьырҭаҿы иҳаҵаиҳәоз, иҳабжьаигоз, иаҳирҵоз даара ирацәан. Хаҭала, иара даара ихы аџьа  аирбон, иарбан усзаалак ҭакҧхықәрала дазнеиуан, иара иусымзгьы, иҵанамкуазгьы ҟаиҵон зыҧшрак ҟамҵакәан, еиҵахарак аныҟалоз аамҭазы. Зегьы драмаран. Иуана Саӡба иеиҧш адырреи ауаҩышьеи, аколлектив рнап­хгараҿы агәцаракреи ахылаҧшреи  аазырҧшуаз иахьатәи аамҭазы иҧшаара уадаҩуп», – дҳацәажәон, лнапхгаҩы дизгәдуны дылгәаларшәо, Аҧсны аҵара Аминистрра Арҵага шәҟәҭы­жьырҭа  аусбарҭа аредакторс аус зуаз,  аҭыжьҩы Лиудмила Ҵереҭели.

Иуана Саӡба Аҧсны аҵара Аминистр ихаҭыҧуаҩыс аус аниуаз, хаҭала, аусуразы  изҩыз арзаҳалгьы иахәаҧшны издызкылаз иара иоуп. Анаҩс, «баагәарак» еиҧш дысзыҟалеит саргьы, аколлектив зегь рзы дшыҟаз еиҧш» – абас лажәа дналагеит ҳаиҿцәажәара хацыркуа 2000  шықәса рзы даара иқәыҧшны Аҧсны аҵара Аминистрраҟны аусура иалагаз, иахьа Аҧсны аҵара  Аминистрра Арҵага шәҟәҭыжьырҭа аусбарҭа аредакторси Аҭҵаарадырра-педагогикатә журнал «Ашколи аҧсҭазаареи» аредактор хада лхаҭыҧуаҩси аус зуа Кристина Қәҭелиа-ҧҳа.

Кристина Қәҭелиа-ҧҳа ҳаиҿцәажәараан дазааҭгылеит Иуана Саӡба аҿар даара гәцаракрыла дшырзыҟаз, урҭ еснагь  дышрызҿлымҳаз. Заҧхьаҟа ак злыҵша, џьара баҩхатәрак зманы иибоз еснагь  рымҩақәҵара, ацхыраара рыҭара дшашьҭаз. Аҧышәа бзиа имаз мҩашьарада алшара шинаҭоз, адырра змаз, аҵара зылшоз, аҧхьаҟа ззанааҭ аҟны ақәҿиарақәа, алҵшәақәа раарҧшра зылшоз аҿар ралҧшаараҿы.

Уи еснагь аҿыц дашьҭан, ҿыцрак алаигалон, дыҧшаауан, ицәаҩамызт иидыруаз аҿы аангылара. Здыррақәа ирыцзымҵоз, ирдыруа азхоны зыҧхьаӡоз ауаа рацәак  ҳаҭыр изрықәмызт, иҩаӡара даара иҳаракын, идырреи иҧышәеи аҿар иҳамаидон, иҿаҳҵааз даара ирацәоуп», – лҳәеит  уи.

Хаҭала, ҳзыҿцәажәоз Иуана Саӡба аус ицызуаз аӡәырҩы еицҿакны иазгәарҭеит, уи  аматематика аиқәы­ршәареи аиҭагареи раан ахархәара зиҭоз атерминқәа шьақәзырҕәҕәоз иара шиакәыз. Анаҩс, арҵага шәҟәқәа реиҭаҭыжьраангьы иара ишьақәирҕәҕәаз атерминқәа ахархәара шрымаз. Имҳәакәан высшьа амам, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иҭыҵыз «Анбан»  шәҟәы Иуана  Саӡба иредакциала ишҭыҵыз. Уи  ашәҟәы, акыр ишәҟәқәа  рҿеиҧш, редакторс дамоуп Лиалиа  Чамагәуа-ҧҳа.

Иуана  Саӡба дышқәыҧшӡазгьы, иреиҳау аҵараиурҭа даналга, иқыҭа  гәакьа Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны директорс аус иуан, анаҩс, зны рҵаҩыс Аҟәатәи алицеи-интернат аҟны. Нас, Аҧснытәи  аҳәынҭқарратә университет аҟны, Аҧсны аҵара Аминистрра аҟны, Аҭҵаарадырра-педагогикатә журнал «Ашколи аҧсҭазаареи» редактор хадас уҳәа уи еснагь  ҩыџьара-хыџьара аусурақәа еидибалон.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Андреи Абыхәба ицхыраарала Иуана Саӡба аҧсуа шрифт акомпиутер ахь ииаигеит. Уи даара ҭҵаарадыррала  дазнеины еиқәиршәеит, аҧсышәала акьыҧхьразы анбанқәа  рыҟәшәара  еиҳа изламаншәалаз ахырхарҭала дазнеины. Иахьа уажәраанӡагьы Аҧсны аҵара Аминистрраҟны, хаҭала иара ишеиқәиршәаз еиҧш, ахархәара амоуп аҧсуа шрифт.

Иуана Саӡба даара ибзианы, иааигәаны дыздыруаз, аус ицызуаз иҩызцәа  рахьтә ҳзыҿцәажәаз аӡәымкәан-ҩыџьамкәан рцәажәараҿы иазгәарҭеит, уи аҧсуа ҵасла иааӡаз, Аҧсуара аныҟәгараҿы аӡә иҵамхоз, Аҧсни аҧсуа жәлари ирыдҳәалаз ахҭысқәа ирызҿлымҳаз, ирылахәыз аӡә шиакәыз. Амилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы иҩызцәа рыгәҭа дышг­ылаз, «Аҧсуа шәҟәы» авторцәагьы  дшыруаӡәку.

Иуана Саӡба еиуеиҧшым аусурақәа шеи­дибалозгьы, иҽахаршәалан иҭаацәа аамҭа шырзиҧшаауаз, даргьы еснагь ишизыҧшыз азгәаҭо, дрыҧхеижьҭеи 15 шықәса инарзынаҧшуа ишҵхьоугьы, уи иацы акәызшәа, ахьаа даара илныҧшуа, илцәыхьанҭаны лаб идҳәалаз агәалашәарақәа хацыркуа ҳаиҿцәажәараан лажәа дналагеит, Иуана Саӡба иҧҳа агәыбжьанытә, хаҭала, аамҭаказы агазеҭ  «Аҧсны» аредакциа аҟны, азанааҭтә зыҟаҵара бзиа зманы аус зуаз, иахьа ашәҟәқәа рҭыжьра азырхиара аус адызуло, «Дизаин-студиа»  анапхгаҩыс иҟоу  Стелла  Саӡ-ҧҳа:

– Сара исгәалашәом, саб ибжьы ҭганы, даҕьуа… Уи еснагь ҭынч, ихааны, ииҳәоз зегьы абжьагажәаны, ихшыҩрҵаганы акәын ишыҟаз. Ҭаацәала зегьы, хәыҷгьы-дугьы ҳаизыҟазаашьа аҧхарра  аҵаны иҟан. Хаҭала, ҳани ҳаби реизыҟазаашьа  даара иҿырҧшыган, урҭ даара ҳаҭыр еиқәырҵон, еизҵаауан, еизыҧшуан, рыбжьара аимак-аиҿак аҭыҧ амамызт, еснагь иҭышәынтәаланы, иарбан зҵааразаалак аҿы – акы иазааиуан. Саб даара Аҧсуара шныҟәигозгьы, аҧсуаҵас ииашам ҳәа  ишыршьогьы, сан Алла лыхьӡуп, иара «Аллачка» ҳәа леиҳәон. Хаҭала, саҳәшьцәеи сареи ҳаны­хәыҷқәазгьы иан­ҳазҳагьы, ҳангьы ҵарадыррала  дышхәыдамызгьы, џьара ак анаҳзеи­лымкаауаз, зҵаарак анҳазцәырҵуаз, ҳаб иаара ҳазыҧшуан, бзиа иаабон уи  ҳаниа­зҵаауаз, аҭак анҳаиҭоз. Аиашазы,  уи иҳаиҭоз аҭак  еснагь  игәылҭәаан, иҵаулан.

Исгәалашәоит, ҳаныхәыҷқәаз аҧсуа лакәқәа шаҳзеиҭеиҳәоз, аҧсуа литература аҟнытә ҿырҳәала иидыруаз арҿиамҭақәа рацәан. Уи ауаҩы мчыла ак идцалара иҟазшьамызт, имырхьаакәа, џьара акы уаниазҵаауаз, «абри ашәҟәы аашьҭыхны бнахәаҧшыр, уи инарҵауланы аҭак ануп, зегь банаҳәоит» ҳәа ухы иҭеигалон,  ашәҟәыҧхьара агәбылрагьы ус ауп хәыҷы-хәыҷла ишаҳиркыз.

Стеллеи  ҳареи  ҳаиҿцәажәараан излалҳәаз ала, уи лаҳәшьа аиҳабы Жанна занааҭла дфизикуп, аиҵбы  Илона занааҭла декономиступ, ран Алла Ҷкадуа анемец бызшәа арҵаҩыс аус луеит шықәсы рацәала.  Аиаҳәшьцәа рыхҩык раб ишьҭра  алырхит. Жанна  лакәзар, лаб аиҭагара аус аҿы дицхраауан, дивагылан,  аха Жаннеи Илонеи рҭаацәаратә ҭагылазаашьа  иахҟьаны  рзанааҭқәа  рыла аус  руӡом. Стелла аусура  аганахьала, еиҳа лаб дидҳәалан, аамҭаказы  инапхгараҿгьы аус луан, иахьагьы  лус иацылҵоит.

«Ҳзыргәамҵуа ак ыҟазар, ма ус  хҭыск, гәаанагарак ицеиҩаҳшар ҳҭахызар, аамҭа ҧшааны даҳзыӡырҩуан, ҳагәҭакы ҳахьирхәуамызт иҿахҵәаны. Иара игәы иаанаго нацҵаны, цқьа ҳазхәыцырц ҳаб­жьаигон. Ихшареи имаҭацәеи зегьы  гәцаракрала, зегьы еиҧшны даҳзыҟан. Зегьы хаҭа-хаҭала агәаанагара ҳаман, уажәгьы иҳамазар акәхап, «зегь реиҳа сара бзиа сибон» ҳәа. Аха мап… уи изыҟазаашьа, игәцаракра, иҧхарра, ихӡыӡаара ус агәаанагара ҳнаҭон, саб, неилых ҟамҵакәан, ихшара ҳахҩыки дызхаанхаз имаҭацәа 7-ҩыки еиҧшны бзиа еицибон», – дҳацәажәон  Стелла.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо Стелла иазгәалҭеит, лаб дзыҿцаауаз аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, лассы-лассы рыҩны тәарҭас-гыларҭас измаз лаб иҩызцәа, уи  аус ицызуаз, аҵара зирҵоз истудентцәеи  иҵаҩцәеи лареи  анеибабо лаб Иуана Саӡба дахьыргәалашәо, иҧханы иӡбахә анырҳәо лгәы шаладуу.

Аиашазы, Иуана Саӡба иеиҧш зышьҭа аанзыжьыз ауаа, ахааназгьы ргәалашәара ыӡӡом.


Алиса  Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me