Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәымшәара аамҭа

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аан Кындыҕ ақыҭа раҧхьатәи амш азы

1992 шықәса август 14 егьырҭ аҧхын мшқәа ирылукаауамызт. Аҽны амра каххаа иҧхон. Шьыжьнаҵгьы иубартә иҟан амш шыбзиаз. Кындыҕ ақыҭа анхацәа досу рхатә усқәа напы ддыркхьан. Ҭагалан ааира иазыҧшын, уи ашықәсан зегьы аҳауа рнаалеит, рымхқәагьы аџьықәреи аҽаҩра  бзарыбзаруа иҭагылан. Абжьааҧнеиҧш, ақыҭа ҧсҭазаара еилашуан. Амала анхацәа гәҭынчмрак ҩнуҵҟала иаргәамҵуан, ршьара ианықәҟьозгьы ҟалалон. Избан акәзар, Қырҭтәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа зны-зынла аибарххарақәа рҟынӡа инанагон, ауаажәларратә ҭагылазаашьа ҭышәынтәаламызт. Ҳажәлар зегьы реиҧш, Кындыҕаагьы ахьааиқәшәоз аполитика иналамцәажәар ауамызт, еиҳарак абыргцәа еидырхәыцлоз рацәан. Ажәытәаҿатә ргәаладыршәон. Ибзианы иргәалашәон Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа, урҭ рахьтә иҟан хаҭала Аҧсадгьыл ахьчара иалахәыз, иаадырҧшыз агәымшәаразы аорденқәеи амедалқәеи занашьаз. Шьахәла еилыркаауан аҭынчра шаҟа аҵанакуаз, убри аҟнытә зегьы ирыхӡыӡаауан. Анаџьалбеит, ҩаҧхьа  цәгьарак ҳалаумырҧшын ҳәа неибырҳәалон. Излагылаз аамҭа еиҳа инарҵауланы иахьазхәыцуаз лассы-лассы ҳазшаз иҳәон ҳажәлар абзиара рҧеиҧшзарц.

Аханатә аҧсуа қыҭақәа рҟны ҭагалан ҷыдала иазыҟоуп, избанзар аҿамаҿа иазыҧшуп, ҽаҩраҭагалара ашьҭахь  рҟашәа  еингаланы, ажь иалырхуа рыҩқәа ҭаҭәаны, фатәы-жәтәыла рҽанеиқәдыршәа, ршьамаҟеи, рыҧсасеи, рыҧсаатәи рыла ианеиҵамха, рхыргәы иақәгәырҕьо аӡынра иаҧылон. «Илауҵаз ауп иааурыхуа» ҳәа баша ирҳәом. Абжьааҧнеиҧш, ҭагалан ргәыҕра бзиақәа адырҳәалон, иҭаргалоз гәырҕьа чысны инырхыр рҭахын. Аҭацаагареи, аҵеицәа риреи, ачарақәеи рыла ибеиахарын ҭагалан.

Ргәы иҵхоз шыҟазгьы, агәыҕра бзиа рыманы раҧхьаҟа иҧшуан ақыҭауаа. Ргәы ҭынчмызт, аха «ишыдыдуа қәа ауам» ҳәа шырҳәо  еиҧш, аамҭа бзиак шҧамааири ҳәа иақәгәыҕуан. Ишақәымгәыҕӡоз ҧыхьатәи Асовет Еидгыла  хыбгалеит. Аҳәынҭқарра ду еилаҳап ҳәа ргәы ишаанамгозгьы, иаалырҟьаны аразҟы кьаҿхеит. Убри нахыс ахынҭаҩынҭарақәа ҵысит, Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәынҭқарразинтә еизыҟазаашьақәа уадаҩхеит, аиканреи амақарреи  рымҩа ылырхит. Аҧсуаа рыҧсадгьыл аҧшәмара  рымаркуа аҟынӡа ахымҩаҧгара аҧшьыргахьан Қырҭтәыла амилаҭеилыхыҩцәа. Хаала, мчыла аҽазышәарақәа, ақәгыларақәа, аҳәамҭақәа еихымсыҕьуа аҟынӡа инеихьан. Арҭқәа ҳажәлар рҭагылазаашьа ашәарҭара иҭадыргылон, Аҧсни ҳажәлари рзинқәа рҿаҟәарц иахьашьҭаз бзиарак ахь икылнамгар шамуаз еилукаартә иҟан.

Ега ус акәзаргьы, аӡәгьы игәы иаанагомызт Қырҭтәыла абџьар шьҭыхны  Аҧсны иақәлоит ҳәа. Аха уи ҵабыргхеит 1992 ш. август 14 рзы. Иаалырҟьаны зықьҩыла аибашьцәа бџьарла еиқәных хыҧхьаӡара рацәала акәылӡы техника ала рҽеиқәыршәаны аҳәаа иахысны Аҧсны иагәылсуа амҩаду ала Аҟәаҟа амҩа иқәын. Аха ари ахҭыс аӡбахә Кындыҕаа ирмаҳацызт, ажәабжь дара рҟынӡа имнеицызт.

Абжьааҧнеиҧш, ақыҭауаа русқәа ирылагахьан, амш шәарҭарак рзаанагап ҳәа  егьазхәыцуамызт.

Ақыҭа агәаҟны иҟаз  ақыҭа Ахадара зыҩназ ахыбра ашҭа аҟнытә улбааҧшны иубарҭан амҩаду. Ус, асааҭ 10 рышьҭахь амҩаду ианыланы еишьҭагыла иниасыз акәылӡы техника рылаҧш нақәшәеит ақыҭа ҷкәынцәа. Ирбоз рацәак гәҩарас иҟарымҵаргьы ҟаларын, аха раҧхьа игылаз Қырҭтәыла абираҟ шәыршәыруа иахагылан. Ари ажәабжь заҳаз  ааигәа-сигәа инхо ақыҭа агәаны еизо иалагеит. Дук мырҵыкәа Охәреи ахырҕәҕәарҭаҿы игылаз, зуалҧшьа  назыгӡоз аҧсуа гвардиа аруаа иреиуаз гәыҧҩык тҟәаны ақырҭқәа иргеит ҳәа  ажәабжь аарылаҩит. Ирбаз-ираҳаз бзиарак ишазҳәамыз дырын. Ируа иақәымшәо ауаа еилаҭыруан. Азныказы аӡәгьы  издыруамызт шьаҿақәас иҟаҵатәыз. Аҳәса ракәзар, адәқьын аҟны инеины ашьақар, аџьыкхыш, асҧычка уҳәа иахьеи-уахеи ирҭаххашаз аархәон.

Ақыҭа ҷкәынцәа уажәы-уажәы Аҧсны иагәылсуа амҩаду ахь илбааҧшуан. Азныказы иааҭынчрахазшәа иҟан, аха ус, автобусқәеи еиуеиҧшым  егьырҭ амашьынақәеи  абџьарла еибыҭаз аруаа рыла иҭәны Аҟәа аганахь ииасны ицеит.  Ахадара ашҭаҿ   еилагылаз ақыҭауаа шәарҭарак шыҟалаз ргәы азҩеит, рхы зқәыркшагьы рзымдыруа иааилахеит. Ҵабыргны, аҭагылазаашьа  шшәарҭахаз лабҿаба иубартә иҟан.

Охәреи ахырҕәҕәарҭаҿ зуалҧшьа назыгӡоз Баҭал Ҕәынџьиа иҧсы неиҭеикырц аҩныҟа даахьан, Охәреиҟа дцараны дыҟан. Иара аӡәзаҵәык иакәын еизаз аҷкәынцәа рахьтә автомат змаз, апатронақәагьы ацын. Армаҭәа ишәын, убри аҟнытә хыхьтәи икьаҿ ишәихын, ақырҭуа аруаа рылаҧш дыҵамшәарц ӡбны азныказы иҽыҧхьеикит. Аҧсара амҵан, амҩаду иазааигәаны игылаз акооперативтә какалкырҭа аҧшәмацәа ирымаз ауараш, аӡыржәтәқәа уҳәа идәылганы ауаа ирзыршарц рыӡбит. Ашәарҭара иҟаз ззымдыруаз аӡәы убри аамҭазы ақыҭа мҩа ала имашьына ласы дақәтәаны ҩадантә ҵаҟа, амҩаду ахь дылбаауан. Ақыҭахь амҩахыҵырҭаҿ даннеиуаз аамҭазы амҩаду аҟны иниасит амашьына ласы «Волга». Аҧсҟы зкыз хара дымцакәа даанҿасын ақыҭа мҩала илбааз иқәҿиҭит имашьына ааникыларц, аха ииҳәаз дацымныҟәакәа шьҭахьҟа ддәықәлеит. «Волга» иҭатәаз уи иеихсра дала­газаргьы дицәцеит. Аруаа рхысыбжь еиқәтәаанӡа рышьҭахьҟа иаауаз аибашьцәа рыла иҭәыз автобус  аангыленит. Иҭаз ҩҭыҵын иахьаарықәшәоз  иаарыкәыршаны ихысуан. Ақыҭа агәаны иҟалаз рзымдырызт, рҽыҧхьаркит.

Убасҟан ишьапы ахы ақәшәеит Баҭал Ҕьынџьиа. Витиеи Ахреи Лакәатаа, Баҭал дрыманы иааиуан, уаҟа инарҧылаз  Ҭамаз (Џьон) Гогиа днарыцхраан аҩнаҭаҿы днарган ишьапы ҿарҳәан, уа иаанымгылакәа еиҳа иахьшәарҭамыз амхырҭа ашҟа дыргеит. Ақырҭқәа рхысбжьқәа  еиқәымтәацызт…

Аҽны ахы иқәшәеит иара убас Руслан Аргәын иҧа – 12  шықәса зхыҵуаз Авҭандил. Ихысуаз рахьтә ҧыҭҩык еицны ақыҭа агәахьы ихалеит, аха аӡәгьы данырымба  рышьҭахьҟа ихынҳәын автобус иҭаланы ицеит.

Аҽны ахәра зауз аҩыџьагьы рыманы, ирулакгьы ахәышәтәырҭахь иццакит ацхыраара рыҭаразы.

Баҭал Ҕәынџьиа иавтомат адагьы ақыҭаҿ даҽакгьы рыман. Иаарласны идырхиеит, уи Баҭал Лакәатаа иааникылеит.

Ақыҭа агәаны зҽа­аидызылаз аҷкәынцәа еилацәажәон. «Ҳахшыҩ еилаҵаны акы ҳхәыцроуп, ас ҳзыҧшуам», – иҳәеит Ҭамаз Гогиа иҩызцәа ихы нарықәкны.

Аҟәаҟа амҩа иқәыз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар рыхәҭак Тамшь ақыҭан  аҿагылара анроу ишаангылаз, ақыҭа  ршьаҟьарц ӡбны, ишалахысуаз ажәабжьгьы раҳахьан. Дук мырҵыкәа даҽа ажәабжьыкгьы аарылаҩит – аҧхьаӡа Аҟәаҟа зымҩа хаз акәылӡы техника  Аҟәа, Ацҳа ҟаҧшь аҟны Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа  ишааныркылаз.

Ҭамаз Гогиа ихатә машьына аус ауамызт, иагыз ыҟан. «Т-25» зыхьӡу атрактор маҷ иман. Ахәылҧаз тракторла «Кәтолҟа сцоит, исыццода?» ҳәа аҷкәынцәа данразҵаа, Мадрид Коиӡе (1963-1993)  зегь раҧхьа  «сара суццоит» ҳәа ҿааиҭит. Уи аамҭазы Аҧсны аҩнуҵҟатәи ар рполк аҧызацәа руаӡәк Кәтол дшааз раҳахьан. Аҩыџьагьы еицны амҩаду ианыланы тракторла рҿы­нархеит. Амҩан шәарҭара ыҟамызт. Тамшьтәи абжьаратә школ ааигәара ианнеи, ирбеит амҩа аҿықәан аршьаҟауаа реибашьыга машьынақәа (БМП) рацәаны еицрыхәхәа ишгылаз. Ҭамази Мадриди рышьҭахьҟа изыгьежьуамызт, иаанымгылакәа ҭынч инараҩсит. Аӡәгьы илаҧш иҵамшәакәа ҟаломызт,  аха иаанырымкылаӡеит.

Кәтол ақыҭан ианнеи еилагылаз ауаа рыжәпара иналагылеит. Ажәабжьс иҟоузеи ҳәа, зегьы неизҵаа-ааизҵаауан. Ҭамази Мадриди, еилагылаз аҧсшәа анрарҳәа, ақыҭа ахада дырбарц шырҭахыз рарҳәеит. Усҟан Очамчыра араион аҟны иҟаз Аҧсны аҩнуҵҟатәи ар рполк аҧыза, аполковник Виктор Какалиа иахь дышцаз еилыркааит. Ҭамази Мадриди Кәтолҟа рнеира хықәкыс иамаз деилдыркааит, насгьы Кындыҕҟа инеирц рҭаххозар, иахьнеиша нараҳәаны рышьҭахьҟа ихынҳәит.

Ахәылҧаз Кындыҕ агәаны зҽеидызкылаз аҷкәынцәа ргәыҧ қәрала 25 ш. иреиҳамызт. Аҧхьаҟазы иҟарҵашаз иалацәажәон. Ирыӡбеит адырҩаҽны маӡала аммонал еизыргарц, ашәақьқәа рыҧшаарц. Хатәгәаҧхарала агәыҧ ахь инеиуаз досу дахьхәарҭахаша иазхәыцуан.  Кындыҕ ақыҭа  Аҧсны иагәылсуа амҩаду излаҧну, излеиҩнашо ала, ақыҭа шыхьчатәыз иалацәажәон.  Аҧхьаӡа иргыланы амҩақәа артҟәацгақәа шыҵаҵатәыз, ацҳақәа шыҧжәатәыз, урҭ реиқәыршәашьа уҳәа ирацәоуп иззааҭгылоз. Аамҭакала егьырҭ ақыҭақәа рҟны аимадара рымазар акәын. Ақыҭа агәаны зҽеидызкылаз агәыуаа рҳабла  арҧарцәа ргәыҧ напхгаҩыс даиуит  Ҭамаз Гогиа.

Аҧсадгьыл ахьчаразы раҧхьатәи амшқәа инадыркны еиҿкаахон апартизанцәа ргәыҧқәа. Урҭ хықәкыс ирымаз ақәылаҩцәа рымчқәа рыҵшәаара, убри ала ааха рыҭара акәын. Кындыҕ иаҵанакуа Лаҧана аҳаблаҿ апар­тизанцәа ргәыҧ  анапхгара инапаҿы иҟалеит Зорик Ҷҟәаниа, Ахыуаа рҳаблан – Аветик  Ҕәынџьиа.

Ақыҭа ахьчара инаваргыланы иҟан ихадаз егьырҭ ауснагӡатәқәагьы. Урҭ ируакын амҩаду акәша-мыкәша инхоз ауаа еиҳа иахь­шәарҭамыз аҭыҧқәа   рахь риагара.  Амшын иаҧну  Лаҧана аҳабла  иаланхо рахьтә  аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи ралгара. Ақыҭа Ахадара аиҳабы  Нодар Наҷҟьебиа, аколнхара  «Кындыҕ» ахантәаҩы  Заур Киут, зажәа ҧхылналоз абыргцәа рыдҧхьаланы аҧхьаҟатәи аусқәа ирылацажәон. Ақыҭеи ауааҧсыреи хьчатәын, зынхарҭақәа аанзыжьраны иҟаз  ахьиасуаз рхыҵакырҭа уҳәа изызхәыцтәыз рацәан. Ақыҭа  еиҟәшахеит, амҩаду  ақәылаҩцәа ахылаҧшуан, уаҟа аиасра шәарҭан.

Абас иниасит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра раҧхьатәи амш. Ҳаҧсадгьыли ҳажәлари реиҧш, Кындыҕаа аҧышәара дуқәа рзыҧшын. Аидгылареи  амчқәа реидкылареи рыда  ахеиқәырхаразы даҽа мҩак ыҟамызт.


В.Аҧҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me