Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа

Ажьырныҳәа ҩажәи хәба рзы Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа рзы ҩнызқьи ҩажәихҧатәи ашықәс ҳҭалеижьҭеи  ираҧхьатәиу ацәыр­гақәҵа аатит Аҟәа.

Аҧсны зҽаҧсазтәыз асахьаҭыхҩы Геннади Барцыц хаҭалатәи ицәыргақәҵа асахьаҭыхыҩ хын­ҩажәи­ жәохә шықәса ихыҵра иазкәуп. Еицырдыруа арҿиаҩы аҵыхәтәантәи хаҭалатәи ицыргақәҵа Аҧсны имҩаҧысит  зқьи жәшәи ҧшьын­ҩажәи жәаҩа шықәса рзы. Уи аахыс уаҳа еизакны иусумҭақәа цәыримгацызт. Асахьаҭыхҩы иаҧҵамҭақәа кыдуп  азалқәа ҩба рҟны, иааидкыланы ицәыргоуп хынҩажәа усумҭа. Урҭ зегьы еиуеиҧшым ашықәсқәа рзыҳәан иҭыхыз роуп.

Асахьаҭыхҩы Геннади Барцыц акыршықәса инеи­ҧынкыланы Урыстәыла дынхон, иусура инадҳәаланы дызҭаахьаз Европатәи атәы­лақәа рацәоуп. Уи зегьы иара ирҿиара анырра ҕәҕәа анаҭеит. Уажәтәи аекспозициаҿы ицәыргоу аекспонатқәа ирылоуп Сҭампыл, Бухара, Самарканд, Узбеқьисҭан, Урыстәыла ақалақьқәеи, аҭыҧ ҧшӡарақәеи  аазырҧшуа аусумҭақәа. Иҟоуп аҭоурыхтә ҟазшьа змоугьы.

«Гагра акурорт аартраан Николаи Аҩбатәи иаара» зыхьӡу асахьа автор ихаҭа иажәақәа рыла аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Ари аҿыханҵатә усумҭа изныкымкәа иалыркаахьеит жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рҿы. Иара аҟазара абзиа­баҩцәа реиҧш, аҭоуры­х­ҭ­ҵааҩцәагьы азҿлымҳауп. Аҳәа­анырцәтәи атематика шыҭ­­бааугьы, ҳәара аҭахәума, аекспонатқәа раҕьырак Аҧсны ишазку. Араҟа иубоит ҳашьхақәа, ҳӡиасқәа, ҳаӡхыҽҽақәа, ҳмилаҭ рынхашьа, рыбза­­зашьа, иналукааша ауаа рпортретқәа.

Ацәыргақәҵа аартуа, Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәырга­қәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиа арҿиаҩы иубилеитә рыцхә идылныҳәалеит. Лара илҳәеит Геннади Барцыц иусумҭақәа зегьы ишыр­нылбаало  иҧсадгыл ахь имоу агәыбылра. «Аламала иуҧылаӡом асеиҧш ирҵауланы ауаҩы ихаҿсахьала  иҟазшьа аарҧшра зылшо асахьаҭыхыҩцәа. Геннади Барцыц иусумҭақәа ургәы­лархалоит. Ипеизажқәа убла рыдхалоит. Архитектуратә баҟақәа ухаҭа урҭааны  иубазшәа уҟалоит. Ари ҟазара ҳаракуп», – лҳәеит лара.

Геннади Барцыц ацәыргақәҵа иаҭааз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аамҭа ахьырыҧшаази, ажәа ҧхақәа рыла иахьихцәажәази рзы.   Иазгәеиҭеи­т  ари ацәыргақәҵа иара изыҳәан аҵакы ду шамоу. «Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса рзы Прага иаатыз хаҭалатәи сцәыргақәҵақәа рцикл Аҧсны ихсыркәшеит. Уи аахыс имаҷымкәа аамҭа цахьеит, аха аихшьаалатә ҟазшьа змоу ацәыргақәҵа амҩаҧгара абыржәоуп саназыхиаха», – иҳәеит автор.

Ацәыргақәҵа иаҭааз ауаа рацәа зҿлымҳарыла ирыхәаҧшуан аусумҭақәа. Аҧсны асахьа­ҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа иажәақәа рыла, Геннади Барцыц иусумҭақәа даҽакы иала­­ҩа­шьаӡом. «Геннади Барцыц аҧсабара дазааигәоуп. Уи ихы иаирхәо аҧшшәқәа удыра­аҧсаӡом», – иҳәеит иара. Ацәыргақәҵа аартраҿы иқәгылаз Аҧсны иҟоу «Россотрудничество» ахаҭарнак Дмитри Федотов, Геннади Барцыц хынҩажәи жәохә шықәса ихыҵреи, акыр шықәса рнаҩс Аҟәа хаҭалатәи ицәыргаҵа аиҿкаареи идныҳәало иазгәеиҭеит, аҟаза иусумҭақәа ҧхаррак, цәанырррак игәаҵаҿы ишцәы­рыргаз. «Шәара алекциақәа шәрыҧхьон сара акандидаттә диссертациа ахьысыхьчоз аҵараиурҭаҿы, уи еиҳагьы игәа­хәароуп сара сзы», – иҳәеит Дмитри Федотов.

Аҧсны зҽаҧсазтәыз асахьа­ҭыхҩы Геннади Барцыц ины­сымҩа даара аинтерес аҵоуп. Иара диит 1948 шықәса азы Аҧсны. Иреиҳау аҵара далгеит Москва. Аҿыханҵа атәы иҵон СССР жәлар рсахьаҭыхыҩ А. Шилов иҟны. Геннади Барцыц Шилов ихьӡ зху Москватәи асахьаҭыхратә галереиа деиҳабуп. 1987 шықәса раахыс Рерих ихьӡ зху амузеи аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дыҟоуп. Москватәи апедогогикатә университет аҿыханҵеи амилаҭтә ҟазарахкқәеи ркафедра дапрофессоруп. Москвеи, Санкт-Петербурги, Прагеи, Ниу-Иорки, Парижи, Вильниуси, Мински, Бақәеи имҩаҧысхьоу ацәыргақәҵақәа дрылахәын. Иара иусум­ҭақәа рыхә ҳаракны иршьоит аҟазара абзиа­баҩацәа. Иҿыханҵатә сахьақәа ҵәахуп амузеиқәеи, агалереиақәеи, хаҭалатәи акол­лекциақәеи рҟны – Америка, Австриа, Ҭырқәтәыла, Чехиа. Аҧсны акәзар, Геннади Барцыц иусумҭақәа убарц азы алшара ыҟоуп Гагра.  «Асахьаҭыхыҩцәа рыҧс­шьарҭа» зыхьӡу Гагра иҟоу аҧсшьарҭатә ҩнаҿы иаартуп асахьаҭыхҩы иусумҭақәа ахьцәыргақәҵоу азал. Уи аус ауеит есҽны.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me