Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аус зуа аҧгала иоуроуп

Иахьатәи аамҭазы ақыҭан­хамҩаҟны еихьӡа­рақәас иҟоуи пробле­мақәас ицәырҵуеи реилкааразы ҳара ҳиҿцәажәеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы уи дазааҭгылеит абар уажәшьҭа ҩышықәса инарзынаҧшуа ақыҭа нхамҩа ашьҭыхразы аус здыруло апрограмма. 2021 шықәсазы уи иазоужьын100 миллионк мааҭ. 2022 шықәсазы  акәзар, иара убас даҽа 100 миллионк мааҭк. Ари апрограмма апроектқәа рахь иаҵанакуеит аҵиааӡара, арахәааӡара, аҧсыӡааӡара уҳәа убас егьырҭгьы.

Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы апрограмма инақәыр­шәаны иаартын ақыҭанхамҩа аалыҵқәа аус рыдуларазы анаплак маҷқәа быжьба. Иара убасгьы ацхы­раара рыҭан анаплак маҷқәа 5. Уи иабзоураны 73-ҩык ауааҧсыра усурҭа ҭыҧла еиқәыршәан. Уи ахарџь иартәеит 37 482 743 мааҭ. Абаҳчақәа рзыҳәан 82 гектар адгьыл ҿыц ахархәара  аиоуит. Иара убасгьы еиҿкаан ауҭраҭых ааӡаразы арҧхарҭақәа 3. Иааидкыланы ари аус знапалаку ауааҧсыра 80-ҩык инарзынаҧшуеит. Уи иақәырхарџьуп 26 713 440 мааҭ.

Арахәааӡара иадҳәалоу апроект дазааҭгыло, ақыҭанхамҩа аминистр иазгәеиҭеит 2021 шықә­сазы ақәшаҳаҭра шрыҭаз 19 проект, 8 475 000 мааҭ рыхә. Урҭ рахьынтә апроектқәа ҩба инарықәыршәаны аҭыҧантәи ауааҧсыра рҟны иаахәан арахә. Уи иартәеит 1 555 320 мааҭ. Иаанхаз егьырҭ жәибжь проект рзы  Ҭаҭарсҭан арахәааӡара знапы алаку афирма «Тауруси» ақыҭанхамҩа аминистрреи ирыбжьарҵаз аиқәышаҳаҭра инақәы­ршәаны иазгәаҭан шьҭрала ибзиоу арахә хы Аҧсныҟа раагара.

Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, иаҳхысыз ашықәс февраль мзазы аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аҧсныҟа иааган 74 хы арахә. Убри аан арахә Аҧсны иаанӡа ирхыргаз амҩа даараӡа аҧырхага рнаҭеит, иҟалеит иҧсқәазгьы. Убри азы Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистрра адырра рырҭеит афирма «Таурус» арахә ироуз ааха азы. Ашәҟәқәа еиқәыршәоуп Ареспублика Ҭаҭарсҭан Арбитражтә ӡбарҭа ашҟа, афирма «Таурус» аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны ахыд­ҵақәа нанагӡарц азы.

Ақыҭа нхамҩа аминистр иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы аҧсаатәа­аӡаразы адгылара роуит апроектқәа 9, аҧсыӡааӡаразы – проектк. Иааидкыланы раионла иаҳгозар, ари ашықәс азы Гагра араион аҟны адгылара аиоуит апроектқәа 8. Гәдауҭа араион – 18 проект, Аҟәа араион – 6 проект, Гәылрыҧшь араион – 12 проект, Очамчыра араион – 39 проект, Тҟәарчал араион – 5 проект, Гал араион – 3 проект.

Ақыҭанхамҩа аҿиара иазку апрограмма иацҵо, 2022 шықәсазы иара убасгьы адгылара роуит 162 проект. Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, раҧхьаӡа ари апрограмма аусура ианалага иҟан рацәак агәра зымгоз. Аха уажәшьҭа алҵшәақәа рбо ианалага, ахалархәра зҭаххо рхыҧхьаӡара рацәаҩхо иалагеит. Иара убасгьы Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит апрограмма иаҵанакуа апроектқәа рынаг­ӡаразы ишаахәаз атехника маҷ. Уи рыҭан апроект иалахәыз, зусураҿы изҭахыз ауааҧсыра. Иара убасгьы иаахәан имаҷымкәа ахәшәқәа. Аҟәа ақалақь Ҷанба имҩаду аҟны иҟоу авете­ринартә  лабораториазы иаахәан амаругақәа. «Ақыҭан­хамҩа ашьҭыхразы ари апрограмма рацәак ацхыраара ҕәҕәа азыҟамҵозаргьы, алҵшәа бзиақәа аанашьҭуеит. Иашоуп, 100 миллионк аҧара иалуршо даара имаҷуп ари аус аҿы. Аха убри ҳаҽҭагӡаны апрограмма анагӡара ҳаҿуп. Ауааҧсыра  рнапаҟны аҧара рымҭакәа, дара иҳадыргало апроектқәа рҟны ахархәараз  ирҭаху амаругақәа  зегьы аахәаны ираҳҭоит. Нас дара аџьабаа адбаланы иҟарҵо рус алҵшәақәа анырбалак, иҵегьы агәацҧыҳәара рызцәырҵуеит», – иҳәоит ақыҭанхамҩа аминистр ҳаиҿцәажәараҿы.

Даараӡа ауаҩы игәы иахәаратәы иҟоу усуп Гәылрыҧшь араион аҟны апрограмма иҭагӡаны адгылара зауз  аҧсаатәааӡара иадҳәалоу апроект алҵшәа бзиақәа ахьаанашьҭуа. Уаҟа, хәышә  инареиҳаны  аҭирахь инаргаша аҧсаатә рааӡахьеит. Ари аус рнапы алакуп хҧа-ҧшьба ҭаацәара. Иара убасгьы Тҟәарчал араион аҟны иаартуп анаплакы, араса аус ахьа­дыруло. Гәдоуҭа араиони Гагра араиони рҟны акәзар, иаартуп амандарин, ахәырма, алаҳа уҳәа шамахамзар шәыр хкыс иҟоу зегьы, аҧсуаа ҳзышь­цылахьоу алаҳарҩеиҧш иахьыҟарҵо анаплак маҷқәа. Уи аалыҵ аҧсшьаҩцәа даараӡа пату рзақәуп.

Аминистр иажәақәа рыла, иара убас раион­цыҧхьаӡа ирацәоуп ашәырқәа ахьеиҭарҳаз. Урҭ рахь иаҵанакуеит Ҭырқә­тәылатәи акакан. Уи даара ибзиоуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Иара убасгьы угәы иахәаша акы акәны иҟоуп Кәтол ақыҭаҟны ачаи плантациа еиқәырханы, иахьа аус ахьадыруло. Урҭ ацхыраара рыҭаразы х-миллионк инацны изыхшәааз амаруга рзааган. Иахьа уи анаплакы аалыҵ Аҧснытәи аџьармыкьахь ицәырҵхьеит.  Ажәакала, 2021-2022 шықәса иҭагӡаны ақыҭан­хамҩа арҿиаразы  апрограмма аҟны 253 проект анагӡара аиуит.

Хымҧада, асеиҧш апрограм­мақәа, апроектқәа имаҷзаргьы ауааҧсыра ацхыраара рнаҭоит.  Аха убри аан, ауаа рнахандеи ахә амамкәан, ирзымҭиуа ианырцәыбжьысуа даараӡа ирацәоуп. Абри инадҳәаланы Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит иахьа даараӡа ишыуадаҩу Урыстәылатәи аџьармыкьа аҟны аконкуренциа аҟаҵара. Уи иажәақәа рыла, хымҧада, иҟазар акәын анаплак дуқәа аҳәаа ирзахымгаз аалыҵ наганы иахьры­дыркылаша. Аха иахьатәи аамҭазы уи аҩыза алшара амаӡам аҳәынҭқарра.

Еилкаауп иахьа адунеи зегьы аҟны имҩаҧысуа ахынҭа-ҩынҭарақәа Аҧсны анырра шанаҭо, аеконо­микаҿ, анҭыҵтәи аџьырмыкьаҿ, иара убасгьы аҳәааҿы. Аха анхаҩы ақыҭаҿы данынха ихы зланыҟәиго ҳәа иааирыхуа, амандарина, араса, ахәырма зҳәаз еиҧш изымҭиир, иџьабаа ахәҧса имоур, игәы азыҳәоума уи адырҩа­шықәсан иусура ацҵара!? Тоннала аҽаҩра ҭазгало анхаҩы Аҧсны анҭыҵ ианизымҭи, аҭыҧантәи аџьар­мыкьаҿ уи ҭишьа имам. Ақыҭан­­хамҩа аминистр дыз­заҭгылаз апограмма хымҧада ацхыррара рнаҭоит ақыҭа уааҧсыра. Аха уи зынӡа имаҷӡоуп. Ауҩы аџьабаа аниба, даныхандеи, аҧгала иоуроуп, сдырҽхәандаз ҳәа аус имуазар!


Ш.Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me