Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа

Сынтәа иҵуеит 78  шықәса Асовет Ар Освенцим абаандаҩцәа рхы иақәиҭыртәижьҭеи.

Освенцим – адунеи аҭоурыхаҿ иаанхеит зегь реиҳа ихьанҭаз, игыгшәыгтәарҭаз лагерк аҳасабала. Сентиабр мза 1939  шықәсазы анемец фашистцәа аоккупациа азыруит Польша ақалақь – Освенцим, ахьӡгьы рыҧсахит Аушвиц ҳәа. Абраҟа идыргылеит аконцлагер. Убра иҭакыз аурыс ҧшыхәҩы Ирина Харина илгәалалыршәоит: «Араҟа раҧхьа иааргаз атҟәацәа иреиуан аҵарауаа: аполиакцәа, ауриацәа – 728-ҩык зегь агазтә камерақәа рыла иблын. 1941-тәи ашықәс сентиабр мзазы иҭаркит 600-ҩык асовет еибашьцәа, иаразнак иршьит. Атҟәацәа еиҳа-еиҳа рхыҧхьаӡара иацлон. Генрих Гимлер илагерқәа ирҭбаауан. Атҟәацәа арахь иҭаргалон вагонла. Иандәықәыргалоз даҽа ҭыҧкахь нхараҳәа иргозшәа рарҳәон, ишьҭышәх хәы зманы ишәымоу зегьы, шәымаҭәақәа  иреиҕьӡақәоу, еиҭеиҳәоит Ритер Оливер (ажурналист), ара ианааргалак ирымаз зегьы рымырхуан, ахьыхаҧыцқәа ззыҵагылазҵәҟьа рхаҧыцқәа ыҵхны иргон. (Аибашьрақәа зегьы еиқәҿырҭуеит: ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан ақырҭуа еибашьцәа Аҟәа иалаханы иҟаз аерманцәа, абыргцәа рхьы хаҧыцқәа ыҵрыжәжәон).

Уи ашьҭахь маха-шьахала иҕәҕәаз алҧшаан аусурахь идәықәырҵон, егьырҭ иаразнакы ирбылуан. Освенцим аҧсра абла иҭаҧшыз Елеонора Филонова илгәалалыршәоит: «Знык уахь иҭанагалаз нас дыхьӡыдан, зегьы ҳнапқәа аномер анырҵон. Ҳлагераҿы иаҳхылаҧшуаз ҳара ҳаиҧш ибаандаҩыртәыз ракәын, аха дара абахҭа иҭаркхьаз ацәгьоуцәа иреиуан, убри аҟнытә, имаҷӡоу гхак ухьыргьы уршьыр ауан. Зегь реиҳа ихьанҭан аҳәса ахьҭакыз акамерақәа. Уахынла асааҭ 3  рзы аусура ҳәа ҳдәылыргон. Атҟәацәа анемец фашист алагала ду ирҭон. Ирбылуаз ауааҧсыра рыццышә рҵәыгак аҳасабала рхы иадырхәон, уи зегьы атҟәацәа рнапала».

1943 шықәсазы иҭакыз рыбжьара аҳақьым Иозеф  Менгель аҧышәарақәа мҩаҧигон. Белоруссиа инхо Алеқсандра Борисова илгәалалыршәоит дхәыҷны абри алагер дышҭашәаз: «Иааиуан  ҳбаракахь ахалаҭ шкәакәақәа зшәыз,   ҳаргон, агәырқәа ҳаларҵон, ҳгәарҭон, ҳахәда аҟынтәи акы ҭаргыланы  иҳаҕраҧшуан, даара ҳрыцәшәон. Сара саноурыжьыз аарла сыҧсы ҭан,  «Менгель аус здиулаз аматериал» ҳәа ауп схы сшақәиҭыртәыз».

Зынӡа, абарҭ аҧышәарақәа ирылҵ­шәаны 20 нызқьҩык ауаа ндырҵәеит. Џьоукы ршьа рылхны иргон, џьоукы рыҩнуҵҟатәи рырҳәарахқәа амырхуан. Аҳақьым Иозеф Менгель иҽазишәеит ауриацәа рыла аҧшшәы аҧсахра. Ауриа иблақәа цәхаҧшьуп, ари аҧшшәы аҧсахра, ижәҩангәыҧшшәылан аҟаҵара ахаангьы изалыршахом» ҳәа ишьақәирҕәҕәеит.

Аҧсҭазаараҿы иҟоуп хыҧашьа змам акы зехьынџьара, дызмила­ҭзаалак иҟоуп ицқьоу, иразу ауаа. Освенцим ааигәара инхоз ауааҧсыра рахьтә иҟан абаандаҩцәа ирыцхраауаз, урҭ рахьтә 177-ҩык абахҭа иҭаркит, 60-ҩык зымҭыҵит, уаҟа иршьит.

Сталинградтәи ажәылара ашьҭахь, анемец ҩнапыкла дрылагеит ауриа милаҭ шьаҭанкыла рықәхра. Ахәыҷы инаиркны аду иҿынӡа зегьы рықәхра – абри акәын ихықәкы хада. Убри аан иара ихы иаирхәон усҟантәи аамҭаз зегь реиҳа иҿыцыз атехнологиа.

Аушиц – иахьа иаҭаауа иџьаршьоит анацистцәа рхы иадырхәоз, ауаатәыҩса рықәхразы. Арахь аҧсра алагер ашҟа уҭаз­галоз агәашә дуқәа рҿы уаҩы ибоит усҟан икнарҳаз аҩыра: «Аџьа  ауаҩы деиқәнархоит» ҳәа зну.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анҵәарахьы ахы архон. Ианвар 27 рзы, Украинатәи  афронт акомандаҟаҵаҩ, Амаршал Конев еиликааит Освенцим алагер атәы, уи мдыршьа залшомызт, избанзар Освенцим акәша-мыкәша еснагь алҩақ еикәаҵәиуа иахыҵәон. Анемец фашистцәа рықәҵымҭаз ирыӡбеит  рышьҭақәа дрыцқьарц, атҟәацәа зегьы рыблырц. Амаршал Конев ирхәҭа иманы, иплан ҧсахны, ҩымш раҧхьа заа Освенцим атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит. Усҟан уаҟа иҟан 7 нызқьҩык ауааҧсыра. Аҵыхәтәан урҭ роуп шәаџьҳәаҩцәас иҟалаз иахьа адунеи иадыруа ахҭыс ҿаасҭазы.

Иахьа Германиа инхо абжеиҳараҩык еилыркаауеит ари ахҭыс аҵакы. Уаҩ дархәыцыртә иҟоуп  Освенцим акомендант имаҭа Раинер Хиосс иахьатәи игәалашәара: «Сара саныхәыҷыз ари акриматориа закәыз сзеиҭарҳәомызт, аха санду еиҭалҳәалон: «убра аус анызуаз, зегь реиҳа  ибзиаз аамҭан», ҳәа. Нас сандуха исаҳаит издыруаз аиҳабацәа рыла санду есымчыбжьа алагерахь дышнеилоз, иршьуаз ауаа рымаҭәақәа иӡәӡәаны, ирхианы  исзыҟашәҵа ҳәа адҵа шрылҭоз. Убас, 1944 шықәсазы Венгриатәи авагон азна ахәыҷқәа ааргеит, абра илаҧшықәылҵаз кьаҿк аалгеит аҩныҟа, уи ныҟәигон сара саб, рыцҳарас иҟалаз, нас уи акьаҿ саргьы  исшәын» – игәалаиршәоит Раинер Хиосс, иара иандуи, иабдуи зҿыз анеиликаа иҭаацәа аанижьит 15 шықәса анихыҵуаз. Уи нахыс хазы дынхон.

Сара абри  афото саныхәыҷызтәи санахәаҧшуа абаандаҩы хәыҷы ишәырхыз акьаҿ ахьысшәу, сара еилыскаауеит абри азы дшыршьыз 7 шықәса зхыҵуаз ахәыҷы, милаҭла дахьауриаз дахырҟьаны. Сара сҭаацәа сгәы рцәыҧсит убри нахыс. Ахәыҷқәа рабацәеи, рабдуцәеи иҟарҵаз азы аҭакҧхықәра рыдымзароуп».

Ауаҩытәыҩса даныхәыҷу инаркны ауаҩы дызмилаҭзаалакь бзиа ибара илааӡалатәуп. Аибашьра еибашьроуп, иҟам еилых, иахьымҩаҧысзаалак ахатәы гыгшәыграқәа аныҧшуеит. Ари ахҭыс исгәаланаршәеит 1992-тәи ҳаибашьра. Лаҭатәи атрагедиа аныҟалаз, декабр 14, ҳаҕацәа иларышьҭыз аверталиот ахькажьыз, ақырҭуа, ашәануа ҳәсақәа рнапы ашьа ахьтата ахәыҷқәа рымаҭәақәа аӡы рхьыршаны ишыргоз, (уи еиҭалҳәон зыблала избаз ҧҳәыс быргк).

Ауаҩы иуаҩра ицәыӡыр агыгшәыг ҧсымҭә деицәахозаап.

Арҭ ахҭыс ҿаасҭақәа ауаҩы­тәыҩса иҵарҳәозар ауп аҧсҭазаара еиҳау беиара, мал шыҟам. Ауаҩы даныхәыҷу инаркны амилаҭ еилыхра ҟамҵакәа ауаҩы бзиа ибара шилааӡатәу. Ишҧабзиоу усеиҧш иааӡоу ауаа ракәызҭгьы атәыла ахагыларахь инеиуа. Дызми­лаҭзаалак ауаҩы дуаҩуп. Зегьы дгьылк ауп ҳахьықәынхо, зегьы дунеик ауп ҳазну.

Сынтәа Освенцим ахақәиҭтәра амш ахьазгәарҭоз Урыстәыла ааҧхьара рырымҭаӡеит, Асовет Ар шракәызгьы уи алзыршаз. Абас иҟоуп «еицакра зқәым», жәынгьы-ҿангьы адунеи зегь зымҽхазкырц иашьҭоу Америка ахаҿсахьа. Аха аиаша  аӡыхь бзиа иаҩызоуп, иага амҩа укыргьы мышкызны амҩа аҧшаауеит.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me