Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Х-ҩык аишьцәа, х-ҩык аибашьцәа

Аҧсны аибашьра иалагеит ҳәа анраҳа амилаҭ маҷ  рықәхра алмыршаразы еибашьра Аҧсныҟа иааз аиашьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәеи, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи рыбжьара ҭаацәарак аҟынтә ҩыџьа-хҩык ахьеибашьуазгьы ыҟан.

  Урҭ иреиоуп Аҧсны ахаан имаацыз, уи моу аӡбахә аибашьра иалагаанӡа измаҳацыз х-ҩык аишьцәа Керимоваа. Амрадди, Уаҳаид, Руслан Керимоваа иит ирызҳаит  Чечентәынтәыла. Аҧсны аибашьра ишалагаз раҳаит ажәабжьқәа рыла.  Хатәгәаҧхарала еибашьра иаауаз ргәыҧ дацны раҧхьа Аҧсныҟа даауеит аишьцәа реиҳабы Амрадди, иара усҟан ихыҵуаз ҩажәи ҧшьба шықәса ракәын, аха аибашьра аҧышәа иман, дахысхьан Афганисҭантәи аибашьра.

Амрадди Керимов дрылахәын ажәыларақәа жәпакы, иоухьан ахәрақәа, аха урҭ шәарҭара рыцмызт иҧсҭазааразы.  Гагра аҭарцәразы аҽазышәарақәа руак аан апулемиот иаҿатәаз Амраддин аҕацәа дгәарҭоит, иқәкынгьы ахысра иалагоит. Аибашьҩы усҟан иоуз ахәрақәа дырцәынхоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Уи аамҭазы Чечентәыла иҟаз аишьцәа ргәыбжьанытә- Уаҳаид аҧхыӡ ибоит, Амраддин ашьа иҿашы аӡҿықә аҿы дышьҭоушәа.  Аветеран иҳәоит дцәырҳаны дшааҧшыз, аха данеиҭацәа ари аҧхыӡ еиҭаибоит. Уаҳаид иибаз аҧхыӡ, Амраддин иҧсҭазаара ашәарҭара ишҭагылоу  иҵазҳәаз дырга ҷыданы иҧхьаӡеит. Ашьыжь ианааша Аҧсныҟа амҩа дықәлоит. Уи аамҭазы зыҧсы зылшәшәаны ацҳа аҵаҟа ишьҭаз Амраддин дыҧшааны ахәышәтәырҭахьы днаргахьан. Аха, аҳақьымцәа деиқәхо-деиқәымхо атәы аҳәара заацәаны ирыҧхьаӡон. Аибашьҩы ирыҧҳақәеи имаха-ишьахеи ахәра ҕәҕәақәа рыман. Амраддин ихаҭагьы ихдыррахьы дмааиӡацызт. Уаҳаид иашьеиҳабы агоспиталь аҿы диҧшаауеит, Амраддин иеибашьыгатә бџьар аашьҭыхны ҩажәиҩба шықәса зхыҵуаз Уаҳаидгьы афронт ахь дцоит.

Аҩны, Чечентәыла иаанхаз ахҧатәи рашьеиҵбы Руслан усҟан жәохә шықәса дырҭагылан. Уаҳаид Аҧсныҟа еибашьра дааижьҭеи иҵуаз жәамшҟа ракәын, ашкол ахь сцоит ҳәа иҭаацәа амц ижьаны иашьцәа дрышьҭаланы еибашьра даауеит Руслангьы. Руслан Керимов игәалашәоит ҭоуиҭадала иҩызеи иареи раҧхьа Армавирнӡа ишааз, анаҩс уаантәи Адлерынӡа. "Аҳәаа ҳахыжьра рҭахӡамызт, аха аҧсуа ҷкәынцәа ҳацхрааит. Абас ала аибашьрахь ҳаауеит. Исгәалашәоит Камани Шромеи ҭадмырцәӡацызт", – иҳәоит Руслан Керимов. – Ахаан исхашҭуам сашьеиҳаб Уаҳаиди сареи ҳанеиқәшәаз аҵх. Уи ауха аҕацәа зынӡа амца адыркуан, ахысыбжьқәа еихсыҕьуамызт. Ҳаибашьцәа аҭак ҟарҵон. Аҵх акыр ицахьан. Исгәалашәом ишыҟалаз, аха сылацәа ҭааит. Иҧхыӡу-илабҿабоу сзеилымкаауа, аӡәы сыжәҩахыр санкны сыширҵысуа аҟара снырит. Сыбџьар снамҵасны сҩаҵҟьазар, абар сашьеиҳаб Уаҳаид. Уара ара иуусузеи иҳәеит Уаҳаид усҟан. Иара агәра изгомызт жәохә шықәса зхыҵуа, аибашьра атәы зынӡа иззымдыруа рашьеиҵбгьы аҕа ихымца даҿагылоуп ҳәа.  Усҟан аишьцәа даара рҽазыршәеит реиҵбы аҩныҟа иргьежьразы аха Руслан имуит. Ҳахьыҧсуа ҳаицыҧсуеит иҳәан даанкылеит.

Усҟантәи аамҭазы аҧсреи абзареи ирыбжьагылаз Амраддингьы деиқәдырхоит, маҷк дшааиҕьхаз, ихәрақәа аҕьара иахьӡаанӡа афронт ахь деиҭагьежьуеит. Абас ала, аишьцәа ахҩыкгьы фронтк аҿы аҵыхәтәанынӡагьы еицеибашьуан. Ахҩыкгьы Гагра ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз ажәылара  иалахәын. Амраддин, Уаҳаид, Руслан Керимоваа  Леон иорденқәа ранашьоуп.

Ҳаамҭазы Уаҳаид Керимов Чечентәылантәи иааны  хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рассоциациа дахантәаҩуп.  Аишьцәа Керимоваа ақырҭуа-аҧсуа аибашьра ашьҭахьгьы рыҧсҭазаара арратә ус иадырҳәалеит. Амраддин тәанчара дцахьеит, Уаҳаид аҿар азыҟаиҵоит, арратә леишәа рылаиааӡоит. Руслан иакәзар,  аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы аус иуеит. Есышықәса, хатәгәаҧхарала еибашьуа рымши, аиааира амши, мамзаргьы Гагра ахы ақәиҭтәра амши разгәаҭара аан дара Аҧсныҟа иаауеит. Аибашьра аветеранцәа ирывагыланы ирывыршьааз рҩызцәа  ргәалашәара аҿаҧхьа иааҭгылоит минуҭктәи аҿымҭрала. Аишьцәа изныкымкәан ирҳәахьеит Аҧсны аӡбахә аибашьра ҟалаанӡа ишыр­зымдыруазгьы, иахьа иара рыҩнеиҧш ишырбо, араҟа ишрымоу аҩызцәа маҷҩымкәан. Усҟан ҩажәи жәаба шықәса раҧхьа Аҧсны рыхьчарц азы абџьар иахьаҵагылаз зныкгьы ишахьымхәыц.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me