Азанааҭ аамсҭашәара анацу

Аҧсуа милаҭтә журналистика ҩашьара ақәымкәа зышьҭа анызҵаз, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» – «Аҧсны» аредакциа акыр шықәса раахыс амаҵ азызуа ажурналистцәа иреиуоу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵоу, аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Валери Џьота-иҧа Амаршьан   80 шықәса ихыҵит.

Валери Амаршьан 1961 шықәсазы Очамчыра араион Џьгьардатәи абжьаратәи ашкол даналга аррамаҵура ашҟа иҧхьеит. Маха-шьахала иҕәҕәаз ақыҭа ҷкәын, ишырҳәо еиҧш, игәи-ишьамхи еибагон. Ҧшьы­шықәса амшын аҵа иӡсо аҕбаҿы аррамаҵура ихигон. Иҿырҧшыгаз аруаҩны иҟазаара иабзоураны акырынтә аџьшьарақәа иоухьан, зныкымкәа ирҽхәаҧхьыӡ зҳәоз ашәҟәқәа иҩныҟагьы иаары­шьҭхьан иаҧсаз аҵеи Аҧсадгьыл дахьазырааӡаз азы. Усҟан Иреиҳаӡоу Асовет Аусҧҟа инақәыршәаны «Аиааира ҩеижәа шықәса» иазкыз амедалгьы ианашьан астаршина ичын змаз амшынуаҩ. Иуалҧшьа ихганы Аҧсныҟа даныхынҳә аамҭазы иашьеиҳаб, еицырдыруа шәҟәыҩҩхараны иҟаз Витали Амаршьан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы аус иуан. Валери иакәзаргьы лассы-лассы уахь дымҩахыҵуан, иидыруаз-дыздыруз ыҟан.

Хара имгакәа аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалеит, аамҭакала амилаҭтә газеҭ аредакциаҿы аусура далагоит ҭыжьҩыс.

Ашықәсқәа ццакуан. Валери изы хәышықәса еимгеимцарак еиҧшны иниасит. Қәҿиарала аинститут даналгагьы аредакциа аанимыжьит, избан акәзар аколлектив дрышьцылахьан, насгьы амилаҭтә кьыҧхь агәыблра шьҭикаахьан, аинтеллигенциа дырзааигәахахьан.

Ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара қәыҧсычҳарак иаҩызоуп, ҳазшаз иҟнытә иузыҧҵәоу иалагӡаны иулшаз, узыхьӡаз ауп иаанхо, ухаҭагьы ушнеишнеиуа гәадурас иумазаауа. Абасала, ихатәы мҩа данын  ажурналист.

Валери иаб 29 шықәсазаҵәык роуп иниҵыз, изцәырҵыз ачымазара иахҟьаны иҧсҭазаара ҿахҵәеит. Аха, иан Налиа Константин-иҧҳа лхәыҷқәа аибара дмыр­бакәа илааӡеит, ршьапы иқәлыргылеит, иаҧсаны рыуа­ажәлар ирылалыргылеит. Лхаҭа арҵаҩы изанааҭ ала Џьгьар­датәи ашкол аҟны ҩынҩеижәа шықәса ина­реиҳаны аус луит, лааҧсара азгәаҭаны ареспублика зҽа­ҧ­сазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьыӡгьы лыхҵан.

Ишаҧыз еиҧш, аредакциаҿы аҧышәа бзиа змаз ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ажурналистцәа аус руан, Валера урҭ ирҿиҵаауаз рацәан. Аусура даара аҭакҧхықәра ацын. Валери агәырҵҟәыл бзиа шимаз анапхгарагьы еицгәар­ҭахьан.  Аҧсуаҵас иааӡаз аҷкәы­н аҩызцәа еиҳабацәа рнаалашьагьы дақәшәон. Абарҭқәа ҳасаб рзуны, 1973 шықәсазы корреспондентс диаргоит. Агазеҭ иааиҧмыр­ҟьаӡакәа иаҭахыз аинфор­­мациақәа рыдагьы, иаарласны егьырҭ ажанрқәагьы дрызхьаҧшуа далагеит. Азари­совкақәа, астатиақәа, аочеркқәа ицааиуан, ибызшәа цқьан, ихатәы бызшәа ахархәашьа даман­шәалан.

Валери уаанӡеиҧш, аррамаҵура анихигозгьы аспорт хкқәа ашьапылампыли амҵәышәмпыли рыхәмарра иқәҿион, акомандақәа дрылахәны акырнтәгьы дықәгылахьан. Абри инамаданы аспорт еснагь дазҿлымҳан, бзиа ибон. Аспорт иазкыз икьыҧхьым­ҭақәагьы лассы-лассы агазеҭ ада­ҟьақәа рҟны ицәырҵуан. Аспорттә ҧсҭазаара адагьы, еицырдыруаз аспортсменцәа, азыҟа­­ҵаҩцәа, ахәмарцәа ирызкны иҩуан. Ҿырҧшыс иаагозар, Аҧсны ииз, иааӡаз, СССР аспорт азҟаза, иаамҭамкәа машәырла зыҧсҭазаара ҿахҵәаз Витали Дарсалиа Аҟәаҟа данаауаз аамҭақәа руак аан арадакциахь дааҧхьаны, иҧылара шеиҿикааз акьыҧхь ианыҧшит,  иахьагьы аӡәырҩы иргәалашәоит. Ашьапылапыласҩцәа реиҧш, еицырдыруаз азыҟаҵаҩ Ниаз Ӡаҧшь-иҧа уҳәа аӡәырҩы дрыҿцәажәахьан, еиуеиҧшым азанааҭқәа змаз, иаҧсаз ауаа  ирызкны агазеҭ ианиҵон. Валери Амаршьан аус рыциуан аҧсуа журналистика акыр иазааҧсахьаз, адырреи аҧышәа бзиеи змаз аиҳабыратә абиҧара иаҵанакуаз аӡәырҩы, урҭ иреиуоуп: аредакторцәа Николаи Киут, Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, ажурналистцәа нагақәа Сандра Сангәлиа, Алеқсандр Ҭариа, Кьыҵа Ачба,  Золотинск Гәлариа, Алеқсандр Хәаҭланӡиа, урҭ қәрала ирышьҭанеиуаз Гьаргь Жанаа, Владимир Чуаз, Хәыта Џьапуа, Гьаргь Нарасқәуа, Шьаликәа Камкиа уҳәа аӡәырҩы.

Усҟан мчыбжьык хәынтә иҭыҵуаз агазеҭ акьыҧхь азырхиара ус имариамызт, ианаамҭаз аҭыжьра еснагь аҭакҧхықәра ацын. Аредакциа анапхгара В. Амаршьан аусура гәыкала иазыҟазаара азгәаҭаны, 1976 шықәсазы аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс диаргоит. Агазеҭ техникала аиқәыршәараан, иаздырхиоз аматериалқәа зызкыз атема ҳасаб азуны, аҵакы зеиҧшраз ала иахьахәҭаз адаҟьаҿы иргылатәын. Иаарласны Валери агазеҭ аиқәыршәашьа амаӡақәа инапаҿы иааигеит, иусурагьы иациҵон. Аха аспорт иазкыз астатиақәа рыҩра аганахь иаанимыжьӡеит, аҧхьаҩцәа зызҿлымҳаз ахҭысқәа ирызкны иҩуан, иргәаҧхангьы ирыдыркылон. Аҧышәа зырҳаз ажурналист хара имгакәа аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ имаҵура дахадыргылоит. Гәыкала амилаҭтә газеҭ амаҵ иуан. Аредакциахь усура инеиуаз аиҵбацәа рзы дымҩақәҵаҩны дҟалеит, иҿырҵаауаз рацәан.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, агазеҭ аҭыжьрагьы еиҧҟьеит. Раҧхьатәи амшқәа раан досу ишилшоз ала, Аҟәа аанрыжьуан ажурналистцәагьы. Валери ииулакгьы Аҟәантә иқыҭахь, Џьгьардаҟа дцеит. Уа иҟан зықәрахь инеихьаз иани жә-шықәса зхыҵуаз иҷкәын хәыҷи. Ашьҭахь, Гәдоуҭа агазеҭ  аҭыжьра хацыркын аредактор хада Борис Ҭыжәба инапхгарала. Валери агазеҭ «Аҧсны» арратә корреспондентс дҟалоит. Мрагыларатәи афронт аҟнытә аредакциахь инаишьҭуаз истатиақәа акьыҧхь ианылон. 

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар риааирала ианеилга, агазеҭ «Аҧсны» ҩаҧхьа Аҟәа аҭыҵра иалагеит. Валери иакәзаргьы, иҩызцәа реиҧш, аредакциахь дхынҳәит, бзиа иибоз азанааҭ изаанмыжьит.

Агазеҭ «Аҧсны» аредакциа, иара убас агазеҭ ахьҭрыжьуаз атипографиа  аибашьраан ааха роуит. Зегьы ҿыцны ишьақәыргылатәхеит. Валери ишицәаҩоу еиҧш, ихы дамеигӡакәа азеиҧш ус аҟны иҩызцәа днарылагылеит.

Аҧсҭазаараҿы еснагь зегьы ауаҩытәыҩса иара ишиҭаху еиҧш имҩасуам, ишырҳәо еиҧш, ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп. Игәакьацәа рахьтә  аҧсҭбарақәеи, урҭ ирыцу ахьааи акыр ауадаҩ­рақәеи дыриааны, уаҵәтәи амш ахь дыҧшуеит, мшызҳа изызҳауа имаҭацәа гәыҕра бзиак ахь ддырҧшуеит, ргәыр­ҕьарақәа рхаанхарагьы иразҟы иалазааит.

Ҧсабарала илоу аламыси, апатуқә­ҵареи, аҟазшьа бзиеи, ақьиареи, агәыразреи,  аҧсуареи, аҵас-ақьабзи, аҩызареи  рныҟәгара уажәы­нахысгьы ицзаауеит, ицииз  иаамсҭашәара хадыр­ҭәаалоит. Абжьааҧнеиҧш, игәы ҟанаҵоит, деигәырҕьоит  ивагылоу иеихьӡара, иқәҿиара, аҧсҭазаара агәацҧыҳәара анимоу.

 Аҧсуа журналистика аҭоурых аҟны злагала ҩашьара ақәым Валери Џьота-иҧа Амаршьан 1980 шықәса раахыс СССР-и Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәа дрылоуп. Ламысла иусуразы зныкымкәа СССР ажурна­листцәа Реидгыла аҟнытә Аҳаҭыртә шәҟәқәеи аџьшьарақәеи ианаршьахьан. Амилаҭтә кьыҧхь шықә­сарацәала амаҵ азызухьоу ажурналист аредакциаҿы еиуеиҧшым амаҵурақәа ныҟәигахьеит, анапхгаҩцәа дыруаӡәкны аредактор ихаҭыҧуаҩс дыҟан,  уаанӡеиҧш, иахьа аҭак­зыҧхықәу маӡаныҟәгаҩуп. Аханатә еиҧш, Валери Амаршьан хынҩеижәа шықәса инареиҳаны имч-илша здиҵо амилаҭтә газеҭ дазааҧсоит. Гәык-ҧсыкала ииубилеи идаҳныҳәалоит, агәабзиареи аҧсуа иқәра наӡеи игымзааит.


В. Аҧҳазоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me