Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧеиҧш змоу апроект

Аҩажәатәи ашәышықәса аҩажәатәи ашықәсқәа рзыҳәан  Аҧсны ихацыркын аефиртә хәшақәа рыҭҵаара. Ахәша еиҳа еиҕьны излыҵуа аҵиаахкқәеи ашәырхкқәеи рыҧшаара, ралкаара, уи моу ҳтәылаҿы иззымҳауа акультура хкқәа аҳәаанырцәынтәи иааганы реиҭаҳара мҽхакы ҭбаала ихацдыркуеит аҩажәижәабатәи ашықәсқәа ралагамҭазы.

1937 ш.рзы Аҟәа иаадыртуеит раҧхьаӡатәи аҵиаақәа аефиртә хәшақәа рылхразы аҧы­шәаратә станциа. Шықәсқәак ирылагӡаны ари аусхк аҿиара бзиеи аларҵәареи аиуит. Иаатит хырхарҭа рацәала аус зуаз азауадқәа. Урҭ иреиуан Очамчыра ақалақь аҟны иҟаз "Аефиртәхәшатә зауад" зыхьӡыз анаплак ду. Уи амаҵ азыруан шәҩыла аҭыҧантәи анхацәа реиҧш, харантә ааҧхьара зыҭаз аспециа­листцәагьы. Ари азауад аҿы ауааҧсыра рҟынтә ирыдыркылон абазилик, агеран фҩыхаа, ажасмин, ачаи, алимон, адаҧ абҕьы, аевкалипт абҕьы уҳәа ҳтәылаҿы изызҳауаз аефиртә хәшақәа злоу зегьы. Азауад аҿы иҭрыжьуаз ахәшахкқәа рыӡбахә аҳәаанырцәгьы ибзианы ирдыруан, уи моу даараӡагьы аалыҵ иазҿлымҳан. Избан акәзар, иара ҧхьаӡан зхаҭабзиара ҳараку, аекологиатә ҭагылазаашьа ахьҭышәынтәалоу аҭыҧ аҿы изызҳаз аҵиаақәа ирылхәу хәшацқьаны.

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан азауад аусура аанкылеит, аибашьра ашьҭахьгьы уи аусура аиҭахацыркра залымшаӡеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аефиртә хәшақәа рылхра  дагәылаланы иҭиҵаауа, мамзаргьы гәцаракрыла дазнеины  аус адиулоит ҳәа аӡәгьы иӡбахә мааҩцызт. Амала, Аҧсны аҭҵаара­дыррақәа Ракадемиа иатәу Ақыҭанхамҩаҭҵааратә институт аҟны еизыргеит, иагьдырҿиеит Аҧсны изызҳауа аефиртә ҵиаахкқәа зегьы. Араҟа ирымоу аколлекциа ду иахыҧхьаӡалоуп жәабала зыҧшаара уадаҩу аефиртә хәшақәа злоу аҵиаахкқәа. Аефиртә хәшақәа зыхьӡу мамзаргьы ус изрыхьӡу уазхәы­цуазар, ҳәарада уи аинтерес зҵоу аинформациа ацуп.

Изакузеи аефиртә хәшақәа? Аефиртә хәшақәа ҳәа ирышьҭоуп аҵиаақәеи ашәырхкқәеи ирылоу, зыфҩы хаау иҷыдоу афер­ментқәа. Ҵиаахкык иалазар ауеит ҩынҩажәи жаба инаркны хәышә рҟынӡа  еиларсу ахәҭақәа. Аефиртәқәа ҳәа изрышьҭоу аҳауаҿы ирласӡаны иахьы­ӡыҭуазы ауп. Арҭ ахәшахкқәа аӡы иалаӡҩаӡом, еилауҵаргьы хыхь ихтәалоит. Адунеи аҿы ирызҳауеит аефиртә хәшақәа злыҵуа хнызқь хкы аҵиаақәа.

Шықәсқәак раҧхьа Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҟны аҵарауаа ирылшеит азнеишьа ҿыц ахархәарала аевкалипт ахәша алхра. Аха ари апроект аҿиара кьаҿын, иҧеиҧ­шдахеит. Ари аус ааигәа ҿыц аҧсы ахалеит, ахы еиҭаҵнахит  Аҧсны аспециалистцәа рыӡрыжәырҭа хада – Аҳәынҭқарратә университет ахыбраҿы. Агроинџьныртә факультет аҟны ҩышықәса раҧхьа иаартыз алабораториаҿы атехнологцәа қәыҧшцәа ирықәман­шәалаханы аус адырулоит ацитрустә шәырқәа ирылхны аефиртә хәшақәеи, арыжәтә хаақәеи рыҟаҵара. Ахҧатәи, аҧшьбатәи, ахәбатәи акурсқәа рҿы итәоу астудентцәа гәацҧыҳәара дула рнапы алакуп ирызҿыцу аус. Аҧсны аҩнҵҟа атуризм аҿиара иамоу амҽхак ҳасаб азуны, иаҳҳәар ҳалшоит аефиртә хәшақәа рыҟаҵара иазку апроект аҧеиҧш амоуп ҳәа иҳәоит Агроаинџьныртә факультет арҵаратә ҟәша аиҳабы, атехнолог Алхас Гыцба.

"Аефиртә хәшақәа зхәарҭоу здыруа рацәаҩӡам. Дара рыфҩы хаа ауаҩы игәалаҟазаара шьҭнахуеит, ахьаа ахҽра рылшоит, убасгьы абактериақәа ҭанархоит. Дара ахархәара ду рымоуп акосметолгиа аҟны еиҧш, афатә ҟаҵараҿгьы," – иҳәоит апроект аҳәаақәҵаҩ.

Агроинџьныртә факультет астудентцәа-атехнологцәа раалыҵ раҧхьаӡа акәны ицәырыргеит Аҟәа имҩаҧысыз ҭагалантәи ацәыргақәҵаҿы. Уи иаҭааз ауааҧсыра даара иргәаҧхеит атехно­логцәа ирыдыргалаз. Афҩы хаа зхылҵуаз -"Лимончелло" зыхьӡу арыжәтә хаа агьама рбон агәаран иқәгыланы. "Лимон­челло" – ари Италиа бзиа ирбо алимон иалху рыжәтәуп. Уи иарҭоит уамак иџьбарам ачакакал  уатка. Аликиор алимонхкқәа зегьы ирылҵӡом. Алхас Гыцба ишиҳәо ала, Аҧсны еиҳаракгьы изызҳауа "Меир" зыхьӡу алимон хкы ауп. Иара лимонцқьаӡам, игибридуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Зегь реиҳа аефиртә хәшақәа злоу, згьамеи зыфҩи ҩашьара амам акәны иҟоуп "Афонҿыцтәи" зыхьӡу ахкы. Аха ари алимон змоу маҷҩуп, аҧшаара даара иуадаҩуп. 

Алхас Гыцба иҳәоит астудентцәа иагьа адырра рымазаргьы ауниверситет анапхгара иҟарҵо адгылара ада рус еихьӡара шанымҧшуа. Алабораториаҿы аус зуа ирдыруеит иҷыдоу амаруга ада акгьы шыузыҟамҵо. Астудентцәа ражәалагала иаразнак иахаҵгыланы иаахәан "Аламбик" зыхьӡу аџьаз иалху амаруга. Иара ахархәара арҭоит аспирт аашьҭраан. Убасгьы даара иманшәалазаап аефиртә хәшақәа ралхраҿгьы. Убри аан, агроинџь­ныртә факультет астудентцәа хархәара зырҭо аметод, ахәшақәа ирылоу хаҳара злоу акомпонентқәа еиқәнархоит, уи азы  хынҩажәа градус иреиҳаны идырҧхаӡом.

«Алшарақәа ыҟоуп аекологиа ацқьара зныҧшуа  иҷыдоу аалыҵ аҟаҵаразы. Иаҳҭахуп аибашьра ҟалаанӡа иҭрыжьуаз аӡыхаа "Араду" аиҭаҭыжьра ахацыркра. Аха аццакра иаҧсам.Иарбан усзаалакгьы узлаго, раҧхьа иҭуҵаар ауп, иахьынӡаҧсо аилкааразы", – иҳәоит Алхас Гыцба. Макьаназы астудентцәа акоммерциатә хықәкы рымаӡам. Дара ргәы азыбылны рнапы алакуп аҧышәара-ҭҵааратә усура. Уи ауп атехнолог изанааҭ-еидкы­лашьа змам ҳәа иҧхьаӡоу реилаҵарала иҿыцу агьама аиура. Аҧхьаҟа аҧсҭазаара иҳаднагало ҳаздыруам. Аха уажәнатә еилкаауп акы – ҳара иҳамоуп ҳзықәгәыҕша аҿар. Иҟалап, урҭ ирылшаргьы анкьа зны аефиртә хәшақәа рҭыжьра иамаз амҽхаки алҵшәеи рыргьежьра.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me