Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәаанагарақәа

М. Лашәриа – дпоетуп, деиҭагаҩуп, дҵарауаҩуп. Аиашаз, уамашәа иубартә иҟоуп абарҭқәа зегь рҿы данқәыҧ­­шыз ашықәсқәа инадыркны илиршаз, ҳдоуҳатә ҧсҭазаара, ҳмилаҭ культура иалеигалаз, дызланыҧшыз.

Урҭқәа ртәы иеицырдыруа ҳашәҟәы­ҩҩцәа, ҳакритикцәа, ҳҵарауаа аханатә изныкымкәа иазгәар­ҭахьеит, иналкаау астатиақәа, аусумҭақәа рзыркхьеит. Ҳара ҳҿы мацара акәым – ҳанҭыҵгьы. Абас амҽхак ҭбаауп, хырхарҭа рацәа амоуп Лашәриа инапы злаку, ирҿиаратә гәаҳәара ду ззикхьоу аус. Иагьа убас акәзаргьы, ҷыдала иалкаан иазгәаҭатәуп Мушьни Лашәриа иҧсҭазааратә, ирҿиаратә мҩаҿы ихадоу апоезиа шакәу.

М. Лашәриа  илирикаҿ  хадара  руеит аҧсадгьыли ажәлари рҧеиҧш, рлахьынҵа рызҵаарақәа, абзиабаратә, апеизажтә, афилосо­фиатә лирика, ацәгьеи-абзиеи ирызку ажәа, ақәыҧшра-аҿара, аидеал ҳаракқәа, арҿиаратә процесс уҳәа ртематика.

Аҧсуа литература иаланагалт акыр зҵазкуа аепикатә ҩымҭа ду, аҩымҭа хатәра – Мушьни Лашәриа ирҿиамҭа иажәеинраалоу ироман «Аџьынџь». Ҵакылагьы формалагьы иҿыцу, иахьа уажәра­анӡатәи аҧсуа епикатә поезиа даҽа цәаҩак ала иаҳзырбаз, иаҳзаазыртыз ажәа. Ҩажәиак хы змоу, иуҳәар ауеит, хыцыҧхьаӡа ипоема поеманы, цәаҳәа хыҧхьаӡа­­ралагьы, мҽхакралагьы ҳепикатә поезиатә рҿиамҭақәа акыр иреиҳаны, поезиатә епопеианы, поезиатә дунеи наӡааӡаны.

«Аџьынџь» аҿы аҧхьатәи адаҟьа инаркны аҵыхә­тәантәи аҟынӡа хадара змоу цәажәатәны иҟоу, сиужетс, проблемас иқәгылоу аибашьра ауп абраҟа зегьы зхаҵәиуа, изхагьежьуа, иааиҧмырҟьаӡакәа автор илаҧш зықәку, аҩымҭа иалоу махәҭа рацәа, цәаҳәа рацәа епосны еидызкыло, ахаҿсахьақәа хаҿсахьақәаны иҟазҵо, иҳәоу, ицәыргоу зегьы рҵакы узаазыртуа, ургәылазырҧшуа, арҿиаамҭа иагьа лаҧшҳәаа, иагьа хьаҵра алагалазаргьы.

Шоҭа САЛАҞАИА


 

«Мушьни Лашәриа ирҿиара ду, ихьаца-ҵла (ижәдыруеит, ижәбахьеит, ашәшьыраҿ шәтәахьеит) махәҭа рацәала еибаркуп. Урҭ рахьтә ихада­раны избоит: апоет иҵла ду – алирикатә махәҭа, аепикатә махәҭа, аиҭагара амахәҭа, аҭҵаара, акритика рымахәҭа. Дара амахәҭа-хырхар­ҭақәа рахьтә иарбан ихадароу ҳәа уазҵаауазар, аҭак Шоҭа Салаҟаиа ибзиан иҟаиҵахьеит – уи поезиоуп, уаҳа акгьы. Илирикаҿы, иепос аҿы, еиҭагақәа рҿы, икритикаҿы – зехьынџьара аԥыжәара амоуп апоезиа. Арҿиаҩы иҵла амахәҭа хадақәа ирзеиԥшу даҽа ҟазшьакгьы рымоуп. Уи аҿыцроуп. Иалскааз аԥшьхырхарҭакгьы рҿы Мушьни Лашәриа даабоит дҿыцаԥ­шьгаҩны, зехьынџьара, иаԥхьа иҟаҵаз аиҭаҳәара далам­гакәа, еихеиҳаит, иациҵеит, аӡыхь ҿыцқәа хитит, иҳәамыз иҳәеит, иумыз иуит. Уи аганахьала, Мушьни Лашәриа, хымԥада, аԥсуа сахьар­кыратә литература акыр ирҵаулеит, ирҭбааит, ашьа ҿыц алеиҵеит, ажәытә ҳаԥшьа аҩ ҿыц ҭеиҭәеит, аужәрақәа хитит, ицәаӷәеит, илеиҵеит, ажәла иҟьеит.

Даҽакалагьы изыҟаломызт, абаҩхатәреи адырреи анеицыла. Уи Мушьни Лашәриа далнакааит, даҽа ԥсыуа поетк диеиԥ­шымкәа, адырра ҵаулақәа шьаҭас измоу, еицакра зқәым ихаҿсахьа иманы.

Даҽакгьы: Мушьни Лашәриа абарҭ ирҿиаратә ганқәа зегьы, иуҳәар ҟалоит, еицхациркит, еицы­шьҭихит, иахьан­ӡагьы еицааигоит. Амала, ус иага иҟазаргьы, сгәанала, алирика аԥхьатәиуп. Уиоуп апоет ирҿиаратә ҟырҟы зырхәыхәыз, ибла хызтыз.

Мушьни Лашәриа дрызҟазоуп аграждантә, афилософиатә, абзиабаратә,  апеизажтә,  асатиратә лирика иаҵанакуа арҿиамҭақәа. Уи убарҭахеит аԥхьатәи иажәеин­раалақәа инадыркны – «Игарҵыз ажәа», «Агәыӷрақәа», «Абырфын ҩны», «Аӡы аҳра», «Арҩашқәа рышьыжь», «Ажәлаҟьаҩ» уҳәа – еиуеиԥшым ипоезиатә еизгақәа рҿы. Шоҭа Салаҟаиа ииашан иҳәоит: «Лашәриа илирика, ипоезиа – ари инарҭбаау метафороуп, – уиала автор еиҳа дазҟазоуп игәҭакы аҳәара, асахьаркра, арҵаулара». Метафорала адунеитә поезиа атема хадақәа – аԥсадгьыли, ажәлари, ани, ахатәы бызшәеи рхьаа, ахҵәара, аибашьра, аԥсра, аԥсҭазаара, абзиабара ҳаракы – цәыригоит апоет.

Арҿиаҩы, ибаҩхатәреи идырреи ирыбзоураны, адунеитә поезиа лыԥшаах аҩаӡара аҿыԥшра, абжьы, амузыка аҳара инасыԥхеит. Убриалагьы илшеит даҽа цәаҩак змоу, даҽа хкык еиуоу иара ихатәы рҿиаратә жәҩан аартра.

Апоет аепикатә жанр игәы шазыбылуаз убарҭахахьан иқәыԥшра шықәсқәа раангьы, абалладақәа, алегендақәа, амифқәа ирылху иепикатә рҿиамҭа кьаҿқәа рыла. Анаҩсҟа илиро-епикатә мҩаҿы, абаҩхатәреи адырреи анеицыла, Мушьни Лашәриа аԥсуа литература, иара адунеитә литература ахаҭагьы иалеигалеит ԥсра-ӡра зқәым аепос ҿыцқәа – «Ахьтәы уасцәа», «Аџьынџь», «Ашаеҵәа».

Арҭ арҿиамҭа дуқәа еилыхха иаҳдырбеит апоет ажәлар рҭоурыхи рразҟымҩеи рҿы аепохатә хҭыс дуқәа поезиатә ашәала, поезиатә ажәала рсахьа аҭыхра, раарԥшра дшазҟазоу, наунагӡа абиԥарақәа ргәала­шәара, рдунеи­хәаԥшышьа ишазынижьыз».

 Зураб ЏЬАПУА


 

«Абар, шьҭа 60 шықәса иреиҳауп арҿиареи аҭҵаарадырреи ҽышәала дырза­аԥсоижьҭеи М. Т. Лашәриа, аха иахьагьы ааԥсарак ҟамҵакәа дшырҿыц дырҿуп бзиа иибо, ижәлар доуҳала рырбеиара иазҳәоу иус хадақәа – асахьаркыратә рҿиамҭа ҿыцқәа раԥҵареи, жанрла еиуеиԥшым адунеитә поезиатә ҩымҭа хьыр­шәыгәқәа аԥсшәахь реиҭагареи, алитератураҭҵааратә усумҭақәа рыҩреи. Сымҩашьо исҳәар ауеит, уи шаҟа дсахьаҭыхҩу аҟара – убриаҟара дыҭҵааҩуп ҳәа. Иагьаԥиҵеит аԥсуа литературеи аҭҵаарадырреи рҭоурых аҟны нарха зманы иаанхо арҿиамҭақәеи афилологиатә ҭҵаамҭақәеи. Урҭ рҟны М. Т. Лашәриа изы еснагь ихадан абаҩхатәра иаша адгылара, алыԥшаара, аӡыргара, акыр иаԥсоуи акгьы иаԥсами – «аҩеи аӡеи» реиламырҩашьара; дзыхцәажәо арҿиамҭақәа «хьаԥшкәаԥшрада» ахәшьара ҵабырг рыҭара, иналукааша апоезиатә ԥҵам­­ҭақәа гәыбыл­рала ралкаара, згьама ҳараку аԥхьаҩ иааӡара.

Абарҭқәа ирыбзоураны ҳлитературеи ҳашәҟәыҩҩцәеи ирызку уи иажәа аханатә азҿлымҳара аман, аиаша-ҵабырг иатәын, убас иагьа­анхоит».

Валентин КӘАӶӘАНИА

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me