Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аҳаҳаи, ԥхьацароуп Аԥсынра!»

Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкны

А Д Н Ы Ҳ Ә А Л А Р А

Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа!

Аҧсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ., алитера­тураҭҵааҩ, акритик, ауаажәларратә усзуҩы Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа, гәык-ҧсыкала ишәыдаҳ­ныҳәалоит 85 шықәса шәхыҵра. Афилологиатә ҭҵаара­дыррақәа ркандидат, Аҧсны жәлар рпоет, Аҧсны аҭҵаара­дыррақәа Ракадемиа академик, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, абжьа­аҧнеиҧш шәыжәлар рыгәҭа шәгылоуп. Апоезиеи алитератураҭ­ҵаареи рҟны еиҧш, шәылшамҭақәа шьардоуп аиҭагара аус аҟны. Ш.Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи Аҳәынҭқарратә премиа шәанашьан уи ипоема «Абжьас-цәа зшәу» аиҭагаразы. Аурыс-аҧсуа литературатәи акультуратәи еимадарақәа рырҕә­ҕәаразы акәзар,  ишәанашьоуп А. С. Пушкин имедал, иара убас А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәы­­­лазегьтәи апремиа, Урыстәылатәи апатриархтә алитературатә премиа. Шәыр­ҿиаратәи шәуа­ажәларратәи усура ҳтәылаҿы ахәшьара бзиа аиухьеит, ишәанашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа: «Ахьӡ-Аҧша» аорден II, III аҩаӡарақәа, шәылшамҭақәа азгәаҭаны ишәаҭәашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара.

Рҿиаҩык иаҳасабала шәышьа­қәгылара акыр иацхрааит, иханарҭәааит шәҿара ашықәсқәа раан, Аҧсны еиҧш, Москва ишәырҳаз адырра.  А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институти Адунеитә литература аинститут аспирантуреи шәрылганы Аҧсныҟа шәаныхынҳә гәацҧыҳәарала алитературатәи аҭҵаарадырратәи ҧсҭазаара аӡәы ҳәа шәна­лагылеит. Москва, Адунеитә литература аинститут аҟны ишәыхьчаз акандидаттә диссертациагьы абаҩхатәра ҷыда злаз апоет қәра­хьымӡа И. Коҕониа ирҿиам­ҭақәа ирызкын.

Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус ахьыжәуа­заалакгьы - агазеҭ «Аҧсны» («Аҧсны ҟаҧшь») аредакциаҿы, ажурнал «Алашара» аҟәша аҟны, иара убас ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас, Аҧсны ашәҟәыҩ­ҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс шәаныҟаз акәзааит, қәҿиарала шәыҧсадгьыли шәыуаажәлари рымаҵ жәуан.

2003 шықәса раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩыс шәыҟоуп. Шәнапх­гарала иҭыҵуа ажурнал «Аҟәа-Сухум», агазеҭ «Еҵәаџьаа» аперио­дикатә кьыҧхь иахәҭакуп, аҧхьаҩцәагьы рызҿлымҳауп.  Шәҽыззышәкуазаалакгьы, аханатә еиҧш, еснагь ишәыцуп баҩ­хатәрала ишьҭы­шәкааз ­зырҧшыз, ишәылаз аҟыбаҩ ҷыда ацәыргараҿы ишәыц­храаз, шәгәы азҭазҵаз Д. Гәлиа, И. Коҕониа, Б. Шьынқәба уҳәа рҩымҭақәа ҩашьара ақәымкәа доуҳамчк шәыларҵеит. Аҧсуа поезиаҿы ишьақәгылоз атрадициақәа еихазҳаз шәыруаӡәкуп.

Акыр шықәса раахыс аҭҵаарадырра амаҵ ахьыжәуа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭ­ҵаара аинститут аҟны акәзаргьы, алитература аҟәша напхгара ашәҭоит. Аӡыхь еиҧш зны иныҵхәрааз шәпоезиеи шәареи шәеимҩа­лацәоуп. Уаанӡеиҧш, Аҧсни Урыстәылеи иҭыҵуа  ажурнал­қәеи агазеҭқәеи лассы-лассы ирнылоит шәҩымҭақәа, ­еиҭагоу шәышәҟәқәагьы. Ари амҩа шәшаныц шәануп. Шәара шәаҧшьгарала 2001, 2009 шықәсқәа раан иҭыжьу «Аҧсуа поезиа антологиа» акәзар, иналукааша хҭысны иҟалеит алитературатә ҧсҭазаараҿы. Шәажәеинра­алақәа, шәпоема «Ашаеҵәа», иажәеин­раалоу ароман «Аџьынџь» ҳлитератураҿы  аҭыҧ ҷыда ааныркылоит.

 Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа, шәырҿиара алацәажәараан аганахь ныжьшьа амаӡам аиҭагара аус аҟны шәылшарақәа. Аҧсышәала ишәырцәажәеит Ш.Русҭавели ипоема «Абжьас-цәа зшәу». Аду­неитә литература абаҟақәа ракәны иҧхьаӡоу аурыси аҳәаанырцәтәи апоетцәа дуқәа аӡәырҩи рҩымҭақәа аҧсшәахь еиҭаганы иҭшәыжьхьеит. Иалкааны иазгәаҭатәуп Абиблиа аҩбатәи ахәҭа «Ауасиаҭ ҿыц», А. Пушкин ироман «Евгени Онегин», М. Лер­монтов ипоемақәа «Мцыри», «Демон», Џь. Баирон ипоема «Шилонтәи атҟәа», Г. Лонгфелло ипоема «Гаиавата изы ашәа». Шәхатәы рҿиамҭақәа ракәзар, аурыс ҧхьаҩы идыруеижьҭеи акыр ҵуеит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан Москва иҭыҵхьоу ажәеин­раалақәеи апоемақәеи еидызкыло шәышәҟәқәа иреиуоуп: «Ахаҳә аҧсра», «Акалмаҳаи аҟармаҵыси», «Ахьтәы-уасцәа», иажәеин­раалоу ароман «Аџьынџь», апоема «Ашаеҵәа». Урҭ аурысшәахь еиҭаргеит ажәа азҟазацәа: Ф. Искандер, С. Куниаев, Ан. Передреев, И. Кузнецов, М. Синельников, Н. Ванханен уҳәа егьырҭгьы.

Абжьааҧнеиҧш, аҩымҭа ҿыцқәа рыла  ҳаҧхьаҩцәа шәыргәырҕьоит.  Еснагь арҿиара агәацҧыҳәара шәыцзааит, агәабзиареи агәамчи шәыгымзааит, аҧсуа иқәра наӡа нышәҵааит, шьардаамҭа шәыжәлар шәры­лагылазааит!


Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me