Аҧсны абжеиҳарак, лымкаала ҳаҳҭны-қалақь аҿы инхоз ҳгәылаца «бзиақәа» иқәҵны ишцазгьы, иахьа ҳҿар анхарҭа ҭыҧ рымаӡам. Изыхҟьаз – зегьы иаадыруа, аҧсымҭәра «ҭәа збаз, ҭәа иҳәҳәоит», аӡәы жәа-уадак аанкыланы, ианду, иабду, игәыла зҳәаз еиҧш иҭеигалеит, итәитәит. Ицәырҵуеит азҵаара, изҿузеи анхарҭа усбарҭақәа, уаҩ дахьнымхо анхарҭа ҭыҧқәа 30 шықәса, изыҩнам зырымбои ҳәа. Ахақәиҭра ашҭаҿ еизаз, нхарҭа ҭыҧла еиқәыршәам аҭаацәарақәа амала акагьы иаҳәаӡом. Урҭ рахьтә иҟоуп жәашықәсала қьырала ауада ахә ахшәаауа иҩноу.
Аӡәгьы мап ацәыркрымызт, ипотека ҳасабла еиҿкааны, ашәахтә есымза иршәо аҳәынҭқарра иаланагало дара зқәиҭу, ирхатәу иҩназарц. Уи аҩыза аиҿкаара, егьырҭ атәылақәа рҟны апрактика ду амоуп. Ҵабыргуп, Аҧсны хышықәса раахыс еиҿкаау апрограмма жәаҩыла рхатә уадақәа роуратәы алшара рзаҧнаҵеит. Аха уи жәаҩык, насыҧ змаз. Ҳара иҳамоуп зықьҩыла анхарҭа ҭыҧ змам иқәыҧшу аҭаацәарақәа. Сара сзадгылом, иахьиз раб игәараҭа кармыжьааит, уаҟа иҟаз зҳәо ргәаанагара. Џьоукы рыхшара аҳҭны-қалақьаҿ анхарагьы раҭәаршьом, аҧара бзиан идырҳауеит, алшара дуқәа ыҟоуп уаҟа ҳәа рхәыҷқәа Урыстәыла инхоит, арахь уара иулабжьарц иалагоит, ақыҭа кармыжьааит, ҳқыҭақәа ҭамцәыроуп ҳәа.
Еилкаауп, асовет аамҭаз ҳқыҭа школқәа аџьџьаҳәа ахәыҷы-шьҭыбжьы ҭыҩуан, ақыҭаҿ ачаи аадрыхуан, аҧара арҳарҭа ыҟан, уи иаанагом зегьы ықәҵааит ҳәа, аха арахь иааз аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭатәуп. Иахьагьы, уаҵәгьы, иара аибашьра анцозгьы аҧсуа амла иҽаиргом ақыҭаҿгьы, дахьыҟазаалакгьы, баҩданк далаҳамҵозар. Аха акрыфараз мацара акәым адәы ҳзықәу. Ахәыҷқәа зааӡо аҭаацәарақәа амҩа рыҭатәуп, убриоуп ҳқыҭақәа ааныжьны аҳҭны-қалақь ахь иааз ҳҿаргьы ирҭаху.
Амитинг иалахәыз рахьтә ирацәоуп, зҭаацәа аибашьраҿ иҭахаз рыхшара, ахәыҷы инвалид дызмоу, 4-5-ҩык ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа.
Еизаз аҭаацәарақәа рышҟа иааит Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиа, Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны жәлар рхеидкыла» анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба, уаанӡатәи Жәлар Реизара адепутат Гиви Кәарҷиа.
Ҳәара аҭахым, итәаны ирымбаз дгылан ихы дирбон ҳәа, ари аҩыза ахымҩаҧгашьала ауадақәа ргара закәаным, аха зҭагылазаашьа хьамҭахаз ауаа рызхьаҧшра ихымҧадатәу усуп.
Иааидкыланы, 2022 шықәсазы ҳтәыла иқәынхо ауааҧсыра рхыҧхьаӡара наӡоит 243 872-ҩык рҿынӡа, нас изаҳзымхои ҳарҭ анхарҭа ҭыҧқәа? Ари азҵаара аҭак аҟаҵара рыхәҭоуп анхарҭа усбарҭақәа, урҭ хылаҧшра рызҭо аусҳәарҭақәа.
Ахақәиҭра ашҭаҿы ихацыркыз амитинг иацҵан аҩбатәи амшазы. Нхарҭада инхаз аҭаацәарақәа Аҟәа, Аҳабла ҿыц, амҩаду Кьараз 18б, аҿы игылоу аҩнеихагыла ду аҧхьа еизеит, рҽазыркит иҩналаны ауадақәа ааныркыларц, арахь иаднагалеит Аҧсны амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Ашәба, Адгәыр Арӡынба.
Амитинг иалахәыз адырра рырҭеит рызҵаарақәа шыӡбахо ала.
Нас игәыҕлап, имгәыҕкәа иҧсхьада… Аҵыхәтәан исҭахуп иҟасҵарц лкаак, ақыҭантә иааз, шәахьааз нхара шәца ҳәа зҳәо шәзы. Аҧсуаа зегьы ақыҭа иаларсуп ҳдац, шамаха уантәи ҳааит, иацы заб ара дизгьы, зхаҭа ақалақьаҿ иизгьы, шәааи нас ҳхынҳәып ақыҭахь зегьы, ҳаҳҭны-қалақь ааныжьны. Ус акәӡам, змилаҭ ҿиарц, иҕьацарц изҭаху ишыҟарҵо. Зны ақыҭаҿ ихандеиуа, рџьабаа рҧылартә аҭагылазаашьа рзаҧаҳҵап, нас иаҳбап ақыҭаҿ иаангыло, иаанымгыло.
Дарбанзаалак аҧсуа азин имоуп аҳҭны-қалақьаҿ анхара. Агәрагара заҳҭазгьы ирылдыршароуп, нхарҭа ҭыҧла еиқәшәам рыцхраара. Уи азы иҟоуп еиуеиҧшым ахырхарҭақәа. Егьырҭ атәылақәа ирҿаҳҵааша рацәоуп. Мшәан, абнатоура илахазгьы мҩахәасҭак иҧшаахьеит.
Наира Сабекиа