Анатол Бганба изкны

Ҳ-Аҧсны, ҳажәлар дрыҧхеит аҧсуа хаҵа, ахатәра, Аҧсуара алеишәақәа рыла иааӡаз, иныҟәызгоз, аҧсуа гәаҵәа зыҕраз, ауаажәларратә усзҩы, аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы аџьа збахьаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, 46 шықәса инеиҧынкыланы Аҧсны азанааҭеидгылақәа рҟны аус зухьаз, Аҧсны Ихьыҧшым Азанааҭеидгылақәа Рфедерациа Ахантәаҩы ихаҭы­ҧуаҩ, уи Апрезидиум алахәыла, «Ахьӡ-Аҧша» орден ахҧатәи аҩаӡара занашьаз Анатол  Қьаазым-иҧа Бганба.

Анатол Бганба қәра дук нимҵӡеит. Сынтәа 76 шықәса ихыҵит ноиабр 1 аҽны. Нас, мызкы инеиҳаны, 77 шықәса дынры­қәлоны, иҧсҭазаара ҿахҵәеит.

Анатол иаб, Қьаазым Осман-иҧа Бганба, иашьеи иареи, Аҧснынтә мчыла ихдырҵәаз, «амҳаџьырра» Ҭырқәтәылан инанагаз, аха, уашьҭахьтәи зыҧсадгьыл ахь игьежьны, ара анхамҩа, аҭаацәара аҧызҵаз иоуп.

Анатол Бганба диит Аҧсуара ныҟәыз­гоз аҧсуа нхаҩы иҭаацәа­раҿы. Диит, изҳауан аҭоурыхтә аҧсуа қыҭа ду Лыхны Ачааи Чачааи раҳҭынра азааигәара, аҧсуа жәлари Аҧсни рызҵаара хадақәа, рлахьынҵа ахьырӡбоз Лыхнашҭа амҵан, Бзыҧтәи Аҧсны агәеисырҭаҿы!

1964 шықәсазы Анатол Қьаазым-иҧа Лыхнытәи абжьаратә ашкол далгеит. Иара уи ашықәсан дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет. Аинститут даналга, рҵаҩыс аусура далагоит Хәаҧтәи абжьаратә школ аҿы. Аха, лассы диасуеит усура ҳәа Аҧсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Ахадарахьы, аҟәшақәа руак аҿы…

Анатол Бганба иӡбеит иҵара иациҵарц. Дҭалоит, 1974 шықәсазгьы далгоит Москватәи аекономика-статисттә институт, анџьныр-аекономист изаанаҭ ала. Иара уи ашықә­сан аусура далагоит Аҟәатәи афилиал иатәыз Акустикатә институт аҟны, аекономист-апрограммист изаанаҭ ала.

Аха, иҧсҭазаараҿы ишыҟалаҵә­ҟьаз, Анатол Қьаазым-иҧа иусуратә  занааҭ хазхеит. 1976 шықәса инаркны, идунеи иҧсаха­анӡа Аҧсны азанааҭеидгылақәа рҿы аус иуит 46 шықәса инеиҧынкыланы. Раҧхьа, Аҧснытәи Ахеилак (Акомитет) ақыҭанхамҩатә усзҩцәа рҿы аус иман, уа азана­аҭеидгылақәа иалаз рымаҵ иуан. Нас,  Аҧсны ааглыхратә наплакқәа рҟны аус зуаз рҟны. 2011 шықәса инаркны, иахьа уажәраанӡа – аусҳәарҭақәа рҿы аус зуа Аҧснытәи азанааҭеидгылақәа Рхеилак ахантәаҩыс дыҟан. Иара уи ашықәс инаркны Аҧсны Ихьыҧшым Азанааҭеидгылақәа Рфедерациа Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс дшьа­қәырҕәҕәан, уи Апрезидиум далахәын.

Анатол Қьаазым-иҧа Бганба аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын. Аламала, иҟам уи дызлахәымыз ус еиҧш ахҭысқәа.  Аҧсны ауаажәларра-аполитикатә хҭыс ҕәҕәаӡақәа мҩаҧысит 1967, 1978, 1989 шықәсқәа рзы. Аҧсуажәларзегьтәи реизара дуӡӡақәа мҩаҧган – Лыхнашҭа, Ҧақәашь ақыҭа, ақалақь Тҟәарчал, ақалақь Аҟәа… «Ажәлар рхақәиҭ­разы иқәҧоит!» ҳҳәоит, аха,  рхала «изықәҧаӡом». Урҭ зырцых-цыхуа ауаҩы дырҭахуп, дрымазароуп амҩа иаша иқәызҵаша, ахықәкы, аҵакы разҳәаша ауаҩы. Ус еиҧш иҟаз ауаа дырауаӡәкын  Анатол ҳажәлар рыгәҭа.

Аҧсны еиҳа агәамҵарақәа ҳажәлар ҭагылеит 80-тәи ашықәсқәа инадыркны. Уи СССР анапхгараҿы Михаил Горбачов иааира иақәшәеит. Алықьсандр Иаковлев, Едуард Шеварднаӡе реиҧш иҟақәаз ауаа хәымгақәа идкы­ланы, Асоветтә ҳәынҭқарра дуӡӡа ахырбгалара ргәы иҭазаарын. Ҳара уи абаадыруаз. Усҟан ақырҭқәа ирӡбет, Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи аарыдкыланы, Қырҭтәыла СССР иалыргарц. Звиад Гамсахәырдиа раҧхьа дгыланы, Қарҭынтә аемиссарцәа ааны, Аҧсны иҳаланхоз ақырҭқәа дырбжкит, аҧсуааи ҳареи ҳаиҿадыргылеит. 1989 шықәса ииуль мза, 15-16 амшқәа рзы  Аҧсны ашьа каҭәеит: 16-ҩык ҭахеит, уаа 400-ҩык иреиҵаӡамкәан, ихәахәа-жьахәаны ахәшәтәыр­ҭақәа ирҭашәит. Аҟәа ақалақь аисра ҕәҕәаӡа мҩаҧысит. Ақырҭқәа дырҿагыланы аисра иқәшәеит Анатол Бганбагьы. Уи аамҭазы Москва иҟаз, Аҧсны ахьӡала СССР жәлар рдепутатс иалхны иҳамаз Владислав Арӡынба ибзоурала, ииуль 16 ҵхыбжьон, аҳаирплан дуқәа «Антеи» зыхьӡыз ҩба рызна, уаа 400-ҩык аурыс ар Аҟәа итәеит. Еибашьуаз ақырҭқәеи аҧсуааи ҳаидыргеит, амҩақәа ршәаҳаит – уаҩы дзымҵасуа. Ииуль 18 аҽны Аҧсны иаларгалеит «иҷыдоу ауааҧсыра рхымҩаҧгашьа» - «особый режим поведения граждан» ҳәа аҧҟара ҕәҕәа… Аха, уи, ишыжәдыруо еиҧш, аамҭала акәхеит!..

Усҟан, Аҧсны «ақырҭуа-аҧсуа еибашьра хәыҷы» мҩаҧысит.

Иара убас, 1991 шықәса, октиабр мзазы ҳара иаҧаҳҵаз «Аҧсны жәлар рпартиа» аиҿкаараҿгьы Анатол Бганба дҳадгылан, дҳацхра­ауан, Аҟәатәи аҟәшаҿы дцых-цыхуа далахәын…

Хара имгакәан, Аҧсны Аџьынџьы­тәылатә еибашьра иалагеит. Адырҩегьых, Москвантә дааны, Қырҭтәыла напхгаҩыс иахагылаз Едуард Шеварднаӡе, ир иманы, еибашь­рала аҧсуа жәлар дрықәлеит: шьаҭанкыла инирҵәарц, агеноцид рзиурц. Аҧсны апатриот Анатол Бганбагьы убри ашьаарҵәыратә, ақырҭуа-аҧсуатә еибашьра далахәын… Ишыжәдыруа, уи аибашьраҿы аҧсуа жәлар, Аҧсынтәыла зегьы Аиааира дуӡӡа ргеит, ҳажәлар Рҧыза – Владислав АРӠЫНБА инапхгарала…

Анатол Қьаазым-иҧа иҧсҭазаа­раҿы дыззықәҧоз алҵшәа бзиаӡақәа ибла иабеит, иҧсуа жәлар рыҧсадгьыл – Аҧсны иаҧшәы­мацәаны дырхаануп, рыбзазара далахәын. Аҧсны Аҳәынҭқарра иамоу Аиааиреи, иаиуз Ахьыҧшымреи, Азхаҵареи дреигәырҕьон хәыҷҵас… Аха, игәы инархьуан, даргәамҵуан ҳҳәынҭқарра аҩнуҵҟа имҩаҧысуаз, иибоз агха-ҧхақәагьы.

Анатол Қьаазым-иҧа Бганба иҧсадгьыли, ижәлар рзы иааҧсарақәа,  илшарақәа, иџьа алҵшәа бзиақәа Аҧсны Аҳәынҭ­қарра анапхгара иақәнагоу ала ахә ҳаракны иршьеит, ҳаҭыр ду ақәырҵеит. Инеиҧынкыланы, шықәса рацәала Аҧсны азаанаҭеи­дгыла­қәа рҟны иусура бзиеи, аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара дахьалахәызи рзы, 2015 шықәсазы, ноиабр 3 аҽны уи ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Ус, ҳааҭагылт 2021 шықәса. 1946 шықәсазы ииз зегьы – 75 шықәса ҳхыҵуан. Ноиабр 1 аҽны 75 шықәса ихыҵра, имш ира азгәеиҭараны дыҟан Анатол Бганбагьы. Аха, сентиар 1 аҽны, уи амашәыр ҕәҕәаӡа дақәшәеит.

Анатол Қьаазым-иҧа Бганба ас иҕәҕәаӡаны ихәахәа-жьахәарақәа ицәа-ижьы изалымҧсааӡеит. Сынтәа ҳанызҭа­гылаз ашықәсангьы, еиҳа рхы инар­дыруа дҟарҵеит. Аҟәатәи аҩбатәи ахәшә­тәырҭа дҭашәоит. Аха, иаалырҟьаны аҧҟара иқәшәоит. Шәача ахәшәтәырҭаҿы дааганы, даараӡа иуадаҩӡаз аҧҟара изымҩаҧыргеит аҳақьымцәа. Адырҩагьых Анатол ишьапы дықәгыланы даабеит, иусурахьгьы, има­шьынала Аҟәеи Лыхныи дрыбжьан. Иҩызцәа ҳамхагәырҕьацәан, абра иҩны ҳааны даабеит. Аха, усҟан аҩсҭаа даҳхыччозаарын.

Аха, Анатол Қьаазым-иҧа Бганба дымҧсӡеит, идунеи иҧсахит ауп. Ишьҭахьҟа Анцәа ишиҳәара дыҟоуп, зегь рыла деиқәшәоуп. Анхамҩа бзиаӡа аҧҵаны имоуп. Аҭаацәара бзиаӡа аҧиҵеит. Раҧхьатәи иҧҳәыс лҟнытә, ахшара – ҩыџьа аҧацәеи, хҩык аҧҳацәеи имоуп. Зегьы аҭаацәарақәа ирылоуп. Иҧацәа – Омари Алиаси Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иалгахьеит, Аҟәа инхоит, аус руеит, иҭаацәа­рақәоуп. Анатол аҩбатәи иҧҳәыс Ҭхьынатәуп, уажәы лҭаацәа Уарча инхоит, Гогиа ҭыҧҳауп, Наргьыза лыхьӡуп. Заа лхаҵа длыҧхеит, ҩыџьа ахәыҷқәа-аҧацәа шлымаз, абри аҩна­ҭаҿы анасыҧ лоуит. Урҭ лҧацәа абраҟа ирааӡеит, руаӡәкгьы дҭаацәарахахьеит. Уажәшьҭа, ари аҩнаҭа ахаҵа иусгьы, аҧҳәыс лусгьы, Наргьыза лҟәаҟәа инықә­леит. Анатол Бганба ихылҵшьҭра рыла, 11-ҩык драбдуун.


20.12.2022 ш.

Игор  МАРЫХӘБА,

аҵарауаҩы, аҭоурыхҭҵааҩы

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me