Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны ахьӡ ҭызго

Иахьа ҳтәыла ахьӡ Аҧсны анҭыҵгьы ираҳаратәы иҟазҵо ираҧхьагылоуп аспортсменцәа ҿарацәа. Аха, уажәы сара зыӡбахә сымоу аспортсмен аҿара днахыҳәҳәахьеит, ишырҳәо еиҧш, иқәрабжа  дынҭысхьеит. Отаҧ (Очамчыра араион) ақыҭа иааӡаз Борис Колодиа-иҧа Багаҭелиа дхәыҷаахыс  аспорт бзиа ибон.

Ҳаиқәшәара  аан иара иҳәеит: «Сара 16 шықәса нахыс зхы нас зхы иақәиҭу ақәҧаразы, азыҟаҵаҩ Митиа Багаҭелиа инапаҵаҟа сыҟан, сазыҟаиҵон. Арра маҵзура сахысуан Алтаи  атәылаҿацә  ақалақь Барнаул. Убра ҩышықәса  «самбо» «дзиудо» саҿын. Уи аамҭазы Барнаул имҩаҧысуаз Аспартакиада аҿы саиааит, аҩбатәи аҭыҧ згеит. Уи ашьҭахь Киргизиа Зегьеидгылоутәи  аицлаб­рақәа рҿы СССР аспорт азҟазара сҽаҧсастәит. Сықәгылахьан Минск ақалақьаҿы. Ҩышықәса СССР еизгоу акоманда сахыҧхьаӡалан. Аҵыхәтәаны сыҟан Қарҭ, 25 шықәса анысхыҵуаз, аха иныжьны Аҧсныҟа сааит…

– Нас ҿыц уанбахынҳәи аспорт ахь?

– Аибашьра ашьҭахь Гагра ақалақь аҿы ҧсшьара ҳәа иааз сҩызак, аспорт аганахьала сыздыруаз Александр Пушницов дсышь­­ҭаланы сиҧшааит. Иара аспорт аганахьала деицырдырхьан, жәынтәы СССР дачемпионхахьан, хынтә – Европа, исеиҳәеит улшарақәа здыруеит, аҽазыҟаҵара уалага ҳәа. Ажәакала сгәы азҭеиҵеит, сагьалагеит аҽазыҟаҵара.  Аха ақәгыларахь снеиаанӡа сан лдунеи лыҧсах­гәышьеит. Иааҿахҵәеит сызҿыз аҽазыҟаҵара­қәагьы. 53 шықәса схыҵуан, сҩызцәеи сареи шәарыцара ашьха ҳхалеит, убра дҳацын Ҭемыр Џьопуа ҳәа арҧыс, зхы иақәиҭу ақәҧараҿы азыҟаҵаҩыс иҟаз. Амҩан иҳацыз даара иааҧсеит, сара сакәын зегьы иреиҳабыз, аха абахә саҿалашьа аниба дсыҳәо далагеит, ишҟа аҽазыҟаҵарахь аныҟәара салагарц.

– Аамҭа рацәаны иуцәагама аҽазыҟаҵара?

– Сгәанала, ауаҩы ҧсабарала ианилоу, ега ашықәсқәа бжьаларгьы, илоу цәыригоит, 20-мшы рышьҭахь сықәгылеит Санкт-Петербург Жәларбжьаратәи атурнир аҿы. Убраҟа ахҧатәи аҭыҧ згеит.

– Ирҳәоит, аицлабраҿы иаанукыло аҭыҧ акәым ихадароу, ихадоу аҽалархәра ауп ҳәа, – Борис уара узы ус акәӡами?

Ус ҟалашьа амам, сара актәи аҭыҧ ахьысымгаз сгәы иҵхон, сыҧсы ахьынӡаҭо убри сгәы иҵхалоит ҳәа еиҭах аҽазыҟаҵара салагеит. Есышықәса хышықәса ирҭагӡаны 12-нтәы сықәгылеит, аха сгәы иҵхоз, иара саҵазырхаз  дсықәшәомызт. Убас, 2015  шықәсазы декабр 26  рзы Санкт-Петербург «дзиудо» азы ҳаиқәшәеит иареи сареи,  Ефремов Васили, хышқәса «сыҧхыӡ иалаз». Ҳаиқәҧараҿы актәи аҭыҧ згеит. Сгәы рҭынчынгьы Аҧсныҟа схынҳәит.

Ирацәаӡоуп аамҭа кьаҿк иҭагӡаны Борис Багаҭелиа илиршаз. 2014 шықәсазы адунеи дачемпионхеит. Жәахантә ақәгыларақәа мҩаҧигеит хышықәса ирҭагӡаны. Идыру усуп аицлаб­рақәа рҿгьы иҟалоит аӡбаҩцәа агха аныҟарҵогьы. Убас иҟалеит 2014  шықәсазы, Урыстәыла ачемпионат аҟны Александр Рассказов даницықәгылоз, Новгород лбаа амҵан иҟоу ақалақь  Кетова санықәгылаз афиналаҿ саиааиуан, аха иашамкәа иӡбан аҩбатәи аҭыҧ санаршьеит ҳәа игәалаиршәеит Борис.

Ауаҩы гәык-ҧсыкала дызҿу аусаҿы еснагь алҵшәа бзиа инамҭар аушам.

Борис Багаҭелиа иахьа «адзиудо» аветеранцәа дшырхыҧ­хьаӡалогьы дхьаҵны итәоз дреиуам. Декабр 12 – 2021  шықәсазы Москва имҩаҧысуаз «Урыстәылатәи адзиудо аветеранцәа рыбжьараҿы дачемпионхеит. Сынтәа ашықәс ҿыц аламҭалаз даҽа иааирак Аҧсны иаза­аигеит, Санкт-Петербург имҩаҧысуаз адзиудо азы аветеранцәа ртурнир аҿы араӡны медал иҽаҧсеитәит.

Иааидкыланы, Аҧсны ахьӡ ҭызго, ҩынтәны Адунеи иачемпионхахьо, Урыстәыла хынтәны ачемпионра зҽаҧсазтәхьо Борис Багаҭелиа 60-шықәса дшырҭысхьогьы даангыларц игәы иҭам. Анцәа ииҭааит амчи алшареи есышықәса ҳтәыла ахьӡ ҭигаратәы.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me