Ашықәс ҿыц ныҳәа – ари аӡәырҩы рзы иреиҕьу ныҳәаны иҟоуп, хаҭала, сара иахьынӡаздыруа, сыхдырраҿы излаҟоу ала, хәыҷи-дуи ззыҧшу, ргәыҕрақәа здырҳәало ныҳәоуп. Аха, хаҭала, аӡәырҩы реиҧш ари аныҳәа лымкаала сшазыҟазгьы, сынтәа, бзиара дук аҧсуа жәлар раҧхьа ҳнаргыланы иаҳзаанагарц сгәы шазыҳәогьы, ус еиҧш агәаҳәара намӡар ҳәа агәыҩбара сызцәырҵуа, уимоу «еицәоу ак ҟамлакәан» иаҳхаагандаз ҳәа сазхәыцуа салагеит. Сара сгәаанагара сацәхьаҵыр анысҭаху аамҭазы, иаасыкәыршаны иҟоу зегьы сгәаанагара, сыгәҭахәыцра саҧхьнарҟәҟәаартә избом.
Уаанӡа Ашықәс ҿыц ааира мызк шагу ақалақь аныҳәатә хаҿра аныҧшуа, ақалақь ауааҧсыра аныҳәатә гәалаҟазаара рыманы уи ааира ишазыҧшыз шьаҿацыҧхьаӡа иубон. Адәқьанқәа, амҩадуқәа, ахатәы ҩнқәа, еиуеиҧшым ахыбрақәа «ныҳәатә маҭәала еиларҳәон», еибырҭон, еилаарцыруа, амцабзқәа ирхылҵуа ҧшшәы рацәала еибыҭоу алашарақәа акуа-ицәо. Уажәы урҭқәа зегьы акыр ихьшәаны иалагеит. «Иуалбагоуп», «усгьы ак ҟаҵатәуп», ма «ахәыҷқәа раҳаҭыр» азы ҳәа аныҳәа аҽазыҟаҵара мҩаҧысуашәа ауп ишыҟоу. Аха, иага ус акәзаргьы аныҳәа шныҳәоу имҩаҧысроуп, аныҳәатә ҟазшьа аманы иҟалароуп. Ақалақь ауааҧсыра, иуадаҩу аамҭазы ргәалаҟазаара ҳамҭакы иадамхаргьы ашьҭыхра рҽазыршәоит есышықәсеиҧш сынтәагьы Аҟәа ақалақь Ахадара, хаҭала аныҳәа ахаҿра аарҧшра, арҧшӡара знапы иану акультура аусбарҭа аусзуҩцәа.Хаҭала, аҳҭны-қалақь аҟны иргылахо Ихадоу аҧсаӡ аиҿкаара, архиара, арҧшӡара знапы иану Аҟәа ақалақь Ахадара акультура аусбарҭа аусзуҩ Кама Қәҭелиа ҳаиҿцәажәараан излазгәалҭаз ала, аҧсаӡ хада В.Арӡынба ихьӡ зху Ахақәиҭра ашҭаҿы аргылара иалагахьеит, ихьыҧшшәылоу ахәмаргақәа рылагьы идырхиахьеит. Уи лажәақәа рыла, аҧсаӡ зладырхиаз ахәмаргақәа ҿыцым, аха сынтәатәи аҧсаӡ ианаалоит ҳәа азгәаҭаны инрыжьит.
«Сынтәа аҧсаӡ еилаарцыруа иҧшӡаны ирхиахарц, ақалақь ауааҧсыра рылаҧш рзаҟәымго иџьашьахәхарц азы ҿыц иааҳхәеит амцабзқәа, аҩеижьи аиаҵәеи аҧшшәқәа рыла иҩычахоит уи. Декабр 24 ауха аҧсаӡ ишахәҭоу ала уи аибыҭара, архиара аус хыркәшахоит. Декабр 25 рзы аҧсаӡ аофициалтә аартра мҩаҧгахоит. Сара ақалақь ауааҧсыра агәра дсыргоит, аҧсаӡ даара ишыҧшӡахо ала. Агәыҕра сымоуп уи збо иргәаҧхап ҳәа», – лҳәеит Кама Қәҭелиа.
Ҳаиҿцәажәараан Кама иазгәалҭеит «сюрприз» ҳасабла, аныҳәа аиҿкаара иадҳәалоу амаӡақәа макьана зҳәара, зцәыргара лҭахым шыҟоу, уи ала агәыхыҭхыҭра ҳзынлыжьит…
Кама лажәақәа рыла, есышықәсеиҧш ихадоу амҩадуқәа аныҳәатә хаҿра рныҧшуа ирхиахоит, уи аганахьала иазгәалҭеит дара шаӡәыкым, ацхыраара рызҭо, зықалақь згәы азыбылуа аӡәырҩы шыҟоу.
Аҟәа ақалақь Ахадара акультура аусбарҭа аиҳабы лхаҭыҧуаҩ Ҭемыр Кәакәасқьыр ҷыдала иазгәеиҭеит аҧсаӡ хада аартраан, декабр 25 рзы, 17-ҩык аҧсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа злахәу аконцерт шымҩаҧгахо, иара убас, декабр 28, 30 рзгьы аҧсаӡ хада аҟны имҩаҧгахо аконцертқәа.
Уи иажәақәа рыла, декабр 25 инаркны Ихадоу аҧсаӡ аҟны аус руеит ажәҩан хты аҵаҟа акинотеатри караоки. Ақалақь иаҵанакуа аҳаблақәа рыҿгьы аҧсаӡқәа рхиахоит. Ахәыҷқәа рзы хаҭала еиҿкаахоит аниматорцәа злахәу ақәгыларақәа.
Еиуеиҧшым аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирыцҵахоит Амҳаџьырқәа рыхьӡ зху агаҿахь, иара убас Б.Шьынқәба ихьӡ зху апарк, С.У. Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы, Аҧсуа драматә театр аҿаҧхьа.
Аныҳәа хыркәшахоит ажәҩан аҿы илашо афеиерверкқәа рыла.
Алиса Гәажә-ҧҳа