Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Месси аҧсуеи еигәылацәоуп

Ҳазну амзазы ихыркәшан ашьапылампыл асразы Адунеизегьтәи ачемпионат. Арҭ ацәаҳәақәа равтор ашьапылампыл сшазҿлым­ҳамгьы ари ачемпионат афинал иахәаҧшыз сыруаӡәкуп. Ашьапылампыл даара бзиа избо, акоманда «Зенит»иалоу сыҷкәын хәыҷы Алан ибзоу­рала саргьы сфанатхеит Аргентина азы ихәмаруа, адунеи иачемпионхаз Лионель Месси изы.

Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом, рҳәоит аҧсуаа. Адунеи зегьы аҟны еицырдыруа Лионель Месси изкны шәара ишәзымдыруа акгьы шәасҳәом. Уи аспорт аҟны иқәҿиарақәа ртәы, иҭоурых уҳәа зегьы аинтернеттә цәаҳәақәа рҟны аҧшаара дарбанзаалакгьы илшоит. Аха иҟоуп хҭыск, макьаназ зегьы ирзымдыруа. Иҟоуп агәаанагара, мышкызны, адунеизегьы аҟны еицыр­дыруа иҟалаз ари ашьапы­лампыл асҩы Аҧсныҟа даар ҟалап ҳәа. Ажәа­кала, Лионель Месси Барселона инхарҭа ҭыҧ аҟны гәылацәас имоуп аҧсуаа. Урҭ даара ибзианы еибадыруеит. Мышқәак раҧхьа ҳара ҭелла ҳаҽимаҳдеит иахьатәи аамҭазы Барселона иҟоу, зҭаацәа уаҟа инхо ҳтәылауаҩ Гиви Чамагуа.

Агазеҭ «Аҧсны» аҟынтәи шакәу анидыр, уи уамак ахӡыргара шиҭахымызгьы, иаҳзеиҭеиҳәеит ари ашьапыл­ампыл асҩи дареи реибадырра шыҟалаз атәы. Уи иажәақәа рыла, Лионель Месси дареи еигәылацәоуп. Уи анаҩсангьы, Гиви Чамагуа имаҭа еиҳаби Лионель Месси иҷқәын еиҳаби класск аҟны еиқәшәеит. Ҳтәылауаҩ иажәақәа рыла уажәазы Месси иҭаацәагьы иаргьы уаҟа иҟаӡам, иҟоуп Франциа. Аҧсшьара мшқәа раан акәзар, урҭ шамахамзар Барселона рыҩнаҿы ирхыргоит. Иахьазы уи аҩнаҿы  аиҭашьақәыргыларақәа цоит, иҩызцәа-иқәлацәа зҳәаз еиҧш, ааҧхьаны ачемпионат аҟны иигаз аиааира инарҭбааны азгәаҭаразы.

Адунеи ачемпион  Лионель Месси хаҭала дыздыруа Гиви Чамагәуа ҭелла ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит, уи ауаҩ ахьчаҩцәа зыцрыҧсса иныҟәо шьоукы-шьоукы дышреиҧшым. «Иҧшәмагьы иаргьы шьыжьымҭанла рмашьына инақәтәаны рхәыҷқәа ашкол ахь иргоит, иааргоит. Иҧхашьа-ҧхаҵо, рхымҩаҧгашьа, рҟазшьа,  рцәаҩа уҳәа иуаамысҭашәақәоуп», – иҳәеит ҳтәылауаҩ. Иара убасгьы, Гиви иазгәеиҭеит иҭацеи Леонель иҧшәмеи аиҩызара бзиа шрыбжьоу. Иҳауама убас еиҧш насыҧк, Аҧсныҟа даару Месси? ҳәа сызҵаара аҭакс, Гиви Чамагәуа иҳәеит макьаназ уи еиҧш алшара шыҟам, аха ашьапылампыл аҟны икариера аныхиркәшалак, уи еиҧш ҟалар шалшо. «Аҧсны аӡбахә акырынтә иаҳҳәахьеит, идыруеит. Мышкызны Аҧсныҟа иааразы акәзар, аҧсҭазаараҿы иҟамло ҳәа акгьы ыҟам, издыруада угьы алыршахар», – иҳәеит Гиви Чамагәуа.

Адунеи зегьы иачемпионхаз Лионель Андрес Месси Куччиттини диит  ииун 24, 1987 шықәсазы ақалақь Росарио. Иҭаацәа ракәзар, шьҭрала италиатәи ақалақь Анконы аҟынтәқәан. Месси аҭаацәара ду далиааит. Иара ашьа­пы­лампыл асра далагеит хәышықәса анихыҵуаз инаркны. Зегьраҧхьаӡа уи инапы данкны ашьапылампыл асразы дназгаз ианду лоуп. Лара лакәын аҭаацәа­раҿы уи аҧхьаҟа аҧеиҧш бзиа шиоуаз агәра згозгьы. Убри аҟнытә, ианду лыҧсҭазаара далҵижьҭеи акыршықәсқәа шыҵхьоугьы, ампыл амба иҭаиршәцыҧхьаӡа инапқәа рыҩбагьы аҩада ишьҭихуеит, уи зызку ианду лгәалашәара ауп.

2010 шықәсазы «Барселонеи» – «Севильиеи» рыхәмарраҿы ашәктәи импыл амба иҭаиршәит Месси. Уи усҟан ихыҵуан 22  шықәса. Иара иқәраҿы ари аҩыза аӡәгьы илымшацызт.

Адунеи зегьы аҟны ашьапылампыл ачемпионра инаваргыланы Месси фынтә «Ахьтәы мпыл» даҧсахахьеит, бжьынтәы «Ахьтәы бутс».

Лионель Месси иҭаацәара ракәзар, уи иҧшәмаҧҳәыс Антонелла Рокуццои иареи ирааӡоит хҩык аҧацәа: Тиаго, Матео, Чиро.

Ҳазну амзаз имҩаҧысыз адунеизегьтәи ачемпионат акәзар, 1986 шықәсазы ичемпионхахьаз Аргентина  ҩаҧхьа аҧхьахә агеит. Афинал аҟны еиқәшәеит Аргентинеи Франциеи. 24   аминуҭ азы  ампыл амба иҭаиршәуеит Месси. Анаҩсан, ахәмарра хада иацҵаз аамҭа  аҟны Лионель иҭаиршәуеит даҽа мпылк, икоманда ҧхьаҟа иго. Ахәмарра ахыркәшара ҧшьминуҭк шагыз афранцуз Килиан Мбаппе Аргентинаа рымба ампыл ҭаиршәит. Акомандақәа еиҟарахеит 3:3 ҳәа. Ашьапылампыл асразы Адунеизегьтәи ачемпионат хыркәшан апенальти асрала. Уаҟа аҧыжәара роуит Аргентина.

Иахьа адунеи зегьы аҟны еицырдыруа, бзиа еицырбо Лионель Месси инапы злаку аспорт хкы аҟны, ишырҳәо еиҧш ақәцәаҿы днеины дыҟоуп. Ҳазҭало ашықәс ажьа иашықәсуп. Иара Месси ихаҭагьы Мрагыларатәи агороскоп излаҳәо ала, ажьа ашықә­сазы ииз иоуп. Ус анакәха, иааиуа ашықәс азы иҵегьы ақәҿиарақәа изыҧшызааит, ашьапы­лампылтә спорт аҟны аҳаракыраҿы дшыҟоу даанхааит! Аҧсуаа ҳакәзар, еиҵагыло ҳҿар рыҩнуҵҟа Лионель Месси иеиҧш аҟыбаҩ злоу рацәаҩхааит!

Барселона иҟоу ҳџьынџьуаҩ Гиви Чамагәа ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ҭелла ҳаиҿцәажәаразы. Иҭаацәагьы иаргьы иааиуа ашықәс азы ирзеиҕьаҳшьоит аманшәалара, агәабзиара, аизҳазыҕьара! Агәаанагара ҳамоуп аҧсуаа ҳҟынтәи дидныҳәалап, салам ииҭап ҳәа адунеи иачемпионхаз Лионель Месси. 

Шарида Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me