Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыԥсҭазаара аҟазара иазызкыз

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ансамбль «Шьараҭын» ахкынагӡаҩцәа иреиуаз, Урыстәыла аҟазаратә коллективқәа «Кавкази» «Уральские зори» напхгара рызҭоз, Пицундатәи акәашаратә ансамбль «Аламыс» асахьаркыратә напхгаҩыс иҟаз, иахьагьы арҿиара знапы алаку Уасил Григори-иԥа Ақаҩба иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкуп абри анҵамҭа.

Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Григори Ақаҩбеи Шьана Гәынҧҳаи егьырҭ аҧсуа ҭаацәарақәа реиҧш, рынхамҩа аныҟәгареи, аколнхараҿы аусуреи еиларгӡон. Дара ирааӡоз ҧшьҩык аҷкәынцәа махәҿала акрыруртә еиҧш ианыҟала, рани раби ирывагыланы аколнхара дгьылқәа ирықәаарыхуан.

Уасил Ҟәланырхәатәи ашкол данҭаз, Анатоли Аргәын напхгара зиҭоз ахаҧшьгаратә коллектив далан. Арҧыс ашәаҳәареи акәашареи дрызҟазан. Гәдоуҭа араионтә коллективқәа рыбжьара акырынтә актәи аҭыҧқәа ганы, Аҟәагьы иқәгылахьан. Аа-класск рышьҭахь, Уасил дҭалоит Анатоли Қаҧшь дызхагылаз Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа аоркестртә ҟәша. Иара курск аҿы аҵара ицырҵон иахьа Аҧсны еицырдыруа акультура аусзуҩцәа Сира Аҩӡҧҳаи, Роза Чамагәуеи.

«Усҟантәи аамҭазы Едуард Бебиа аҵара ду ҵаны Аҧсныҟа дааит. Аҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟны аҿартә ансамбль «Шьараҭын» аиҿкаара далагеит. Саргьы акәашара бзиа избон, насгьы исықәманшәалахон азы аколлектив салалеит. «Шьараҭын» ансамбль аҳасабала раҧхьаӡакәны Тҟәарчал акультура Ахан аартра аҽны иқәгылеит. Уи аҧхьаҟа ҩышықәса аҽазыҟаҵара ҳаҿын. Ҳарҵаҩ ду «алыхәҭа» ҳкылхны ауп асценахь ҳашцәыригаз», - игәалашәоит Уасил Ақаҩба.

Ансамбль «Шьараҭын» Тҟәарчал рықәгылара ашьҭахь рыхьӡ Аҧсны иахыҵәеит, анаҩс аҳәаанхыҵ еицырдыруа иҟалеит.

1970 шықәсазы Уасил Ақаҩба аррамаҵурахьы иҧхьеит, иуалҧшьа наигӡон Венгриа. Аруаҩ илаз аҟыбаҩ ҷыда анырба, еиҳабацәа Естергом ақалақь аҟны, «Аладатәи ар ргәыҧ» ҳәа иаҧҵаз ансамбль далаларц азин ирҭоит. Уасил аколлектив данрышьцыла аҧсуа кәашара ықәиргылеит. Ари ансамбль дацны Европа атәылақәа жәпакы дырҭаауеит.

Арра ашьҭахь, Уасил Ақаҩба «Шьараҭын» ахь дхынҳәуеит. Ҩышықәса ааҵуаны Абҕархықә акультура Аҩны аиҳабы Лиосик Аҟалҕьба ахәыҷтәы ансамбль аиҿкааразы ааҧхьара ииҭоит.

«Ахормеистер Едик Гәынбеи сареи Абҕархықә ахәыҷтәы ансамбль анеиҿаҳкаа ашьҭахь акырынтә аколнхарақәа ҳарҭааны, аказармақәа рҿы, аҭаҭын зрыҧхуаз, ҳрылатәаны ҳшәаҳәон, ҳкәашон. Усҟантәи аамҭазы уи дҵак аҳасабала аколлективқәа зегьы ықәныҟәон. Аҟазара ауаа еизааигәанатәуан, рааҧсара рханаршҭуан», - иҳәоит Уасил Григори-иҧа.

Абҕархықәынтәи Уасил Ақаҩба диасуеит Гәдоуҭаҟа, аусура далагоит акультуреи аҧсшьареи рпарк ашьаҭала иаҧҵаз, зҽаҧсазтәыз жәлар ринструмент ансамбль аҿы хореографс, хаҭалагьы ахкы назыгӡоз дреиуан. Анаҩс Гәдоуҭатәи акультура Аҩнаҟны ахәыҷтәы акәашаратә коллектив еиҿикааит. Уи ашьҭахь напхгара аиҭо далагеит еиҭаҵуа аклуб.

Уасил Ақаҩба Гәдоуҭа дшыҟаз, уи аамҭазы акультура Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә институт аҿы аҵара зҵоз Лев Қьецба диабадыруеит. Аҩыза ҿыц иабжьигоит иаргьы ари аҵараиурҭа дҭаларц.

«Челиабинскҟа аҵара санца, акультура ақалақьтә хан аҟны акәашаратә ансамбль «Кавказ» еиҿыскаарц анапынҵа сырҭоит. Ашьҭахь «Уральские зори» зыхьӡыз ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс сиаргоит. Сара сзы даара акрызҵазкуа хҭысуп уи сахагыланаҵы аколлектив Жәлар рансамбль ҳәа ахьӡ ҳаракы ахьаиуз», – ҳәа азгәеиҭоит ажәабжьҳәаҩ.

Уасил Ақаҩба 1979 шықәсазы Челиабинск имҩаҧысуаз СССР Аспартакиада аартра знапы ианыз арежиссиорцәа дреиуан. Иааҧсарақәа рзы изныкымкәа хамҭала далкаахахьан.

1980 шықәсазы, Уасил Григори-иҧа Аҧсныҟа дааны «Шьараҭын» ахь деиҭахынҳәуеит. Уантә Пицундаҟа ааҧхьара иоуеит. Аусура далагоит акурорттә еилазаара акультура Аҩнаҟны – асахьаркыратә напхгаҩыс. Аҧсны жәлар рартист Баграт Багаҭелиа иаҧҵаны имаз ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль «Аурашьа» аҿы хореографсгьы даарыҧхьоит. Уи инаваргыланы Уасил Ақаҩба ишьақәиргылоит ахәыҷтәы ансамбль «Аламыс».

«Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуааи ҳареи аимадара анҳабжьала Пицундаҟа ҳашьцәа рхәыҷқәа ааҧхьара раҳҭеит. Ансамбль «Аламыс» акәашацәеи дареи агәыбылра рыбжьа­лап ҳәа доусы рыҩнқәа рахь еихшаны иҳашьҭит. 1989 шықәсазы ҳара ҳцеит Ҭырқәтәыла. Адаҧазар ақалақь аҿы имҩаҧысуаз ҳхы иалаҳархәит афестиваль. Жәла-жәлала аҧсуа хылҵшьҭрақәа неит. Ҳақәгыларқәа напеинҟьа­ралеи лаҕырӡылеи ирыдыркы­леит. Усҟан Аҧсны жәлар рартист Оҭар Хәынҵариеи сареи ҳџьынџьуаа еиқәырханы ирымоу «Аҕәы лаба» асра иазкны аҭҵаарақәа мҩаҧаагеит. Оҭар амузыка аганахь ала, сара – акәашара аелементқәа рзы. Аҩныҟа ҳанаа, ҳколлектив иалаагалеит ари амузыкатә композициа», – иҳәоит акультура аусзуҩ.

Уасил Ақаҩба дреиуан Аҧсни Нхыҵ-Кавкази рыбжьара аимадара зырҕәҕәоз. Пицундаҟа иаахьан Ҟабарда-Балкариатәи ахәыҷтәы ансамбльгьы. Анаҩс  аҩ-коллективк еиҭана­иааиуа иалагеит.

Ансамбль «Аламыс» Аҧсни, Урыстәылеи, Европа ақалақьқәа жәпаки рҿы агастрольқәа рыманы иқәгылахьан.

Уасил Ақаҩба аамҭак ашьҭахь, 28-ҩык рыла ишьақәгылаз Қаҩаа рансамбль дахагылоит. Уи аиҿкаараҿы иџьабаа рацәан еицырдыруа ашәаҳәаҩ Жьужьа Ақаҩбагьы.

Ҩышықәса раҧхьа Уасил Григори-иҧа аҵара ицызҵоз Галина Арсалиаҧҳа лабжьгарала Бзыҧҭа 17-ҩык абыргцәа злахәу ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль аҧиҵоит. Уи алахәылацәа аиҳарак Гәдоуҭа араион ахаҭарнакцәа роуп.

Уасил Ақаҩба актиорк иаҳасабалагьы ихы ҧишәахьеит. Аҧсуа театр аҟны арольқәа наигӡахьеит, убас иахадоу ароль иман аурыс режиссиор Алеқсандр Пиатков Пицунда иҭихуаз акомедиатә фильм «Парамарибо» аҟны.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хамеигӡарыла Уасил Ақаҩба иҧсадгьыл ихьчон. Гагра араион ахақәиҭтәраан ахәрагьы иоуит. Атәыла аҕа даналцахагьы, аибашьра аветеран аҳәынҭқарра аҳәаа ахьчаразы имҩаҧгаз аоперациақәа жәпакы дрылахәын.

«Аибашьра анцоз аҿаҭахьа сықәысҵеит Галынӡа снаӡар, Егры аӡиас сышӡаагыло ҳәа. Ус иагьыҟасҵеит. Иара убри агәазыҳәара акәзаргьы ҟалап амч сызҭаз», – еиҭеиҳәоит аветеран.

Уасил Ақаҩба Гагра араионтә Еизара адепутатсгьы дыҟан, акультуреи анаукеи рзы акомиссиа деиҳабын.

Уасил Ақаҩба динасыҧхеит Челиабинск напхгара зиҭоз ансамбль «Кавказ» аҟны ахкы назыгӡоз Галина Михаил-иҧҳа Карпова. Дара хҩык аҧацәа рааӡеит. Иахьа ирызҳауеит ҧшьҩык рмаҭацәа.

Уасил Григори-иҧа Ақаҩба Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп. 2012 шықәсазы Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара акультуреи анаукеи рырҿиаразы М. Ломоносов ихьӡ зху апремиа далауреатхеит. Ари аҳамҭа Пицунда дааны инапаҿы ииҭеит Урыстәыла жәлар рартист Бедрос Киркоров.


Саида Жьиҧҳа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me