Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Асахьаҭыхҩы ду – адунеитә культура ҳахәҭазтәыз

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы лассы-лассы еиҿыркаауеит абиԥара еиҳабацәа, абжьаратәи абиԥарақәа ирыҵаркуа, ҳаԥсуа культура зырбеиахьоу, иахьагьы ақыцә зку асахьаҭыхҩцәа, убас абаҩхатәра злоу, аҟазара ԥсҭазаарас ишьҭызхуа аҿар русумҭақәа. Ари ишьаху хҭысуп, ус анакәха, аԥсы ҭоуп, иҿиоит акультура.

Ацәҳәыраҿы ихҩаахьоу ҳаскьынымзар, акымзарак улаԥш иҵашәом, аха ус иҟамлеит асахьа­ҭыхраҿы. Александр Чачба иаԥшьигаз аҟазара – асахьаҭыхра аӡы аҵамбеит, еизҳауеит.

Абарҭ амшқәа рзы Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаартуп еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, асценаҩычаҩ, аҟазараҭҵааҩ, асахьаҭыхратә критик Алеқсандр Чачба диижьҭеи 155 шықәса аҵра иазку иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Ари ахыбраҿы асахьаҭыхҩы ду иусумҭақәа цәыргақәҵа асовет аамҭазгьы, уи ашьҭахьгьы акырынтә еиҿыркаахьеит.

Ацәыргақәҵарҭа аиҳабы Ельвира Арсалиа ари аусмҩаԥгатә аартуа илҳәеит, Александр Чачба-Шервашиӡе ибзоураны аԥсуа жәлар адунеитә культура иахәҭакны ишыҟалаз. Уи ирҿиара амҽхак шыҭбаау, хкы рацәала ишеиларсу атәы дазааҭгылеит. «Иаҵанакуа рацәоуп, насыԥ дууп ҳажәлар иеиԥш­зеиԥшу асахьаҭыхҩы дахьры­лиааз, ҳара ҳҟынӡа иусум­ҭақәа ахьааиз, ҳалаԥш иҵҳажьытә, изыԥсоу еилаҳ­каартә алшара ахьҳамоу», – лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа иаҭааз ирбарц рылшон асахьаҭыхҩы иусумҭақәа 80 инареиҳаны – Александритәи Мариитәи атеатрқәа рдекораторс аус аниуаз, асахьаҭыхҩы Петербург данынхоз иаԥиҵаз адекорациақәа, ацәашәҵатәқәа рескизқәа. Хазы аҭыԥ хада ааннакылеит асахьаҭыхҩы еицырдыруа иусумҭа «Автопортреҭ», убри азы мацара Франциа асахьаҭыхҩцәа реилазаарахь дрыдыркылеит.

Ҷыдала ацәыргақәҵахь дааит Александр Чачба иҭынха – амаҭа имаҭа Татиана Заицева. Ацәыргақәҵахь имҩахыҵыз уи зҿлымҳарыла илзыӡырҩит. «Санкт-Петербург сшыҟоугьы, Аԥснынтәи исныруа аԥхара сарԥхоит, даҽакы исзаларҩашьом, акыр исзаԥсоуп. Иарбанзаалак абасеиԥш иҟоу ацәыргақәҵа схы аласырхәыр сҭахуп. Исҭахын, абра ицәыргоу аусумҭақәа ахәаԥшҩы ирни­бааларц ҿыцрак, изцәырыргарц хәыцрақәак, ихазы аинтерес зҵоу ак иԥшаарц», – лажәа хлыркәшеит.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа аинтерес ду рызцәырнагеит Диагилев инапхгарала, «Аурыс балет» аҟны сценографс аус аниуаз, Александр Чачба иаԥиҵаз аҭыхымҭақәа рсериа – абалет «Апҟа ӡиа» (Лондон), «Иԥшьоу ааԥын», «Аԥсра ԥшӡа» (Париж) рескизқәа.

Асахьаҭыхҩы, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа иазгәеиҭеит Россотрудничествои акультура Аминистрреи рыда ари ацәыр­гақәҵа аиҿкаара шыма­риамхоз.

Асахьаҭыхҩы ду дышҭауадшьҭразгьы, иԥсҭазаара­ҿы даара ахынҭа-ҩынҭарақәа, амыҟәма­барақәа дрыниеи­т. Аԥсны аҳ Қьа­лышьбеи Чачба имаҭа имаҭа иакәын.

Александр Константин-иԥа Чачба диит (1867-1968 август 17) Феодосиа, иԥхьатәахьаз амаиор Константин Гьаргь-иԥа Чачбеи апианинорҳәаҩ, афранцыз профессор иԥҳа Наталиа Матвеи-иԥҳа Данлуеи рҭаацәараҿы. Иаарласны иани иаби еилыҵуеит, иашьеиҵби иареи иаб иҿы иаанхоит. Константин Гьаргь-иԥа акыраамҭа илаҽхьаз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵуеит 1883 ш. азы.

1886 ш. инаркны 1889 ш. азынӡа аҵара иҵон Киевтәи ареалтә ҵараиурҭаҿы, уброуп асахьаҭыхра иҽахьазикызгьы. 1891 ш. инаркны аҿыханҵеи аҩычареи Москватәи рҵараиурҭа азыӡырҩҩыс дыҟан.

Иара убас Париж аҵара иҵон. Уатәи асахьаҭыхҩцәа дуқәа дрыҿцаауан, русумҭақәа дрызҿлымҳан. Имҩаԥысуаз аурыс сахьаҭыхҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵақәа дырҭаауан, далахәын Парижтәи аурыс артисттә гәыԥ «Монпарнас». Алеқсандр Чачба сахьаҭыхҩык иаҳасабала дшьақә­гылеит аурыс реалисттә сахьаҭыхратә школеи Франциа  Европатәи акультура инарҵауланы аҭҵаареи ирыбзоураны. Аҩажәа­тәи ашәы­шықәса алагамҭазы  (1907-1918) уи дыруаӡәкын Петербургтәи аимператортә театрқәа – Мариитәи Александ­ритәи – иналкааны еицырдыруаз рсценографцәа.

1909 ш. азы М.А.Волошини Н.С.Гумилиови реиҿахысра (дуель) аан секундантс дыҟан.

Александр Чачба иԥсҭазааратә мҩеи илахьынҵеи иагаџьара дыргаргьы, иԥсадгьыл даҿгәыҳәаауа бзиа ибон, аамҭақәа шыцәгьазгьы, ишишклаԥшуазгьы, еиԥхьбарак аныҟалалак,  даҭаауан.

1918 ш. инаркны 1919 азынӡа Аҟәа дынхон. Иара иаԥшьгарала иаартын ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ, иахьа иара ихьӡ зху, убраҟа асахьаҭыхшьа дирҵон. Аҟәатәи артистцәа реилазаараҿы еиҿикааит аҭыԥантәи аҿар рзы атеатртә курсқәа.

Александр Чачба ибиографиа ҭызҵаауа изларыҩуа ала, Аҟәантәи Ҟрымҟа данцоз, инымҩа­тәны Бақәа даакыдгылоит, Урыстәыла ицоз ареволиуциа сҽацәыԥхьаскып ҳәа дақәгәыӷны. Аҵыхәтәаны аҭауад иџьынџьтәыла аанимыжьыр ада ԥсыхәа имоуит, Лондон «Аурыс балет» аҟны сценографс аусура иқәшәоит.

Асахьаҭыхҩы ибиографиаҿы аинтерес зҵоу даҽа хҭыскгьы. 1919 ш. анҵәам­ҭазы А.К.Чачба агазеҭ «Азербаиџьан» ианыз нҵамҭак илаԥш иҵашәоит. Уаҟа иаҳәон Азербаиџьантәи Адемократиатә Республика агерб аԥҵаразы аконкурс шрылаҳәаз, иаргьы ихы алаирхәит. Абираҟ асимвол хадақәа шьаҭас иҟаҵаны, ареспублика адырга-емблема аԥиҵеит. Уи иусумҭа шьаҭас иаиуит Азербаиџьан ҳаамҭазтәи агерб.

Аамҭаказы Ҟрым, Коктебель, иҩыза апоет, асахьаҭыхҩы Максимилиан Волошин иҟны дынхон. Уа дшыҟаз, С.П.Диагилев иҟнытә ааԥхьара иоуеит убасҟан Лондон иҟаз «Аурыс балет» аҟны сценографс аусуразы. Убри инаркны асахьаҭыхыҩ ду илахьынҵа «Аурыс балет» идҳәалахеит, аус иуан 1920 ш. инаркны 1948 ш. азынӡа.

Асценографиа инаваргыланы, А.Чачба аҿыханҵеи аграфикеи инапы рылакын. Уи инапы иҵихит, аԥсы рхеиҵеит аамҭак ицаныз рпатреҭқәа: Н.Н. Евреинов, Т.Туманов, Ж.Кантель, К.Биссон уҳәа егьырҭгьы. Асахьаҭыхратә критикаҿы ишьҭамҭа аанижьит П.Сезанн, В.Ван Гог, Ж.Сера, А.Бенуа ирзикыз аинтерес зҵоу истатиақәа рыла.

Иԥсадгьыл дшацәыхаразгьы, асахьаҭыхыҩ итәыла аԥсҭазаара, культурала уи ахьӡарақәа еснагь дрызҿлымҳан. 1958 ш. азы имамкәа-ихӡымкәа, ахныҟәгара ицәыуадаҩны дшыҟазгьы, иусумҭақәа рыҭира мап ацәкны, Аԥсны ҳамҭас еиҭеит 500 раҟара иусумҭақәа.

Абраҟа иҳәатәуп, раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы ихы-иҵыхәа, илшамҭақәа, иусумҭақәа ҳажәлар рыҩнуҵҟа рӡыргараҿы аџьабаа ду шибахьаз, шықәсқәак раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз аҟазараҭ­ҵааҩ, ажурналист Боча Аџьынџьал. Уи ибзоураны 1978 ш. азы иҭыжьын аԥсуа сахьаҭыхыҩ, XX ашәышықәса алагамҭазы Петербургтәи аимператортә театрқәа рсценограф иусумҭақәа ральбом. 1998 ш. азы Санкт-Петербург иҭижьит ашәҟәы «Аҭауад Александр Чачба. Аҟазара иазку астатиа­қәа. Амшын­ҵақәа рцыԥҵәа­ха­қәа». Аԥхьажәагьы иҩит, ахҳәаақәагьы ҟаиҵеит.

Асахьаҭыхҩы ду иԥсҭазаара далҵит 1968 шықәса август 17 азы Монако иҟоу абыргцәа рыҩнаҿы, анышә дамадан Ницца, аурыс ԥсыжырҭаҿы. 101 шықәса ниҵит.

Аԥсуа жәлар рҵеи ду, Франциа анышә иамадаз дырхашҭуамызт, акырынтә азҵаара шьҭырххьан иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь аагаразы, аха иаԥышьклаҳәуаз рацәан – Қарҭаа, убас асоветтә система, асоветтә идеологиа. Иага амҩақәа кызаргьы, ари алыршахеит. Ибзианы исгәалашәоит, ааԥынран, зны иара иԥсадгьыл ааныжьны дызлацаз аӷбакыдгыларҭа, иахьа «ахьӡ бзиа» змоу акаҳуажәырҭа ахьыҟоу, ӷәыжәпала ичаԥоу асқьала маҷ аҟны иаакыдгылоит иԥсыбаҩ зҭаз акатер.

Аԥсуа маҭәала еилаҳәаз, зӡара амацәаз икылу­хуеит ҳәа ззуҳәашаз аԥсуа нсамбльқәа рҟнытә аҷкәынцәа, иацы здунеи зыԥсахыз аӡәы дҭазшәа, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз иҭоубыҭ иаҵагы­ланы, амаршәа кны, иахӡыӡаауа, Ленин (иахьа – Леон) имҩа ианыланы иаауан. Амҩаду аҿықәқәа рҿы ари атеатртә ҟазшьа зманы еиҿкааз аланарԥшыра иахырҳәаара рзымдыруа, ишанханы иԥшуан.

Ари ҟалеит 1985 ш. маи 12 азы.

Аԥсуа музеи ахыбра аҿаԥхьа, Александр Чачба иԥсыбаҩ анышә иамардаанӡа, Аԥсны ладеи-ҩадеи ажәлар, аинтеллигенциа жәпаҩ­ӡаны еизеит. Қарҭынтәи аиҳабыра-аиҵбыра хыҵны иааит. «Ижәбома, шәарҭ аԥсуаа шәсахьаҭыхҩы иԥсыбаҩ шәышҟа ишҳархын­ҳәаз, иҳавыжәбозеи?» – урҭ рықәгыларақәеи рхаҿқәеи ирнубаалон.

Амитинг аҟны ирацәаҩын иқәгылаз, акультура аминистр Алықьса Аргәын инаиркны аинтеллиегенциа рхаҭарнакцәа рҟынӡа.

Аҵыхәтәан дцәажәеит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩ Баграт Шьынқәба. Уи иажәа убасҟак ҵакыла, хшыҩла иҭәын, асахьаҭыхҩы ду дзынҟьаз-дзынԥаз, илахьын­ҵахаз, аха иага аамҭа цазаргьы, иԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз уҳәа ицәажәара еизаз ажәлар, анҭыҵынтәи иаазгьы рлымҳа кыдҵа иазыӡырҩуан, амҵ ԥыруазар абжьы уаҳартә. Апоет ду иажәа акьыԥхь абахьеит, иҩымҭақәа реизга ианылахьеит. Убасҟан сгәалашәараҿы иаанхеит, «абри залыршахомызт апартиа акәымзар» ҳәа иқәгылара злахиркәшаз ажәақәа. Уи ала Қарҭаагьы аҭак риҭеит.

Абарҭ ацәаҳәақәа зыҩуа усҟан Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акультура аҟәша сеиҳабын, ари ахҭыс ду агазеҭ анҵара сыдын, иахьа уажәраанӡагьы сгәалашәа­раҿы иаанхеит.

Ашьҭахь, акыршықәса ҵызаргьы, асахьаҭыхҩы ду инышәынҭраҿы иқәыргылан еицырдыруа аԥсуа скульптор, ҳазну ашықәс азы 70 шықәса зхыҵыз Амиран Адлеиба ҟазарыла иҟаиҵаз Алеқсандр Чачба ибаҟа.


Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me