Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Анышә ужыр...

Аханатә лымкаала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аҧсеилахараха, шәусқәа ааныжьны, иахьа абра жәытәнатә аахыс зыцәгьеи зыбзиеи еилоу, дгьылк еицықәаарыхуа, уааҧсырала еилахәу, ақыҭа, араион, Аҧсны иабжоу ажәларқәа рхаҭарнакцәа рхы еиҭарҳәартә еиҧш изықәшәаз ҳаҳап ҳәа иаҳзымҩахыҵыз.

Аҧсуаа ҳҿы ишырҳәо еиҧш, ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Жәытә-натә аахыс Џьгьарда иқәынхо ажәлақәа: Жанаа, Багаҧшьаа, Ҳараниаа, Логәуаа, Сангәлиаа, Амҷаа, Ашәаа, Џьардалаа, Қаџьаиаа, Чхынџьериаа уҳәа раҳаҭыр ларҟәны, аӡы иамыӡәӡәо ирыхцәажәоуп Шларба Шьоҭа иҧҳа Риҵа, 2020 шықәса рзы аҧсышәалеи урысшәалеи Москва иҭлыжьыз анаукатә шьаҭа змоу ашәҟәаҿы. Иара убас уаа џьбарақәаны, уаа гьангьашқәаны иаарҧшуп асовет система ианасакьаҳәымҭаз аамҭала Џьгьардатәи аколнхараҿы аиҳабыра аанызкылоз Ашәаа, Қьецаа, Аӡынаа рхаҭарнакцәа.

Иахьа зҧыхьашәара уадаҩу ари ашәҟәы иахьӡуп  «Мужщина о котором слагали стихи». Шота Шларба. Жизнь, Судьба, Время. Автор и составитель Зельницкая – Шларба. Ашәҟәы аҧхьажәа урысшәала иҩуп. Абар уи иаҳәо:

«В книге рассматривается обстоятельства жизни одного из активистов национального движения Абхазии Шоты Калистратовича Шларба, а также различные сюжеты из истории Абхазии 19-20 веков и истории села Джгерда через его воспоминания. Основное содержание книги составляют его интервью, данные им в разное время и посвященные истории села, истории абхазских фамилии, истории национального движения Абхазии. Книга может представлять интерес для этнографов, фольклористов, специалистов по микроистории, локальной истории, а та же для всех, интересующихся историей Абхазии 20 века».

Ааигәоуп ҳара ас еиҧш ашәҟәы шҭыҵыз анеилаҳкаа. Абри аҵыхәала изныкымкәа аиҧыларақәа, аилацәжәарақәа ҳаман Аҟәа еиҧш, иара Џьгьардагьы. Ҳадҵаалахьан Аҧсуаҭҵааратә институтгьы, ргәаанагара еилаҳкааразы. Ашәҟәы зыхьӡынҩылоу Шьоҭа Шларба, дызнысыз иҧсҭазааратә мҩа, ишырҳәо еиҧш, дзынҟьаз, дзынҧаз уи иуа-иҭахы ҳара ҳаасҭагьы ирдыруеит, имилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара, Аҧсадгьыл ахь имаз агәыбылра зегьы ишаадыруа еиҧш. Аха ашәҟәаҿы ҳажәлақәа ааганы рыхьӡыртәра даара ҳгәы ҳнархьит.

Автор анаукатә шьаҭа зылҭаз астатиа аверсиала ашәҟәаҿы иаагоу ажәлақәа Џьгьарда ишықәнагалаз абас ауп: жәлакы амаҵуар лақәа ирыҭнырыҧсахлеит. Даҽа жәлак адгьыл иацны иаархәеит. Иҟоуп ажәлақәа рыбжьара, иаагылазаргьы ахәура иҭаз, атәцәа ҳәа ззырҳәоз, шьоукы атәы-итәыхцәа ракәзаарын аамҭак азы. Иҟазаарын иара убас Асовет аамҭа ааианӡа ажәла змамыз, афархьҟәшәара ада акгьы знапы иануҵар ҟамлоз, мамзаргьы ақәаб иҭаз акәац жәуанаҵы ашьаҟа ацымхәрас иаҵадыргылоз. Арҭ ирыбаргәзеи уҳәап, иахьынтәаанагаз ззымдыруа ажәлақәагьы ыҟоуп ҳәа ашәҟәаҿы уанаҧхьалак. Еиҳагьы ушьара уқәнарҟьоит аҧсышәала азмырхакәа, уи урысшәалагьы иахьеиҭаҳәоу. Шьоҭа Шларба идунеи иҧсаххьеит. Аҧсы ишьҭахь абааҧсы уҳәар ҟалом рҳәоит аҧсуаа ҳҿы. Уи бзианы еилаҳкаауеит.  Аха ҳара иаҳзеилкаауам Шьоҭа Шларба иаамҷыдара­хаз аӡәгьы изымдыруа ажәа уасиаҭ ҳзынижьыртә еиҧш ихы зымҩаҧигаз. Иабанӡаиашоу ажәабжьҳәаҩ ида шаҳаҭ дызмам аҭоурыхра, анаӡаӡатәра, Аҧсны иабжоу ажәлақәа ирнымӡаауа адамыҕа рынҵара.

Анышә ужыр – анышә аауеит ҳәа аҧсыуа шәҟәыҩҩ хатәракгьы иҳәахьан игәы анкыдгылаӡа.

Аиқәаҵәа ахьыҟоу иахьа иҳарххо ашәҟәы мацараҿы акәӡам. Иаҳҭап аинтернет абас еиҧш иҟоу адҵа. Зельницкаиа-Шларба ҳәа. Араҟа иҿаҿаӡа иаацәырҵуеит Риҵа илыхьчахьоу адиссертациа.


Российская Академиа наук

Музей Антропологии и Этнографии им.Петра Великого. Зельницкая Рица Шотовна. На правах Рукописи.

«Трансформация социальных отношений в абжуйской Абхазии на примере села Джгерда. Середина 19 – начало 21 века». Специальность – этнография, этнология.Диссертациая на соискание ученой степени кандидата исторических наук».

Абри анаукатә усумҭа актәи ахы абас иҟоуп – Фамилия – ажәла –индивид в системе социакультурных отношений. Абри ауп хыҵхырҭас иамоу ҳажәлақәа ирызкны ашәҟәы ианугьы. Аха адиссертациатә усумҭаҿы еиҳа аҽакала иаарҧшуп. Ишыҟаҵәҟьоу уҳәозар, ҳаҟәныршьоит ҳазланхо егьырҭ ажәлақәа, аха ичҳауа иааиуеит. Уажәы рацәак ҳаламлакәа, ишәзаазгоит ҳажәлақәа рганахьала лдиссертациатә усумҭаҿы урысшәала лара иҟалҵаз лкаак аҵыҧҵәаха.

«Показательно, что потомки зависимых сословий в ходе анкетирования ни разу не указывали на социальную принадлежность своих предков. Ныне в подовляющем большинстве они относят себя к анхаҩы и воспринимают любое сомнение собеседника в их принадлежности к этому сословию кака тяжкое оскорбление. Их знакомые и односельчане во избежание конфликтов предпочитают не затрагивать этой опасной темы в присутствии  представителей былых зависимых сословий».

Ишырҳәо аиҧш, «дзықәтәаз амахә ҩа лыҵаҧҵәаанӡа лхала иҧылҵәеит», лыцәҟьагьы лхала илҳаит. Шьҭа шәара шәазхәыц, иаҳнырҵаз адамыҕа ҳныхразы, наунагӡа ахәура ҳҭыҵразы иҟаҵатәу. Заҟа ҵараусбарҭа, мамзаргьы аҳәаан­хыҵтәи ашәҟәыҧхьарҭа дуқәа рышҟа ҳадҵа­алар акәу, ари адиссертациа ақәга­разы. Ҳара ҳакәым, ари азҵаара аӡбара  Аҧсуаҭ­ҵааратә институтгьы амч ақәымхар ҟалап.

Ари адиссертациа аҽаҵаразы аинтернет аҿы иқәгылеижьҭеи акрааҵуеит. Анаҩс уи рхы иадырхәалоит Риҵа илышьҭанеиуа аҵарауаа ҿарацәа. Иҟалап, мышкы зны ҧсыуа ҵарауаҩык идис­серта­циа иагәыла­ларгьы, ажәабжьны адунеи иахзырҵәаз иши­ҭахыз еиҧш аҭоурых ианхаларгьы.


Сергеи Чхьынџьериа,

Аҧсуа телехәаҧшра аинформациатә

маҵзура аредактор

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me