Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аредакциахь ашәҟәы

Москва урысшәалеи аҧсышәалеи иҭыжьу ашәҟәы «Мужчина о котором слагают стихи». Шота Шларба. Жизнь, Судьба, Время» авторс дамоуп Риҵа Зельницкаиа – Шларба. Ашәҟәы ашьҭахьтәи ацәаҿы аҩнуҵҟала иарбоуп урыс бызшәала «научное здание» ҳәа, «издание» акәхарын илҳәарц илҭахыз. Ашәҟәы ахьӡгьы ианугьы лаб Шьоҭа Шларба ихаҭа ииҳәақәаз роуп изызку.

Зынӡаскгьы иҳәаӡам иарбан ҵарадырратә темоу аус здыруларц илҭахыз зыҭҵаара даҿу атема. Уи иазку хыҵхырҭак амаӡамкәан, еиҿырҧшрак ҟаҵаны лкаак ҟаҵаӡамкәан, ҵаҵҕәы змам лаб ииҳәаз ажәабжьқәа рыла иҩуп. Иаахҵәаны лаби лареи неидтәаланы еибырҳәаз «ифырхаҵарақәеи» рқыҭантәи ргәылацәа рцәа рхызшаз ажәабжьқәеи, лаб аҧхьаҩ идырҽхәалареи рыда даҽакы убо иҟаӡам.

Лаб инаҩсан Риҵа илҳәоит лабдуи ландуи рыӡбахә. Лабду иҟәыҕоу, аҩышьеи аҧхьашьеи здыруа иҭынчу уаҩын. Ланду Сониагьы аҵара лыман, дҟәышын, аха уи аҧхьаҩ дызлаидлырҽхәалауа иаамысҭцәаз, лабшьҭреи ллеишәа аџьбарареи рыла ауп. Имӡакәан илҳәоит «агәылацәа абатракцәеи» лареи анеиҿанагалалак ишыргәалалыршәоз лара бшьҭрала дшаамсҭаҭыҧҳау, дшаҳкәажәу. («Абатракцәа» зҳәо автор лоуп). Уимоу, аколнхара аиҳабыра ахаҭарнакцәа дырҿаҧаны иралҳәон дара рҩызцәа лаб хәуцәас иҩны ишимаз атәы.

Ашәҟәы алагамҭаҿы ҩбҕьыцк иҟоу ахы хьӡыс иалҭеит «Џьгьарда инхо ажәлақәа рҭоурыхқәа» ҳәа. Уаҟа иааркьаҿ-ркьаҿны иккаӡа, аӡы иауҭар иазымыӡәӡәо рцәа аархылхит: Багаҧшьаа, Жанаа, Амҷаа, Логәуаа, Сангәлиаа, Чхьынџьериаа, Ҳараниаа, Џьынџьлиаа, Қьецаа, Аӡынаа уҳәа убас иҵегьы. Арҭ ажәлақәа, лара излалҳәо ала, зегь тәцәан. Атәра даҵыҵырц азыҳәан аӡәы, ҭауадк анаараҿ имаз хланҵы дҭаргыланы ииррашәеит, џьоукы аамсҭак адгьыл иақәҵаны иааихәеит, аӡәы дтәитәыхын, дыжәладан, аӡәы аҧсшәа даҭнырыҧсахлеит, аӡәы «қәабшьаҟа» дихылҵшьҭроуп, даҽа џьоукых ичхьынџь ҟәшәаҩцәан, аӡә ддезертирын, ҽаӡәы дпалачын убас иҵегьы.

Риҵа Шьоҭа-иҧҳа, ҳбазҵаарц ҳҭахуп, иарбан хыҵхырҭоу, иарбан ҭоурыху бара бзыҧхьаз, ибымои ҵаҵҕәыс бхы злабыриашо иакымкәа-иҩбамкәа қыҭак ажәлақәа, ауаа зегь ирбо-ираҳауа ашәҟәы ианҵаны рыларҟәразы, рпатударазы аӡбара аҿаҧхьа бҳаргылар? Ибдыруама, иҟам-иным рҿиарала ауаа рыларҵәаразы ашьаустә ҭакҧхықәра Урыстәылагьы, Аҧсныгьы ишаҧу. Уи ауп изызку Урыстәылатәи (РСФСР) ашьаустә кодекс ахәҭаҷ 129. Ибызҭада бара азин, бнапы ианызҵада излашьақәбырҕәҕәо ак бымаӡамкәан, баб ихыҭҳәаала иахьа ахьӡ-аҧша змоу ажәлар ирылагылоу, зҿахәы зҳәо ауаа рыжәлақәа хырччагас адунеи ахырҵәара?

Изыдҵадаз инабыгӡоз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду анцоз Џьгьарда «Шлараа рыда» Аӡынба Џьаба дназлоу, аибашьра имцаразы рҽыҵәахны итәан ҳәа, мамзаргьы Мџьыҭ Қьецба апалачцәа реиҧш Машьыхә Ҳараниеи, Алиоша Амҷбеи, Моҷа Џьынџьлиеи аибашьра имцартә аброн рыҭан, иваргыланы ауаа ирылымшоз дирҟаҵон ҳәа аныбҩуаз?

Баб дрыцызма Кара-осман Аҳмеҭ Ҭырқәтәылантәи дааганы Шлараа рҭаҭын анидырҟаҵоз? Бара ишыбыҩуа еиҧш, аҭаҭын аарыхны Очамчыра  аскладқәа ргыланы аҭира рнапы аларкыртә иҭуџьарцәа дуқәазҭгьы аҧсуа ҵарауаҩ ду Гь.Ӡиӡариа иусумҭа «Народное хозяйство и социальное отношения в Абхазии XIX века» аҟынгьы џьара акы алашәарын.

Бара ибыҩуеит Ашларба иаҳәшьаҧа Арҩҭаа ҷкәын дицны Џьгьарда данааи ақыҭа ҭацәын, ауаа маҷны инхон ҳәа, аха ибҳәаӡом уи ианыҟаз иарбан шәышықәсоу. Раҧхьаӡа иргыланы, ибгәалаҳаршәар ҳҭахуп ҭауади-аамсҭеи ианраамҭаз анхаҩцәеи дареи еилахәыз аҭаацәарақәа раҧҵара шыҟамлоз. Џьгьарда XVII ашәышықәса аангьы иқыҭа духахьан. Ус ишыҟаз арҵабыргуеит аҵарауаҩ ду Гь.Ӡиӡариа хыхь зыӡбахә ҳәоу иусумҭа. Уаҟа иҩуан: «Цебельдинский пристав, прапорщик Лисовский на имя начальника штаба отдельного Кавказского  корпуса генерала Коцебу от 8 февраля 1839 года сообщал о таком случае: около 200 лет тому назад, князья Маршания линии Таташ-ипа переселились из Ахчипсоу в Цебельду.Впоследствии не находя там «довольно жизненных удобств» они купили в  Закодорщине у князья Таскача Ачба земли, именуемую Джгерда, заплатив в денежном выражении около 10 500 рублей серебром. Село Джгерда в конце 30-х годов (XVII века) по данным того же Лисовского имело территорию около 100 кв.верст и 200 дворов населения».

Хыхь ишаҳәо еиҧш, ари ажәабжь Лисовски иҩуан 1839 шықәса февраль 8 рзы, зыӡбахә имазгьы XVII  ашәышықәсаҵәа ракәын. Ус анакәха, «Ашларба Џьгьарда данааи ақыҭа ҭацәын» ҳәа ибҳәо ашәҟәы зегьы еиҧш, аригьы ҵаҵҕәыдоуп.

Зцәа зхыхны баб зыжәлақәа беиҳәаз зегь нхаҩцәан, Шларбагьы даамысҭаӡамызт, иангьы, лара лыжәлантәиқәа изларҳәо ала, даҳкәажә жәлаӡамызт. Иага ус акәзаргьы, бара ибдыруазарц быхәҭоуп, Аҧсны афеодалтә класс амчра анамаз ҭауади-аамсҭеи рымаҵ, ас акә, егьыс акә, анхаҩыжәлар ирымур ауамызт. Аха, досу дызҵазкуа аерархиа зеиҧшраз еиҧш, инарыгӡоз аусқәагьы еиҧшӡамызт. Дыҟан еиҳа зхы иақәиҭыз анхаҩы, уи иаҵкыс зинла деиҵан ахәуҩы, урҭ дрышьҭанеиуан ахашәала.

Шларба иеиҧш Џьгьарда иааз досу иара ихатәымҩа днанагеит, досу имоуп, бара ибҩыз хараӡа еиҧшым, ихатә ҭоурых. Шларбагьы иаашьа злаҟаз ала, аамысҭа ичын иманы дмааӡеит. Аха баби бареи жәытә-натә аахыс шәшьа иалаз ауаа рхыччара абрагьы ишәиааит. Ибҩыз «аҵарадырратә ҩымҭа» иккаӡа иаанарҧшуеит баб иҳәамҭала аҩра бгәы ианҭабк инаркны хықәкыс ибымаз ибҿыҵуа ашҳам ала бызлиааз бгәылацәа ргәы ахәра анҵара шакәыз, мамзар Џьгьарда иқәынхо рыжәлақәа рҭоурых ҳәа хыс иаҭаны ҩба-хҧа цәаҳәа рыла ччархәс ажәлар ирылабыжьуазма? Ажәла аҭоурых ас аума ишырыҩуа? Зыжәла  ашьеиҧш ибҿыҵуаз рҭоурыхқәа рҿы ажәытәан иҟаӡамзи ауаа фырхацәа, ауаа нагақәа. Баб иахьатәи аамҭаз дырҽхәо «аеҵәақәа рахь данхабгалоз», егьырҭ ажәлақәа ржәытә ҭоурыхаҿгьы рҿатә ҭоурыхаҿгьы иҟаӡамыз зыхьӡ хьтәы нбанла Аҧсны аҭоурых ианылахьо ауаа? Иҧшааны баҧхьеи Владимир Леуа-иҧа Ҳараниа рыжәла иазкны ииҩыз аҭоурых. Зыгәра узымго ажәак уҧылом. Иҟаиҵо алкаақәа зегьы Аҧсны аҵарауаа дуқәа русумҭақәа рҟынтәи ацитатақәа рыла ишьақәырҕәҕәоуп. Уи адагьы ишьақәирҕәҕәеит раҧхьатәи а-Ҳараниа бзиа иибаз а-Хьециа ҭыҧҳа дымҵарсны Ахҷыҧсантәи Џьгьарда XVII ашә. 20-тәи ашықәсқәа рзы дшааз.

Уи еиҧш зхатәы жәла аҭоурых зыҩхьо рацәоуп. Урҭ реиҧш баргьы быжәла аҭоурых инарҭбааны ибҩыр (ус ибҩыша акыр бымазар) ауаагьы ибџьырымшьарызи, быжәлагь бырҧхашьозма.

Абзиа бҩыр абзиа баҳарын. Иахьа баби бареи ижәгаз ахьымӡҕ, ибдыруазааит, ишышәхымҵуа, бара бхы дырны иахәҭоу ҟабымҵар.

Бара бгәы иаанагозар ҟаларын, жәларык бгәылацәа лазырҟәуа, ауаа рыхзырччо ажәабжьқәа урҭ ажәытә ажәабжьуп ҳәа иҳачҳап ҳәа. Ицәгьа-ибзиа ари шәҟәуп, иахьа иаҧхьо аҿаргьы, наҟ-наҟ иҩагыло абиҧарагь аҽҧныҳәа аӡәы ириҭо ныжьшьа ҳамаӡам. Зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы атираж (200 цыра) зегь еизганы, аамҭа кьаҿк иалагӡаны Џьгьарда инаганы абри знапы аҵазыҩуа рҿы ишьҭабҵоит.

Уи аҧхьа, зцәа зхыбхыз ажәлақәа рыхьӡала, бышәҟәы ахьҭыҵыз ашәҟәҭыжьырҭа ала аминауаҭра шьҭаҵаны ибҳәоит ажәлақәа ирызкны ибҩуа шҵаҵҕәыдоу, бышәҟәы ақәгарала ишбырҽеиуа.


Зыхьӡ арбоу ажәлақәа рхаҭарнакцәа: Амҷба Р.Д., Багаҧшь Н.Р., Жанаа Т.Г., Логәуа Т.С., Ашәба И.Ш. ,Сангәлиа Г.А., Ҳараниа В.Л., Чхьынџьериа С.Г., Џьынџьлиа Р.В.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me