Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧеиҧш лаша амҩа аҽарҭбаалароуп

Декабр 7 рзы зусура хацзыркыз Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс VIII  аизара ду иалахәын 130-ҩык рҟынӡа аделегатцәа, Аҧсны еиҧш, Ҭырқә­тәыла, Германиа, Голландиа, Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа – Ҟарачы-Черқьестәыла (Абазашҭа), Ҟабарда-Балкар­тәыла, иара убас Ставро­польтәи атәылаҿацә, Москва, Санкт-Петербург ақала­қь­қәа рҟынтәи.

Агәырҕьаратә ҭагылазаашьа аманы иаартыз Аконгресс аизара ду рҽаладырхәит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба уҳәа егьырҭгьы.

Аконгресс аартын ауаажәларратә хеидкыла  30  ш. ахыҵра иазкыз адокументтә фильм ала. Еизаз идырбан 1992 ш. рзы Лыхны имҩаҧысыз раҧхьатәи Аконгресс аахыс имҩаҧгаз аусура, аҭоурыхтә ҵакы змоу акадрқәа маҷымкәа, аделегатцәа рыҿцәажәарақәа, Аконгресс аусзуҩцәа ракәзар, ахеидкыла аҵыхәтәантәи хәышықәсатәи аусура еихыршьалон, иалацәажәон еиуеиҧшым апроектқәа рыла аус здырулоз, инарыгӡоз, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны  ирылдыршаз. Ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа аӡәырҩы алацәажәон, ахәшьара бзиагьы арҭон Аконгресс аусура.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс VIII   аизара ду аделе­гатцәеи асасцәеи  дрыдныҳәалауа дықәгылеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит: «Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс аҧҵара арыцхә ҳара ҳхьанарҧшуеит Аҧсны жәлар ашәарҭа ду ианҭагылаз аамҭа ашҟа. 1992  шықәса жьҭаарамзазы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашыкьымҭазы Лыхны ақыҭан имҩаҧысит ҳҭоурыхтә ҧсадгьыл – Аҧсны ахьчаразы игылаз ажәлар реидкылара хықәкыс ишьҭызхыз 1  Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс.  Аҧсуа жәлар рлахьынҵа аӡбаразы аҵак ду змаз аҧсуа-абаза Конгресс иалшеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьчараҟны мчы змаз еиҿкаарак аҳасабала ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи, аҧсуааи, абазақәеи егьырҭ ҳаиа­шьаратә жәларқәеи реидкылара.

Аибашьра ашьҭахьәи ашықәсқәа раан Аконгресс аусура есааира аҽарҭбаауан. Уи хра злоу амилаҭтә, аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рылацәажәара, аҧышәеимдара ахьым­ҩаҧысуаз Аҧсны, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика, Урыстәы­­­­­латәи Афедерациа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Европа атәылақәа  жәпакы ирықәынхо аҧсуааи  абазақәеи  еидызкылоз ҭыҧны  иҟалеит. Ҳажәларқәа рдоуҳа, рҭоурых, рбызшәа ракзаара – шықәсырацәалатәи аиҿцаара, аидгылара иалҵшәаны иҟалеит. Имыцхәхаӡом милаҭк аҳасабала  ҳаиқәхарагьы ишиашоу абри апроцесс иадҳәалоуп ҳҳәар. Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс  анхацыркыз аахыс имҩаҧгоу аусураҟны иҟоу алҵшәақәа алыршоуп хымҧада аиҳабацәа рабиҧара иабзоураны. Ахә ашьара уадаҩуп абри аус аиҿкаареи анапхгареи рҿы зылшамҭақәа рацәоу Тарас Шамба, Иура Аргәын, Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Џьемалеҭҭин Арӡынба, Бедиз Кәарцхьиаҧҳа, Илҳан Кәаӡба, Сергеи Пазов, Мусса Егзакь уҳәа убас егьырҭгьы имҩаҧыргаз аус.

Ҳхырхәоит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс аҧҵареи ашьақәгылареи рҟны злагамҭа аҵак ду амоу иахьа ара иҳалагылам, здунеи  зыҧсахыз ргәалашәара аҿаҧхьа.

Агәахәара унаҭоит иахьа урҭ рыҧсҭазааратә ҧышәа аҧсадгьыл ахь рыбзиабара, ҳҵасқәа, ҳажәлар рдоуҳатә ҭынха ҿыц игылаз абиҧарақәа иахьрымардо.

Иахьа урҭ Мусса Егзакь инапхгарала абызшәеи акультуреи  рыҿиаразы акрызҵазкуа аусқәа  мҩаҧыр­гоит, Аконгресс аҿаҧхьа иқәнаргылаз ауснагӡатә хадақәа иреиуоуп ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра, ҳџьынџьуаа Аҧсны аеконо­микатә, асоциалтә, акуль­туратә ҿиара ралархәра, аҧсуа-абаза жәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара. Сара агәра згоит абарҭ ахырхарҭақәа рҟны аихьӡарақәа раарҧшра шрылшо.

Аконгресс еиднакыло аҧсуа-абаза ҭаацәара ду иазеиҕьасшьоит ақәҿиарақәа. Изну амҩа еицакра ақәымзааит!»

Аҵыхәтәан Аҧсны Ахада Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс анапхгареи уи амаҵ азызуеи зегьы ақәҿиарақәеи аизҳазыҕьареи рзеиҕьаишьеит.

Анаҩсан ажәа иман Аконгресс  Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков.

«Салам  шәымоуп акыр иаҧсоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи. Насыҧс исшьоит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс  VIII  аизара ду аҟны ҳахьеиқәшәаз. Ишыжәдыруа аиҧш, Аҧсны азы акрызҵазкуаз, жәлар рлахьынҵа аӡбара иамадаз аамҭазы ишьаҭаркын Аконгресс. Уи анапхгаҩыс далхын еицырдыруа Аҧснытәи Урыстәылатәи аполитикатә усзуҩы Тарас Мирон-иҧа Шамба. Уи иҧсҭазаара зегьы азкын Абаза жәлар реидкылара. Абри аидеиа акәша-мыкәша рҽеидыркылеит адунеи аҟны иҟоу ҳетнос ахаҭарнакцәа. Убарҭ дыруаӡәкын ааигәа зыҧсҭазаара иалҵыз, Каиалар ақыҭантәи Аконгресс аҟәша аиҳабыс  иҟаз Ердынџь Аҭеиба.  Иҳаҩсыз амчыбжь азы даара гәалсрала иҳадаҳкылеит дахьҳаҧхаз инамаданы иҳалаҩыз ажәабжь. Сшәыҳәоит минуҭк аҿымҭрала иаҳгәалаҳаршәарц Тарас Шамбеи Ердынџь Аҭеибеи».

Уи нахыс ажәахәҟаҵаҩ ицәажәара иацҵауа дазааҭгылеит Аконгресс VII  аизара ду анымҩаҧыс 2017 ш. октиабр мза аахыс адунеи аҟны зҽызыҧсахыз шырацәоу, аха,  ега ус акәзаргьы, Аконгресс агәҭакқәа рынагӡара иацнаҵон, иахьагьы уи амҩа иануп. Аконгресс апрограммала ишьақәырҕәҕәаз апроектқәа аҧсҭазаараҿы раларҵәаразы амчқәа зегьы азкын. Аконгресс аҭоурых азы акрызҵазкуа арыцхәгьы дазааҭгылеит.

«Иахьа ҳара ҳаизара ду ҷыдарак алоуп, избанзар Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс 30 шықәса ахыҵит. Ҵабыргуп, аҭоурых аганахьала уахәаҧшуазар, рацәак аҵанакӡом, аха  имҩаҧгоу аусура  аихшьалареи ҳаҧхьаҟазы астратегиатә ҵакы змоу агәҭакқәа разгәаҭареи ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Ахеидкыла анаҧҵаха нахыс ҭаацәарак еиҧш ҳара зегьы асистематә ҟазшьа аҭаны ҳажәлар реидкылара иазырхоу апроектқәа наҳагӡоит, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҭагылазаашьақәа аҧаҳҵоит, ауаажәларра арҕәҕәареи арҿиареи ҳарзааҧсоит, ахатәы бызшәеи, акультуреи, атради­циақәеи реиқәырхара гәцараҳкуеит», – иҳәеит 30  шықәса ирылагӡаны Аконгресс инанагӡо ахықәкы дала­цәажәауа  уи ахада Мусса Екзеков.

Ҳәарада, аҧсуааи абазақәеи рхаҿра аиқәыр­харазы иҟаҵатәу даара ирацәоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы адунеи аҟны имҩаҧысуа ахҭысқәа иаҳдырбоит амилаҭ маҷқәа рҭагылазаашьа еснагь ҳасаб  шазулатәу, аглобализациа иаҵанарӡуа шыҟоу. Убри инаҷыданы адунеи аҭынчра агуп, ашәарҭадара азҵаатәы даара иҵарны иқәгылоуп. Абарҭқәа  ухаҿы ианаауго, имҩаҧысуа апроцессқәа агәҭынчымра узцәырыргоит. Ҳетнос аиқәырхаразы, даҽа аамҭак еиҧшымкәа, иаҭахуп аидгылара, ахшыҩеилаҵара, азеиҧшмилаҭтә зҵаарақәа рыгәцаракра, реицыӡбара. Араҟа  комплексла изызнеилатәу рацәоуп. Убри аҟнытә, аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа  инарываргыланы русура еиҳагьы идырцыхцыхроуп ауаажәларратә еиҿкаарақәа. Жәларбжьаратәи аиҿкаара – аҧсуа-абаза Конгресс акәзаргьы, иалнаршаша  рацәоуп адунеи аҧсуа-абаза диаспорақәа рахьтә  инарылукааша  ахаҭарнакцәа аусура  радҧхьаларазы, рлагала  хәарҭара аланы иҟалартә еиҧш. Аамҭа ахаҭа иҳаҵанаҳәоит ахшыҩеи­лаҵара шаҭаху, уи адагьы ҧсыхәа ыҟаӡам ҧхьаҟа ацаразы. Абри ахшыҩҵак даҩымсит Аконгресс ахадагьы.

«Шәареи ҳареи аҭак­ҵхықәра ҳадуп ҳхылҵшьҭ­рақәа еиқәырхауа хәызмаӡам адырреи акуль­туратә ҭынхеи иааиуа абиҧарақәа  рызныжьразы. Уаҟа иҟоуп шәышықәсала ишьақә­гылаз аҟәыҕареи ҳажәлар рымчи. Иахьа аҧсуааи абазақәеи еиуеиҧшым атәылақәа  рҟны инхо алшара рымоуп рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны имҩаҧысуа ахҭысқәа ф-бызшәак рыла  реилкаара, рыжәлар рҭоурыхи ртради­циақәеи рҵара, ажәабжьқәа реимдара, насгьы зегьраасҭа хадара злоу – Аконгресс аҟәшақәа ахьыҟоу, уи инанагӡо апроектқәа аҽрылархәра.

Ҳамчқәа  еилаҵаны ҳҽазаҳшәоит акультуратәи, аҵаратәи, аспорттәи еимадарақәа рыцҳақәа рырҕәҕәара, Аҧсни егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны инхо Абаза жәлар рхылҵшьҭрақәеи реимадарақәа рырҿиара зылзыршо ҳакәны ашьақәгыларазы.

Ҳара – иҭышәынтәаланы аус еицызуа, атәыла аҩнуҵҟа аҽышьақәырҕәҕәара  гәҭакыс измоу  гәыҧуп. Ҳара ҳаҩнуҵҟа, досу  еиликаауеит аҧсуа-абаза етноси  Аҧсны Аҳәынҭқарреи рықәҿиара  шьаҭас ишамоу амилаҭтә хаҿреи, ахатәы бызшәеи, ажәытәӡатәи акультуреи, ибеиоу атрадициақәеи реиқәырхара. Ҳара агәра ганы ари амҩа ҳанызаауеит». Абасала ихиркәшеит Аконгресс ахада иқәгылара.

Хымҧада, абри ауп ауаажәлар­ратә еиҿкаара ахықәкы хада. Аха абарҭқәа зегьы хьысҳа­хоит, анарха рмоургьы ҟалоит аҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны адемографиатә ҭагылазаашьа анзеиҕьымха. Адемографиеи ахатәы бызшәа  аиқәырхареи анарха змоу уасхырны иҟазароуп аҧеиҧш лаша азхәыцразы, уи азааҧсаразы.

Ааигәа аҧсуа-абаза Конгресс аҟны иаҧҵаз  аҳәса Ркоординациатә Хеилак ахантәаҩыс иалху Екатерина Бебиа дазааҭгылеит русура шеиҿкаау. «Аизыразра амҩа» ахьӡҵаны 2022  ш. сентиабр инаркны егьхацдыркит русура. Илҳәеит  аиҧыларақәа шрымаз ауаажәларратә хеидкыла «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа рхеидкыла» анапхгареи дареи.  «Аиуара иашьаҭоу еибабароуп» ҳәа зеиҧш хьӡыс измоу ала гәҭакыс ирымоуп егьырҭ ахеидкылақәеи дареи рыбжьара аусеицура. Иаагозар, Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» Ахеилак ахантәаҩы Армида Чаговаи дареи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

«Жәытәнатә аахыс аҧсуааи абазақәеи рҟны аҧҳәыс лроль акраҵанакуеит. Иахьагьы ус ауп. Абри инамаданы Аконгресс ахада Мусса Екзеков аидеиа изцәырҵит абаза ҳәсақәа реидкыларазы. Уи нагӡахеит Акоординациатә хеилак аҧҵарала. Ахеилак ааигәа аусура ишалагазгьы, ҳзыхьӡахьоу аусмҩаҧгатәқәа маҷым», – лҳәеит Е.Бебиа.

Аконгресс инанагӡоз аусура  ӡыригеит Аконгресс аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа. Хәышықәса рыла Аҧсны араионқәа рҟны мацара апроектқәа 107  аус рыдулан, егьынагӡан.

«Аҭыҧантәи аҟәшақәа русура зегьы еиҿкаауп абаза-аҧсуа етнос арҿиара ацхрааразы Жәларб­жьаратәи  аидҵара «Алашара» аусушьа аҟазшьа инақәыршәаны. Уи, абар, 10 шықәса инареиҳауп  Абазашҭа абаза қыҭақәа рҟны қәҿиарала аус ауеижьҭеи. Аҭыҧантәи ахеилакқәа ирылоуп аҽеидкылара агәаҳәара змоу анхацәа. Аконгресс аусзуҩцәеи дареи русеицура иалҵшәаны  аиланхарҭақәа рырҿиара апрограммақәа шьақәдыргылоит, егьынарыгӡоит. Абарҭқәа рыла, ҳашнеишнеиуа араионқәа рырҿиара апрограммахь ҳнанагоит, уи нахыс атәыла зегьы арҿиара апрограммахь ҳкылнагоит». – Абас азҿлымҳара бзиа аман Кан Ҭаниа иқәгылара.

Ҟарачы-Черқьестәылантәи дықәгылеит   абаза  жәлар  рбыргцәа рхеилак  ахантәаҩы Муҳадин Аубеков. Уи далацәажәеит Аконгресс аусура алҵшәақәа ишырхьыҧшу аџьынџьуаа рыбжьара аимадарақәа рырҿиара. «Ҳажәлар аигәырҕьоит, иагьазгәдууп Аҧсны ахьҿиауа. Абазақәа Аҧсны арҿиара алахәра ҳазхиоуп. Ҳара еснагь шәыцәгьеи шәыбзиеи шәыцеиҩаҳшоит, еснагь шәааигәа ҳаҟазаауеит», – абас ихиркәшеит уи иажәа.

Аконгресс хәышы­қә­са­тәи аусура ахәшьара бзиа аҭауа дықәгылеит «Москватәи аҧсуа диаспора» ахантәаҩы Беслан  Агрба. Аконгресс 30  шықәса ахыҵра рыдныҳәа­лауа, аҧхьаҟагьы хәарҭара злоу  апро­ектқәа аҧсҭазаараҿы рынагӡараҿы  еиҳау  ақәҿиарақәа рзеиҕьаишьеит.

Голландиа инхо Аконгресс аделегат Озқан Ҭарба, абжьааҧнеиҧш, иқәгылара алахҿыхра ацын, избан акәзар, уи еснагь иҟаҵатәу, аха иахьа уажәра­анӡа алҵшәақәа рацәак уреигәырҕьартә иахьыҟам аусура аганқәа дырзааҭгылеит.

«Ҵабыргуп, иҟаҵоу маҷым, аха инагӡатәу даара ирацәоуп. Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи Аконгресс аҧхьатәи ахантәаҩы Тарас Шамбеи ҳхеидкыла анеиҿыркаауаз хықәкыс ирымаз ҳажәлар – Аҧсны еиҧш, адиаспорақәа рҟны реидкылареи, Аҧсныҟа раагарала адемографиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи, ҳхатәы бызшәа, ҳаҧсуара реиқәырхареи ракәын. 30 шықәса ҵхьеит ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳауижьҭеи. Шықәсык х-ҭаацәарак ааганы инырхазҭгьы, 90 ҭаацәара ҟалон, урҭ ирхьыҧшуаз ҧшьышәҩык инареиҳахон.

Аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа реиҧш, ари аус аҟны ацхыраара ҟанаҵала­роуп Аконгресс, иара убас  ахатәы бызшәеи аҧсуареи реиқәырхараҿы. Арҭқәа ишахәҭоу ҳрызхьамҧшыр,  хәышықәса, жәашықәса рыла ҳашҧаҟалои? Ҳанхар ахьаҳҭаху атәыла арбан?  Еицырдыруа аӡәы иҳәахьеит: «ахақәиҭразы уанеибашьуа ухықәкы анузымдыр уаҵахоит» ҳәа. Ҳара еилы­рганы иаадырроуп ҳаҧхьаҟа иаҳҭаху, иҟаҵатәу. Сара, хаҭалагьы, нахьхьи тәылакаҿы сынхоит, иҟауҵазеи ҳәа шәҵааргьы, исылшаз рацәакгьы ыҟаӡам. Аҳәынҭқар­­рагьы ҳхеидкылагьы амҩа  ҳшәырба, ҳара ҳацхыра­аҩцәахоит. Аҧеиҧш бзиа ҳазшаз иҳаҭәеишьааит!» – Абас  иажәа  хиркәшеит ҳџьынџьуаҩ.

– Аҧсуа-абаза Конгресс 30  шықәса ахыҵреи VIII аизара ду аусура қәҿиарала амҩаҧысреи рзы адныҳәаларақәа рыла  иқәгылеит Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, Европатәи атәылақәа рҟнытә Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу Ерқан Ҳаџьымба уҳәа егьырҭгьы.

Ақәгыларақәеи азеиҕьашьа­рақәеи рышьҭахь ашәаҳәаҩ Ҭимур Ҭаниа инаигӡеит ашәа «Аҳаҳаи амарџьа, шәеиҵамхан». Аконгресс аделегатцәеи асасцәеи рҟазара ддырбеит аҧсуа-абаза кәашарақәа рыла еиҿкааз арежиссиор Тимур Кәакәасқьыр ибзоуроу атеатртә қәыргыламҭа. Уи иалахәын аҧсуа кәашаратә коллективқәеи Ҟарачы-Черқьестәыла Аҳәынҭқарратә филармониаҿы еиҿкаау акәашара  атеатр  «Меркури» иалоу артистцәеи. Ақәыргы­ламҭа аиҿкаашьа шьақәыр­гылан аҧсуааи абазақәеи риешьареи ракза­ареи ӡыргзо асиужет шьаҭас иаманы.

Аҧсуа театр аҟны Аконгресс аизара ду аартреи уи 30 шықәса ахыҵреи раҳаҭыр азы ахәылбыҽха идырбан арежиссиор Аслан Апсов ифильм «Хҩык аишьцәа», гәахәалагьы ирыдыркылеит.


Декабр  8 рзы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс VIII аизара ду  аусура иацнаҵеит. Аилатәара ааиртит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков.

Ҩаҧхьа Аконгресс аартра рыдиныҳәалеит аделегатцәеи асасцәеи.

«Аизара ду аҧхьатәи амш азы ҳара инарҭбааны ишәзеиҭаҳҳәеит хәышықәса ирылагӡаны Аконгресс иалнаршаз. Агәра ганы ҳазлаҟоу ала, ари аамҭала иҟаҳҵаз зегьы аҧсуа-абаза жәлар реизҳазыҕьара иазкын», – иҳәеит Мусса Екзеков.

Аилатәара мҩаҧигон Аконгресс анагӡаратә  маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.

Аизара ду аделегатцәа бжьыҭирала ишьақәдырҕәҕәеит амш аусхәаҧштә иаҵанакуаз жә-зҵаарак: Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Ацентртә гәаҭаратә комиссиеи раҳасабрбақәа, Аконгресс иреиҳау ахеилак аилазаара ҿыц алхра, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иалхра, иалырхуа ахантәаҩы иқәгылара, Аконгресс Аҧҟаҧҵа аиҭакрақәа  ралагалара, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәра Аҳәынҭқарратә еилаки Аконгресси аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра апротокол анапаҵаҩра, Аҧсуа культуратә хеилакқәа Рфедерациеи Аконгресси  реиқәшаҳаҭра иаларгалаз апротокол ҷыда анапаҵаҩра, Аизара ду  Арезолиуциа адкылара.

Аизара ду аҟны  бжьыҭарала иалхын Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак аилазаара, уи еиднакылаз иреиуоуп: Арда Ашәба, Марина Барцыц, Џьамбул Инџьгиа, Нури Кәарҷиа, Вадим Ҳаразиа, Виачеслав Чрыгба, иара убас  Мусса Екзеков (Санкт-Петербург),  Муҳадин Аубеков, насгьы Умар Кончев, Мураҭ Муков (Ҟарачы-Черқьестәылатәи Ареспублика,), Армида Чагова (Ставропольтәи атәылаҿацә), Владимир Пшеноков (Ҟабарда-Балкартәылатәи Ареспублика), Беслан Агрба, Олег Барцыц, Беслан Кобахиа, Мурадин Курчуков (Москва ақалақь), Ерқан Ҳаџьымба (Европатәи атәылақәа рҟнытә), Биуленҭ Аҩӡба, Шамиль Барқан, Аҭилла Бганба, Мураҭ Гечба, Меҳмеҭ Инаҧшьба, Шамиль Ешба (Ҭырқәтәыла), Натали Лазба (Аҷара), Шьараф Маршьан (Шьамтәыла).

Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак аналхха ашьҭахь ииасит Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иалхрахь.  Раҧхьа Мусса Екзеков икандидатура рыдигалеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба. Хәышықәса рыла инагӡоу аусура ахәшьара бзиа аҭауа, анаҩстәи хәышықәса ҿҳәарас иаҭаны Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс иалхра дшаҧсоу азгәеиҭеит.  Ажәалагала иадгылеит Аконгресс ахеилак иалоу Беслан Кобахиа, иара убас Москватәи аҧсуа диаспора ахантәаҩы Беслан Агрба.

Аҩыџьагьы азааҭгылеит Мусса Екзеков хәышықәсатәи иусура ахәшьара бзиа шаҭатәу. Уи иҟаиҵаз шырацәоу Аконгресс аусура аиҿкаараҿы, аҧсуа-абаза жәлар реидкылараҿы. «Сгәаанагарала, ицхраалатәуп ари аџьабаа зыжәҩа иқәызхуа, насгьы финансла аиқәыршәара аус убрахь иналаҵаны. Аконгресс иацхраалатәуп, аӡәы имацара  ахарџьқәа данрыдгыло уи иаанаго хатә проектуп ауп», – иҳәеит  ахшыҩҵак иацҵауа Беслан Агрба.

Ахцәажәарақәа рышьҭахь абжьыҭирахь иқәыргылан Мусса Екзеков  икандидатура мацара. Абжьыҭираан  аӡәк еиҧш рыбжьы ирҭеит, Аконгресс  Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩыс иалырхыз Мусса Екзеков.

Аҽны Аконгресс аус зыднауло ахырхарҭақәа рыла имҩаҧган иара убас астол гьежьқәа, актуалра злоу азҵаатәқәа ирыҵанакуа рыла аилацәажәарақәа. Русҭам Занҭариа модераторс даман аҿартә политикеи, аспорти, аекологиеи рсекциа, Изольда Ҳагба – «Ахатәы бызшәа» асекциа, Екатерина Бебиа – «Аҧсуара» асекциа.


Анаҩс Аҧсадгьыл  ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим  Ҳаразиеи Мусса Екзекови аусеицуразы апротокол рнапы аҵарҩит. Анапхгаҩцәа ргәаанагарала, ари ашәҟәы Аконгресс аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рахьтә иаӡбо рацәахоит. Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеидкылақәа  Рфедерациа аиҳабы Мураҭ Махариеи Мусса  Екзекови рнапы  аҵарҩит реиқәышаҳаҭра апротокол ҷыда алагаларазы. Наҟ-ааҟ  уи агәрагара шырнаҭо рҳәеит русеицура аҩаӡара ашьҭыхразы.

Аконгресс аизара ду иаднакылаз арезолиуциа  дәықәҵахоит  Еидҵоу Амилаҭқәа  Реиҿкаара, ИуНЕСКО, ИуНИСЕФ рыхьӡала.

Аҵыхәтәан ҩаҧхьа иалху Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аконгресс VIII  аизара ду аҽалархәразы иааз, згәаанагарақәа рыла иқәгылаз.  Иазгәеиҭеит аҧхьаҟатәи аусураангьы еиҳагьы хәарҭара  злоу апроектқәа аус шрыдыруло.

«Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, ҳхатәы бызшәеи, ҳкультуреи, ҳатрадициақәеи реиқәырхара иацхраауа зегьы. Даҽазныкгьы ишьақәырҕәҕәоуп  аҧсуа-абаза жәлар рдоуҳа акзаара», – иҳәеит Мусса Екзеков  аиқәшәара хыркәшауа.


В.Аҧҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me