Аурыс ҵарауаҩ иҭҵаамҭа ашьҭа ҳхыланы

Аҧсны, егьырҭ атәылақәа рҟны еиҧш, есышықәса иазгәаҳҭоит аиубилеиқәа рацәаны. Иҟоуп урҭ аиубилеиқәа анрызку ажәлар рҭоурых аҟны аҭыҧ ду аанызкыло ахҭысқәа, аҵеицәа дуқәа. Хымҧада, уи ус бзиоуп. Амала сара исзеилымкаауа, избан џьоукы ртәы аназгәаҳҭо, даҽа џьоукы рыӡбахә  «заҳхашҭуа».

Ҳаиасып сынтәатәи ашықәс ахь. Сырзааҭгылом уаҩы ихахьы иааимго 900 шықәса ахыҵра Аҧсуа Аҳ ду Дауҭ актәи Қарҭ иеилаҧыххаа ишааникылаз иеиҧшу ахҭысқәа. Сара сазааҭгыларц сҭахуп даҽа рыцхәк. Г.Ф. Турчанинов сынтәа диижьҭеи 120 ш. ҵуеит, аха ҵарауаҩык уи иӡбахә иҳәом. Асовет аамҭазы абри ауаҩы, аҧсуаа ҳҭоурых ахьҭиҵаауаз азы иусура дамырхит. Аҵак дуӡӡа змаз ашәҟәы рхианы ашәҟәҭыжьырҭа аҟны ишышьҭазгьы иҭыҵыр рымуит. Аҟәрышьгьы аӡәызаӡәыкгьы инапы иаимыркит, иҭаацәа рныҟәгара аҟны ауадаҩрақәа шимазгьы.  Абас зизыруаз аҧсуаа ҳҭоурых ахьҭиҵаауаз, аҧсуаа ҳкультура, ижәытәӡатәу аҩыра змаз, адунеи ацивилизациа аханы игылаз ҳәа ахьазиҳәоз акәын. Иаахтны иҳәатәуп Г. Ф. Турчанинов иҧсы анҭаз, ҳара аҧсуаа ҳганахь ала изыҟамлеит иахәҭаз ахаҵгылара. Ааи, аӡәык-ҩыџьак аҧсуаа ивагьыжьуан, аха урҭ рылшара маҷӡан. Сара макьана салацәажәом иџьабаа зызкыз аус аҵакы, избанзар уи џьоукы агәра ргом. Аха, ииаша-ииашам, Г. Ф. Турчанинов агәра ганы дызҿыз аус аҧсуаа ҳҭоурых, ҳкультура иазкын. Убри амацара азы абри ауаҩы ихьӡ аҧсуаа иаҳхаҳмыршҭлар ауп.

Сара салагом Г. Ф. Турчанинов иусумҭақәа рыхә ашьара, хаҭала агәра шызгогьы, избанзар ус иҟоу ажәытә ҩыра сзаҧхьаӡом, амци аҵабырги сзеилыргаӡом. Аха издыруеит Европатәи аҵарауаа Антон Ирку, Дҩнан уҳәа уи атәы здыруаз шақәшаҳҭыз. Иақәшаҳҭын жәпаҩык аурыс ҵарауаагьы. Амала аурыс ҵарауаа: иақәшаҳаҭызгьы иҿагылазгьы, изаҧхьомызт, иагьырзеилкаауамызт.

Усҟан иҿагылан ақәҧара еиҿызкаауаз, изырцыхцыхуаз ақырҭуа ҵарауааи ақырҭуа политикцәеи ракәын. Дара рзы трагедиан аҧсуаа ркультура ашьҭыхра. Иацәшәон мцла еибарку рҭоурых рыҵыҵыр ҳәа. Рыцҳарас иҟалаз, аҧсуаа уи изахымҧеит. Иахьа Асовет ҳәынҭқарра аамҭа акәӡам, ақырҭқәагьы рнапы аҵаҟа ҳаҟам, аха дара иҳзаанрыжьыз ахәыцрақәа ҳазрыҵымҵит.

Г.Ф. Турчанинов иахьа иҧсы ҭам, иҭаацәагьы аӡәгьы дыҟам. Ҳара абри ҳалацәажәозар, уи зҭаххаша, ишьҭнахуа ҳажәлар роуп, иара шьҭа џьарамзар-џьара ихәаӡом. Ҳажәлар рыхьӡ, рҧеиҧш ашьҭыхра, аӡыргара зуалугьы аҧсуа ҵарауаа роуп.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы, хәыҷы-хәыҷла акәзаргьы, ицәырҵуа иалагеит Кавказ ажәларқәа рроль адунеи ацивилизациа ашьақәыргылара аҟны. Кавказтәи ацивилизациа анаҳҳәо, аҧсуаа убри иалахәӡамзи? Сара ишеилыскаауа ала, ҳалахәуп акәым, иҟалап аханыҵәҟьа ҳгылазар. Убри дыршаҳаҭуеит Омар Беигәаа иаҧҵамҭақәа, Н.Марр иажәақәа аҧсуа бызшәа иазку, убас аби аҧеи Старостинаа, иҟоуп аерман ҵарауаа уи зыршаҳаҭуа, убри рҳәоит ирацәаҩны атәым ҵарауаа. Аха аҧсуа ҵарауаа уи иацәыҧхашьошәа рҽыҧхьакны итәоуп.

Ажәларқәа, хыхь исгәаласыршәаз аҵарауаа реиҧш, рҭоурых ишахымцәажәогьы дара шьҭыхны адунеи иадырбоит, рыжәлар иддырбоит, убри алагьы рыжәлар шьҭырхуеит. Ҳара иџьашьатәу аҭоурых змоу, аӡыргашьа ҳақәшәом. Ари рыцҳаӡарами?

Сгәы иаанагоит Аҧсны аҭҵаа­радыррақәа Ракадемиа ашҭа хәыҷы аҟны иқәыргылатәуп ҳәа Г.Ф. Турчанинов ибиуст, убасҵәҟьа Н.Марр.  Избан убраҟа изықәҳмыргылара аҧсуа ҵарауаа дуқәа Шь.Инал-иҧа, Г. Ӡиӡариа уҳәа рбиустқәа. Убрахь инагалатәуп аекскурсиа ҳасабла Аҧсны асасцәа. Убасҵәҟьа аҧсуаа ҳхаҭақәа, аҧсуаа ҳхәыҷқәа аҧхьа инаргыланы.

Аҧсны аҭоурых макьана цқьа ишыҭҵаамгьы, ирацәоуп иаадыруа афактқәа, ажәлар ргәы шьҭызхуа ахҭыс ссирқәа, убарҭ рцәыргара, рыхцәажәара, ауаа рыларҵәара аҵакы дуӡӡоуп. Хыхь зыӡбахә сҳәазгьы Қарҭ Дауҭ актәи инапахьы ишааигаз аҭоурых баша исымҳәаӡеит. Убас иҟоу  ахҭысқәа ажәлар еиднакылоит, ишьҭнахуеит.

Ажәытәтәи аҧсуа ҩыра аҭҵаара, уи аӡыргара, иаҧсахуеит иахьатәи уаҵәтәи аҧсуаа рыхдырра, рхәыцра, рдунеи­қәыҧшылара. Аҳәынҭқарра аргылара аҟны ишьаҟа дууп. Убри аҟнытә иазхәыцтәуп аҧсуа ҩыра, ажәытәӡа инаркны Аҧсуа аҳратәра ахаан иҟаз аҩырақәа рыҭҵаара. Даара иактуалуп С.Ашәхәаҵааи И.Марыхәбеи русумҭақәа абри аганахь ала. Схаҭа аҧхьа цқьагьы исыдыскылаӡомызт ақырҭуа ҩыра аҧсуаа ҳҟынтәи ироуит ҳәа аҳәара, аха уажәы саазқәылаз саргьы уахь схы сырхо салагеит… Аҧсуаа ирзышьақәыргыломызт Аҧсуа Аҳратәра ду, аҳәынҭқарра иамамкәа ахатәы ҩыра. Ус анакәха, ҳара иҳаман ахатәы ҩыра, амала иҟалап ҳбызшәа ауадаҩрақәа ирыхҟьаны атәым милаҭ рҟны ахархәара амамзар. Убра иаҭаххон дара  ирзааигәоу аҩыра. Абырзен бызшәа еилызкаауаз ахьмаҷыз иахҟьаны, иҟалап аҧсуа ҳәынҭқарцәа рыбзоурала, аҧсуа ҩыра қырҭуа бызшәала ирыладырҵәазар аҧсуа ҳәынҭқарра аҟны ирацәаҩхаз ақырҭқәа.

Ус акә, егьыс акә, сгәы иаанагоит ҳара ҳаҟәыҵроуп ҳәа ҳҭоурых аларҟәра. Ҳкультура шьҭаҳхлароуп, идҳарбалароуп атәымуаагьы, ҳажәларгьы. Уи аҭахуп Аҧсуа Ҳәынҭқарра, уи аҭахуп аҧсуа жәлар ҧхьаҟатәи ршьаҿақәа рыҟаҵара аҟны.

И.Кәыҵниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me