«Кәыдры аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы»

Аҧсуа доуҳатә культура арҿиаҩцәа ируаӡәку, акыр шықәса раахыс зыхьӡ рдыруа  алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист Руслан Қапба шьарда илиршахьеит аҭҵаарадырреи, апублицистикеи, аҵара-ааӡареи рус аҟны.

Руслан  Хәанеи-иҧа Қапба диит Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан. Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015) ҳәа ахьӡ ихҵоуп, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2014). СССР-и (1979) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) дрылоуп. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Ааигәа Аҧсны Ахада Иусҧҟа инақәыршәаны аҵарауаҩ илшамҭақәа рзы ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара.

 С. Е. Қапба ихьӡ зху Арасаӡыхьтәи аа-шықәсатәи ашкол ашьҭахь Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны иҵара хиркәшеит (1954). А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа-аурыс ҟәша (1959) далгеит. Корректорс аусура далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы, ашьҭахь – арҵаҩцәа реиҭазыҟаҵара Қарҭтәи аинститут Аҟәатәи афилиал аҧсуа бызшәеи алитературеи ркабинет деиҳабын. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус иуан: агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акультуреи абзазареи рыҟәша алитературатә усзуҩыс,  ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс, ажурнал «Ашколи аҧсҭазаареи» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1988 ш. инаркны – Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҭҵаара­дырратә усзуҩы еиҳабыс аус иуеит. Акыр шықәса аратәи иусуреи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҧсуа литература  аҭоурых иазкны алекциақәа рыҧхьареи еидибалон.

Р.Қапба 200 инареиҳаны астатиақәеи аочеркқәеи дравторуп, ҩажәижәаба инареи­ҳаны ашәҟәқәа ҭижьхьеит аҧсуа литературеи аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи ирызкны. Зыҧсҭазаареи зырҿиареи ҭиҵаахьоу иреиуоуп: Қь. Агәмаа, Л. Кәыҵниа, И. Папасқьыр, Л. Лабахәуа, С. Қәычбериа М. Лакрба, Шь. Аџьын­­џьал, В. Анқәаб, Г. Гәыблиа, А. Возба, Хә. Бҕажәба, В.  Занҭариа, Џь. Аҳәба, П. Бебиа, Р. Џьопуа, В. Амаршьан, Ш. Хокерба, Ш. Бганба, А. Кәарҷиа, Кә. Герхелиа уҳәа егьырҭгьы.

Истатиақәеи иочеркқәеи рнылон апериодикатә ҭыжьымҭақәа: ажурнал «Алашара», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», егьырҭ еиуеиҧшым  аизгақәа. Иахьагьы Р. Қапба аханатә илихыз амҩа дануп, арҿиара инапы алакуп. Абар, уи арҵабыргуеит ҿыц иҭыжьу, еиҳарак  аҧсуа литература иазку арҿиаратә хаҿсахьақәа аазырҧшуа астатиақәа реизга «Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы».

Ашәҟәы ҭыжьуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт агриф ала.

Аҭыжьымҭа автор еиҳараӡак алитератураҿы злагала ҟазҵахьоу ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа дышрыхцәажәогьы, ашәҟәы ахьӡ змоу астатиа изкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз Аҧсадгьыл ахьчаҩ Арасаӡыхь ақыҭан ииз, иааӡаз Ҷыка Дарсалиа. Аҵарауаҩ  даара ибзианы идыруеит Ҷыка Кыбжьа-иҧа Дарсалиа иҭаацәара, ржәытә-рҿатә.  Аибашьраан архәҭак аҟны дицеибашьуан Р. Қапба иаб иашьа иҧа Ҷыҷыкәа (Николаи) Ӡыкәыр-иҧа Қапба. Убри аҟнытә, ҷыдала Ҷыҷыкәеи иареи реиҩызара аҳаҭыр азы Р. Қапба акыр шықәса раахыс игәы иҵхон хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы игәалашәара иазкны аҩра. Ега аамҭа цазаргьы, аҵарауаҩ иҧшааит, еидикылеит аибашьҩы ихы-иҵыхәа зҳәоз аматериалқәа. 21 шықәса ирҭагылаз Ҷыка усҟан Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа дышҭаз Аҧсадгьыл ахьчара дцеит. Ажәыларақәа руак аан хабарда дыбжьаӡуеит. Ахақәиҭра зыҧсы ахҭнызҵаз 109-ҩык Арасаӡыхьаа рҵеицәа дыруаӡәкуп. Ҷыҷыкәа Қапбеи иареи аибашьраҿы еицнаҵы хьаҵра ҟарҵомызт. Астатиа автор игәалаиршәоит иаб иашьа иҧа Ҷыҷыкәеи Ҷыкеи реицәажәарақәа раан, Арасаӡыхь, Мықә аӡиас ахықәан инхоз Ҷыка еиҭеиҳәалоз ажәақәа: «лассы-лассы Мықә аӡиас ахәыҭхәыҭбжьы саҳауеит».

«Сырҿиаратә гәаҳәара шсыхац исыхоит» ахьӡуп Аҧсны жәлар рпоет, академик Мушьни Лашәриа ипоема ҿыц «Абшьҭра» иазку Р. Қапба истатиа. «Апоема «Абшьҭра», иара аиҿартәышьа аҧсабара злаҟоуи атематикеи рыла уахәаҧшуазар, ухаҿы иааумгарц залшом уи шуарлашәарлатәу, даҽакала иуҳәозар, аиуа ҳлитератураҿы акәым ҳанҭыҵгьы акыр ишмаҷу, аҿыц цәа шахубаауа», - иҳәоит астатиа автор. Абри ахшыҩҵак акәша-мыкәша игәылирҭәаауеит  аҩымҭа иазку игәаанагара, ахәшьара бзиагьы аиҭоит.

Ашәҟәы иагәылоу астатиақәа иреиуоуп аҵарауаҩ, апублицист Екатерина Бебиа Аҧсны аҩбатәи Ахада С.У. Багаҧшь изку лышәҟәы «Путь мудрости и мужества» иахҳәаау. Далацәажәоит апублицист ишлылшаз Аҧсны Ахадас иҟаз иҧсҭазаареи иҳәынҭқарратә усуреи инарҭбааны аарҧшра.

Апоет, апрозаик, адраматург, Т.Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу  Валери Касланӡиа иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирзикыз асататиа иахьӡуп «Аҧсуарала иҩычоу ахаҿ­сахьа». Ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи инары­маданы ҷыдала даза­аҭгылоит иажәабжь «Асас ҟьала». 

Аҭыжьымҭа иагәылоу автор инапы иҵихыз егьырҭ астатиақәа иреиуоуп: ауаажәларратә усзуҩы Аполлон Думаа ишәҟәы «Геноцид абхазского народа в Очамчырском раионе 1992-1993 гг.», ааигәа зыҧсҭазаара иалҵыз ашәҟәыҩҩы Владимир Басариа изку –  «Ароман «Ашәалҟьамреи» уаанӡатәиқәаки», амилаҭтә газеҭ «Аҧсны» аҭоурых аҟнытә –  «Амилаҭ аҿахәҳәага», апоет, апрозаик, Д.И. Гәлиеи Т.Шь. Аџьбеи рыхьӡқәа зху Аҳәынҭқарратә премиақәа занашьоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа ирҿиара дазааҭгылоит астатиа «Баҩхатәрак анапаҵаҟа» аҟны.

Р. Қапба иҭҵаарадырратә усура иалҵшәаны иҭижьхьоу ашәҟәқәа реиҧш, акырӡа рыҵаркуеит ипублицистикатә статиақәа. Урҭ аҧсуа доуҳатә культура аҭоурых аадырҧшуеит, насгьы алитературеи аҭҵаарадырреи рус аҟны злагала рацәоу ҳашәҟәыҩ­ҩцәеи ҳҵарауааи аӡәырҩы рыҧсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи инарҭбааны, инарҵауланы дрыхцәажәахьеит урҭ ирзикхьоу имонографиақәа рҟны.

Аҵарауаҩ, апублицист Руслан Хәанеи-иҧа Қапба, ирҿиара амалахазгьы иагимырхац, абжьа­аҧнеиҧш икалам аус аируеит. Ари шьцылара бзиоуп. Хара имгакәа аҧхьаҩцәа рҟынӡа инеираны иҟоуп урҭ рыбзиабара зҽаҧсазтәхьаз, абаҩхатәра злаз  апоет, аиҭагаҩ Терент Ҷаниа иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирзикыз имонографиа.

Аҧсҭазаараҿы Р. Қапба илагала иахәҭоу ахәшьара шамоу шьақәнарҕәҕәоит иҳамҭақәа иахьрыцлаз «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. Гәык-ҧсыкала ҳидныҳәалауа, арҿиара агәацҧыҳәареи, агәабзиареи, ақәранҵыра дуи изеиҕьаҳшьоит.


В.Аҧҳазоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me