Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵабырг анаиааиуа

Шалуа Ҵәыџьба  диижьҭеи 110 ш. аҵра иазкны

Аҧсуа поет, апрозаик Шалуа Леуарсан-иҧа Ҵәыџьба диит (18.12.1912) Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Тамшь ақыҭан (иҧсҭазаара далҵит – 26.05.1987). Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭ­қарратә премиа ианашьоуп (1989, иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь ишәҟәы «Апоет илахьынҵа» азы). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ ихҵан. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.

Усҟан Тамшь ақыҭан иҟаз алагарҭатә школ анаҩсан Гагратәи ашкол-интернат дҭалоит, аха хара имгакәа диасуеит (1928) Н.А.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школ ахь. Ара аҵара аниҵоз ауп уи алитература даназҿлымҳаха. 1930ш.  иҵара анхиркәша, аамҭак азы аус иуан убри ашықәсан иаартыз Аҧснытәи аҳәынҭҭыжьырҭаҿы.

Ҩеижижәабатәи ашықәсқәа раан амилаҭтә литература арҿиара иалагылаз Ш.Ҵәыџьба раҧхьатәи иажәеинраалақәа кьыҧхьын «Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ражәеинраалақәа» (1932ш.) ахьӡны иҭыҵыз ашәҟәы аҟны.

1932 ш. Владикавказ иҟаз Нхыҵ-Кавказтәи арҵаҩратә институт дҭалоит. Араҟа ауп иахьаҧиҵазгьы ипоемақәа «Аҟама», «Аҭаца». Ҩышықәса рышьҭахь хазы шәҟәны егьҭыҵит. 1932 ш. иҭыжьын раҧхьатәи ишәҟәы – аповест «Амаҭ зыбҕа ҧҵәоу».

1935 ш. ииун 25 рзы (ахҧатәи акурс аҟны дтәан) харада ахара идҵаны ддырбаандаҩит. 1936 ш. ииуль 29  рзы Колымаҟа дышьҭын. Аха, ега ауадаҩрақәа ихигазаргьы, аҵабырг аиааиуеит, 1953 ш. рзы иҧсадгьыл ахь ахынҳәра азин иоуит. Абасала, ҩеижәа шықәса инарзынаҧшуа игәы ззыбылуаз алитература ишиҭахыз дазхьаҧшлартә аҭагылазаашьа имоуит.

Згәабзиара акыр иҵшәааз Ш.Ҵәыџьба Аҧснытәи аҳәынҭҭыжьырҭаҿы алитературатә усзуҩы еиҳабыс аусура далагоит. Ашьҭахь, 1957 ш. март мза инаркны ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан, нас Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс диасуеит. Есааира алитература иҽагәылеихалон.

Ирҿиамҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», иара убас иажәеинраалақәа агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа» (урысшәала, Москва, 1958), ашәҟәы «Сухумские мотивы» (2500-летию Сухума посвящается)» (М.,2005 ) уҳәа рҟны. Ш.Ҵәыџьба егьырҭ иажәеинраалақәа рыхәҭак анылеит «Аҧсуа поезиа антологиа. XХ ашә. (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа – 2009).

Иҩымҭақәа рҭыжьра ҩаҧхьа ихацыркын дандыриаша ашьҭахь. 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа инаркны 15 инареиҳаны иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иажәабжьқәеи, иповест­қәеи реизгақәа ҭыжьын.

Ш. Ҵәыџьба иҩымҭақәа ирылыр­каартә ишәҟәы «Маҿа-маҿа» (апоетикатә миниа­тиурақәа ржанр иаҵанакуа).

Апоет дазхьаҧшуеит иара убас ахәыҷқәа ирызкыз аҩымҭақәа, 1955 ш. рзы иҭыжьын ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалақәа реизга «Аҧшәма хәыҷы». Иаарласны акьыҧхь абеит аҧхьаҩцәа хәыҷқәа ҳамҭас ироуз ашәҟәы «Абаҳча ссир». Ахәыҷқәа рдунеихәаҧшра ианаало ажәабжьқәагьы аҧиҵо далагеит, урҭ иреиуоуп: «Абду Шьаҳан», «Ахьча-ла Вулкан», «Ажәкамбашь Бача», Амшә», «Абнакәты ҕраҷкәын», «Арашьқәа рдәы» уҳәа егьырҭгьы.

Ахәыҷқәа ирзикыз апое­зиатәи апрозатәи рҿиамҭақәа рҟны аҧхьаҩ игәникы­лартә иааирҧшуеит Аҧсадгьыл ахь абзиабара, уи аҧшӡара, ашәаҧыџьаҧ, еиуеиҧшым ашәыр-хкқәа, абаҳ­чақәа, адәқәа, ахәқәа уҳәа.

Ш.Ҵәыџьба иҩым­ҭақәа еиҭагоуп аурыс, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

Жәохә инареиҳаны аҧсышәала ишәҟәқәа ҭыжьын иалкаа­қәоугьы налаҵаны, иара убас Москва иҭыҵит аурысшәахь аиҭагақәа: «Чудесный сад» (1961); «Сказочный поезд» (Стихи и поэма, 1969); «Долина крылатых коней» (Рассказы дедушки Шахана. Для младшего возраста, 1971); «Персиковая косточка» (Новые стихи, 1979); «Талисман (Стихи и поэмы, 1984); «Стихи и поэмы»  (1988).


В.Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me