Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ауаҩы легенда – Мушьни Хәарҵкьиа

Сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ҵуеит, зхаҭара иахьагьы аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам, аибашьҩы гәымшәа, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, ауаҩы легенда ҳәа изышьҭоу Мушьни Хәымсаи-иҧа Хәарҵкьиа дҭахеижьҭеи.

Мушьни диит унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз Хәымсаи Хәарҵкьиа иҩнаҭаҿы. Аҭаацәара рыхшара аҧсадгьыл ахь абзиабара рыларааӡон. Акыр пату рықәын аҧсуа ҵарауаа русумҭақәа, аҭаацәа зегьы ашәҟәыҧхьара бзиа ирбон. Нас, иџьашьатәума  даныҩеидас Мушьни археологиахь иоуз абзиабара. Аҧсны аҭоурых, уаанӡатәи, иахьатәи, уаҵәтәи аҧеиҧш зеиҧшрахо – арҭ азҵаарақәа еснагь игәы иҵхон Мушьни Хәарҵкьиа. Дшыхәыҷӡаз иара Аҧсни аҧсуааи знысхьоу амҩа аҭҵаара напалеикуеит, агәыбылра икуеит ижәлар рҭоурых.

Иара дыздыруаз ирҳәоит, иеиҧш-зеиҧшыз, аинтерес зҵаз аҿцәажәаҩ иҧшаара шыуадаҩыз. Инҭырҳәцааны Аҧсны аҭоурых здыруаз аҵарауаҩ қәыҧш, гәыҵхас иман ақырҭқәа аҧсуаа рҭоурых рымаркырц иахьаҿыз. Уи аҵыхәала изныкымкәа дықәгылахьан, иҽрылаирхәхьан аҵарауаа реизарақәа. Иҳәон ас хара цашьа шамам, аибашьра шыҟало, аҧсуаа рхақәиҭра иазықәҧар ада ҧсыхәа шрымам. Аха убри аан гәыҩбара имаӡамызт, аиааира Аҧсны ишаго азы.

«Ари ҳара ҳадгьыл ауп, ҭоурыхла, жәытә-натә аахыс иара иқәынхо аҧсуаа роуп. Уи ҳара ҳазықәҧоит, ҳахгьы ҳаигӡом, аиааирагьы ҳгоит. Даҽакалагьы ҟалашьа амаӡам. Аҧсны ихьыҧшым ҳәынҭқарраны иҟалоит. Уи ус шакәу азы гәыҩбара сымаӡам» – абас иҳәалон иара иҩызцәа данрацәажәоз. Ииашаҵәҟьаны, Мушьни Хәарҵкьиа ицәа иалашәахьан ақырҭуа-аҧсуа еиҿагыларақәа рылҵшәа закәхоз. Ус иагьыҟалеит, август жәиҧшь зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса рзы.

Аибашьра актәи амшқәа инадыркны Мушьни абџьар шьҭихуеит. Аибашьра адәаҿы ихы ааирҧшуеит арратә леишәа здыруа солдатк иаҳасаб ала. Мушьни Хәымсаи-иҧа  ицеибашьуаз иҩызцәа ражәақәа рыла, иара еснагь ауаа дрылукаауан.  Инубаалон агәаҕь шимаз, агәаҕьра шилаз. Усҟан, аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы, зегьы ирхадаран абџьар аҧшаара. Еиҧхәыцрада Мушьни Хәарҵкьиа Агәыӡера аҳаблаҿы иҟаз арратә абџьарҵәахырҭақәа рааигәара мшынла дыӡхыҵуеит. Гәыҧҩык еибашьцәеи иареи Аҟәаҟа игьежьуеит абџьар рыманы. Иуҳәар ауеит, ари операциа ақырҭуа-аҧсуа еибашьраҿы раҧхьатәиӡан ҳәа, насгьы иара ҧсҭбарада лҵшәабзиала инагӡан. Аибашьцәа ирҳәоит, Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Мушьни игәаанагара ҳасаб азиуан ҳәа. Уи аамҭазы аибашьра адәаҿы Мушьни Хәарҵкьиа аҧышәа змоу, узықәгәыҕша еибашьҩык иаҳасаб ала ихы ааирҧшхьан. Иара Гәымсҭатәи ахырҕәҕәарҭақәа командаҟаҵаҩыс дрырҭоит. Мушьни инапхгарала ауп ишалаго  раҧхьаӡатәи   Ешыратәи архәҭақәа реиҿкаара. Ихаҭагьы, шамахамзар, аҧшыхәратә ныҟәарақәа зегьы дрылахәын, аибашьцәа рхала ишьҭӡомызт, дрыхӡыӡаауан.

Ирацәоуп Афырхаҵа гәымшәа изкәу ахҭысқәа. Урҭ зегьы иаадырҧшуеит иара ихаҭара аҳаракыреи игәыҭбаареи. Уахык зны, Гәымсҭатәи ацҳа азааигәара аҧсуа еибашьцәа ирбоит ақырҭқәа ркәылӡтәы техника. Усҟан Мушьни аҵх иҽалакны, аӡы дырсны атанкқәа руак ҧижәоит. Ари аоперациаҿы Мушьни Хәарҵкьиа иоуеит ахәра, аха уи иҧсҭазааразы ашәарҭара ацмызт. Снапы рхәит ҳәа сышҧақәио иҳәон иара. Ркомандаҟаҵаҩ ифырхаҵара аибашьцәа ргәы шьҭнахуан. Уи дара рзын дҿырҧшыган. «Уҧсадгьыл ишахәҭоу иухьчарц азын аибашьра амцацәаҳәаҿы уҟазар ауп», – иҳәон иара. Ус иагьыҟаиҵон, издыруамызт ахшаҭара, арҭ ажәақәа Мушьни  дзықәныҟәоз девизк иаҩызан. 

Декабр мза алагамҭазы   1992 шықәса рзы Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан аиҿагылара ҕәҕәа ҟалоит. Амацәаз иҭашәаз хатәгәаҧхарала еибашьуаз ргәыҧ дацхраарц, ирхәҭа иманы аҭыҧ ахь днеиуеит Мушьни Хәарҵкьиа. Усҟан иҭахаз рхыҧхьаӡара даара ирацәоуп. Зҩызцәа зывыршьааз аҧсуа еибашьцәа ргәы ҵкапуан, ирҭахын ирурц ршьа. Аха, Мушьни иҳәынҷоуи ихәуи рганахь ашьаура амҩаҧгара азин ҟаимҵаӡеит. 1992 шықәса, декабр  6 азы ақырҭцәа мҽхакы ҭбаала ажәылара мҩаҧыргеит. Лашькьындар ақыҭа ахәы ҳаракырақәа руак аҭарцәраан фырхаҵарыла дҭахеит Аҧсны аҵеи лаша Мушьни Хәарҵкьиа. Усҟан иара ихыҵуаз ҩажәи жәибжь шықәса ракәын.

Ҩажәи  ҧшьба шықәса рышьҭахь, ҩнызқьи жәаф шықәса рзы Мушьни Хәарҵкьиа данҭахаз амш аҽны, Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан иаадыртит иара ибаҟа. Шамахамзар еилшәарада, есышықәса Аҧсны Афырхаҵа дахьҭахаз аҭыҧ аҟны имҩаҧысует алахьеиқәҵаратә митинг. Аибашьра аветеранцәа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵаны ихырхәоит рҩыза гәымшәа игәалашәара аҿаҧхьа. Мушьни Хәымсаи-иҧа данҭаха ашьҭахь, ианар мза ҩажәи жәеиза зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса рзы Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Иусҧҟала иара Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан. Иҳәатәуп, иара ихьӡ шаху Аҟәа амҩадуқәа руакгьы.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me