Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Инымҵәаӡо амш

Саида Делба дҭахеижьҭеи 30 ш. ҵит

Зажәа еснагь иҵаулаз, зхәыцрақәеи зыгәҭыхақәеи ззымҳәар ҳәа ацәшәара змаз, еснагь зҵаара дук аҭак аҧшаара иашьҭаз, згәы зыҧсадгьыл иадыз, уи иахыбаауаз, иазхәыцуаз, злахьынҵа ихьыршәыгәу зпоезиаҿы заа избаз… Зыхгьы-зыҧсгьы зыжәлар рзы изҭахыз, зыҧсадгьыл агәыбылра зҽылаҳәаны иҟаз Саида Бадра-иҧҳа Делба…

1980-тәи ашы­қәсқәа рзы Аҧснытәи Аҳәынҭуниверситет иҭаз, аҵара зҵоз астудентцәа шамахамзар уи дыззымдыруаз ыҟамызт. Лара қәрала ҳара дышҳаиҵбызгьы, иаразнак даҳзааигәахеит. Усҟантәи аамҭазы апоет, аҵарауаҩ  Владимир Платон-иҧа Анқәаб аҧсуа литература  акафедра деиҳабын. Уи инаваргылан, аҧсуа литературатә кружок напхгара аиҭон. Уи ипатриотизм атәы аҳәара салалом. Астудентцәа рыҩнуҵҟа еиуеиҧшымыз аиҧыларақәеи аиқәшәарақәеи еиҿикаауан. Уи адагьы, акружок иалахәыз (иара зыгәра игоз) маӡала аҧсуа милаҭтә зҵаарақәа ирылацәажәон. Саида Делба лзы акыр ажәа ҧхақәеи ажәа ҵаулақәеи ҳаиҳәеит. Иажәа абас ихиркәшеит: «Уи, Баалоу-ҧҳа Мадина леиҧш, ахаҵамҧҳәысра злоу ҭыҧҳауп…»

Саида ус шамахамзар унлыдгыланы уаалацәа­жәан, узлыдҵӡо­мызт. Уи ахшыҩ ду змаз, иҵаулаз, зҵаара шәкы зызцәыр­ҵуаз, лыҩ­нуҵҟантәи иаауаз абжьы цқьа аҽу­нардырыр аҭахушәа аҽцәырнагон. Аамҭак ҭацәны ианаалоулак, лыбжьы  ааҭганы, лажәеин­­­раалақәа дрыҧхьон. Азыӡыр­ҩцәа дрыхәаҧ­шуан ирҳәа­рызеишь ҳәа. Илымаҳарҽхәо ҳаналагалак, – срыцҳашьан ишәҳәоит, ус  ишышәҳәо иҟазар, нас изырымкьыҧхьуазеи?! – ҳәа азҵаара аақәлыргылон.

Саида Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа аныҟәара, аналс-аалсра бзиа илбон. Зны-зынла даара лылахь еиқәны дхынҳәуан. – Ихашәҵоу, амшын аҧшаҳәаҿы зныкгьы аҧсшәа смаҳаит. Ақырҭцәа аҿҿаҳәа рбызшәала ицәажәо иқәуп, аҧсуаа иныҟәогьы рбызшәа рҳәаӡом. Иалаҳхузеи ҳаҧсадгьыл бызшәада?! Ҳбызшәа ашәышықәсақәа ирылганы, ихьчаны ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа иааргаз, еиқәдырхаз, ҳара абас ҳзазныҟәои?!

Ари азҵаара акружок аҟны ажәахә ҟаҵаны дахцәажәеит… Нас уи акьыҧхьгьы абеит… Саида леиҧш зыҧсадгьыли  збызшәеи ирыхгәаҟуаз роуп, ҳаҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, уи ахьчаразы игылаз… 27  шықәса ирҭагылаз аӡҕаб ҵаҕа хәыҷы абџьар шьҭылхит. Уи лцәа-лжьы агәымшәара аҕәҕәара, аҧсадгьыл азы ақәҧара алан. Астудентра ашықәсқәа згәалашәо рыбла ихгылоуп, ААУ усҟантәи аамҭазы хаҭарнакцәақәак, Аҧсны Асовет мчра ашьақәыргылара амш шәаҧылар ҟалаӡом  анырҳәа, уи лыбжьы нҭыганы илҳәаз: «Ҳара аныҳәа аҧылара  аӡәгьы азин изҳамхуам… Зегьы ҳаидгыланы аныҳәахь ҳцоит.

Саида Бадра-иҧҳа Делба ааӡара бзиа змаз, зҩыза изы зыҧсы ҭаз, ақәла изы абзиа иашьҭаз уаҩын. Лассы-лассы дахлафуашәа абас лҳәалон: «Инымҵәаӡо амҩа сануп, уи сыҧсы ахьынӡаҭоу  санызаауеит…». Ииашаҵәҟьаны, Саида ҽнак илыӡбоз азҵаарақәа рацәан. Илыӡбаз, илзымыӡбаз лҩызцәа иралҳәаразы лқьаадқәа лыман амҩа дықәлон. Аныҟәара мап ацәызкуаз астудентцәа, ус ҳалҳәон: «Ҳаҧсы ахьынӡаҭоу иҟаҳҵази иаҳҳәази, иаҳбази роуп иаанхо…»

Саида Делба илҳәар илҭахыз дахьымӡар ҳәа ацәшәара лыман. Усҟан иҳазгәамҭоз, иаҳамбоз иахьа саназхәыцуа даара сгәы сыхьуеит. Ҽнак Ачба Алинеи сареи ҳахьыҩназ  ауадаҿы днеит, лылахьгьы еиқәын. Ҧыҭрак ҳанеидтәала ашьҭахь, ус лҳәеит: «Исҭахуп ҳашьцәа ацәқәырҧа  иахнагаз рыҧсадгьыл ахь  ихынҳәратәы аҭагылазаашьа рыҭара. Аха уи зылшода? Урҭ рџьынџь ҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы зегьы иҳалшо ала ҳацхраароуп… Уи иахьа ҳазымхәыцыр, амҩақәа рыҧшаара ҳашьҭамлар, наҟ-наҟтәи ҳҧеиҧш цәгьахоит… Амҳаџьырқәа рдаракәац, ҳхашҭыр ҳәа дшәоит ахҭысқәа маҷымкәан еиҭалҳәеит. Усҟантәи  лцәажәареи, лхәыцрақәеи, лхаҿсахьеи саназхәыцуа хьаа дуӡӡак сеимнадауеит, исықәыҕәҕәоит.

Саида Делба асалам шәҟәқәа рацәаны илыҩуан. Еиҳарак ҳџьынџьуаа амшын нырцә инхоз ҳашьцәа аҧсуаа рышҟа. Алина Ачба еиқәлырхаз Џьезми Кәыџба иахь илыҩуаз ацыҧҵәаха:

«…Џьезми, салам удкыл гәыла-ҧсыла иузааигәоу уҧсадгьыл аҟынтәи. Џьезми, зегь раҧхьаӡа иргыланы еилыскаарц сҭахуп угәабзиара шыҟоу. Сашьа, зегьы-зегь шәышҧаҟоу? Ибзианы шәыҟоума? Ҳара хар ҳамам, бзиа ҳаҟоуп. Еснагь еиҧш ҳахьааидтәало шәыӡбахә  ҳҳәоит, шәхьаа ҳамоуп. Сашьа ду Џьезми, исҭахуп ҳгәырҕьара атәы удыруазарц. Аҧсны дааны дыҟоуп Қарҭ иҟаз, Акәыџба Амер, Аҳмаҭ Кәыџба иашьа. Ҳицны акыр ҳныҟәеит. Ҳазхара ҳаицәажәеит. Џьезми, иудыруандаз, уи  Сириатәи ҳашьа заҟа дгәыбылҩы дуу, заҟа аҧсуара даргәаҟуа. Уи Аҧсныҟа аара игәы иҭоуп. Сара агәра згоит, уи иҧсадгьыл ахь агьежьраз ихы дшамеигӡо… Џьезми, ара иҟазаап, Бзыҧҭа ҳәа иахьашьҭоу, Риҵа-ҧшӡа аган аҟны. Акәыџбақәа рашҭа. Амза 27 рзы астудентцәа ҳашьа уахь дганы агәырҕьара ҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп. Џьезми, иахьа Аҧсны амра гәыҟаҵагаха иҧхоит, аҵарақәа рашәа сазыӡырҩындаз угәахәуа ауп ишыхаау. Ара уажәааны алакә иаҩызоуп, аха уара  улымкаа, сашьа, урҭ ахаарақәа  сызгәаҭаҵәҟьом. Насгьы Амра ара ааигәа дыҟоуп, сизхәыцуеит, сыбла  дыхгылоуп, аха еснагь ҳара ҳаха имам, Аҧсны цқьа идырбеит. Сашьа, шәареи ҳареи џьарак ҳҟамлар ҟалом! Уи ада иахьа  ҳзыхӡыӡаауа зегьы башоуп. Шәгәы шәырҕәҕәа, агәрагара шәыцәмыӡын, ҳаргьы иаҳцәыӡыр ҟалом. Зымгәа иазхәыцуагьы рхәыцтәуп. Салам ду сызрыҭ сызкәыхшоу сашьцәа зегьы: Наил, Гази, Џьамал Ҳараниа, Орҳан Шамба, Чингиз Бганба, Феҳми Агрба, зегьы-зегьы срыкәыхшоуп, иҧхьагылацәоуп, Анцәа аҧсуара  акыр шықәса иагумырхан…»

Саида Делба аҩызцәа рацәаҩны илыман. Уи ААУ данҭаз, нас Москваҟа ажурналистикатә факультет ахь даниасгьы есааира аимадарақәа лырҭбаауан. Лара лбаҩхатәра уатәнатәуан, ҳаҧсад­гьыл ахь илымаз абзиабарпа есааира адацқәа  аунашьҭуан. Дарбан аҧсуазаалак изы ихәырбҕьыцыз, аҟыбаҩ ҷыда  злаз Саида Делба 27 ш. инагӡаны  ахыҵра зқәашьымхаз, ҳаҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, аҕьараҳәа ҳаибашьцәа ирывагылаз фырҧҳәызбоуп. Уи Мрагыла­ратәи афронт аҟны  деибашьуан. Лара 40 шықәса лхыҵра Аҟәа, Д.И.Гәлиа Иҩны-амузеи аҟны ианазгәарҭоз, Аҧсны Афырхаҵа Заур (Лакәыт) Зарандиа, ус иҳәеит: «Саида ахы иацәымшәоз ажәыла­рақәа рҿы зҽалызкаауаз, зыҧсы аҵкьыс зыҧсадгьыли зыжәлари  еиҕьазшьоз ҧҳә­ызбан… Ҕәҕәала дхәын. Аха даҳзеиқәмырхеит. Маркәыла ақыҭан ахәра илоуз иахҟьаны лыҧсҭазаара далҵит 1992 ш. абҵарамза 30  рзы».

Саида лцәажәара еснагь лыҩнуҵҟа ибылуаз хәыцрак аҵан. ААУ даналга Гәдоуҭа араион ахь рҵаҩыс даашьҭын. Тәанихәатәи абжьаратә школ аҟны аусура далагеит. Саида аҟәыш, аилҷҷа, зегьы лдырратә  лаҧшҳәаа еицгәарҭеит. Аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы ахәыҷқәа  адыррақәа рызналгон.

Саида Делба лыхьӡ зху акласс еиҿкаауп. Уаҟа Тәанихәа абжьаратә школ аҟны аус ахьылуази Тҟәарчал ашкол  дахьалгази аиҭанеиааира рыбжьоуп.

Саида Делба дҭахеижьҭеи сынтәа 30  шықәса ҵит. Убри  инамаданы С.Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьын­џь­тәылатә еибашьра Аҳәынҭқар­ратә музеи аҟны лгәалашәара амш мҩаҧган.  Уи иалахәын Гәдоуҭа араионтә Еизареи  араион Ахадареи рнапхгарақәа рхаҭар­накцәа,  Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, апоет Гәында Сақаниа, аҭҵаарадырратә усзуҩы Алина Ачба, Баҭаҟәа Агрба, Гудоуҭа араион ашколқәа  рдиректорцәа,  ашколхәыҷқәа уҳәа егьырҭгьы.

Апоет гәлымҵәах дыргәаларшәауа иқәгылеит: Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Валери Аҩӡба, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Гәында Сақаниа, ажурналист, аҵарауаҩ Алина Ачба, иара убас Анатоли Тәанба, Џьульнер Гәымба, Басҭаҟәа Агрба уҳәа егьырҭгьы.

Аҧхьаҩ игәаҵанӡа инеиуа Саида лысалам шәҟәқәа  рҟынтә даҽа цәаҳәақәак: «Џьезми, шәара шәылымкаа ҳара Аҧсны акгьы  ҳҭахым, избанзар шәареи ҳареи еицаҳзеиҧшзар ҳаҧсадгьыл, нас шәара уи шәзалхәдаауи? Абри ауп ҳзыргәаҟуа. Аҧсуаа ҳмаҷуп, аха иахьанӡа аҧсуара еиқәханы иааит. Уажәшьҭа ҳара аҿар ҳауп, Џьезми  Аҧсны алахьынҵа, ҳбызшәа ссир иазхәыцша, еиқәзырхаша. Уи иахьеи уахеи ҳазхәыцуазар ауп, избанзар амилаҭ рацәа ҳрылоуп. Ҳбызшәа аныӡ, ҳара ҳауп изхароу, аҭоурых зныӡбо. Сашьа, шәыҽшәырҕәҕәа, шәеидгыла амарџьа, шәеицхыраала. Аҧсуа дыцәгьа-дыбзиа ҳара даҳтәуп. Сара еилыскаауеит Аҧсны хьаас измам угәы шудырхьуа, уара иудыруеит аҧсадгьыл иазхәыцуа рацәазар, аҧсадгьыл шыдмырӡуа. Џьезми, аҽакала сеилумкаан, аха аҧсадгьыл иаҭахызар  сан сзыхшаз дынсыжьуеит, сара Аҧсны салҵыр сыҧсрашәа збоит. Аҧсадгьыл еиҳау акгьы ыҟаӡам, нас ҳаҧсҭазаара уи иақәаҳҵар насыҧуп ҳара ҳзы. Ленин ду иҳәон: «Атәра ианымшәо зегьы иреицәоу атәы иоуп» ҳәа. Сашьа, Џьезми, сара угәы усырхьыр ҳәа сшәоит, уара усгьы имҕьац ахәра зну. Акызаҵәык сзыҳәо, акыр шәыхьраны иҟазар сара сагааит. «Агәаҟра ауаҩы  дарҟәышуеит, дагьарҕәҕәоит», ари ажәаҧҟа ухамышҭлан. Џьезми, ҳшьа злоу ахацәа исызраҳәа дызусҭазаалакгьы: Аҧсны ахаҵа дзиуаз Аҧсны ахьчаразы акәын. Тәымџьара уи зхашҭыз ауаҩы лаҟә иоуп, уи  дҵеиӡам, уи имгәаз ижәлар иҧсахуеит. Мап! Аҧсны иазымхәыцуа маҷзароуп. Уи зегьы иҳадуп.

Сашьа Џьезми, аҽазнык сашьцәа зегьы сысалам сызрыҭ. Аҽазнык исзыргәаларшәа рыҧсадгьыл, аҽазнык ираҳааит дара рцәыӡра  иаргәаҟуа раҳәшьа  лыбжьы, ран-рыҧсадгьыл абжьы…»

Саида Делба аҵыхәтәан лылацәа анеиқәылыҧсоз аӡы даҳәеит… Нас ҧшьаала лыблақәа аахылтын  «Аҧсуаа Аиааира ргоит» ҳәа наҳәаны лылацәа неиқәылыҧсеит. Имариамыз амҩа ианысыз апоезиатә  ҭынха дуӡӡа ҳзаанзыжьыз лцәаҳәақәа дызусҭаҵәҟьаз  инагӡаны иҳарҳәоит. Саида лпоезиатә цәаҳәақәеи лысалам шәҟәқәеи, лыбжьи лхаҿы рнубаалоит, лцәажәара  рхыҩуеит,  лныҟәашәа рнубаалит. Нас уажәы-уашьҭан дааргәылҵны даауҧыларашәа уааҟалоит.

Саида мчыла унапы кны апоезиатә шьхахьы ухазгалоз, ашьха аӡыхь агьама абара узҭоз, аҧша хьшәашәа улаҳәаны Аҧсны уакәзыршоз, нас аҧсуа иашҭаҿы  унаганы кәапеила зпоезиа агьама узырбоз, лара лыҧсҭынха ҳаҧхьа инықәҵаны ажәҩанахь иҳацәцаз, Саида… Уи еснагь еидара хьамҭак иаҵаз, лкалам ала ианылҵаз лцаҳәақәа ҳажәлар ирылаӡҩеит. Аҧсны иахыҩит, нас ҧхьарца бжьы хааҵас ҳашьцәа амҳаџьырқәа рҿынӡа  инаӡеит. Инымҵәаӡо лпоезиатә мҩа ашьха ҳарак ахь  ихалеит…

Саида Делба лфырхаҵаразы  Леон иорден ланашьоуп. Аҧсуа поезиаҿы акәзар, лырҿиара ахә ҳаракны ишьоуп, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ланашьоуп.

Саида Бадра-иҧҳа Делба лфырхаҵареи лпоезиатә ҭынхеи Аҧсны ыҟанаҵ аҭоурых иазаанхоит.


Гугуца Џьыкырба 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me