Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан 50 зҵаара инарзынаҧшуа. Иқәгылаз азҵаарақәа раҕьырак азкын 2023 шықәсазы аминистр­рақәеи, аилакқәеи, аҳәынҭ­қарратә усбарҭақәеи рҿы аус зуа рхыҧхьаӡареи, ирзыршәо ауалафахәи рышьақәырҕәҕәара. Урҭ рзы ақәҵарақәа рыдыркылеит.

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы аекономика аминистр Кристина Озган аиҳабыра ирыдылгалеит Аҧсни Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи рҟны ахәҳа­хәҭ­ратә хаҭарнакцәа рыҟаҵаразы аиқәышаҳаҭра абжьаҵа­разы апроект. Уи еиқәыша­ҳаҭны ирыдыркылеит. 

Аминистрцәа Реилазаараҿы акриптовалиутазы уаанӡа ирыдыркылахьаз ақәҵара аиҭакрақәа аларгалеит. Уи инақәыршәаны уаанӡа иҟаз аҧкрақәа ирыцҵоуп декабр 31, 2023 шықәсанӡа.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Пицундатәи Арҿиара аҩны қьырала рыҭара аҧҟара рыҧсахит. Уи инақәыр­шәаны ҿыцны иргылахоит асқьала. Уи анаҩсангьы, аихагыла рацәа змоу агәабзиарача­­ҧарҭа ҟаҵахоит. Уаҟа ргәабзеира ашьақәыргылара рылшоит аҭыҧантәи ауааҧсырагьы.

Аминистрцәа Реилазаараҿ ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны иааиуа ашықәс, ажьырныҳәа мза 1 инаркны аус зуа аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷы данилак 22 нызқь мааҭ рзыршәалоит. Аус зымуа – 17 нызқь мааҭ.  Есымза ахәыҷы шықәсы бжак ихыҵаанӡа изыршәозҭгьы 3 нызқь  мааҭ, уажәшьҭа изыршәалоит 7 нызқь мааҭ.

Аминистрцәа Реилазаараҿы Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аиҳабыра ирыдигалеит «Иҳәынҭқарратәым аҵараусбарҭақәа русуразы алицензиа рыҭара» ақәҵара. Уи аан аминистр иазгәеиҭеит зыӡбахә имоу автошколақәа рҟны аҵара ахаҭабзиара аиҕьтәра шакәу.  «Иахьатәи аамҭазы амашьына аҧсҟы зкраны иҟоу ауааҧсыра аҵара ддырҵоит ишақәнагоу еиҧш еиҿкаам аҭыҧқәа рҿы. Уи аҵара зҵоугьы, егьырҭ ауааҧсырагьы рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭанаргылар алшоит»,– иҳәеит аминистр. Иара убасгьы уи иазгәеиҭеит автошколақәа рҟны аҵара ахаҭабзиара ахылаҧшра ҕәҕәа шаҭатәу. «Иахьа ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит амҩақәа рҟны амашәырқәа раҧырҟәҟәааразы. Аха убри аан ауааҧсыра маҷк рыхдырра ҟамлар, ҳусура алҵшәа маҷхоит», – иҳәеит уи.

Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб ари азҵаара иацҵо, иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы арыжәтә ыжәны амашьына аҧсҟы зкуа рхыҧхьаӡара еиҳа-еиҳа ишацло. Уи иажәақәа рыла ноиабр 29 рзы иаанкылан 51-ҩык арыжәтә ыжәны амашьына иақәтәаз ауааҧсыра. «Арыжәтә ыжәны амашьына аҧсҟы зкыз ихарала ари амчыбжь азы иҭахеит ауааҧсыра. Иара убасгьы ааха ҕәҕәа роуит жәаҩа шықәса зхыҵуа ахәыҷи ани», – иҳәеит Аҧыза-министр.

Аҧсны агәабзеирахьчара аминистр Едуард Быҭәба аилатәараҿы иазгәеиҭеит аминистрра аусзуҩцәа рхыҧхьаӡара ацҵара  аҭахны ишибо. Уи иажәақәа рыла, иахәҭаны иҧхьаӡоит ирласны ацхыраара зҭаху ауаҩы даҽа хәышәтәырҭак ахь ииагаразы, ма Аҧсны анҭыҵ игаразы ишеиҿкаатәу аспециалистцәа рыла ишьақәгылоу агәыҧ. Насгьы ргәы иҭоуп агәабзеи­рахьчара Аминистрра иаҵанакуа амашәырцәгьақәа рхирургиа аартра.

Аиҳабыра реилатәараҿы ирыдыркылаз ақәҵара инақәыр­шәаны, Ашықәс Ҿыц азы аҧсаҵлақәа рыҧҟара азин ыҟаӡам. Аҳәынҭқарратә абнахьчара аусбарҭеи, аекологиеи, аҩнуҵҟа­тәи аусқәа рминистрреи адҵа рыҭо­уп ари азҵаара хлаҧшра ҕәҕәа арҭарц азы.

Аминистрцәа Реила­заара аилатәа­раҿы ирза­аҭ­гылан егьырҭ азҵаара­қәагьы.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me