Ацәыргақәҵахь иааит: Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, Жәлар Реизара ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа, асахьаҭыхҩцәа, аҟазара абзиабаҩцәа, хыҧхьаӡара рацәала аҿар. Агәахәара ду унаҭоит арҿиара иазҿлымҳау абиҧара ҿа ахьеиҵагыло.
Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рҿаҧхьа аҟаза Нугзар Логәуа изы рзеиҕьашьарақәа рыла иқәгылеит: Ацәыргақәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиа, Асахьақәа ргалереиа анапхгаҩы Сурам Сақаниа, ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа, асахьаҭыхҩы Сергеи Ҵәыџьба, Аҧсны жәлар рартист, акомпозитор Нодар Ҷанба, Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа, Гь.Чачба ихьӡ зху асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩцәа. Рызегьы иазааҭгылеит аҟаза идунеи ҭбаа, ихаҭара, насгьы Аҧсны акультура аихаҳараҿ, арҿиара злоу аҿар реиҵааӡараҿы иџьабаақәа шшьардаӡоу.
Сурам Сақаниа иҳәеит: «Иусумҭақәа уанрыхәаҧшлак угәы аҟны иаанхо аформақәа рацәоуп, арҭ аформақәа аҩычарахь ииамгаӡакәа, аҿыханҵахь инамгаӡакәан, зны-зынла апликациа еиҧшуп, аха џьара-џьара рыцҳашьарак ааузцәырнагоит, даҽаџьара удыргәырҕьоит, мчык унаҭоит. Шамахамзар, зехьынџьара абзиабара дазааигәоуп. Абзиабара, уажәы иаҳҳәап, абри академиатә ҳәа рҳәоит аҿыханҵаҿы, уахь ииаигар, авульгаризм ахь иианагар ҟалоит азыҳәан асхемахь диасит, апликациахь диасит, агеометриатә формақәа рыла абри агәаҭаххара, ацәаныррақәа убри ала иаасырҧшуеит ҳәа даҿуп».
Нугзар Логәуа Аҧсны ашколқәа рҿы асахьаҭыхратә школқәа реиҿкаара зыбзоуроу драҧхьагылоуп. Убри азгәеиҭеит Алеко Гәарамиа иқәгылараҿ.
Ихадароуп аҟаза, арҿиаҩ ду Нугзар Логәуа инапы ишыҵихыз Аҧсны араионқәа рҿы иуҧыло амемориалтә баҟақәа. Иара иҭыхымҭақәа Аҧсны аҳәаақәа инархысны акыр адунеи иахысхьеит, урҭ ыҟоуп Урыстәыла, Америка, Италиа, Иапониа, Ҭырқәтәыла уҳәа ргалереиақәа рҿы. Иара иҭыхымҭақәа – играфика ус унадыххыланы иузеилкаауам, урҭ еилкаатәуп, хәыцрала уҽыргәылаухалароуп.
Асахьаҭыхҩы иҿыханҵаҿ иуҧылоит Афон Ҿыц иазку аҭыхымҭа шьахә, иқыҭа гәакьа Ҷлоу иазку апеизаж, иара убас Нарҭаа репос иазикыз «Зарҭыжәи Саҭанеи» зыхьӡу 2020 шықәсазы иаҧиҵаз аҭыхымҭа.
Асахьаҭыхҩы иҩызцәа иалыркааит иара 2015 шықәсазы иаҧиҵаз автопартреҭ. Ацәыргақәҵаҿ аҭыҧ ду ааныркылоит аскульптуратә усумҭақәа. Убла узаҟәыгом Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь искульптура.
Ацәыргақәҵахь имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо асахьаҭыхҩы, ганрацәала Аҧсны аҟазара еихазҳауа Нугзар Логәуа деиҭарызхьаҳәит аҿар, иааӡамҭацәа, хаҭа-хаҭала, хьыӡҳәала аҟазара знапы алаку. Урҭ реизҳара, рдунеи ҭбаа арлашара – зегь реиҳа ихадоуп иара изын. Ирацәоуп ари иуанаҳәо, Аҧсны иагымхааит ҳҧеиҧш еихазҳауа арҿиаҩцәа.
Наира Сабекиа