Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыҧсадгьыл згәеисроу

XX ашә. 20-тәи ашықәсқәа раан Москва ихацыркын аҧсуаа рхеидкыла аусура.  30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы уи аусура  шеиҧҟьазгьы, изықәгылаз ауасхыр еиқәхеит.

50-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз  аҧсуаа рхеидкыла ҩаҧхьа ишьақә­гылеит, иҿаҳәаз аӡыхь еиҧш иҩыҵхәрааит. Уаанӡагьы ауасхыр азышьҭаз­ҵахьаз рхықәкы анагӡара, изқәыз амҩа ацҵара, аиҭарҿиара аидеиа рызцәырҵхьан А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт иҭаз Владимир Анқәаб, Алықьса Гогәуа уҳәа егьырҭ аҧсуа студентцәа. Алитературатә институт азеиҧшн­хар­ҭаҿы имҩаҧысуан еиуеиҧ­шым аиҧыла­рақәа, ахәылҧазқәа. Уахь инеиуан, аиқәшәарақәа рыҽрыладырхәуан аинститут иҭаз аҧсуаа шьала-дала иаҳзааигәоу Нхыҵ-Кавказ  аешьаратә жәларқәа рҵеицәа. Ныҳәаҵас имҩаҧысуаз аиҧыларақәа рышҟа инеиуа иалагеит Москва егьырҭ иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟынгьы аҵара зҵоз аҧсуа студентцәа. Абасала, арҿиаҩцәа ҿарацәа Владимир Анқәаби Алықьса Гогәуеи рнапхгарала еиҿкааз алитературатә гәыҧ раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟанаҵон.      Москватәи аҳәынҭқарратә университет астудент  Тарас Шамба урҭ рыгәҭахәыцрақәа, ридеиақәа рыцеиҩшо  дахьрыдгылаз пату ақәырҵон, Москва аҧсуаа рхеидкыла аҧҵара гәҭакыс ишимаз анреиҳәа иажәалагала рыдыркылеит.

1958 ш. анҵәамҭазы  еиқәшәеит гәыҧҩык аҧсуа студентцәа, егьеиҿыркааит Тарас Шамба напхгаҩыс дзауз  аҧшьгаратә гәыҧ. 1959  ш. март 4 рзы Москватәи аресторанқәа руак аҟны иазгәарҭеит Аҧсны Асовет мчра ашьақәгылара амшныҳәа. Ахеидкыла  гәыцәс иаман Москватәи алитературатә институт аҟны еиҿкааз алитературатә гәыҧ.

Аҧсуаа рхеидкыла иалаз есымза еиқәшәон алитерату­­ратә институт  азеиҧшнхар­ҭаҿы, еиҿыркаауан еиуеиҧшым ахәылҧазқәа.

1959 ш. раахыс Москва инхо  аҧсуаа   март 4 иааиҧмырҟьаӡа­кәа есышықәса иазгәарҭоит. Уи амҩаҧгара  аҧшьгаҩцәас иамаз астудентцәа ракәызҭгьы, ишнеи-шнеиуаз Москва аҵара зҵоз рахьтә ара нхара иаангылаз, арахь усура иаауаз уҳәа аҧсуа ҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара иазҳауа ианалага аҧшьгара дара рышҟа ииасит. Москватәи аҧсуаа рхеидкыла аилазаарагьы еиҳараӡак дара рыла ишьақәгылеит.

Тарас Шамба (1963-1968, 1970-1972 шықәсқәа раан Аҧсны аус аниуаз аамҭақәа алаҳамҵозар) 1959 шықәса инаркны 1993  шықәсанӡа ахеидкыла напхгара аиҭон, аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа аиҳабыс далырхаанӡа.

1993 ш. рзы Москватәи аҧсуаа рхеидкыла аиҳабыс  далхын Онери Бебиа. «Москватәи аҧсуа диаспора» ҳәа ахьӡны ишьақәгылеит 2011ш. ноиабр 20 рзы. Ауаажәларратә еиҿкаара анапхгаҩыс далырхит Беслан  Агрба.

1959 ш. инаркны  есышықәса Москватәи аҧсуаа иазгәарҭо  март 4 аныҳәа  амҩаҧгаразы иалырхуеит аиҿкааратә хеилак.


 

Аҧсны анҭыҵ аҧсуа диаспорақәа аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟны ишыҟоугьы, Москватәи аҧсуаа рыҩнуҵҟа еиҳа алшара дуқәа шыҟоу мҩашьауа иубарҭоуп. Урыстәыла агәаны ишьақәгылаз амилаҭтә кадрқәа реиҵааӡара аус ахықәкы нанагӡеит. Москва еиҵагылеит аҧсуаа рабиҧарақәа. Урҭ еиуеиҧшым азанааҭқәа рыманы аус руеит, анаплакқәеи аусҳәарҭақәеи рҟны еиҧш, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә структурақәа рҟны амаҵурақәа ирхагылоуп, имаҷҩым  абизнес знапы алаку, имҷҩымкәа иҟоуп аиуристцәа, аекономистцәа, анџьнырцәа, аҳақьымцәа уҳәа азанааҭқәа рыла  аус зуа.

Аханатә ргәаларшәара ахәҭоуп аҧсуа милаҭтә культура арҿиареи аӡыргареи зааҧсарақәа аду, еиуеиҧшым азанааҭқәа зманы Москва инхоз, зыҧсадгьыл ахьӡ ҭызгоз аҧсуаа: иналукааша ашәҟәыҩҩы, адраматург, зновеллақәа акыр абызшәақәа рыла  еиҭаргахьоу Миха Лакрба, еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, СССР Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (1948) Гьаргь  Гәлиа,  аинрал Ҳасан Ҳаразиа, ауристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор,апрофессор, АМАН академик Тарас Шамба, инарҭбааны еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер,  арежисииор Нелли Ешба, 1953 ш. рзы СССР ачемпион ҳәа ахьӡ зыхҵаз, аӡы алаҧаларазы аспорт азҟаза, 1964 ш. рзы зыҧсҭазаара иалҵыз Михаил (Саҭбеи-иҧа) Чачба, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧсны афырхаҵа Едуард  Ажьиба, акосмостә ҭҵаарақәа Москватәи ринститут  аусзуаз, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Адгәыр  Инал-иҧа, ажурналист, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа  ркандидат Тариел Аршба, жәашықәса инарзынаҧшуа Москва дынхон   ашәҟәыҩҩы, акиносценарист Даур Занҭариа, акыр шықәса Москва амҵан (Дмитров) дынхон апоет,  акиносценарист Иури  Лакербаи.


Иахьа ҳажәлар иаҧсоу рхаҭарнакцәа ракәны ауаажәларра иалагылоу иреиуоуп  афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Рауф Барцыц,  аҭоурыхтә ҭҵаарадыр­рақәа рдоктор Иури Анчабаӡе, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Гьаргь Ҟолбаиа, ашәҟәыҩҩы-аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа, асахьаҭыхҩцәа Диана Воуба,  Геннади Барцыц, Алеқсеи  Шервашиӡе, артистцәа, аоператә шәаҳәаҩцәа, Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсни  жәлар рартист Хьыбла Герзмаа, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алиса Гыцба, аестрадатә шәаҳәаҩы Александр Шьоуа уҳәа егьырҭгьы.


XX ашә. 90-тәи ашықәсқәа инадыркны Москватәи аҧсуаа рхеидкыла аусура  арцыхцыхит. Москва амилаҭ-культуратә хеидкылақәа рҿиара ҧыхьатәи Асовет Еидгылаҿы XX ашә.  80-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны ауаажәларраҿы ихацыркыз адемократиатә процессқәа ирымадоуп. Урҭ ирыбзоураны  ауп ишцәырҵуаз амилаҭ-культуратә хеидкылақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа.

Москватәи аҧсуаа рыдгьыл гәакьаҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылахәуп, аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи зҵаатәқәа ирымадоу аҧсҭазаара иалагылоуп,  егьахәҭакуп. Аамҭа бзиақәа раан еиҧш, Аҧсадгьыл ашәарҭара ду ианҭагылазгьы Москватәи аҧсуаа зыҧсоу, Аҧсны бҕа  дуны ишамоу аадырҧшит.  Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааираҿы,  аибашьра  ашьҭахьгьы рыҧсадгьыл аиҭашьақәыргылараҿы рлагала  ыҟоуп.


XX  ашә. 80-тәи  ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс  ҧыхьатәи Асовет Еидгыла аҟны  ихацыркыз адемократиатә процессқәа ауаажәларраҿы есааира иалаҵәон. Москватәи аҧсуаа рхеидкылаҿгьы аамҭа ахаҭа ирыҵанаҳәон аиҭакрақәа шаҭахыз, еиуеиҧшым егьырҭ аҟазшьақәеи амҩақәеи  шыҧшаалатәыз. Убас, 1988 ш. абҵарамза 12 рзы Москватәи аҧсуаа гәыҧҩык рхатә аҧшьгарала еизеит акультура-рккаратә хықәкы змоу хеилакык аҧҵаразы. Еиҿыркааз Асовет аилазаара ҿыц аустави  апрограм­­меи реиқәыр­шәара аҽазыҟаҵара иалагеит. Хара имгакәа Аҧсуа культура Москватәи аилазаара «Нарҭаа» ахантәаҩыс далхын Игор Ахба. 1989 ш. ииун 12 рзы ашәҟәы иҭагалан Аҧсуа  культура  Москватәи аилазаара «Нарҭаа».

«Нарҭаа» ахантәаҩы Игор Ахба ихаҭыҧуаҩс дыҟан Иури Анчабаӡе, ахеилак иалан  Виачеслав Чрыгба, иара убас  Татиана Гәлиа, Геннади Барцыц, Римма Гәымба, Емма Возба, Нона Кәырмазиа уҳәа егьырҭгьы.

Ахшыҩ­зы­шьҭ­ра бзиа арҭон акультура-рккаратә усура. «Нарҭааи» Москватәи аиҳабыра аҵара адепартаменти реимадара иабзоураны милаҭрацәала еилоу ршкол ҷыда аҟны 1990 ш. ианвар азы иаартхеит амҽышатәи ашкол. «Нарҭаа» анапы алакын аҭыжьра аусгьы. Аҧсны Аџьынџьтәылатә  еибашьраан (1992-1993) акәзар, «Нарҭаа» алахәын Аҧсны ацхрааразы Москватәи аҧсуаа еиҿыркаауаз аусмҩаҧгатәқәа.


1989 ш. рзы акәзар, акомҿареидгыла Москватәи ақалақьтә комитет аҟны еиҿкаан аҿар руаажәларратә еилазаара «Аҧсны». Аҧшьгаратә гәыҧ иалан Беслан Агрба, Виачеслав Бигәаа, Едуард Ажьиба, Шьазина Агрба, Галиа Калимова. Аҿар реилазаара аҧҵараан уи ахантәаҩыс далхын Беслан Агрба. Ҩаҧхьа иҵысыз ақырҭуа-аҧсуа еимакы аҭышәныртәаларазы иалшоз ҟанаҵон аҿар реилазаарагьы. Егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәеи  дареи еилахәны аиқәшәарақәа мҩаҧыргон.  Москватәи аҧсуаа рхеидкыла рҽамаданы азеиҧш зҵаатәқәа  ирышьҭаныҟәон.

Аҿар руаажәларратә еилазаара «Аҧсны» еиҿкаарала аус ауан  Асовет Еидгыла хыбгалаанӡа. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны изыхьӡаз маҷӡам.


1992 ш. октиабр 7-8 рзы аҭоурых ду змоу Лыхны ақыҭан имҩаҧысит  аҧсуа-абаза жәлар I  Адунеизегьтәи  Рконгресс.

Еизаз дрыдныҳәалауа, насгьы Аҧсадгьыл ахьчаразы алшарақәа шеизактәу азгәаҭауа дықәгылеит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба.

Лыхны имҩаҧысыз аҧсуа-абаза жәлар  Адунеизегьтәи Рконгресс аҟны иаҧҵаз анагӡаратә хеилак ахантәаҩыс далхын Тарас Шамба. Ҧхьаҟатәи аусура ахырхарҭа хадақәас иалнакааит: аполитика, аекономика, адемографиа, азин, акультуреи  аҵареи, аинформациа. Анагӡаратә хеилак раҧхьатәи аилатәараҿы ирыдыркылеит аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа  Аустав.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ахақәиҭтәразы ақәҧараҿы иалнаршаз рацәоуп ари жәларбжьаратәи ауаажәларратә хеидкыла. Адунеи атәылақәа жәпакы рҟны инхо аҧсуаа реидкыларазы изыхьӡаз инхарҭәааны ахәшьара зҭатәу  акоуп.


Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны ацхрааразы Москва еиҿкааз аштаб иаҵанакуаз ахҵәацәа русқәа рзы агәыҧ еиднакылаз 1993 ш. алагамҭа нахыс «Аламыс» зыхьӡырҵаз агәыҧ аусура еихымсыҕьит аибашьра ашьҭахьгьы. Москватәи аҧсуаа рхеид­кыла иахәҭакны иҟалеит агәыҧ «Аламыс». Уи  напхгаҩыс даман Леонид Кәпалба, ихаҭыҧуаас Валери Чакветаӡе, Соломон Габлиа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилгагьы агәыҧ «Аламыс» аусура ҵакыла аҽамҧсахӡеит, агәыҳалалратә цхыраара иацнаҵон. Аҧсны ашәарҭара ду ианҭагылаз аан еиҧш, рлагала бзиа ҟарҵон Леонид Кәпалба, Валери Чакветаӡе, Онери Бебиа, иара убас Т. Баирам-оглы, Сергеи А. Шамба, Гәырам Ладариа, Гәырам Анқәаб, Тариел Аџьба, Иура Зарандиа, Оҭар Чачибаиа, Дима Гәымба, Назиб Габниа, Оҭар Ласариа, Слава Абҕаџьаа, Лаврик Цәеиба, Геннади Ахсалба, Лев Аиба, Даур  Барцыц, Виктор Гәынба, Владимир Бениа, Аслан Ашьхаруа, Шамиль Џьынџьиа, Витали  Мирошниченко уҳәа егьырҭгьы.

1994 ш. нахыс  агәыҧ «Аламыс» аилазаара хыҧхьаӡарала еиҵахазаргьы, 55-ҩык еиднакылон. 1995 ш. ианвар азы ахәцәа рыхәшәтәразы мацара еизган 2 миллионки 80 нызқь мааҭ. Иацхраауан иара убас Москва иҭыҵуаз агазеҭ «Абхазия». 1992 ш. август инаркны 1993 ш. декабр 31 рзынӡа ахҵәацәа русқәа рзы агәыҧ – агәыҧ «Аламыс» аҟнытә иҟаҵаз ацхыраара иартәеит (асчоҭ ахыҧхьаӡаларагьы  налаҵаны) 28 миллиони 353 нызқь мааҭ. 1995 ш. декабр азы еизган 2 миллионки 350 нызқь мааҭ.

1996 ш. маи нахыс агәыҧ «Аламыс» агәыҳалалратә усура хнаркәшоит. Уи иалахәыз иналаршә-ҩаларшәны ишеиқәшәалозгьы, 1997 ш. инаркны аусура еиҧҟьеит. Аха агәыҧ еиднакылоз реибабара, реиҭанеиааира, аныҳәақәа аҽрылархәра, зеиҧш уск анцәырҵуаз уҳәа раҧшьгарақәа рыла ирылукаауан, Москватәи аҧсуаа рхеидкыла имҩаҧнагоз аусура иалахәын.

2001 ш. рзы агәыҧ «Аламыс» ҩаҧхьа еиҭашьақәгылеит, аусура хацнаркит. «Аламыс» ахантәаҩыс ҿыцны далырхит Леонид Кәпалба, ихаҭыҧуаҩс – Валери Чакветаӡе. Зныкымкәа аматериалтә цхыраара рырҭеит Москва инхоз аҧсуаа рахьтә Аҧсны ахьчараан иҭахаз Едуард Ажьибеи Витали Гәдалиеи рҭаацәа, Москваҟа инеиуаз арҿиаратә коллективқәа, хаҭала   ҽыхәшәтәра имцар ада ҧсыхәа змамыз Аҧсадгьыл ахьчараан ахәрақәа зауз уҳәа аӡәырҩы.

Агәыҧ «Аламыс» иалаз мызкы-ҩымз рыла знык еиқәшәон, ирыгыз-ирыбзаз еибырҳәон. Убарҭқәа инарҷыданы, Москватәи аҧсуаа рхеидкыла аҿаҧхьа ицәыр­ҵуаз азеиҧш зҵаатәқәа рылацәажәара, рыӡбра иалахәын.

Уаанӡа ишьақәгылахьаз атрадициа иацҵауа, ахеидкыла «Аламыс» ахықәкы нанагӡоит. Уи аҧшьгарақәа здыруа рацәаҩуп.

«Аламыс» аилазаара хаҭәаауеит зыҧсадгьыли зуаажәлари згәы рзыбылуа Москва инхо аҧсуаа рыла. Ааигәа «Аламыс» аҧҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра азгәарҭеит Москва.

«Москватәи аҧсуа диаспора» иахәҭаку ари ахеидкыла аҧхьаҟагьы аусура иацнаҵалоит. Риубилеи рыдныҳәалауа уажәынахысгьы еиҳау ақәҿиарақәа рзеиҕьаҳшьоит.


В.Аҧҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me