Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Згәы еиҭамԥаз

Ҽнак зықәрахь инеихьаз ахаҵа еилаҳәара хәыҷык кны амузеи аҧхьа даасҧылеит. Ииҳәарц ииҭахыз игәы инамырҳәо, иикыз аилаҳәара хәыҷы аартуа иажәа далагеит: «Изышәҭаху шәразҵаа, дызцеибашьуаз шәрыҿцәажәа, зҟәышреи зыгәаҕьреи рыла зықәра иааҭәоумшьартә зхы мҩаҧызгоз ҵеин, – иҳәан иеилаҳәара аасиркит.

Апатреҭқәа иикыз дрыхцәажәо, Аиба Жора иажәа ааҿахиҵәеит: – Данҭаха ашьҭахь Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан. Аҟәа ахақәиҭтәразы аҧшьбатәи ажәылара еиҿыркаауан. «Сазхиоуп аҧсадгьыл азы аҭахара» ҳәа инапы анҵаны данцоз 20 ш. ихымҵӡацызт. Изаанымкылаз илаҕырӡқәа ичабрала иааирыцқьеит. Нас, иҽааирҕәҕәан, ус иҳәеит: «Сара иирагьы, изҳарагьы, иҵараҵашьагьы, иуаҩрагьы, иламысгьы здыруан. Уи уадаҩрак аҟны иаанымгылоз ҷкәынан…»

Гәрам Виктор-иҧа Џьарсалиа диит 1973 ш. лаҵарамза жәеиза рзы Лыхны ақыҭан, Хаҧшьыра аҳаблаҿы. Иаб Виктор аҩн ду даҿыҵны маҷк дласкьаны хазы анхара далагеит. Иҧшәма Ҳалбад Нанулии иареи анхара ду ҟарҵеит. Ирыхшеит х-ҩык аҧацәа: Гәрам, Заур, Бесик.

Гәрам Џьарсалиа ихәыҷра зегьы ҿырҧшыган. Уи Гәдоуҭатәи 3-тәи ахәыҷбаҳчахь дныҟәон. Кобахиа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 5-тәи абжьаратә школ даушьҭымҭоуп. Ашкол аҟны иҵареи ихымҩаҧгашьеи рыла иреиҕьыз аҵаҩцәа дреиуан.

«Гәрам зегьы гәазҭаз, еилызкаауаз ҷкәынан. Иныҵҵыр, уааиаанӡа угәы иаахәара иҟасҵари ҳәа дыҟан. Сара сыҧҳәыс заҵәын. Аҩны аҩымсаг ктәызар икуан, аӡы аагатәызар иааигон… Даара сиқәгәыҕуан», – лҳәоит Нанули.

Гәрам ашкол даналга Белгарад аполитехникатә институт аргыларатә ҟәша дҭалоит, 2-тәи акурс ашьҭахь арра дыргоит.

«Гәрам иашьеиҵбы Зурик  Москва асоциалтә институт дҭан (заочно). Сара сицын, уаҟа мызкы аҟара саанхеит. Аҩныҟа саныхынҳәуаз Гәрам ила снеины мчыбжьык ҳәа дрымсхын Аҧсныҟа ҳаицааит. Ара дахьынӡаҟаз иҟаз аполитикатә еибарххарақәа дрылаҧшны иангәеиҭа, аҩны данааи, ус иҳәеит: «Сан, Аҧсны акы ҟалар, ҽнакгьы уа саангылом. Уи зегьы ижәдыруазааит».

Аҧсны аибашьра ишалагаз шиаҳазҵәҟьа, Гәрам арратә уалҧшьа ахьихигоз иааныжьны иҽӡаны ддәықәлеит. Ҭелла икомандир сиацәажәеит. Уи ибжьы иахьагьы слымҳа иҭыҩуеит: «Даара иҷыгәу солдаҭуп, аха аибашьра иҟалаз ишьара дықәнарҟьеит. Уахь днеир иҭаххеит. Ҳхылаҧшрала дҭаҳкит, уи ажәа шәацәымшәан. Гәрам еиҭасҳәахуеит, иреиҕьу солдаҭуп…»

Ашьҭахь, аамҭа ҧыҭк анца иҩызцәа дрыцҵаны, цхыраара ҳасабла иааигәаз колнхарак ахь ишьҭын. Уа ҩымш аус аниу, иҽӡаны авокзал ахь дцеит. Ар маҭәа зышәҵаны ирбаз, аҷкәын қәыҧш Гәрам дааныркылеит. Аррантә дызлоушьҭу ашәҟәы дирбарц иарҳәеит. Усҟан Гәрам деиҵамхакәан иреиҳәеит: «Сыҧсадгьыл иақәлеит. Аибашьра цоит. Уахь сцарц сыҽӡаны амҩа сықәлеит». Аиаша шиҳәаз рбарҭан. Убри аҟынтә Гәрам  аманшәалара изеиҕьшьаны доурышьҭит.

Гәрам Москва инхоз ибзианы ирдыруаз ҭаацәарак ахь дымҩахыҵуеит. Иҽеидикылеит, нас Аҧсныҟа амҩа дықәлеит.

Уантә данаауаз, Аҧсны инхоз, зан Аҟәа иалаханы иҟаз аурыс ҷкәын Сергеи Никитин диқәшәеит. Руслан иҩызагьы иаргьы Гагра анҭадырцәы мчыбжьык ашьҭахь Аҧсныҟа иааит. Дшааиз еиҧш, Гәдоуҭатәи арратә комиссориат ахь дцоит. Усҟан уаҟа арратә комиссариат еиҳабыс иҟаз дидикылеит. Аибашьрахь  ацаразы хатәгәаҧхарала зҽанызҵаз рсиа иҽаниҵеит», – илгәалалыршәоит Нанули.

Гәрам аибашьра данцоз абџьар имамызт, аха сахьрыхәо ҟалап, абџьаргьы имамызт, аха сахьрыхәо ҟалап, абџьаргьы сыҧшаап ҳәа аибашьратә мҩа данылеит. Вадик Боџьгәуа напхгара зиҭоз агәыҧ далалеит. Ажьырныҳәа хәба рзы иҟаз ажәыла ари агәыҧ алахәын. Гәрам абџьар ахьимамыз азы дрымгеит. Ашьҭахь Ииулак абџьар иҧшааит. Убри аамҭазы абаталионқәа реиҿкаара  иалагеит. Урҭ зегьы Пицунда еизыргон. Гәрам дызлаз агәыҧгьы Пицунда итәан, ажәыларақәа рҽазыҟарҵон. Уаҟа ишыҟаз ҳаруаа ирылатәаз аӡәы арҭҟәацга рылаижьит аибашьцәа, уи иахҟьаны ҩыџьа – Зарданиеи Чкоки ҭахеит, ахәра зауз рацәахеит.

– Аҩны, сахьыҩназ исыхьыз сзымдыруа, сеиҵақьыз-қьызуа, аҵәыуара салагон, сарыыхьҭышьуан, уажәы уашьҭан акы саҳарызшәа агәаанагара сызцәырҵуан. Нас амӡырха агәҭаны сшьамхышгылан сыбжьы рдуны Анцәа сиҳәеит, 20 шықәса зхымҵыц сыҷкәын иҩызцәеи иареи дырхылаҧшырц. Абас сгәаҭеиуа аҩны сшыҩназ Руслан иҩызак дааит, Руслан даарган  ахәышәтәырҭаҿы дыҟоуп ҳәа сеиҳәеит. Усҟан Пицундатәи ахҭыс аныҟалоз, иара актәи аихагылаҿы дыҟан. Ахыб аҟынтәи ақьырсҭа илеиуаз иқәҳаит, ихдырра ицәыӡит. Убри иахҟьаны ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Дҵысыр, дныҟәар ҟамло дышьҭарҵеит. Руслан акыраамҭа ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәикуан. – Уара аибашьра уахьӡоит, ааха ҕәҕәа уоуит, уи хәшәыс иамоу  ашьҭалара ауп ҳәа иаҳәаны дааныркылеит. Ахәышәтәырҭаҿы дахьышьҭаз  иахҟьаны марттәи ажәылара дзалахәымхеит, – Нанули лгәалашәарақәа лхьаа дырҿыцуан.

Аибашьра ацара иаҿын, ажәлар афронт иахәарц махәҿала аус руан. Убас ааҧсара рзымдырӡо Гәрам иҭаацәагьы Аҧсны иацхраауан. Уи аҽны иан лхала ачаихыхра дцеит, иаб аҩны дааныжьны.

Иццакы-ццакы ашҭа иааҭаххыз Гәрам иаби иареи еицәажәеит, иашьцәа ибеит. Амҩа ақәлара зҽазызкыз Гәрам иаб, ус иеиҳәеит: «Сан даашәымган, уажәы сылбар лгәы ҧшаауа далагоит, дрыцҳауп… Нас саахуеит, усҟан ҳаибабап», – иҳәан иҿынеихеит. Гәрам иаб Виктор иҷкәын днаскьаго, дилабжьон…

Нанули дааҧсаха аҩны данааи лыҷкәын дцахьан. Гәрам абыржәы дындәылҵит – иҳәеит злакыҵақәа цәаакыз иаб. Уажәы- уашьҭан сихьӡап шылҳәоз акырӡа дласкьеит, аха ихабар ыҟамызт. Гәрам дааны данца аухаҵәҟьа ажәылара иалагеит.

Зыҷкәын ибла аҭаҧшра змауз Наира даара дгәамҵуан. Аҩны зегьы лашьцоушәа лбон. Гәрам Виктор-иҧа Џьарсалиа рашәарамза хҧа, 1993 шықәсазы дҭахеит. Уи командирс имаз Алик Лазба, абас дигәалашәоит: «Гәрам иҩызцәеи иареи ашәҟәы рнапы знырҵаз сымоуп. Уаҟа, ус анырҵеит: «Ҳара ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәразы ҳазхиоуп аҭахара». Урҭ зегьы рхаҿсахьақәеи, ргәымшәареи, аҧсра ишаҧылози сыҧсы ахьынӡаҭоу, сыбла ихгылазаауеит:…»

Гәрам данҭаха ашьҭахь иаб агәыхь изцәырҵит. Иҧсҭазаара далҵит.

Аҧсны Афырхаҵа Џьарсалиа Гәрам иҩызцәеи иареи рыҧсы ақәҵан ирыхьчаз ҳаҧсадгьыл зегьы иаҳуалуп аҧхьаҟагьы аиқәырхареи ахьчареи.

Анацәа – агәырҩеи ахьааи иаблыз, иаршлаз, иаражәыз. Абацәа-зыҷкәынцәа рҭахара згәы иазышьҭымхыз!

Иҭахаз рхьӡқәа ҳгәалашәонаҵы ҳажәлар ыҟазаауеит. Ҳаҧсадгьыл агәы ҭынчзаауеит. Рыхьӡ кашәара ақәымзааит!

Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me